Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа анаԥҵаха инаркны арра аус инапы ианырҵеит аполковник Сулҭан Сосналиев. Уи зныкымкәа Аԥсны даахьан, В.Г. Арӡынбеи иареи еиқәшәахьан. Гәынхәҵысҭала еиликаауан мышкымзар мышкы Қырҭтәыла Аԥсны иақәымлар шамуаз. Ус егьыҟалеит 1992 ш. август 14 рзы.
Славики Сеуеи Ҳаџьымаа, ҩыџьа аишьцәа, аиҳаби аиҵби. Уанырбалак рхаҿы рхаччо ада аҧсшәа зымҳәоз ауаа разқәа. Аха рыҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, аӡәы ишьҭахь агылара акәым, зегьы раҧхьаӡа аҕа иҿагылаз ируаӡәкхаз.
Аибашьра хлымӡаах еилгеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит сынтәа. Аҧсны иахьа зхы иақәиҭу ҳәынҭқарроуп. Уи амш еиқәаҵәақәа ҳхысижьҭеи еиҵагылеит аҿар, иҟоуп аибашьра ашьҭахь ииз, зызхара забацәа рхаҿсахьа агәынкылаха иахьымӡаз, забацәа зыҧхаз.
Ишдыру еиҧш, сынтәа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира 30 шықәса ахыҵуеит. Лассы-лассы ҳҩымҭақәа акьыҧхь ианаҳҵоит Аҧсны ахақәиҭра азаазгаз афырхацәа ирызкны. Урҭ наунагӡа хашҭра рықәым Аҧсни аҧсуа жәлари ыҟанаҵ.
С.Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи «Агәалашәаратә» уадаҿы, нанҳәа 14, 1992 ш. инаркны, цәыббра 30, 1993 шықәсанӡа, Аҧсны зхы ақәызҵаз 1970-ҩык кыдуп.
Урыстәылеи Аҧсни иналукааша руаажәларра-политикатә усзуҩы, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаҧсазтәыз аиурист, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә премиеи «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡареи занашьаз, Жәларбжьаратәи Адыгатә академиа налаҵаны ауаажәларратә академиақәа ааба рлахәыла Тарас Мирон-иҧа Шамба диижьҭеи 85 шықәса ҵит.