Слымҳа иҭаҩуеит иахьагьы

Ишдыру еиԥш, Аԥсны аҳҭны-қалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы ақәиҭтәразы аԥсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара иахәҭаз алҵшәа амоуит. 1993 шықәса хәажәкыра 15-16 аҩ-мшык Аԥсны жәлар рзы, ҳџьынџьтәылатә еибашьра ахьынӡацоз, зегь реиҳа ҳажәлар ирхамшҭуа агәыхь зцу мшқәаны иаанхоит.

Урҭ амшқәа, заанаҵы рыҽшазыҟарҵахьазгьы, ари ажәылараҿы ҳаибашьцәа гәымшәақәа рыгәҭакы нарыгӡартә еиԥш лҵшәа дук рмоуит. Убас шакәугьы, ҳаибашьцәа ари ажәылараҿы ауаҩытәыҩса изымгәаӷьуа, аԥсра иаҿагыланы ԥхьаҟа ицон, Гәымсҭа аӡеибафара ирсны, аминақәа рыла ихҟьаз адәы иқәсны, аха рхықәкы анагӡара – ақалақь Аҟәа аӷа иҟынтәи ахақәиҭтәра залмыршахеит. Избанзар, уааԥсыралагьы бџьарлагьы еиҟарамыз ҩ-мчык еиҿагылан. Убри аҟынтәи еиҳагьы игәыҭшьаагоуп хәажәкыра 15-16-тәи ажәылараҿы зегьы иреиӷьыз ҳаибашьцәа гәымшәақәа 222-ҩык рҭахара, урҭ рахьтә 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Аибашьра аамҭазы иҟалон игәыҭшьаагаз ахҭысқәа. Убарҭ иреиуоуп абра сызааҭгыло аибашьҩы изку ахҭысгьы.

1993 шықәса хәажәкыра 17 ахәлбыҽха. Амш ахәларахь инеихьан. Ԥсҭҳәақәакгьы ажәҩан агәаҿы рҽеидкыланы ақәа абыржәымзарабыржәы аҽҽаҳәа алеира иналагоит уҳәаратәы ажәҩан ҵшәаа иҟан. Аҽнынтәарак зхәыҷқәа згәыҵаҳәҳәа азеиԥшнхарҭаҿ иҟаз Заира даҽа аамҭанык еиԥшымкәа лгәы ҭынчмызт. Уи лыԥшәма Едик Касланӡиа иҩызцәагьы иаргьы хәажәкыра мза 15-16-тәи ажәыларақәа ирылахәын, аха рхабарк лыздыруамызт, рыӡбахә ҳәа акгьы лмаҳацызт. Азеиԥшнхарҭаҿы гәыԥ-гәыԥла еилагылаз ахацәа, ари ажәылара ҳаԥсуаа ишрықәмҿиаз ада ирҳәоз ҳәа макьана еилкааҵәҟьаны иҭахаз ртәы уҳәа акгьы рыздыруамызт. Ус шаҟаҩы рыгәқәа ҭаӡыӡоз иҳаҳарызеишь ҳәа.

Сара, стәы дҭахазар, аха џьара разҟык иманы ма деиқәхазар ҳәа зҵаара шәкы рхаҿы иааиуан анацәа, абацәа. Агәыӷра, еиҭа агәыӷра иаркараз анацәеи абацәеи аӡәи-аӡәи цқьа еизҵааӡомызт, цәгьарак раҳар ҳәа ишәон. Убас, лгәы акала иҭынчмызт заанаҵы ҩнуҵҟалатәи цәалашәарақәак зоухьаз Едик иԥшәма ԥҳәыс Заирагьы. Гәыԥ-гәыԥ­ла игылаз ахацәа днараҩс-аараҩсуан, џьара Едик иӡбахә рҳәозар ҳәа ҿымҭӡакәа. Едик Касланӡиа иԥшәма Заиреи, иҷкәын 12 шықәса зхыҵуаз Ахреи, бжьышықәса зхыҵуаз иԥҳа Асҭандеи иманы ари азеиԥшнхарҭаҿы дыҟан. Арантәи – Гагрантәи акәын Едик еснагь ажәыларақәа рахь дышцалоз.

