Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Уеиха, сызкәыхшаша! Аԥсны, абааԥсы, уеиха!»

Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиара, уи аԥеиԥш акыр жәашықәса бӷеиҵыхра амоуртә арыцҳара ду иҭазыргылаз ақырҭуа фашисттә идеологиа ашьаарҵәыратә режим мчыдахеит 413 мшы рнаҩс, аԥсуа жәлар наџьнатә аахыс имырӡкәа иааргоз, ҿыцәаара зқәымыз ацәанырра ҳаракы – аԥсадгьыл, аџьынџь азын ахамеигӡара иарҵысуаз адоуҳамч аҿаԥхьа.

Зықьҩыла Аԥсны аҵеицәеи хатәгәаԥхарала иааны урҭ ирывагылаз Нхыҵ-Кавказ ашьхаруа жәларқәа рхаҭарнакцәеи, аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуааи, Алада-Урыстәылеи уҳәа рҟнытә рхы зқәырҵаз ахақәиҭра абзоурала…

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Егри Ԥсоуи ҳтәыла аҳәаақәа ирхашәыршәыруеит.

Ааи, асоциал-економикатә, азинтә, амилаҭтә хаҿра аиқәырхара уҳәа ирыдҳәалоу жәпакы азҵаарақәа рҟны ахьысҳарақәа шыҟоугьы, иахьа ҳауаажәларра ҿиоит, ихьыԥшыму ахақәиҭра аидеиа агәрагара рыманы.

Нагӡара ақәзааит иазхаҵоу ҳхьыԥшымра иашьаҭоу иԥшьоу ҳҭоурыхтә Иааира Ду!

Аибашьра аамҭазы ииз ацәымӷра, агәышьҭыхра, агәеибафара, агәаӷьра, агәымшәара, ахаҵара, агәыӷра… аазырԥшуа ҳмилаҭтә сахьаркыратә ажәа арҿиаҩцәа раԥҵамҭақәа еиднакылоит Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку ари апоезиа адаҟьа.


Баграт Шьынқәба,

Аԥсны жәлар рпоет

 

СЫԤСАДГЬЫЛ, УГӘЫНҚЬБЖЬЫ САҲАУЕИТ

Сыԥсадгьыл, угәынқьбжьы саҳауеит,

Ҭынч сызлацәарызеи?

Рыԥсы ухҭнырҵоит, уҵеицәа еибашьуеит,

Сызхәарҭахарызеи?

 

Сыԥсадгьыл, ҵеи-мшык дузиуеит уаха,

Азҳаха иаурыма?

Ма агара днылҵны хацәнымырха,

Убригь деибашьрыма?

 

Уи ахәыҷ баҳча цәҟьарас иҟазҵаз,

Уаҵәтәи ҳамш ауп иишьуа!

Иан иҳалҳәоузеи агыгшәыг дзааӡаз,

Илымоузеи хҿыхшьас?

 

Жәлар рышәи зышьҭалаз

                                     уи мра изкаԥхом

Амаҭ шҳам дагәылхуп.

Жәлар рышәи зышьҭалаз

                                    лаӷырӡ изкаҭәом,

Анышәҵәҟьа дацәымӷуп!

  1. 09. 1992 ш. Ҷлоу

 


Мушьни Лашәриа,

Аԥсны жәлар рпоет

 УМҴӘЫЖӘҨАҚӘА ЕИҴЫХ,

АԤСЫНТӘЫЛА!

 

Умҵәыжәҩақәа еиҵых, Аԥсынтәыла,

Уеҵә шеишеиуаз хара!

Адунеи лаша ажәларқәа рыла

Унеила, имырҩашьо ухаҿра!

 

«Шәнеибаци» «Ахәрашәеи» рыла

Уҵеицәа уӡрыжәуан уара!

Аҳаҳаи, аҳаҳаи, Аԥсынтәыла!

Аҳаҳаи – ԥхьацароуп, Аԥсынра!

 

Агәаҟраҿ унхара-мца мырцәа,

Уџьынџьаҿ уа ужәлар ӷьацоит!

Нарҭ-рыдгьыл ашьауардын – ҵеицәа

Ужәытә бираҟ рыма ԥхьа ицоит!

 

Аҳаҳаи, аҳаҳаи, Аԥснытәыла!

Аҳаҳаи, аҳаҳаи, Аԥсынра!

