Ажьырныҳәа иахьымӡаз

Ажьырныҳәа ауха, 1993 шықәсазы, Аацы ақыҭан, Алра аҳаблаҿ инхо Анқәабаа рҭаацәара ду изыҧшын раб, рашьа Артиом Мысҭафа-иҧа Анқәаб уажәымзар уажәы дааиуеит ҳәа. Ус ишыҧшыз асааҭ ахыцқәа жәаҩа инархысны аҿынанахеит…

Аибашьра цон. Аҧсуа жәлар ашьаарҵәыра илагылан. Аҵеицәа рхы ақәырҵон Аҧсадгьыл. Аха аҧсуаа наџьнатә аахыс ирымаз аныҳәақәа азгәарҭон, ргәы карыжьуамызт, ргәыҕра ҿыцәааӡомызт… «Ажьырныҳәа ауха аҩны сҟалоит», – ҳәа зеиҳәаз Артиом Анқәаб иҭаацәагьы агәыҕра рыманы иҧшын…

Артиом Мысҭафа-иҧа Анқәаб далиааит зҳәоу еиқәшәаз, еинҭәыла иҟаз, унеишь-уааишь ззырҳәоз аҭаацәара. Анқәабаа аибашьра закәу, уи иацу агәаҟ-ҵәаҟра лымҳаҭасла ирмаҳацызт. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) аан Анқәаб Мысҭафа иҧацәа ҩыџьеи, иашьа иҧеи, иҧҳа Евгениеи еибашьра иҟан. Рыҧшьҩыкгьы, Анцәа иџьшьаны, рыҧсы ҭаны ихынҳәит. Ҩыџьа ирыман ахәра ҕәҕәақәа. Руаӡәк Сталин иҟынтәи жәаф рҟынӡа аҳаҭыртә бҕьыцқәа ианашьан. Зыӡбахә ҳамоу Артиом Анқәаб иакәзар, уи усҟан дхәыҷын, иқәра аҵанакуамызт. Аха иаҧхьаҟа уигьы даҽа еибашьрак изыҧшызаарын…

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа еилганы, аҭынч ҧсҭазаара  иазыхынҳәыз аишьцәа, аиҳәшьцәа, аҵара дуқәа ирылганы, иаҧсоу уааны рыуаажәлар ирылагылеит. Иҟоуп аҭҵаарадырра аусзуҩцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, амедицина аусзуҩцәа, атехнологцәа, арҵаҩцәа. Мысҭафа Анқәаби иҧшәма Кәакәа Матуа-ҧҳаи рыфҩы хшара реиҵбы Константин (Котик) Анқәаб аҧсуаа рахьынтә зегьы раҧхьа атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатс иҟалаз дыруаӡәкын. 

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, ари аҭаацәараҿы аӡәгьы иҽҧхьеимкит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз Анқәабаа рыхшара ҳаибашьра иналагылеит. Зықәра инҭысхьаз Артиом Анқәаб иакәзар, сара сықәра уажәшьҭа иаҵанакуам ҳәа иҽҧхьеимкит. Избанзар, уи ҟазшьас иламызт аамҭа хьанҭақәа раан аганахь дгыланы аҧшра.

Артиом Мысҭафа-иҧа абжьаратә ҵара иоуит 1947 шықәса рзы Афон-Ҿыцтәи абжьаратә школ аҟны. Иара убри ашықәсан дҭалоит Москватәи автомеханикатә техникум. Уи қәҿиарала далгоит 1952 шықәсазы. 1956 шықәсазы – Москватәи апартшкол. Ашьҭахь аусура далагоит Москватәи аобласт ақалақь Иваново иҟаз амашьына-трактортә станциа анџьныр хадас. Уаҟа аус иуан 1959 шықәса рҟынӡа. Убри ашықәсан Артиом Мысҭафа-иҧа иҧсадгьыл ахь дхынҳәуеит, аусура далагоит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы анџьныр хадас, уи аамышьҭахь – атаксомотортә парк аиҳабыс. Артиом Анқәаб иусурагьы иҵарагьы еилагӡо далгоит Ҟабарда-Балкариатәи Аҳәынҭқарратә университет амеханика-технологиатә факультет. 1988 шықәсазы Артиом Анқәаб далырхуеит Жәлар рдепутатцәа Аҟәатәи рықалақьтә Совет адепутатс. Аҧсны Жәлар рфорум «Аидгылара» аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын, ианышьақәгыла нахыс уи далахәын. Дҭаацәаран, иҧшәмаҧҳәыс Бабусиа Григори-иҧҳа Џьыкырбеи иареи ирааӡон ҩыџьа ахшара.

