Лаҵара 04, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа имҩаҧигеит апресс-конференциа амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа алархәны

Аҧсны Ахада апресс-конференциа иалахәыз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит дшазхиоу ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара. Аҧхьатәи азҵаара азкын иаҳхысыз амзазы Аҧсны Ахада еиуеиҧшым араионқәа рҟны имҩаҧигаз аиҧыларақәа хықәкыс ирымаз. Аслан Бжьаниа дазааҭгылеит фымз шыҵхьоу ашықәс ҳҭоижьҭеи, уи аамҭа иалагӡаны Аҧсны араионқәа рҟны инагӡоу аусқәа еиликаарц, аихьӡарақәа ыҟазар ирылацәажәарц шиҭахыз. Иара иазгәеиҭеит иӡбам апроблемақәа шырацәоу, убарҭ аҧхьаҟа рыӡбаразы иҟаҵатәу ишалацәажәоз. Ас еиҧш иҟоу аизарақәа хәарҭара рылоуп, избанзар араион ахада идагьы ауаажәларра аҭагылазаашьа рымоуп ргәы иҵхо апроблемақәа цәырганы аҳәара. Аҧсны Ахада иазгәеиҭеит иара изы ишхадоу ауаа рацәажәара, ргәаанагара идкылара, рҭак аҟаҵара. Иара иҳәеит ус еиҧш иҟоу аиҧыларақәа шықәсык ахьтә ҩынтә ишымҩаҧигало, ашықәс азбжази уи анҵәамҭази.

Анаҩстәи азҵаара азкын Пицундатәи аҳәынҭдача алахьынҵа, насгьы Аҧсны Ахада Москва даныҟаз уи азҵаара далацәажәоу, даламцәажәоу.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аҟәа ақалақь ахадара, ашықәс актәи азбжа аихшьаалараан уи азҵаара ширҭаз. Иара иҳәеит, зегьы ишырдыруа еиҧш, Аиқәышаҳаҭра анапқәа аҵаҩуп, аха аратификациа азум, Аҧсны Жәлар Реизара акомитет аҟны ирыдгалаз мап шацәырымкыз, ааҧхьара шыҟарҵаз Аконституциатә ӡбарҭахь, аха макьана аҭак шыҟам. Иара иазгәеиҭеит, уаанӡа ишцәырҵхьаз азҵаара аобиект «Питиус» иазкны аилацәажәарақәа, аха уи аӡбамҭа шрыдрымкылаз.

Азҵаарақәа руак азкын Пицунда ақалақь ауааҧсыра ишырыҩхьаз ашәҟәы Аҧсны Ахадеи Аҧсны Жәлар Реизареи рахь. Аслан Бжьаниа иҳәеит уи ашәҟәы аҟны иарбаз апроблемақәа зегьы шҭиҵааз, ауааҧсыра ргәаанагара гәыгәҭажьны ишаанимыжьыз.

Иара иазгәеиҭеит Аҧсны апроблемақәа шырацәоу, убарҭ ишырхыҧхьаӡалоу иахьатәи аамҭазы 100-аҭаацәарак еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны, аибашьроума, даҽа ҭагылазаашьак иадҳәалоума нхарҭада ишаанхаз, убри проблема дууп. 30 арзаҳал иахәаҧшхьеит акомиссиа, аха ирацәоуп еиҭа изхәаҧшыша. Ас еиҧш иҟоу аҭаацәарақәа ианаамҭоу ишыргәаламшәо, уи атәы ишаламцәажәо, амала даҽакы хырҩа зуҭаша акәзар, хашҭшьа шрымам.

Ажурналистцәа еилыркаар рҭахын Пицундатәи аҳәынҭдача акапиталтә ремонт ианалаго аҳәырҧсарра арежим шышьақәгылахо, ахылаҧшра шарҭало атәы. Аҧсны Ахада иҳәеит аҳәынҭдача аҟны дшыҟаз, иблала ибеит еиуеиҧшым аҵлақәа, урҭ аҵлақәа рҿы еиуеиҧшым ахыҧхьаӡарақәа шыкнаҳау, ишрыцу адокументқәа. Урҭ рҿы ишарбоу ала, иарбан ҵла – хкызаалакь аус шадулатәу. Даҩымсит Гагра ақалақь аҟны аизара шымҩаҧгаз аспециалистцәа алархәны, урҭ ишазгәарҭаз аҳәынҭдачаҟны изызҳауа аҧса ҵлақәа рҭагылазаашьа шыбзиоу. Иара убас зхыҧхьаӡара маҷу, аха даара ибзиаӡаны ишеиқәдырхаз ашыц-ҵлақәа. Игәы иаланы иҳәеит аҳәынҭдача анҭыҵ иҟаз ашыц шықәӡааз. Иазгәеиҭеит аҳәынҭдача акапиталтә ремонт азураан, аиқәышаҳаҭра рнапы зҵарҩыз аҟны ишарбоу еиҧш, Аҧсны аекологиа аусзуҩцәа адыҧхьаланы, иразҵааны аекологиа иаҧырхагахо акы шыҟарымҵо, уи аганахь ала ибзиаӡаны иазхәыцны рнапы шаҵарҩыз.

