Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭоурых аҟны ахьӡ

Ахәылҧаз, август 3 азы Аҟәа агәаны, Аидгылара амҩаҿы иҟоу абаҳчеибаркыраҿы гәырҕьарала иаартын Аҧсны иналукааша апартиатә, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы Валериан Осман-иҧа Кобахиа (15.05.1929 – 28.08.19929 ибаҟа. Уи аартра иалахәын Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аҟәа Ахадара аиҳабы Беслан Ешба, Кобахиа иҭаацәара ахаҭарнакцәа.

Ргәалашәарақәа рыла иқәгылеит Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, ауаажәларратә усзуҩцәа Виачеслав Цыгәба, Нугзар Ашәба, Аҧсны Акомпартиа Аполитхеилак иалоу Лев Шамба, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла маӡаныҟәгаҩ Олег Етлухов уҳәа егьырҭгьы.

Валериан Кобахиа иҧа Беслан Кобахиа иҳәеит: «Иҭабуп аамҭа ҧшааны абрахь шәахьааиз. Саб иҧсҭазаара далҵит 30 шықәса уажәаҧхьа, ихыҵуаз 63 шықәса заҵәык ракәын. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳаиҳабыра, Аҟәа ахадара аиҳабы. Саб ибаҟа бзиахеит. Абзиарақәа зегьы ишәзеиҕьасшьоит».

Абаҟа авторс дамоуп аскульптор Григори Потоцки.

2021 шықәса март 17 азы Аҟәатәи ақалақьтә Еизара аилатәараҿы ақәҵара рыдыркылеит ҧасатәи Аминистрцәа Рсовет ахыбра азааигәара, Аидгылара амҩаҿы абаҳчеибаркыра Валериан Кобахиа ихьӡ ахҵаразы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me