Иныҟәашьала дааԥсадкараха дшыҟоу удыруа ашҭа дааҭалеит хаҵак ихы икәаҽ. Иара ишҟа инхьаԥшит еилагылаз гәыԥҩыкгьы, ҳаи, ари иԥсы ҭаны дхынҳәит ҳәа рхаҿы ианубаало. Убри аамҭазы арҵәаа ҳәа ибжьы нҭганы ахы еиԥш днаҳавҟьеит ҳгәыла ҷкәына хәҷык. Ари Едик-иԥа Ахра иакәын. Ахра хәыҷы ашҭа иааҭалаз иаб иҩыза Зураб Адлеиба деимлагәа дикит, нас дикәҵәиаашон, ибжьы ҭганы дыҳәҳәон.

– Саби уареи шәеиццеит уажәы дызуцымзеи ҳәа, – саб дыԥсыма, дыршьыма акгьы зумҳәои, дабаҟоу, уара зегьы удыруеит, аиаша саҳәа, – дӷьаҵәы-ӷьаҵәуан митә ҟаҵо.

Иаб дызвыршьааны иааиз аибашьыҩгьы, ииҳәо иҿашәомызт, уеизгьы Едик дызгашаз ахы шиқәшәаз аҳәара шицәыуадаҩыз, ари ахәыҷы ихымҩаԥгашьа азныказы ишьара дықәнаҟьеит, иҟаиҵаша дақәымшәо даақәхеит. Аха ахәыҷы иакәзар, иаҳа-иаҳа ибжьы рдуны дыҳәҳәон – саб дабаҟоу, саб дызуцымзеи, – ҳәа. Ахәыҷы дырзеиқәкуамызт ирыдеизалаз.

Едик иԥсы ҭаны абыржәы ашҭа дааҭалахыр ҳәа Заира агәыӷра арахәыц дызхьынҳалазгьы иаразнак иааҿахҵәеит лыҷкәын Ахра иӷьаҵәы-ӷьаҵәбжьы ллымҳа ишааҭасыз. Лыӡӷаб хәыҷы Асҭанда дылгәыҵаҳәҳәа ақьызқьызҳәа еимаҭәаны дҵәыуа днеиԥылеит лыԥшәма иҩыза Зураб. Ахәыҷқәа лҟажарызу, лара лхы аанылкылару иҟалҵара лыздыруамызт, лҿаԥхьа иаагылон зҵаара шәкы зҭак лзыҟамҵоз, «ари ажәылара аҟынтәигьы схынҳәуеит сшыхынҳәлац еиԥш» ҳәа аҵыхәтәантәи данцозтәи иажәақәа ҭаха лырҭомызт. Ари ажәылараҿы дҭахагәышьеит Едик, уи далыргартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟамлеит, аибашьра еилгаанӡа уи дахьжыз рыздыруамызт.

Аибашьра ианалага август мзазы Аҟәа, Аҳабла Ҿыц аҟны инхоз аҷкәынцәа зегьы еизеит агәыԥ ҿыц еиҿыркаарц агәыԥ «Ветерок» ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы. Анаҩс, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегь реиԥш, Гәымсҭа аӡы ирны, Ешыра ахырӷәӷәарҭа ааныркылеит «Ветерок» иалаз.

Иҟалалон х-ҩык аҷкәынцәа автомат заҵәык ҳаманы аҭабиа ҳанҭатәалоз ҳәа лзеиҭеиҳәалон Едик иԥшәма ԥҳәыс Заира. илгәалалыршәоит уажәы. Усҟантәи аамҭазы абџьар азымхарақәа аҭыԥ рыман, аха Едик иеиԥш иҟаз аибашьцәа агәра ргон ақырҭуа фашизм ишаиааиуаз. Усгьы иҳәалон, – иацылҵон Заира, – иҳадгыло Нхыҵи-Аахыҵи рацәаҩуп, аха ҳара аԥсуаа еснагь аԥхьа ҳгылазароуп – Аԥсны ҳара излаҳаԥсадгьылу ала.

«Хәажәкыра 15 рзы Едик дызлаз агәыԥ ҷыда еибаха-еибафо, ихышхыҵәаха илеиуаз Гәмысҭа аӡы ҳарит, – игәалаиршәоит амина зҵаԥжәаз, аха зыԥсы ҭаны еиқәхаз Зураб Кархалаа. – «Сҩызцәа ԥшьҩык, саргьы убрахь сналаҵаны, аминақәа ҳаҵаԥжәеит, ԥхьаҟа ҳзымцо уа ҳаанхеит, ашьыжь ашамҭаз ашьа рацәаны излаицәцаз ала дшьабаны дыԥсуеит ҳҩыза Едик Шьанаа. Иаанхаз дәықәлеит ԥхьаҟа, Едик Касланӡиа дназлаз. Ҳгәыԥаҿы даара ирацәаҩын аӷа инырҵәара иахыццакуаз арԥарцәа. Аха аӷа имацәаз иҭашәеит. «Едик иеиԥш иҟаз агәымшәақәа, аԥхьа игылаз роуп иҭахаз, урҭ зегьы фырхацәоуп» – иҳәоит, ари ажәылараҿы зшьапы зцәыӡыз Зураб. Шьҭахьлагьы иззыԥшыз ацхыраарагьы рмоуит изыхҟьазаалакгьы. Цәгьала рыԥсҭазаара иалырхуеит ҳаибашьцәа зегьы, ажәҩан аҟынтәи уҳәа аанҿасрак амаӡамкәа ахқәа шраахац ираахон, уаҳа ԥсыхәа аныҟамла ихьаҵуеит.