1988 шықәсазы Жәлар рфорум «Аидгылара» Аҟәатәи аҟәша аиҳабыс иҟаз Валери Кәарҷиа ҳаниҿцәажәоз иҳәеит:

– Артиом Анқәаб аибашьра ианалага мацара акәӡам фырхаҵаҵас ихы анааирҧшыз. Уи аҧсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара иадҳәалаз аибарххарақәа зегьы рҟны иара дубон. Артиоми сареи 70-тәи ашықәсқәа раахыс ҳаибадыруан. Аха еиҳа ҳанеизааигәаха, ибзианы ҳанеибадыр, «Аидгылара» аиҿкаара ҳаналага нахыс ауп. Жәлар Рфорум Аҟәатәи аҟәша аҟны апрезидиум далан. Абринахыс иареи сареи ҳахьцалакгьы ҳаицын. Иара аҟазшьа бзиа илан: дыццакӡомызт, ииҳәо агәра угартә иҳәон, игәы разын. Ажәлар рус азы ихы деигӡомызт, иҧсы деигӡомызт, ҧарала-шьарала ацхыраара ду ҟаиҵон. Џьара ицатәума, иаатәума, иара имашьынала ҳцон, иара убасгьы аҿар дырзааигәан.

Артиом аибашьра ианалага уеизгьы-уеигьы дымцар амуа иҟамызт, иқәрагьы наскьахьан, иҽхьеикыр ауан. Аха уи дхаҵан, дҭаҟьа-ҭасуа акәымкәан, дхаҵаҵәҟьан. Артиом зныкымкәа абџьар аагаразы Аҧсны анҭыҵ дцаны даахьан. Уахь ицарақәа руак аан, рыцҳарас иҟалаз, абџьар злааргоз аҳаирплан аекипажгьы иаргьы ахькаҳаз ашьхараҿ иҭахагәышьеит…, – иҳәоит Валери Кәарҷиа.

Артиом Анқәаб иааигәаны дыздыруаз иҩыза Владимир Агрба иҧсҭазаара далҵаанӡа ҳаниҿцәажәоз иҩыза изы ииҳәахьаз ажәа ҧхақәа рцыҧҵәаха абраҟа иааҳгоит. «Артиом иеиҧш иҟаз ахацәа рцәарҭа рхы нылаҵаны иҧсӡом, рыуаажәлари рыҧсадгьыли рзы иҭахоит. Артиоми сареи 70-90 -тәи ашықәсқәа рзы ҳаибадырит, ақырҭқәеи ҳареи ҳабжьара ицоз аибарххарақәеи амитингқәеи раан. Артиом Мысҭафа-иҧа дуаҩааӡан, даамысҭашәан, аиҳабы иҿы, аиҵбы иҿы ахнагашьа дақәшәон. Иара дызлиааз аҭаацәарагьы нхацәа нагақәан, уаҩышьала ибеиан. Артиоми сареи зныкымкәа Нхыҵ-Кавказҟа ҳаиццахьан. Абазақәа «Аидгылара» анеиҿыркаауаз аизара ду ҳалахәан. Иара убасгьы усҟантәи аамҭазы ауаҧсқәеи аингәышқәеи рыҩнуҵҟа ицоз аилаҩеиласрақәа рҟны иахьынӡауаз ала бжьаҟазаҩны ихы ааирҧшит Артиом. Аибашьра ианалага, уаҟагьы аганахь дымгылеит. Иҩызцәа ицны, дцаны аҳаирпланла абџьар ааигон. Аха, иаџьал дзацәымцагәышьеит».

Сентиабр мза, 1992 шықәсазы Аҧсны аиҳабыра рыдҵала Артиом Анқәаби Геннади Аламиеи рышьҭуеит Нхыҵ-Кавказҟа, абџьари аџьаҧҳани реиқәыршәаразы. Анаҩс, Артиом Мысҭафа-иҧа иҩызцәа ишазгәарҭаз еиҧш, абџьари аџьаҧҳани раагара ахы кын, ауадаҩрақәа, аҧынгылақәа шыҟазгьы.

Абџьар аагаразы Грозныи ақалақь аҟны иҟаз Артиом, ишакәхалакгьы иҭаацәа иҽрымеидеит, иреиҳәеит, ажьырныҳәа ауха аҩны дшыҟалоз. Иара ихшара ирҳәоит, уи ажьырныҳәа еиҕьишьоз ныҳәак имамызт ҳәа.