 

Умҵәыжәҩақәа еиҵых, Аԥсынтәыла,

Ҳаеҵә шеишеиуаз хара!

Адунеи лаша ажәларқәа урыла

Унеила, имырҩашьо ухаҿра!

 

Аҳаҳаи, аҳаҳаи, Аԥснытәыла!

Аҳаҳаи – ԥхьацароуп, Аԥсынра!

 


Витали Амаршьан,

Аԥсны жәлар рпоет

АХАҴАРАШӘА

 

Ахаҵарашәа ахацәа ирҳәароуп,

Ашәыргәында изҳәаӡом.

Ахаҵарашәа ҳгәы ҭнагароуп,

Иара шжәытәӡоугьы иажәӡом!..

 

Изҳәо срылоуп ахаҵарашәа,

Иззырҳәогь среиуами хазы.

Здоуҳа хәу соуп, –

Шәынтә сеиҭашәоит,

Аха исхыҵӡауам сыԥсы!..

 

Ҳаит, амарџьа, ахаҵарашәа –

Ахацәа ӷьеҩқәа иааҭшәырҟьа!

Ишәымуроуп ҳда-ҳшьа хьшәашәар,

Ҳашәмыргароуп агәыҭҟьа!..

 

Ашьаӡа-ҟыӡа ҳалыжәгароуп,

Атымитыша ҳаҭганы,

Ҿыц дунеикахьгьы ҳажәгароуп,

Иҿыцу ашәа ҳахьыԥшны!..

 


Нели Ҭарԥҳа,

Аԥсны жәлар рпоет

ИХӘУ АЦӘАҲӘАҚӘА

 

Абыржәоуп ахаҵара

иаша анаҭаху!

Ахамеигӡа-хақәҵара,

аиқәхара захьӡу!

 

Ҽазнык аҽԥышәаха

ҳауӡом уажәшьҭа!

Аихара, аҽеихара –

Ақәԥара ԥшьа!

 

Аԥсуаа рыҷкәынцәа,

Шәнеибац ҽазнык!

Бжьааԥнык иеиԥшымкәа,

Шәыдгьыл шәанықә!

 

Ари адгьыл, ари адгьыл –

ҳаԥсадгьыл еиқәхоит!

Наӡаӡа иагымхо

амра азыԥхоит!

 

Ари адгьыл, ари адгьыл,

ҳадгьыл – ҳаԥсадгьыл!

Ҳаԥсадгьыл – ҳаԥс адгьыл!

Ҳаԥс адгьыл – ҳ-Аԥсны дгьыл!́

 

Ҳазгылап, ҳазгылап,

ҳхақәҵа ҳазгылап!

 


Платон Бебиа ,

Аԥсны жәлар рпоет

САБ ИҨНЫ ДЫҨНОУП АӶА

 

Аԥхын амра канаршуеит,

Асыԥсагьы агоит хагәха.

Сгылан ахара сыԥшуеит:

Саб иҩны дыҩноуп аӷа.

 

Ҭагалан ҽаҩрала иқьуеит,

Аҷыхьқәа ааскьозаргь хаха.

Амш мыждоуп, аҵых гәынқьуеит:

Саб иҩны дыҩноуп аӷа.

 

Аӡын асырҳәы анаруеит,

Аха ицоит амра аныԥха.

Са сгәаҵа аҵаа ҭашәуеит:

Саб иҩны дыҩноуп аӷа.

 

Ааԥын амахәқәа арпытуеит,

Ахьҭагь цоит ахы ҭарха.

Адәқәа шәҭуеит, ахәқәа хтуеит:

Саб иҩны дыҩноуп аӷа.

 

Амшын ду ажәылара иаауеит,

Аха ихьаҵ ицоит шьҭахьҟа.

Ерцахә еимаџахә иааԥшуеит:

Саб иҩны дыҩноуп аӷа.

 

Хәлар ишоит, ақәоура хкәоит,

Аҵыхәтә зегьы ирымоуп, аха

Ишыхәлац сгәаҵаҿы ихәлоит:

Саб иҩны дыҩноуп аӷа…

Мшаԥымза 8, 1993 ш. Гәдоуҭа.

 


 

Рушьбеи Смыр,

Аԥсны жәлар рпоет

АԤСНЫ

 

Акырынтә акыр уара ахҭыԥ уагахьеит,

Акырынтә акыр уара абас урбылхьеит.

