«Сара сзеибашьуаз Аҧсадгьыл аиқәырхаразоуп»

20 шықәса рыҩнуҵҟала, журналистк иаҳасабала хаҭала, аибашьра аветеранцәа  ирызкны акьыҧхь иазсырхиахьоу астатиақәа маҷым. Аха урҭ рҟны, шамахамзар, сыуацәеи-сҭынхацәеи рыӡбахә азааҭгылара цәаҩас исымамызт.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, аха уи амцашыра еибганы иалҵыз саб  Беслан Гәажәба  2001 шықәсазы иаамҭанымкәан, 56 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь, 2001 шықәсазы, цәыббра 27 рзы иҭыҵыз агазеҭ «Аҧсны»  (№51-52)  аҟны искьыҧхьит саб иахь исымаз ахьаа иснарҩыз, уи ихаҭареи аибашьра адәаҿы дызлагылаз, ихигаз зныҧшуаз астатиа. Усҟан, ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша, ахҧатәи акурс аҟны аҵара сҵон.

Иҟалап аҧсуаҵас иҧшӡамзар?! «лаб ахьиакәу азы длырҽхәеит»- ҳәа аӡәы агәаанагара иоургьы. Аха мап!  Аӡәы авба зласиҭаша ала саб ихыҧша иацсымҵеит, аха дызлеибаркыз иуаҩреи, ихаҭареи, илшареи срыцәхьамҵит, ишыҟаҵәҟьаз сазааҭгылеит.

Аӡәы сахҭниҟьарым сгәахәуеит, статиа заҵәык саб ихьӡала аҩра, уи изкны сара  сеиҧш даҽаӡәы ишилымшо азгәаҭаны. Сгәы иаанагоит, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа зегь рҿаҧхьа исыду ауал, саб иҿаҧхьа ҩынтәны исыдуп ҳәа…

Зыҧсадгьыл ахьчараз хацәнамырха игылаз дыруаӡәкын Гәдоуҭа араион, Хәаҧ ақыҭа иалҵыз Беслан Шәарах-иҧа Гәажәба. 4-ҩык ахшара раб аибашьра ианалагоз аамҭазы, уи ҿыҵгас иҟаҵаны уахыкгьы иҭаацәа дрыламтәеит. «Сеиҵбацәа ахы иаҿагылоуп, сара аҩны сышҧатәои, ма ихәу аӡә дышьҭысхып (далызгап), мамзаргьы аҽаӡәы ианилымшо ихаҭыҧан сгылап» – ҳәа ддәықәлеит ихатә бџьар шимамызгьы. (Исгәалашәоит Гагра ахақәиҭтәраан «аҩны ҳәызба дук ҳаман» иган иаваҵаны аибашьцәа рышьҭа дышхыз, аҧхьа дзышьҭуадаз абџьарда?!). Усҟан, абџьар зманы, аҩны зҽыҵәахны итәазгьы ыҟан, урҭ аӡәгьы изыгәаҕьуамызт еибашьра ицоз абџьар рыҭара, уи ацынхәрас, «зны уаанымгыло, уара уцар аума ҟауҵома» – ҳәа зҳәозгьы ыҟан.

Зыҧшра шыҟаҵатәымыз «зны», «уашьҭан» - ҳәа ишыҧштәымыз рзеилкаауамызт, аибашьра амца ашыра ҳазлагылазгьы зынзмырҧшуаз ракәын.

Ҵоуп,хара имгакәан, саб абџьар инапаҿы иоуит. Уи акәхеит,настәи ахаҵа имҩа иара изы иуадаҩмызт, дызлааӡаз, дзышьцылахьаз акәын. Хаҵаҵас ишаз – ари ауаҩ, згәы ҭрысны шьҭахьҟа ихьаҵуаз дреиуамызт, уи аибашьраҿы мацара акәмызт, аҧсҭазаараҿгьы дфырхаҵан, еснагь аиаша иазықәҧоз, иашала еибаркыз, уи иаҩымсуаз иакәын. Аҕа цәгьа иҿаҧхьа мыцхәы дыџьбаран, аха дызҭахыз-ииҭахыз ауаа рҿы дгәыбылҩын, урҭ рҿы ҳаҭыр дугьы иқәын. Иламыс, иуаҩра хараӡа иҳаракын, аҧсуа ҵасла ицназгоз дыҟамзар ҟалап. Иҽықәтәара, ичеиџьыка, исасдкылара уҳәа изалшомызт акы иалаҩашьарц.

Хаҭала, сара ас еиҧш аҟазшьа бзиақәа змаз аб дахьсымаз аҟнытә, насыҧ змоу аӡә сакәны схы сыҧхьаӡоит, еснагь сгәы иладууп.

Аибашьраҿы Беслан Гәажәба далахәын Ака Арӡынба напхгара зиҭоз 2-ти абаталион. Ари абаталион еиҿкаан Дәрыҧшьаа, Ҟәланырхәаа уҳәа агәыҧқәа рыла, урҭ рхыҧхьаӡара наӡон 250-ҩык рҟынӡа, еицыз зегьы Беслан бзиа деицырбон, еиҳабык иаҳасаб алагьы пату иқәырҵон, иажәа иазыӡырҩуан, насгьы агәымшәара, агәаҕьра имаз оумашәа избозгьы рацәаҩын, иагьиҿыҧшуан. Ажәылара ҕәҕәақәа рышьҭахь иаанааидтәалалоз «Беслан игәымшәашьа» атәы еибырҳәон изгәдуны.

