Светлана Новикова ауаҭах аҿы дахьынхо уадак лҟазарҭа алылхит. Лара ауапцәа лрапоит, уи адагьы аба, еиҳарак абырфын аҵиаақәа рыла илшәуеит, рышьҭа анылҵоит.

Иҳаҩсхьоу аҭыжьымҭақәа рҟны ишазгәаҳҭахьоу еиԥш ҳбызшәа аиқәырхареи аихаҳареи жәашықәсала зылшара аду ҳҵарауаа русумҭақәа рахьтә еиҳа азҿлымҳара ззыжәуп ҳәа ҳгәы иззаанаго ркьыԥхьра иацаҳҵоит.

Аҵарауаҩ ду иарӷьажәҩа

14 Ԥхынкәын 2023 12:29

Декабр 5 азы аҭоурыхҩҩы, археолог, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ҳаҭыр зқәу адоктор Мирра Хотелашвили-­Инал-Иԥа лиубилеитә рыцхә азгәалҭеит. Ҳазну ашықәс азы уи 95 шықәса лхыҵит.

Ахшара данбзиаха ижәлар дыртәуп, данымҩахҟьа иҭаацәа рымацара дранажьуп. Абри ахшыҩҵак шьақәнарӷәӷәоит иахьа Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло рганахьала.

 

Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылаз жәаа зҵаара рҟынтәи руак ахәаҧшра аанкылан.

1992 шықәса декабр 14 азы Кәыдры аиҩхааҿы, Лаҭа ақыҭан Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа еихсны иларышьҭит амацәаз иҭакыз Тҟәарчал аҟнытә Гәдоуҭаҟа иаауаз аҳаирплан Ми-8. Абри агыгшәыгра ахҭыс иахҟьаны иҭахеит 87-ҩык, убрахь иналаҵаны 35-ҩык ахәыҷқәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me