Аха укәа инҭаҷҷахуан еҵәак мцаха,

Уеиха, сызкәыхшаша!

                            Аԥсны, абааԥсы, уеиха!

 

Избоит ҩаԥхьа ҳашьхақәа

                                        ԥшуп еикәашәы,

Ҳашҭақәа, ҳгәарақәа иршәырҵахт ашәы,

Аха Абаҭаа дҽыжәлахт

                                  дырҩегь деилыхха,

Уеиха, уара, сгәыӷра!

                            Аԥсны, абааԥсы, уеиха!

 

Џьоук ахәрақәа унырҵоит,

                             ҳара ахәрашәа ҳҳәоит,

Ҳанацәа гәаҟуа гәыԥҳәыхшла уркәабоит.

Ҳааугәыдкыл, ҳаԥсадгьыл.

                                Дырҩегь ҳаиқәырха!

Сшьауардын кара, уеиха абааԥсы, уеиха!

 

Ацәҟьара зызкыду ихҿа кашәаӡом,

Ацәқәырԥ ихыҵыз ҟәарӷла иузкӡом.

Нхыҵааи аахыҵааи узгылт еикәаӷӷа,

Уеиха уара, сыпҟа, сгәадура! Уеиха!

 

Имиц ахшарагьы арҵәаа дыргоит:

«Шәхы зқәышәҵо ҳаԥсадгьыл

                    шәа шәнаҩсгьы иҳахьчоит!»

Абар акгьы ҳагым, даҳӷәыхуеит ҳаӷа,

Уеиха сызкәырбану!

                            Аԥсны, абааԥсы, уеиха!

 


 

 Иван Ҭарба

АХАҚӘИҬРА

 

Хақәиҭроуп ауаҩы иҩны данаԥшәымоу,

Иԥсадгьыл данахым атәым,

Иан лбызшәа абџьарс ианимоу,

Уи адагьы шьамхы иҭахым.

 

Зых иақәиҭу иоуп ишиашоу игылоу,

Иқәгылоу зыдгьыл уаҩҵас,

Инаскьа-ааскьароуп зыбла дыхгыло,

Ҳазшазгьы иҭахуп иара абас.

 

Ԥхареи лашареи агым ҳаԥсабара,

Аԥсны игыло амра еиԥшым ҽа мракы,

Аха Аԥсны иагын ахақәиҭра лашара,

Уи еиҳаугьы ҳазхьуам аҽакы.

 

Сыуаажәлар игәаҟхьоу,

                              сыуаажәлар гәымшәа,

Маҷкоуп ишәыгу – нас ишарккоит,

Аӡы ырԥан ишалырхуеиԥш афымца,

Шәықәԥара иалԥхашт ахақәиҭра лашо!

 


 

Таиф Аџьба

ИХНЫМҲӘЫЗ АИБАШЬҨЫ

ИБЖЬЫ

 

Хьӡи-ԥшеи сҭахымызт

Изгарц еибашьрала –

Аибашьра-нибахра

Иалоузеи хьӡыс!

Ахьӡ-аԥша соур

Сҭахын даҽакала

Аха

Снамгылар ҟамлеит еибашьҩыс.

 

Аԥсадгьыл ансыԥхьа –

Лакҩакра ҟамҵакәа,

Сашәақәлацәа инеиуаз

Снарыцлеит убра.

 

Сыуаажәлар, сқыҭа,

Шәынсыжьуеит аамҭала,

Иаасыдгылт

Сызхымԥо-сызҵымԥо зынӡа,

Дыҷкәыноуп ҳәа шәсыхәаԥшуан –

Схаҵахт мышкала

Абџьар аанкыла,

Снагылт сыӷәӷәаӡа!

 

Исылшеит иҳажәлаз

Аӷа цәгьа инкылара,

Саҵамхт исуалыз –

Ахаҵа иуахҭа.

Дыԥхасҵеит уи

Уаҳа игәахымлартә ақәылара,

Аҵыхәтәан

 

Сызгашазгьы сықәшәеит схаҭа...

Сыԥсадгьыл зда сымам

Сыԥсаҵоуп наӡаӡа.

Сызхьымӡаз зегьы-зегьы

Нсыжьт шәара шәзы.

 

Сшәыҳәоит –

Ишәмырӡын сыԥсҭазаара зқәысҵаз,

Сгәыӷрақәа ҭамхеит –

Иахьыҟоу шәа шәҿоуп.

