Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳажәлар иргаз Аиааира ашьҭахь ауаажәларратә ҧсҭазаара маҷ-маҷ ишьақәгылон. Убас, 1998 ш. рзы Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабыс иҟаз Гарри Аиба иаҧшьгарала иаҧҵахеит агазеҭ «Сурсум» редакторсгьы днаҧхьан ажурналист Витали Шариа. Ақалақь Ахадареи Аизареи ргазеҭ аҭыжьра хацыркын, лассы аҧхьаҩцәагьы аиуит. Аха, хара имгакәа, 1999 ш. актиабр инаркны агазеҭ анапхгара инапы ианырҵеит Лев Хаикин (уаанӡагьы В.Шариа иҭижьуан даҽа газеҭк «Эхо Абхазии», аидбалара дахьӡомызт). Аҧхьа мызкы знык иҭыҵуаз «Сухум», 1999 ш. нахыс аҧсышәалеи урысшәалеи аҭыжьра аҧшьган, насгьы ҩынтә аҭыҵра иалагеит. Абарҭ аиҭакрақәа раан Аҟәа ахадас аусура далагахьан Леонид Лолуа.
Аҧсышәала агазеҭ аҭыжьра аҧшьгара ахатә ҭоурых амоуп. Усҟан Аҟәа ақалақь абыргцәа рхеилак ахантәаҩыс иҟаз ашәҟәыҩҩы, адраматург, Аҧсны жәлар рартист Рушьни Џьопуа (1934-2016) ақалақь ахадара аилатәараҿы агазеҭ ҩ-бызшәак рыла аҭыжьра шахәҭоу азҵаара ықәиргылеит.
Еиуеиҧшым агәаанагарақәа цәырҵзаргьы, аӡбамҭа рыдыркылеит, агазеҭ «Аҟәа – Сухум» ахьӡхеит, ҩ-бызшәак рыла мызкы ҩынтәгьы аҭыҵра иалагеит. Аха уаанӡа, ас еиҧш иҟаз аӡбамҭа ашьҭахь, аредактор Лев Хаикин аҧсышәала аҭыжьраҿы ивагылашаз дишьҭалеит. Усҟан агазеҭ «Аҧсны» аредактор хадас аус зуаз еицырдыруаз ашәҟәыҩҩы, ажурналист Борис Ҭыжәба диҭааит. Дзызнеиз изеиҭеиҳәеит, дагьиҳәеит инапаҵаҟа аус зуа, аҧышәа змоу ажурналистцәа руаӡәк идигаларц, аҧшьгамҭа ҿыц дахаҵгыларц. Сара усҟан агазеҭ «Аҧсны» аусзуҩцәа среиуан. Аредактор уиҭахуп рҳәан, акабинет сахьыныҩналаз Лев Хаикин дтәан. Дара уаанӡа излеицәажәахьаз ала, асас ишиаҳауаз ҳредактор исабжьигеит ақалақьтә газеҭ аҧсышәала аҭыҵра иалагараны ишыҟоу, ажурналист ишишьҭоу, аамҭала акәзаргьы, еидбалауа «Аҟәа-Сухум» адедакциаҿгьы аусура салагарц. Азныказ саалакҩакзаргьы, сақәдыршаҳаҭит. Убри нахыс агазеҭ иааиҧмырҟьаӡакәа ҩ-бызшәак рыла аҭыҵра иалагеит. Агазеҭ ахатә ҷыдарақәа аман, уи ианыҧшлар акәын аҧхьа иргыланы ақалақь ҧсҭазаара. Убри аганахьала уахәаҧшуазар, ҵабыргны, аинтерес аҵан.
Лев Хаикин агазеҭ атәы ибзианы идыруан, аҧышәа иман, аус ицура маншәалан. Ҳусеицура есааира амҽхак арҭбаауан, ицәырҵуан арубрика ҿыцқәа, атема ҿыцқәа. Иара ибзоурала агазеҭ Аҧсны апериодикатә ҭыжьымҭақәа рыҩнуҵҟа ахатә ҭыҧ ааннакылеит.
Аҧхьаҩцәа, аханатә еиҧш, гәахәарала ирыдыркылоит ақалақь аҭоурыхи, аибашьра ашьҭахь аҧсҭазаара ҿыц ашьақәыргылараҿы зџьабаа рацәаз ауааи уҳәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҿиара амҩа аазырҧшуаз акьыҧхьымҭақәа. Урҭ рыҩнуҵҟа еснагь аҭыҧ ҷыда ааныркылоит Аҧсадгьыл ахьчара зыҧсы ахҭнызҵаз аҵеицәа ирызку акьыҧхьымҭақәа.
Ишнеи-шнеиуаз Лев Хаикин ихатәгәаҧхарала аредактор инапынҵақәа аанижьуеит, агазеҭ аредакторс дҟалеит ажурналист Мадонна Кәыҵниа. Уаанӡатәи аредактор агазеҭ аанмыжькәа журналистс аус иуан. Аханатә агазеҭ илнахыз амҩа иацәхьамҵкәа, еихаҳауа иаауеит ажурналистцәа. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аредакциаҿы аус руан: Валери Амаршьан, Руслан Ҭарба, Ирина Соломко, Алиса Гәажәба, Џьулетта Шьынқәба уҳәа. Иахьа аҭыжьымҭа амаҵ азыруеит: Елиа Ҵышәба, Елана Лашәриа, Татиана Оҭырба, Адгәыр Кәыҵниа уҳәа егьырҭгьы.
Иазгәаҭатәуп Аҟәа Ахадара аиҳабыс Алиас Лабахәуа даныҟаз – 2010 ш. нахыс агазеҭ аҧштәы аманы аҭыҵра ишалагаз, 2014 ш. раахыс мызкы хынтә иҭыҵуеит.
Хымҧада, абас ишьақәгылоит аҭоурых. Иахьа ҳтәылаҿы иааиҧмырҟьаӡакәа иҭыҵуа агазеҭқәа ируакуп «Аҟәа-Сухум». Уи ашьақәгылараҿы саргьы сџьабаа ахьалоу агәахәара снаҭоит. Гәык-ҧсыкала ззанааҭ иазыҟоу агазеҭ аредактор Мадонна Кәыҵниа илыбзоуроу рацәоуп «Аҟәа Сухум» есааира аҧхьаҩцәа иахьрылаҵәо. Уи лжурналисттә ҧышәеи леиҿкааратә баҩхатәреи агазеҭ ианыҧшуеит, ауаҩы иус игәы аназҭоу, бзиа ианибо даҽакалагьы изыҟалом.
Мҩамш, агазеҭ «Аҟәа-Схум»!
В. Аҧҳазоу