Уи дрылахәын ажәыларақәа рацәаны: Шрома ахақәиҭтәра, Каман агара, Ахбиук аҭарцәра, иара убас, ахырҕәҕәарҭақәа рҿы дыҟан: Ешыра, Уаз-абаа, Бырцха. Аиааира амш даҧылеит Егры ацҳаҿы.

Беслан, ахаҵа гәы шизҭаз,дшеибагаз атәы шьақәирҕәҕәоит, ицеибашьуаз иҩыза, изныкымкәан ахәрақәа заухьаз, аха урҭ ириааиз  Заур Оҭырба. «Аибашьраҿы зегьы хымҩаҧгашьала еиҧшым, иҟоуп излымшо, згәы ҭрысуа, шьҭахьҟа ихьаҵуа. Аха, Беслан урҭ аҟазшьақәа ицәтәымын, уи илшара хараӡа иҕәҕәан, аҷкәынцәа аиҵбацәа анихәаҧшуаз, еиҳа ргәы ҕәҕәахон, рылшара иацнаҵон. Агәымшәареи ахаҵареи шилаз атәы ҳәашьа амам. Аибашьра аганахь ала даара ихы бзианы иааирҧшит. Қәралагьы дҳаиҳабын, ҳагьиҿыҧшуан, ҳагьизыӡырҩуан, игәымшәаразы, ихаҵаразы иаҳаҭыр аабон еицыз зегьы. Хаҭала,сара сгәы иаанагоит еилҟьаз, насгьы, инамыцхәныгьы иласыз, «амца иақәуҵар имбылуа» ззырҳәоз уаҩын ҳәа».

Ҧхынгәы 15-16 рзы, Шроматәи ажәылараан, раҧхьа ишьҭаз адҵа ҕәҕәа шынарыгӡоз атәы игәалаиршәеит Заур: «Адҵа ҳаман, ақырҭцәа ықәцаны, аҭыҧ ҭарцәны,амҩа рыцқьаны, Аҟәа алалара ада ус ыҟамкәа аҟаҵаразы. Уаҟа, даара аиҿахысра ҕәҕәа ҟалеит, иҭахази ахәрақәа заузи рхыҧхьаӡара маҷмызт.

Усҟан, Беслан ҧхьаҟа ацара игәы шазыҳәозгьы, ахәра зауз иҩызцәа ныжьны дцомызт, – «абаақәа, ари ацхыраара иҭахәуп»,– ҳәа ибжьы уаҳауан еснагь. Арахь ахәцәа згоз амашьынақәа уаанӡа анеира рылшомызт, имазеингьы иабаҟаз?! Аха иара урҭ рҭыҧ иқәҵаны, ма аӡәы инапы ианҵаны, ҩаҧхьа иҩызцәа еибашьцәа иҽырхьигӡон.

Сааҭқәак рыҩнуҵҟала, ҳадҵа анагӡара ҳалшеит, аха ашьҭахьгьы аҧсгаха ҳарҭомызт ҳаҕацәа, рҽазыршәон иахьахаҳцаз аҭыҧ ахь ахынҳәра. Уеизгьы, артиллериатә бџьар хкыс ирымамыз арбаныз?! Меигӡарыхда абџьар мца ҳажәырҵон, аха ҳаргьы ҳҽырҕәҕәаны ҳаҟан, ҳҭыҧ ҳахыҵуамызт. Ус, ҭаха ҳарымҭакәан хаха иҳажәларц иандәықәла, Беслани сареи ҳназлаз 12-ҩык аҷкәынцәа рымҩа ҳкит. Излааиуаз амҩала, хҩы-хҩыла, хәба-фба метра ҳабжьаҵаны, ҳаҽшаны ҳтәеит, ҳрымбартә еиҧш.  Рааира ҳазыҧшуа ҳахьтәаз, иҳацеибашьуаз ҳҩыза ҷкәын Игор Цыгәба «бжьык саҳауеит» – иҳәеит. Сара, схы ҩышьҭыхны санынаҧш избеит, ҳара ҳахь аӡәы ихы рханы дшаауаз. Уи бџьар ҳәа акгьы икымызт, ишьапқәагьы хтын, дшааиуаз длатәеит дӡырҩуа, ҳаҕацәеи ҳареи рацәак ҳабжьамызт, ҳабжьқәа еигәныҩуан аҟнытә.