Сшәыҳәоит –

Акымзарак шәмырӡын ишәысҭаз –

Убри сара сзыҳәан

Иреиӷьу баҟоуп.

 


 

Кәасҭа Гьерхьелиа

АԤСНЫ АЗЫҲӘАН

СА СҬАХОЗАР

 

Нхыҵтәи аешьа-аибашьҩы иажәа

 

Сҟама наухьысыр уааихнахт.

Аӷа изын ус иамоуп ҟазшьас;

Згәы ҭрысыз адыгьак, ваинахк

Дыжәбар, уи ԥхыӡуп шәызжьаз.

 

Шьха-шьанҵа мцаԥшьуп ҳзыӡрыжә.

Ԥсы-ԥшьоуп иҳалоу ламысс,

Ашлақәа рылаԥш анҳаздыршә.

Иаадыруеит иамоу ҵакыс.

 

Ныхас иҳамоу уаҩроуп.

Илԥха ҳамоуп Аллаҳ,

Иаҳҭиз ажәагьы ажәоуп.

Ҳҵасқәа ирылам ҳәанҳәахк.

 

Ҳаб, ҳазхылҵыз Кавказ.

Еснагь изку зхы шьҭых.

Ҳаӡәкра храԥшьны изчаԥаз.

Адгьыл иақәлоу зҭоурых.

 

Иабла-ҷыцу ҳ-Кавказ,

Абырлаш-хьеимхәыц Аԥсны;

Гьангьашла ахәшьад зҳәаз

Анақәла абӷа рҵысны.

 

Ҳаниз иҳациз ҳҭоуба

Ҳашьҭԥаа ҳагеит қәԥара;

Дарбан стәымны сызба,

Саҟәызҭхауа Аԥсынра?!

 

Ҳашьха цыҩ-цыҩқәа рԥацәа,

Шьҭа ҳрызшом хаз-хазы;

Ҳатәамбо иҭыҵыз зцәа,

Рхы дырдыртәуп лассы!

 

Исуалԥшьоу ԥҟароуп иара, –

Рҵасқәа еилазгом ҳзыхшаз, –

Кавказ иахьыблоу Аԥсынра

Сыхьчарц сааишьҭит ҳазшаз.

 

Насгьы. Аллаҳ ду иҭаххар

Наӡаӡа сыԥсы нхарц Аԥсны, –

Аԥсны-ԥшӡа азыҳәан сҭахар,

Шәҩык аԥсуаа ирхасҵоит сыԥсы!

Октиабр 1992 ш.

 


Никәала Кәыҵниа

                    ***

Исымбацызт Аԥсынтәылан

Асҟаҩык ашәы рхьыхәхәа, –

Ахацәагьы ас игылан,

Ас игылан еиҵаӷәӷәа!

 

Ҩнаҭацыԥхьаӡа ԥсроума, –

Сырзыԥшуеит аџьабацәа!

Рашьцәа роума? Рԥацәа роума?

Исзыԥшузеишь сара нҵәа?!

 

Иааиқәымтәаӡо игоит аккаҳәа

Ан лмытәкәмабжь – сызхәаҽуа…

Исымбац, исымбаӡаҵәҟьац

Ас ихыҵны ауаа ргәаӷ.

 

Ҳаԥсадгьыл хәыҷ ҳамаркуама?

Иҵыржәарцу зынӡа ҳдац?!

Ас имчыдан, асгьы мчы аман

Аԥсны ахаан исымбаӡац! 


Кәымф Ломиа

АПОЕТ ИГӘЫ АХЫ АНАЛАМЛА

 

Ақырҭуа ир Аҟәа ианалала,

Раԥхьаӡа изеихсыз – Дырмит ибаҟа!

Аха апоет игәы ахы аналамла,

Иусқәа шҽеимхоз идырит аӷа…

 

Апоет дхәуп, аха даагылазар

Дзышьцылаз ами – иԥызҵәахьаз игәахы.

Омашәа ибатәӡам

                         Дырмит иааникылазар

Аӷа иҭирҟьаз раԥхьаӡатәи ахы.

 

Иқалақь агәҭан дышгылоугьы ихала –

Аҟәа ахы ишақәиҭхо агәра игоит.

Ҵабыргуп, аӷа ихҭыԥқәа инпыҟҟалоуп,

Аха деицакуам – дыш-Дырмиту даанхоит.

1992 ш.

