Аҭыԥантәи ажь хкқәа реиқәырхара иадҳәалоу аинформациатә воркшоп мҩаԥган Аҟәа, жәабранмза 5 рзы

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аҭыԥантәи аӡахәааӡара аҿиара иазҿлымҳау, афермерцәа, ақалақь ауааԥсыра.

Аԥсны аҩыҟаҵаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи Рассоциациа анпхгаҩы Сергеи Гадлиа инарҭбааны далацәажәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа ари ахырхарҭала имҩаԥгаз аусура атәы. Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара агроном Леван Кәлаа аӡахәааӡараҿы ихадоу азнеишьақәа дырзааҭгылеит, идирбеит аӡахәа аиҭаҳашьа, ахҵәашьа, арҵәыгақәа раҭашьа, аҭыԥантәи аҭагылазаашьақәа ҳасаб рзуны лассы-лассы иуԥыло аԥхасҭа ҟазҵоу ахәаҷамаҷақәеи ачымазарақәеи рацәыхьчашьа.

«Аҭыԥантәи ажь хкқәа иуникалтәу аҟазшьарбагақәа рымоуп, урҭ реиқәырхара акраҵанакуеит. Ииашаны аӡахәа ахылаԥшра иалнаршоит зыхә ҳараку ари аграртә ҭынха ахьчара»,- ҳәа азгәеиҭеит Кәлаа.

Апрактикум аинтерактивтә формат ала имҩаԥысит: алахәылацәа азҵаарақәа рҭиуан, рԥышәа еимырдон, ироуз абжьгарақәа ракәзар, анаҩс рхы иадырхәар рылошит.

Аворкшоп мҩаԥысит «Аԥсны аӡахәааӡара аҿиареи аҭыԥантәи ахкқәа рыхьчареи» апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусмҩаԥгатә ООН Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи еиҿкаареи Аԥсны аҩыҟаҵаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи Рассоциациеи русеицура иалҵшәоуп, афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Швеицариатәи аҿиареи аусеицуреи рзы амаҵзура (SDC).

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me