Азныказы, Беслани сареи ҳҩагылеит, аха ҳара даҳтәу, ҳаҕацәа дреиуоу ҳзеилымкааит, цқьа ҳанихәаҧш, ҳара еибадыргас аиаҵәа цахақәа иҳамаз идҳамбалеит. Нас ауп дызусҭоу ҳдырырц «руки в верх» ҳәа ҳабжьы аниқәҳаргаз. Иара дҩагылеит, аграната кны, дышҳахәаҧшуаз амацәаз аахихит, «ҷық» ҳәа абжьы ҳаҳаит, иагьеилҳаргеит уи абжьы закәыз, насгьы 4 секундк рышьҭахь иҭҟәацраны ишыҟаз. Беслани сареи,аҕа илҳмыршеит иикыз аграната аршәра, иара уа импыҵаҧаҳжәеит.

Абасала, Беслани сареи ҳҧышәа иабзоурахеит ҳҩызцәа реиқәырхара».

Аибашьра атема алацәажәара даналагоз, акыр ишицәыуадаҩыз уаҩы ибартә иҟан Заур. Избанзар, уи ашьаарҵәыра дызлагылаз зегьы асахьақәа ака-кала ибла ихгылон ҳәарада. Аха игәалашәарақәа аки-аки еишьҭаланы ицәырҵуан. Урҭ агәалашәарақәа ируакуп, уажәы дызлацәажәо ахҭысгьы: – «Исгәалашәоит медиаҳәшьас иҳацыз, Мыркәылатәи аҭыҧҳа Марина Амқәаб-ҧҳа ахәра ҕәҕәа анлоу, лнапы лыхәра иадкыланы, ергьҳәа деихо дшааиуаз Беслан ианиба, иҩызцәа дрылҵәрааны, али-аҧси рыбжьара лара лҟынӡа дшынаӡаз. Аҧҳәызба дахьыҟаз аҭыҧ шәарҭан аҟнытә, еиҳа иахьыҧхьакырҭаз, аҧсҭа ашҟа, бахәраны иахьыҟаз, ахаларагьы ахьыцәгьаз дхеигалеит, ахқәа дырцәихьчарц. Уахь ахалара даара ицәгьан, ихәу думаны акәым, ҳара ҳхала ҳанхалозгьы ҵлак, ма дацк ҳацмырхыраакәан ахалара ҳалшомызт. Аха Беслан иага  џьабаа ибазаргьы, илшара зегь еизыркәкәаны ицхыраара лиҭеит аҧҳәызба. Аҵыхәтәан ихьӡеит аҷкәынцәагьы, урҭгьы ҳәарада,ахьаартәага агәыр уҳәа ацхыраара лыгырмыжьит, аха Беслан уеизгьы длыдымҵит. Уахык шаанӡа, аҷкәынцәа инеимда-ааимдо, ршьамхқәа лыҵаҵаны иахьтәаз иаргьы ирыҭниҧсахлон.

Абасала, амедиаҳәшьа Марина Амқәаб-ҧҳа леиқәырхара ибзоуроуп Беслан Гәажәба». Аха уи ашьҭахь, акыр ҵхьан еиҧш, лыхәрақәа ирыхҟьаны ахәшәтәырҭаҿы лыҧсҭазаара далҵит шәҩыла ҳаибашьцәа рыхәра ҿазҳәахьаз, рыҧсы аиқәырхара зылшахьаз Марина Амқәаб-ҧҳа.

Беслан  аибашьра амца шыра далҵит лыҧхала. Усҟан, уи иажәа иалаҵаны лассы-лассы иҳәалон: – «ахы санамга, уаҳа ахаан акы сазгом»-ҳәа.

Адауаҧшь иаҩызаз, макьаназы агәамч цҳафыр змаз, 56 шықәса дшырҭагылаз иҟалеит иаалырҟьаны машәырла иҭахара. Уи, аибашьра ашьҭахь шакәугьы дышҭахаз, уеизгьы, еибашьҩык иаҳасабала, аибашьцәа рхыҧхьаӡараҿы ихьӡ аанхоит, аибашьразы иагьианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.

Ҧсыцқьала еибашьуаз, зыбзоуралагьы  аиааира ҳгаз, урҭ зышьҭаз медалмызт, орденымызт, Аҧсны аиқәырхара заҵәык акәын.

«Леон иорден акәын Беслан иқәнагаз»  ҳәа иҩызцәа рахьтә изҳәақәозгьы ыҟан. Аха, иара абас еиҧш, раҭеикуан: – «Аорден азы акәмызт сара сзеибашьуаз, ҳаҧсадгьыли ҳажәлари реиқәырхара азоуп, уи азы аорден сара саҳәаӡом, ахацәа зегьы иаҳуалҧшьаны иҳадуп Аҧсадгьыл ахьчара, убри акәӡоуп ихадараны сара исыҧхьаӡо».

Аҧсны аиқәырхаразы еибашьуаз зегьы фырхацәоуп, уи азы зыҧсы зҭииз иқәым ҧсра. Ишдыру еиҧш, ахаҵа изы зегь иреиҳау  ахьӡ ауп. Ахьӡ арҳара доуҳас иҟоу зегь раҵкыс иҳаракуп, еиҳауп.

«Ахаҵа мышкы диуеит, мышкы дыҧсуеит!» – аха зхаҵарамҩа гәадурала иаҳгәалаҳаршәо, ахааназ иаҳхамшҭуа дыруаӡәкуп аибашьра аветеран Беслан Гәажәба.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me