 


Лиолиа Тәан-Ԥҳа

АԤСАДГЬЫЛ – ИХНЫМҲӘЫЗ РЫԤСОУП

 

Арбаӷь ҿыҭбжь алыҩҩ иахьак

Иқәҩуеит сыдгьыл ашәак.

Иациз ашамҭа еҵәак

Сгәыӷуеит иазымгар ҳәа хцак.

«Шәнеибац!» - иҳаԥхьоит ҳсаркьал.

Иаҳԥеиԥшузеи ҳаԥсадгьыл ҳаԥхар?

Дашьапкуеит амзаҿа ан, -

Сышьха казказқәагь абан…

Улыԥха рыҭа, анцәа,

Иԥагьоу Кавказ аԥацәа!

Сыцәхалоит исгәыҵак снапқәа,

Лабжышҵас илеиуа ақәа.

Гәырҩала макьана скәабоуп,

Схьаақәа, суазқәа рацәоуп.

«Шәнеибац» - иҳаԥхьоит ҳсаркьал.

Иаҳԥеиԥшуи ҳаԥсадгьыл ҳаԥхар?

Еигәныҩуеит анкьеи иахьеи,

Амцаԥшь ахысуеит ҳдунеи.

Зҵеицәа ршьала икәабоу,

Шьала уҿаҳхуеит, ицқьоу,

Аԥсадгьыл са соуп, уара уоуп,

Аԥсадгьыл – ихнымҳәыз рыԥсоуп!..

 


 

Инна Аҳашба

***

Нхыҵаа усҟан амҩа иқәын,

Ашьха гәашәқәа аркын.

Амҩа иқәын, рыдгьыл нықәны,

Ақәылаҩ дахьырхәтәын.

Сара сҿыхраз, адауаԥшьқәа

Нхыҵаа, ршьа каҭәон.

Нарҭ Сасрыҟәа ишьҭра

Еиҩушар ҟалаӡом,

Иахашҭӡом аӡы ахьышьҭра –

Иқәымлар ауӡом.

Сашьцәа – Нхыҵаа рарԥарцәа,

Гәында леиԥш сзыхьчаз.

Нхыҵ ашьшьыҳәа шәзымтәаӡеит,

Иамуӡеит шәа шәшьа,

Шәашьцәа ҳкажьны шәзымцаӡеит,

Дшәыкәыхшоуп шәаҳәшьа!

 

 


Валери Дауҭиа

АԤСУАА РҴЕИЦӘА

ГӘЫМШӘАҚӘА

 

Афырхаҵара зыхьӡ азҭаз,

Мраҵас иԥхо иҭамшәакәа,

Ҳ-Аԥснытәылаз ашьа казҭәаз,

Аԥсуаа рҵеицәа гәымшәақәа!

Шәа шәымчала иахагылоуп,

Аԥсуа бираҟ ҳ-Аԥсынра!

Шәа шәбаҟақәа рылагылоуп,

Ашәаԥыџьаԥ, аԥсара!

Ашәҭқәа наган уаҟа ишьҭарҵоит

Шәҩызцәа хьаҵрак ҟазымҵаз!

Ҳ-Аԥсны иаӷоу наҟ дыԥхарҵоит,

Аиааира ахьыӡ казырҵәаз!

Афырхаҵара зыхьӡ азҭаз,

Мраҵас иԥхо иҭамшәакәа!

Ҳ-Аԥсынтәылаз ашьа казҭәаз,

Аԥсуаа рҵеицәа гәымшәақәа!

 


Гьаргь Гәыблиа

ХАМЗАТ ХАНКАРОВ

 

Аԥсны ашәарҭа ианҭагыла,

Еиқәных идәықәлаз ҵхагәыла,

Ашьха мҩахәасҭа ианысыз,

О, Бзыԥ аӡиас иазкылсыз,

Арха, аҿаҩа зызгараз,

Уи афырхаҵа Ханкаров!

Ашьхаруаа ргәы еимаздоз,

Уа зхымҭа баша икамшәоз,

Зхаҵа-бжьы ақәылаҩ дарӡыӡоз,

Игәы имҟьа иҭыԥ дахызцоз,

Аԥсуа инамыс иацкару,

Ачечен шьхауаҩ Ханкаров.

 

Аибашьраҿ зхаҵагә цәыргоу,

Аҿар рзыҳәа иҿырԥшыгоу,

Аҩызцәа ираԥхьагылаз,

Аибашьҩы хаҵа Ханкаров!