Ианвар мза 9, 1993 шықәсазы Грознынтәи Артиом Анқәаби, иҩызцәа Иура Акапови, Аҟәатәи адельтоплан аклуб аиҳабы Иура Таргашови, аҳаирплан аекипажи ҧрит Гәдоуҭаҟа. Аҳаирплан шыҧрыз здыруаз амаҵзурақәа, иара убасгьы ауа-ҭахы ҧшын уажәымзар уажәы аҳаирплан тәоит ҳәа. Аха… Аха, усҟантәи аамҭазы ари аҳаирплан иҭаз зегьы, Артиом Анқәаб дназлаз ари адунеи аҟны ирзыҧҵәаз аамҭа аангылахьан. Аамҭа ангылахьан Артиом Анқәаб инапы иахаз асааҭ аҟынгьы. Уи асааҭ иахьа уажәраанӡагьы ихшара гәаларшәагас иҵәахны ирымоуп.

Хабарда ибжьаӡыз аҳаирплан рыҧшаауан мчыбжьык инарзынаҧшуа. Аха, аӡын агәҭаны, ашьхараҿы аҳаирплан аҧшаара залмыршахеит. Зыдгьыл гәакьа, зыҩныҟа, зыуацәа-зҭынхацәа рахь анеира иахгәаҟуаз Артиом Анқәаб иҩызцәеи иареи ааҧынра, маи 9 аҽнынӡа рышьха гәакьақәа иргәыҵаҳәҳәаны ирыман…

Ааҧынра анааи, асы аныӡыҭ, иааҧшит ацаҟьа ианҟьаны аиҩхаа иҭамҳакәа икаҳаз аҳаирплан. Аҧсыбаҩқәа рылбаагаразы идәықәлеит Артиом иқыҭа иалҵыз, ашьха амҩақәа бзианы издыруаз абыргцәа. Урҭ дрыцын Артиом иҷкәын Зураб Анқәабгьы. Аҳаирплан ахьҭажьыз аҩхааҿы анеира ус имариамызт. Амҩахәасҭақәа зынӡаск иҭшәан. Аха ирулакгьы аҳаирплан аҟны ианнеи Артиом иҷкәын Зураб иажәақәа рыла, иаб дудырратәы дыҟан, данҭахаз аҽны инаркны шықәсыбжак аҟара шыҵхьазгьы. «Дыцәазшәа акәын дыштәаз, ишьамхы иқәын Аҧсны ахсаала. Инапы иахаз асааҭ ҧҽын, аамҭа иунарбон 15 минуҭ ҧшьба рахь. Егьырҭ, аҳаирплан иақәтәаз, саб иеиҧш иаразнак иҭахеит. Иура Таргашов иакәзар, аҳаирплан аҵыхәан, ихы маҭәақәак аҵаҵан, инапқәа игәы иқәҵаны дшышьҭаз ҳбеит. Аҳаирплан анкаҳа, иҧсы ҭахазар акәхап, ишьапы заҵәык акәын ихжәаз, цхыраара шимоуаз дырны аҧсра даҧылеит», – иҳәоит Артиом иҷкәын Зураб. 

Артиом Анқәаб ихшара, иуа, иҭахы иҵагыланы, дызгәыҵаҳәҳәаны дызмаз ашьхақәа инареихырхәаны дылбааргеит иқыҭа гәакьахь. Анышә дамардеит иабшьҭра рзеиҧш нышәынҭрақәа рҿы. Артиом Анқәаб Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иибаз аџьабаазы ианашьоуп «Агәымшәараз» амедал.

Ауаҩреи ақьиареи, аламыси ахаҵареи зшьа иалаз, ҟазшьас измаз Артиом Анқәаб Аҧсны Ахақәиҭреи Ахьҧшымреи дырхаанымхеит, аха аҧсы ҳәа акрыҟаӡазар, иареи Аҧсны ахақәиҭра зхы ақәызҵази  рыҧсқәа ирбоит. Ҳара, иахьа зхы иақәиҭу, ихьҧшым аҳәынҭқарраҿы инхо зегьы иаҳуалу акоуп: шьала икәабаны афырхацәа иаҳзааргаз ахақәиҭреи ахьҧшымреи рмырӡра, рхы зқәырҵаз аус аҵакы аилкаара, уи ҳаҧхьаҟагьы аихаҳара.


Ш. Торчуа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me