Иара убас азҵаарақәа руак аҟны иҟан Аслан Бжьаниа Аҧсны Ахадас дыҟоижьҭеи, игәаанагарала, еихьӡарақәас имоу, мамзаргьы дызхьымӡац. Уи аҭак ҟаҵо иҳәеит, дара шазыҧшымыз, рхаҿгьы ишымааицыз раҧхьаӡа аҧсҭазаараҿы ирыҧгылаз аҿкы чымазара «КОВИД-19» иадҳәалоу апроблема. Иргәалаиршәеит 2020 шықәса август мза инаркны Ҧсоу аҳәаа шаркыз, аӡәгьы азин шимамыз аҳәаа ахыҵра. Уи аҳәаа анаартхагьы, иалагалан аҧкрақәа. Аҧсны Ахада иазгәеиҭеит Аҧсны аҭагылазаашьа аиҕьтәразы динамикала аума, мамзаргьы планла аума, Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраара ада ишзышьақәымгыло. Абарҭқәа зегьы аҧырхагахеит, шықәсыки бжаки иахыҧеит, иара иажәақәа рыла, планла ишьақәыргылан ирымаз. Аихьӡарақәа иреиуоуп аамҭа кьаҿк иалагӡаны, Аҧсны аибашьра еилгеижьҭеи раҧхьаӡакәны аҳәынҭбиуџьет иарбаз ахашәалахәы аасҭа еиҳаны иахьынагӡоу, иара убас иҳәеит аҳәынҭқарратә наплакқәа еиҕьны ашәахтә ашәара ишалагаз. Ацхыраара шрырҭаз хәнызқь инарзынаҧшуа Аҧсны ауааҧсыра, уи иартәеит 700 миллион мааҭ. Иазгәеиҭеит Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аганахь ала ацәгьоурақәа еиуеиҧшым акатегориақәа рҿы ишмаҷхаз. Аҧсны аҳаиртә баҕәаза аартра апроект аус адуларазы аконтракт рнапы шаҵарыҩхьоу, иахьа уи ацәаҳәақәа аспециалистцәа иҭҵааны аус рыдулара ишаҿу. Иубарҭоуп ирацәаҩны абизнес знапы алаку Аҧсны азҿлымҳара аҭара ишалагаз. Очамчыра араион аҟны Тамшь ақыҭан акәзар, иаартын аҧсшьарҭа аобиект. Очамчыра араион аҟны иаартхоит даҽа обиектк, уи аусура иалагоит иааиуа ашықәс аҧхын алагамҭазы, уаҟа 150-200 рҟынӡа аусурҭа ҭыҧқәа ҟалоит. Уигьы аҳәынҭбиуџьет азы ахашәалахәы бзиоуп.

Акредиттә программала иргылаз аресторан «Леон» аҿаҧхьа игылоу аҧсшьарҭа аадыртраны иҟоуп, иара убас «Басла» аӡиас ахықәан иргылоу аҧсшьарҭа ҿыц аартра азгәаҭоуп. Гәдоуҭа араион аҿгьы иҟалоит ахархәарахь ирырҭо аобиектқәа. Ари зегьы, иазгәеиҭеит иара, Аҧсны аҳәынҭбиуџьет ахь алагалақәа рнеиразы ихәарҭахоит. Аҧсны Ахада иҳәеит, мрагыларатәи арегион еиҳараӡак ацхыраара шаҭаху, азҿлымҳарагьы шарҭо. Ҳазҭоу ашықәс азы ихыркәшахеит амҩа арлашаразы аусқәа, Кәыдры инаркны амҩаду лашарала еиқәыршәоуп. Иазгәеиҭеит ргәы ишҭоу Тҟәарчал инаркны аӡхыҽҽа аҟынӡа амҩа акаҭран ақәҵара. Иара убас иҳәеит, 2020 инаркны 2022 ш. азы категориала еихшаны аҳәынҭқарратә усхк аҟны ауалафахәы шацҵаз 75% процент. Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра иазаахәан амашьынақәа 100 инарзынаҧшуа.

Аҧсны Ахада зҭак ҟаиҵоз азҵаарақәа руак аҟны иҟан МВО ПВО асанаториақәа рҭагылазаашьа, раҧхьаҟатәи рҧеиҧш. Аҧсны Ахада иазгәеиҭеит, аиқәышаҳаҭрала арҭ аҩ-санаториак Урыстәылатәи Афедерациа ишамаз. Аха иахьатәи ҳаамҭазы азҵаара шықәгылоу, ала, Урыстәылатәи Афедерациа иатәыз шьҭа Аҧсны иазынхоит, амала шәҟәыла еиқәыршәатәуп. Агәра диргеит арҭ аобиектқәа шырхынҳәхо, иагьшышьақәыргылахо. Уи азы аусурақәа ишрылаго 2023 шықәсазы.

Иазгәаҭатәуп, Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ажурналистцәа ганрацәала ицәырыргоз азҵаарақәа жәпакы рҭак шыҟаиҵаз.


С.Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me