 

Иарбан хымҭоу ицәеижь иалҟьаз,

Дарбан брагьу изымпыҵҟьаз?

Ҳгәалашәара шәыла ихызҟьаз,

Абла гәакьа гәырҩа хызҵаз?

Зашәеи згәаӷи – мракаԥхароу,

Уи афырхаҵа Ханкаров!

1994 ш.

 


Терент Ҷаниа

ҴЫԤХ УАЖӘААНЫ

 

Ҵыԥх уажәаанакәын, ҵыԥх уажәааны,

Ашьхақәа гылан рызқәа хшәааны,

Урҭ ирхаҵәуо ирхасуан аԥша,

Ҳарҭ ҳ-Аԥсынтәыла ҩыџьара ишан,

Сыжәҩангьы маҷын,

                              сыдгьылгьы бжан.

 

Ҵыԥх уажәаанакәын, ҵыԥх уажәааны,

Аӡиас аҽаҵәахт аԥаҩқәа ҵшәааны,

Иҵааит аӷьеҩҳәа, еималеит асы,

Арԥарцәа гылеит уа Гәымсҭазы,

Аҟәазы, Ешыраз, Аԥсынразы.

 

Ҵыԥх уажәаанакәын, ҵыԥх уажәааны,

Ҳаҟан аиааира агьама баны,

Усҟан ҳалгахьан ҳарҭ алакҩакра,

Усҟан ақәыџьма бӷалахьан Гагра,

Ага ихылахьан ҳгәыӷрақәа раԥра.

 

 

Ҵыԥх уажәаанакәын, ҵыԥх уажәааны,

«Шәнеибац» ҳәа ҿырҭуан ҳашьха,

                                                ҳаҩны,

Ҳабацәа рыбаҩ адгьыл ршьаны,

Ан лылабжышқәа, инеиуаз шьаны,

Хыхьынтә иҳарҭаз ҳамра ԥшьаны.

 

Ҵыԥх уажәаанакәын, ҵыԥх уажәааны,

Ҳхьаҵит аиааира агьама баны,

Ҳхьаҵит иԥаҳшәарц ҳамыч ҽазнык,

Ашьхагь, агәарагь, аныхагь – аӡәны:

Иаҳгәыдыҳәҳәал ишьҭаҳхит Аԥсны.

 

Ҵыԥх уажәаанакәын,

                             ҵыԥх уажәааны…

Март, 1994 ш.

 


Анатоли Лагәлаа

ҲАҶКӘЫНЦӘА – ҲАЛЫМҚӘА!

 

Ҳаҷкәынцәа ҳалымқәа,

                           Аԥсны ҭашәмырцәыкәа,

Аӷа дҭашәмырхакәа шәхынҳәуам.

Шәааигоит дышәхылаԥшуа,

                          анцәа шәахьмырхәыкәа,

Шәфырхаҵара ахаангьы иԥсуам!

Ҳаҷкәынцәа, ҳалымқәа,

                                ҳақалақь гәаҟуа,

Уажәы-уашьҭан шәнеира иазыԥшуп.

Ишәымгакәа, ишәымгакәа,

                                ишԥашәымгои Аҟәа,

Иԥшьоу шәара шәшьа цқьа ахьшуп.

Ҳаҷкәынцәа ҳалымқәа,

                                 ҳақалақь шәдырны,

Нырцәынтәи ан леиԥш иааԥшуеит.

Гәымсҭа ӡеибафа,

                       акәараҷҷеиԥш шәнырны,

Ҳаӷацәгьа даԥырхуа шәцауеит.

Ҳаҷкәынцәа ҳалымқәа,

                            ҳаҷкәынцәа ҳалымқәа,

Здаҳамам ҳаԥсадгьыл рыхьчоит.

Ҳрылаӡап иааури,

                           ҳрылаӡап ҳшәалақәа,

Урҭ зхьымӡаз, рҵеира ахьӡоит…

Гәымсҭа ҭарбатәызаргь,

                        Ерцахә еиҟратәтәызаргь,

Ахымҩас иахьӡатәызаргь, иахьӡоит.

Шәнеибац анырҳәа,

                            идыдлааит аҭахызаргь,

Ҳаҷкәынцәа ҳалымқәа, цоит!..

Ноиабр 1, 1992 ш.

