«С-солдаҭ, уҿаԥхьа схырхәоит сара»

Иахьа ҳахьгылоу аҭыԥаҿы еилашуан аибашьра хлымӡаах. Гәымсҭа аӡиас нырцәи-аарцәи еиҿагылан мчылеи хыԥхьаӡаралеи еиҟарамыз ҩ-рык.

Нырцә игылан арҳәцәа – ақәылаҩцәа, аарцә – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа. Сара иахьеиԥш исгәалашәоит август анҵәамҭазы аӡы ҳарны схәыҷқәеи сареи аҩныҟа ҳанынхала излагаз аиҿахысра. Акырцх аиԥш акәын ишлеиуаз ахы, Ацҳа Ҟаԥшь аҿы аӷацәа ирцәыргаз атанкгьы ахәаҿы игылан, измырхыз рахь ахы рханы икшон ишалшоз. Убри аамҭаз адгьылҵысра иалагеит, аԥсы ҵаауп ҳәа ирҳәо башамзаап, хыма-ԥсыма ааҵра саваланы сҽысҵәахит. Амра аҭашәарахьы инеихьан. Аибашьцәа рхыԥхьаӡара азҳара иаҿын. Уахынла алашьцара рҽалакны Гәымсҭеи Ачадареи иԥшыхәуан аӡәырҩы ҳаибашьцәа. Шәазхәыц, уи шаҟа иус хьанҭаз, аха асолдаҭ иуалԥшьа наигӡон. Избаз исаҳаз ауха самырцәеит, ианааша схәыҷқәеи сареи ҳааидкыланы сан лаҳәшьа лахь Аҷандараҟа ҳаргеит. Иаанхеит ара сани, саби, саҳәшьаду Кәаталеии, иаанхеит аибашьцәа млак-хьҭак иадмыркырц, ацәҟьара икыдҵаны зыԥсы ҭырхуаз ақыҭаҿы. Ахҵәацәа здызкылаз Абзыԥ қыҭақәа аҳәсеи ахәыҷқәеи рыла иҭәит, ахацәа усгьы еибашьуан. Ах, анаџьалбеит, иҟаларызеишь ҳәа, ҳаԥшын уахи-ҽни. Ԥыҭрак ашьҭахь Ешыра ақырҭуа танкқәа алалеит ҳәа ажәабжь бааԥс наҩит Аҷандаранӡа. Исгәалашәоит, Мидара адәы аӷш ҵлақәа рыҵаҟа ҳгыланы ҳқьызқьызуа ҳанҵәыуаз. Арҭ аҩымшк рыбжьара ҳӡахықә инаваршәны иҟалеит аҿаҳа-ҿымҭра, уаҩ дызхым адгьылаҿ иахьа ишаҳаҭуп амзаҿа зхагылоуи аџьар зхарсуи аҳаҭгәынқәа.

Гәымсҭатәи афронт, ари Аԥсны аибашьцәа аӷьырак еидызкылоз, ихадаз фронтын, аха Ешыраа еиҳа ирыхьымӡӷны иршьон, ԥхьаҟа ицатәуп анырҳәалак, аԥхьа инагылан рҿынархон. Жәытә-натә аахыс ҳажәлар рҿы иҟоуп абри аҩыза аҳәамҭа: «Ешыра хаҵа дгьылуп» ҳәа. Урҭ ауаа нагақәеи ахацәа ӷәӷәақәеи аӡәырҩы саргьы сырхаануп. Урҭ ирцырҟьоуп иахьа ҳхақәиҭра лаша иаҵаиоу 56-ҩык Ешыраа ҳҵеицәа дауаԥшьқәа.

Урҭ рыхьӡала иҟаҵоу маҷуп макьана, иҳәам ирыхәҭоу ажәа, иҳәам ирыхәҭоу ашәа. Уи иҳалымшац ауп, аҷкәынцәа, ҳаҭашәымҵан! Иреиӷьу баҟаны иҟалоит, дара рхы зқәырҵаз аус ҳара иԥхасҭаҳамтәыр.

