Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниа астудентцәа дырԥылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь ахь иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Москва еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо астудентцәа дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. Аиԥыларахь инеит 150-ҩык инарзынаԥшуа астудентцәа. Аиԥылара аартуа, Аслан Бжьаниа иазгәеитеит, астудентцәа Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра хаҭарнакра шазыруа, дара рҵараҟны ирымоу алҵшәақәеи аихьӡарақәеи рыла Аԥсназы агәаанагара шышьақәгыло.

 «Иахьа Москва шәара ихьыԥшым, исуверентәу аҳәынҭқарра хаҭарнакра азыжәуеит. Аԥсуа жәлар хаҭарнакра рзыжәуеит. Аҵара шышәҵо, шәхымҩаԥгашьа зеиԥшрахо еиԥш, қәҿиарақәас ишәымоу иаҿырԥшны ишьақәгылоит акырџьара ҳаԥсадгьыл – Аԥсны аганахьала ирымоу азыҟазаашьа. Иреиӷьу урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны аҵара ахьышәҵо шәара адырра ҵаулақәа шәоуеит, урҭ аҩныҟа шәаныхынҳәлак, Аԥсны аҿиараҟны ахархәара роуеит. Анаҩс,  атәыла Ахада аҳәынҭқарра аргылараҟны ихадоу ахырхарҭақәа дрылацәажәеит. Аԥсны аҭоурых иааркьаҿны дналацәажәаны, Аслан Бжьаниа астудентцәа акырӡа зҵазкуа азҵаара – Аԥсуа ҳәынҭқарра аҵакы иазхьаирԥшит.

 «Акыр иаԥсоу астудентцәа! Иахьа уажәраанӡа ҳҿаԥхьа иқәгылоуп аҵак ду змоу азҵаара, уи аҭак ҳара зегьы аӡәаӡәала ҳхымҩаԥгашьа ҳәаақәнаҵоит, актәи акурс астудент инаиркны ахада иҟынӡа. Изаҳҭахи ҳара аҳәынҭқарра абриаҟара ахҭынҵаны? Аҭак аҟаҵара мариоуп, иагьыуадаҩуп – аҳәынҭқарра аԥсуа милаҭ, аԥсуа жәлар реиқәырхара, аҿиара алзыршо мыругоуп. Ари ҳара ҳаҩноуп. Аҩны змам итәы еилкаауп», - иҳәеит Ахада.

 Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иазгәеиҭеит ҳазҭагылоу аамҭазы иҟоу иглобалтәу адунеишьақәгылашьаан аҳәынҭқарратә ргылара апроцесс ахьынӡауадаҩу. «Аԥсны апостсоветтә наӡааӡараҟны уи аԥыхра аполитика раԥхьа изнырыз атәылақәа ируакуп – ари ҳтәыла ЕАР алахәцәа рсиаҟны ианыҟам, адоментә хатәы хьӡи аҭелтә коди анамам,  абанктәи, аҳазалхратәи, аҳаир кодқәеи уҳәа убас егьырҭ аҳәынҭқаррабжьаратәи аекономикатәи усеицура ирласны амҩаԥгара алзыршо, насгьы изырманшәало, ахарџьқәа еиҳа изырмаҷуа анамам. Аха ҳара иҟам амеханизмқәа рыхәҭак архынҳәра ҳалшеит иҳадгыло, ҳаиашьаратә Урыстәыла алшарақәа ҳацырхырааны», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада астудентцәа ирзеиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә ргылара стратегиа алхраҿы методикас иҟоу, ҷыдала иаҵшьны иҳәеит зеиҭашьақәыргылара алымшо ахархәагақәа реиқәырхара иамоу аҵакы, ауаҩытәҩсатә капитал аҿиара аԥыжәара шамоу атәы.

Аслан Бжьаниа астудентцәа адырра риҭеит аҳәынҭқарратә аппарат аусура ахаҭабзиара аиӷьтәра шаҭаху, иара аусура ахырхарҭа амилаҭтә економикеи, аинвесторцәеи, ауаажәларреи рмаҵзура иадҳәалазар шакәу. Убри аан, Ахада игәаанагарала, аҳәынҭқарра аргылараҿы ахадаратә ҭыԥ ааннакылоит аԥсуа жәлар иуникалтәу рҷыдарақәа.

 «Аԥсуа жәлар акы иаламҩашьо акультуратә ҭахрақәа рымоуп, урҭ рыбжьара иҟоуп аҭоурых иаԥнаҵаз адемократиатә традициақәа, аԥсабареи адгьыли рганахьала ахатә знеишьа аазырҧшуа. Ари аполитикатә, мамзаргьы аекономикатә фактор мацара  акәӡам. Ари ҳауаажәлар рыхныҟәгашьа аныҧшуеит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Иара убас дазааҭгылеит, Аиҳабыра реилазаараҟны ишыҟоу аҿар маҷҩымкәа, ааигәанӡа истудентцәаз аҿар иаарласны Аиҳабыра реилазаара хадырҭәаар шалшо. Аиԥылара хыркәшо, Ахада иазгәеиҭеит, амилаҭтә  усбаратә кадрқәа разыҟаҵаразы иҷыдоу Ацентр аԥҵара ргәы ишҭоу. Уи аԥҵаразы иҷыдоу агәаанагарақәа шыҟоу. Ахәҭакахьала, Асовет иалахәхоит иақәнагоу аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәа, анаплакҩцәа, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

«Ҳара хықәкыс иҳамоуп урыстәылатәи аусбаратә кадрқәа разыҟаҵара амодель алҵшәа ахархәара, аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы Урыстәыла арҵаратә усбарҭақәа рыҟны  аԥышәа ду шыҟоу ҳбарҭоуп, аха убри аан амилаҭтә ҷыдара ахархәара иазҳауеит, Аԥсны асоциалтә ԥсихологиеи аекономикатә ҭагылазаашьеи азгәаҳҭоит.  Убри азы Аԥсны аҳәынҭқарра аҭоурыхи азинқәеи бзианы иҭҵаатәуп, иара убас аԥсуа бызшәа, акультура, милаҭрацәала еиларсу ҳажәлар рқьабзқәа, рыԥсҭазаара ахаҿра дыртәуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылара хыркәшо, иазгәеиҭеит, ихаҭа иҟынтәгьы, астудентцәа рҟынтәгьы ишаҭаху  Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверентә хьыԥшымра ахьчара, аԥсуа етноси аԥсуа жәлари еиқәзырхараны иҟоу.

Аиԥылара ишиашоу аиҿцәажәара аформат ала ишьақәгылан, астудентцәа аҭагылазаашьа рыман Аҳәынҭқарра Ахада азҵаарақәа иҭара. Аиԥылара иалахәын Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа, Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, адәныҟатәи аусқә рминистр Инал Арӡынба, аҵара аминистр Инал Габлиа, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аиустициа аминистр Анри Барцыц

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me