Вахтанг Аԥҳазоу 


СХАЛА СЫЗХӘАРҬОУЗЕИ, ШӘАҲӘШЬА!

 

Шәнаскьаӡома сылаԥш шәхьымӡо?

Шәыццакцәоит шәеихьымӡа-еиԥымӡо,

Макьана шәцәаара сахьԥшуеит,

Исцәыӡыр, шәымбара сашьуеит.

 

Схала сызхәарҭоузеи, шәаҳәшьа!

 

Имаӡоума, ҿымҭ шәнеишьҭалеит,

Цәгьараӡоума, ас шәзышьҭалаз?

Сыбжьы гәыҿкаага шәшәырҳа!

Сфырхацәа, ахьӡ ду зырҳаз…

 

Схала сызхәарҭоузеи, шәаҳәшьа!

 

Уажә лахьеиқәрак шәыдызбалоит,

Џьара аԥсымрагь шәадызбалоит,

Хынҳәышьак шәымамкәоу шәахьцо.

Избан, сышшәышьҭоугьы сшәыхьӡом?

 

Схала сызхәарҭоузеи, шәаҳәшьа!

 

Снаскьаӡеит иахьынӡасылшоз, -

Лахьынҵас исмоут саныршоз,

Издыруан сашьцәа шәҟазшьа,

Ҳаиццар сҭахымзи, шәаҳәшьа.

 

Схала сызхәарҭоузеи, шәаҳәшьа!

Белла Барцыцԥҳа 


Абри ажәеинраала анызыҩуаз сыбла дахгылан, ибжьгьы саҳауан зызаҵә аҳалал изҭоз Касланӡиа Владимир Арушьан-иԥа.

Ажәеинраала рзыскуеит иара иеиԥш зызаҵәқәа ҭахаз Абацәа.

Уца, дад, сызаҵә, Гәымсҭаҟа,

Угәыдскылом, иаԥым аԥсуаҵас.

Ухьамҵын! Аӷа уа дҭаҟәаҟәа,

Аԥсадгьыл уазгыл хаҵаҵас!

 

Уца, дад, сыҷкәын, Гәымсҭаҟа,

Сыхәшәыц, ужәҩахыр иазыԥшуп.

Угараҭыԥ уазыруеит уа Аҟәа,

Аццышә ужәлеиԥш ишуп.

 

Изакәу здыруеит аибашьра ацара,

Аха ҳаԥсадгьыл ҳаԥхьон еиҭа,

Шәа ишәылшароуп аӷа иахцара,

Шәашьцәа шәзыԥшуп Гәымсҭа!

 

Ирыцҳау – дызмам роуп уахь ицаша,

Ма «Шәнеибац» зшьа иалам, измаҳаз…

Уца, дад, сызаҵә, Гәымсҭаҟа,

Уԥсадгьыл збалап уцынхәрас…

 


Сарион Ҭаркьыл

ШӘГЫЛ ЗЕГЬЫ!

 

Ҳадгьыл ҳаԥхьеит, ҳажәҩан ҳаԥхьеит:

«Аԥсны аҵеицәа, шәгыл зегьы!»

Иахьа инҳажьыз – уаҵәы иҳагхоит,

Аган шәавамхан аӡәгьы!

 

Иахьоуп данубо ихаҵаз,

Иахьоуп ианыӡбахо зегьы,

Иахьа зҽызӡаз, иахьа ихьаҵыз,

Дыԥсит, уи дыҟам зынӡагьы!

 

Аԥсны аҵеицәа, Аԥсны аҵеицәа,

Аԥсны зықәгәыӷуа шәара шәоуп!

Шәаамҭа ааит, шәгыл аӷьеҩцәа!

Шәаамҭа ааит, уи – уажәоуп!

 

Шәнеибац, шәнеибац, шәнеибац,

Аԥсны бзиа избо зегьы,

Ахақәиҭра мра кацеиларц

Аԥсынтәылан есқьынгьы!

 

Мап, ахьаҵра залшом уаҳа -

Шәышьҭахь иҟоуп шәаб ишәхымс!

Ибоит Анцәа, ишәыдлом гәнаҳак -

Шәхыс! Икылкаан шәхыс!

 

Шәхыс – Аԥсынтәыла ахьӡала

Иҭахаз зегьы ршьа ауразы!

Шәхыс – ахақәиҭра ахьӡала,

Шәхәыҷқәа уаҵәтәи рԥеиԥш азы!

