Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агыгшәыгқәа ирҿаҵахәхаз

30 шықәса уажәаԥхьа, 1993 шықәса сентиабр 16 азы, Очамчыра авокзал ашҭаҿы игыгшәыгхаз ақырҭцәа жәпаҩык амца лыцраҵаны дырблит аԥсуа патриотка Цаца Казанба.

Дахьаԥсуаз азы

Уи лгәалашәара ҳаҭыр ақәырҵарц уахь инеит Очамчыра араион ахадара аиҳабы Беслан Бигәаа, Цаца Казанба лыуацәа, лҭынхацәа, ауаажәлар, ашколхәыҷқәа.

Очамчыра ақалақьтә библиотекаҿы имҩаԥысит Цаца Казанба илызкыз агәалашәаратә хәылԥазы.

Уаҟа дықәгылауа, Беслан Бигәаа иазгәеиҭеит Цаца Казанба илзыруз, ишлызныҟәаз, ақырҭуа фашистцәа хыԥхьаӡара рацәала иҟарҵоз ацәгьоурақәа ишыруакыз.

«Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам ҭаацәаныла ианықәырхуаз, аԥсышәала иахьцәажәоз азы мацара иреихсны ианыршьуаз аҭоурыхтә трагедиақәа. Абарҭ ауаа рфырхаҵара ҳгәаҵаҿы наунагӡа иаанхоит», – иҳәеит Бигәаа.

Ашколхәыҷқәа аибашьра иазкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, лыуацәа-лҭахцәа лабжышла илгәаладыршәон Цаца Казанба лыԥсҭазаара иамадаз ахҭысқәа.

Абраҟа иааҳгоит «Очамчыра: 1992-1993 шықәсқәа рзы ампыҵахалара амшқәа» ҳәа Инга Казанба лышәҟәы аҟнытә цыԥҵәахақәак:

«Сентиабр 16 азы аԥсуаа ажәылара иандәықәла, Очамчыра аҭыԥантәи ақырҭцәа рыхшыҩ иахыҵит, шьоураха ирысит. Урҭ Аԥсны аанырмыжьыр ада ԥсыхәа шырмоуа рцәа ианалашәа, ақалақь аҟны аԥсуаа зегьы ршьра иалагеит. Инеит санду лыҩны ашҟа, илеихсны дыршьит, лыԥҳа аиҵбы, сан лаҳәшьа Цаца Казанба ишәҭаху лзыжәу ҳәа Цагератәи аҳәса дрымҵарыжьит. Уи лабала, хаҳәла илысуан, лыхцәқәа дрынкны ддырҳәазон. Ауаа еизеит, игыланы иахәаԥшуан аԥсуа ԥҳәызба илзааргоз, дышдыргәаҟуаз, аӡәымзар аӡәгьы иҿыҵымшәеит: «Ус ҟашәымҵан!». Сан лаҳәшьа, абас ааӡаб шылхылгозгьы илҳәац лҳәон: «Ҳара, аԥсуаа, ҳаиааиуеит, ҳиашоуп, ҳаҳтәқәа ирласны иаауеит, шәаргьы шәахьдырхәуеит: Аԥсны –ҳара ҳадгьыл ауп!». Арҭ ажәақәа урҭ иаҳагьы идырхагеит. Зыԥсы злышәшәахьаз авокзал ашҭахь дааганы амца лыцрарҵеит. Лара илҳәац лҳәон: «Ари ԥсыуа дгьылуп, ҳара ҳтәқәа аиааиуеит!». Убасҟан гәыла ԥҳәыск ҿаалҭит: «Аԥсуаа ас ибылӡом, абылтәы лықәышәҭәа». Егьи агәыла убасҵәҟьа дагьныҟәеит…»

Цаца дҭахеит инықәырԥшшәа аҽнышьыбжьон асааҭ 1 азы. 20 минуҭ ааҵуаны лгәылацәа ҩыџьа – Роман Зарақәуа, Џьамбул Харчилава (урҭ агәыла ӡӷаб хәыҷы илбон), ашьа иазхьуаз рыцрыԥсса Цаца лан абырг – Жениа Алиас-иԥҳа дыршьырц инеит. Аҳәызба дарганы, илеихсны дыршьит. Лыԥҳа еиҳабы Цуца убасҟан агәылацәа рҟны лҽылҵәахуан, лан лыбжьы лаҳауан.

Ахәылԥаз асааҭ 10 рзы аҟара, лаҳәшьа аиҵбы илзыруз атәы акгьы лзымдырӡакәа, алашьцара лҽалакны авокзал ашҭа дықәсуан. Авокзал иаҿаз амардуанқәа, адәқьан хәыҷқәа рҿаԥхьа итәан жәаҩыла ақырҭуа гвардиаа, аха урҭ уи длаԥшықәрымҵеит. Цаца дахьҭадырхаз макьаназы амца мкьаҭацызт.

Цаца лкәакьацәа ашьҭахь ауп уи дахьырблыз аҭыԥ аҟны шьыҵәрак лыхцәы анырыԥшааз. Мызқәак анааҵ ашьҭахь абарҭ ахцә шьыҵәрақәеи аҩны иаанхаз Цаца лымаҭәақәеи лани лаби рывараҿы анышә иамадан.


Акьыԥхь иазирхиеит Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me