Шаҟа быӷәӷәоузеи аԥсуа ан, шаҟа идуузеи бдоуҳа, бара бҳақ ауп еиқәзырхаз Ҳаԥсадгьыл! Ҳара ҳқыҭаҿы иҟоуп жә-ҩык хабарда ибжьаӡыз аҷкәынцәа, 32-ҩык аҭынч уааԥсырагьы ахы иадыргеит ҳаӷацәа. Ҳқыҭаҿы дыҟоуп Саҭанеи, ан-аҳақшәаҩ, ԥшьҩык зԥацәа ҳхақәиҭра лаша иаҵаиоу Тома Аҩӡԥҳа.

Ешыра хаҵа дгьылуп – даҽазныкгьы иҭысҳәаауеит сгәы. Абас згәыжәла ӷәӷәоу ауаа ахьынхо адгьыл аҿоуп дахьиз ҳаибашьра аԥыза Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Раԥхьатәи Апрезидент, жәлары зегьы зыгәра ргаз, Аиааира дугьы зчаԥаз Владислав Арӡынба. Уи ҳаԥсуа жәытә ҭоурыхи ҳхьыԥшымраз ақәԥареи иалеисеит илаша-лашо исахьа.

Ҳара ҳнеилароуп адгьыл абзиабара шҳацу, ҳазнапык иакызар абџьар, егьи иакызароуп акәаҭана, абраҟагьы жәҩахыркны ҳаидгыламзар ҳалшарақәа маҷхоит. Аибашьра ирацәаны иацуп агәамсам. Уи анаҩс аҽрыцқьареи аҽеилыргареи аамҭа рацәа аҭахуп. Имариамхеит напсыргәыҵак азна иҟоу ажәлар ҳзыҳәангьы уи аиаша аҟынӡа анеирагьы. Шәахәаԥш иахьатәи ҳҭагылазаашьа шыҟоу: ҳҵабырг аасҭа ҳамц еиҳауп, ҳаира аасҭа ҳаԥсра еиҳауп, ҳгәабзиара аасҭа ҳгәамбзиара еиҳауп, ҳҳәынҭқарра ауадаҩра ду иҭагылоуп.

Абарҭқәа зегьы хымԥада ирызхәыцтәуп!

Сара сеибашьҩымызт, аха еибашьуаз аҷкәынцәа аӡәырҩы ргәы иаланы ирҳәо саҳахьеит ииашам ахәшьарақәеи алкаақәеи шыҟаҵаз абраҟагьы. Аибашьра ааигәа иҟамыз «агәымшәақәеи», «леуанрааи», «афырхацәеи» сара сзыҳәан шәцәаԥҽыгақәоуп, абри аҩыза шәхы иаҭәашәшьазар шәлыԥсаахьшәашәақәоуп, шәа шәҟынтәи бзиарак сазыԥшым. Шәара илашәырҟәит аибашьҩы иаҳаҭыр. Дара шәреиԥшуп, шәагьреицәоуп убри аҩыза «аус бзиа» рзыҟазҵазгьы.

Абарҭқәа иаарымадан исҳәар сҭахуп ишиз сара сзы идеиа ҿыцк, «Ахаҵа-ихаҵа» ҳәа иалкаазарц шьарда зџьабаа рацәоу аибашьцәа. Ашьеи алаӷырӡи рылахәмарра аӡәгьы азин имаӡам. Иҟазар изхашҭыз Лаҭатәи атрагедиа, Марттәи ажәылара, Очамчыра адесант аӡхыҵра, Рада хәыҷы ишлызныҟәаз ақырҭуа фашистцәа? – иуасҳәои, уареи сареи ҳаимҩалацәам, сара сыԥсы ахьынӡаҭоу исыцуп урҭ рхьаа, Сеибашьҩы, с-солдаҭгьы зегьы дрылыҳәҳәо дҳараскуеит, исҳәоит, еиҭасҳәоит еицырдыруа ацәаҳәақәа:

С-солдаҭ, уҿаԥхьа схырхәоит сара,

С-солдаҭ, уи суалуп сара!

Аиааира нагӡаны Анцәа иҟаиҵааит, Анцәа ҳиргәырӷьааит абри аҟара игәаҟхьоу ажәлар! 


Лиолиа Тәанԥҳа

(аизга «Сышьҭа»  аҟнытә).

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me