 

Шәнеибац, шәнеибац, Аԥсны аҵеицәа,

Аԥсны зықәгәыӷуа шәара шәоуп!

Шәаамҭа ааит, шәгыл аӷьеҩцәа!

Шәаамҭа ааит, уи – уажәоуп!

 


Борис Гәыргәлиа

АБЗАГӘ

 

Жәаха-жәамш иукын абџьар хаҵаҵас,

Сыҷкәын хәҷы, сгәаҵәеилыҷҷа,

                                        сдоумыжьха!

Уашәақәлацәеи уареи

                               ишәоуит лахьынҵас

Аԥсынтәылаз шәыԥсы ҭышәхырц,

                                      иара еиқәхарц.

 

Жәаха-жәамш шәабџьар

                             жьышуан лаҳәаҵас,

Иҟыруа иаҳхалаз

                        алаҳәақәа ҭашәырхарц.

Жәаха-жәамш шаҟа ууз, шаҟа ҟауҵаз

Азхоит, сыҷкәын, ужәлар

                               ргәаҵаҟны унхарц.

1992, сентиабр 7.

Кәтол - Ачаарқыҭ

 


Енвер Ажьиба

1993-ТӘИ АШЫҚӘС ҾЫЦ АУХА ИҨУ АСАЛАМ ШӘҞӘЫ

 

Аԥсадгьыл анҳаԥхьа, иҳагым акгьы,

Зыҩны иҟоу иԥацхагьы баагәароуп.

Амала, анҭ ақәыџьмақәа

                              зықәгәыӷуа ушьҭагьы

Абри ауп исзымдыруа,

Аха уигьы аамҭалоуп.

 

Рыԥсырҭа ианашьҭала, араҟа идҳарбап,

Гәнаҳа анцәа иҿаԥхьа ҳа иҳамам.

Нас ранацәа лаӷырӡыла

                                 рсахьақәа ркәабап,

Акгьы ҳхарам, иаҳхарам, иаҳхарам.

 

Атәым дгьыл иашьҭалаз

                              ихатәгьы дзахьӡаӡом,

Ианбыкәу ақәылаҩ даниааихьаз.

 

Са ашықәс ҿыц саԥылоит,

                                    уаха сыцәгьаӡам,

Макьаназ сеибгоуп анцәа иҳамҭан…

1993 ш.

 


Саида Делԥҳа

***

Схьаақәа ԥсызар –

Усҟан са сыҟам.

Схәыцрақәа схыҵзар –

Шәсышьҭамлан усҟан.

Иԥсыз зегь рзыҳәа

Шәҽеиҵыхны шәҵәыуа,

Ҭынхак иеиԥш шәуазыруа,

Шәхаразаргь, шәааигәазаргь,

Жәҩанаҿ шәнаскьазаргь,

Сыдгьыл шәашазар,

Уахи-ҽни са сшәыцуп,

Саныҟамгьы сшәыцуп,

Ахаан шәынсыжьуам,

Шәышгәаҟуа сышәхыҵуам,

Саныҟамгьы сшәыцуп,

Шәааигәазаргь, шәхаразаргь!..

 


Гәында Кәыҵниаԥҳа

***

Еибашьроуп –

Аибагь икәакәар былуеит,

Амаҵә ззылаҟәызгьы дыԥсуеит,

Аибагь иеибараз дҭархоуп,

Еинышәҟьа амарџьа,

Еибашьроуп.

Аибаркыра – Шьараҭын,

Шәынтә сеиқәырхан знык сишьын,

Сыԥсы анбаҭало – дыԥшын.

Ҳнапқәа ахьеибарк еибатын.

Џьнышк дҳабжьалеит дыццакын,

Нцәа дҳабжьамӡеит, дырхатәын,

Нцәа ҳанеиқәирхоз ҳашьтәын,

Ҳаит, амарџьа, Шьараҭын!

Ҳаибаркыра еилыршәшәатәын,

Нас иаҳбарц инхаз иԥсыз,

Аибагь икәакәар шыблыз,

Зызхара рыцҳарагь ҟамлаз,

Акы зцәыӡыз – зхы иаԥхаз,

Аӡә еиқәиҵаз ҽаӡә дшарԥхаз.

Ишԥасхашҭи  сара инҵәаз,

Аибаркыра шкәашараз.

Ҳаит, амарџьа, Шьараҭын!

Аԥсцәа гылт абзацәа ԥсын.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me