Гәымсҭа аӡгьы даҽаамҭанык еиԥшымкәа аҽырцәгьаны, ихшхыҵәаха аҭра изҭамгыло акәын ишлеиуаз. Даара ицәгьан ианыхынҳәуаз иҭахази ихәызи рыманы аӡы арра. Уи ашьҭахьгьы акыраамҭа иҭахаз аҷкәынцәа рыбаҩқәа рырҭомызт.

Аибашьра ианалага инаркны мшқәак аабжьамыжьӡакәа ахы иаҿагылаз, зыԥсҭазаара аибашьра адәаҿы иаанзыжьыз Едик ҩ-шықәса рышьҭахь агәымшәараз амедал ианаршьаз иԥшәма ԥҳәыс Заира лнапаҿы илдыркуеит. Едик ибзианы кәтолтәи абжьаратә школ иалгаз агәырҵҟәыл бзиа змаз иакәын. Уи ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет далгеит. Аус иуан Шь.Гыцба еиҿкааны имаз адраматә театр аҿар рыстудиаҿы. Идыргалоз арольқәа зегьы қәҿиарала инаигӡон. Едик ҟазшьала даара дуаҩы татан, дуаҩы аамсҭашәан, аиҳабы аиҵбы ибзианы издыруаз, аԥсуала иааӡаз аӡәы иакәын. Иҩызцәагьы ирҵаҩцәагьы бзиа дырбон, избанзар дхәыҷы хԥарамызт, аҽырԥагьареи ахашәахамбареи иламызт, зегьы дырнаалон, дгәбылҩын, – илгәалалыршәоит Заира.

Едик иабиԥара ҿахымҵәеит, уи еихазҳауа, ԥхьаҟа иацызҵо иоуп иԥа Ахра. Уи иреиҳау амедицинатә институт далгеит, уи инаҷыдангьы ашәагьы бзианы иҳәоит, иашәақәа зну альбомқәа хԥа-ԥшьба ҭыҵхьеит, дҭаацәароуп, ҩыџьа ахәыҷқәа драбуп. Едик иԥҳа Асҭанда занааҭла диуриступ. Ан Заира иагьа аџьа лбазаргьы илыллыршеит ҩыџьа лыхшара иаԥсаны рааӡара, иахьа урҭ дрылагәырӷьоит, хьаас илымоу убарҭқәа зегьы Едик дахьрылыхәдаау, иахьимбаз ауп. Аибашьра ашьҭахь Едик иԥшаара шыҟалазтәи ахҭысқәа реиҭаҳәара даара илцәыуадаҩын Заира, Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьҭахь иржыз ҳаҷкәынцәа гәымшәақәа рдырра даара иуадаҩхахьан. Абраҟа дылбеит, дылдырит лнапала ихәда иахалҵаз адырга ала.

1993 шықәса абҵарамзазы Едик иаб Қарбеи Касланӡиа игәараҭаҿы Кәтол анышә дамардеит. Едик иҭахареи иԥшаашьеи еснагь зыбла ихгылаз иаб Қарбеи Касланӡиеи иан Ҭина Кәарҷиа-ԥҳаи ирызхымгакәа дук мыр­ҵыкәа рыԥсҭазаара иалҵуеит.

Усҟантәи ажәылара ашьҭахь, Владислав Арӡынба убас иҳәеит уи иалахәыз зегьы фырхацәоуп, Афырхаҵара ахьӡ иаԥсоуп ҳәа. Едик иҩызцәагьы иаргьы, ишҭахоз шырдыруазгьы, гәымшәарыла ахы иаҿаланы ицон, ҳзынаӡандаз Аҟәа ҳәа. рыԥсадгьыл Аԥсны фырхаҵарыла рхы ақәрҵоит.

Едик иеиԥш иҟаз агәымшәақәа, аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, аиааира ҳзаазгаз хашҭра рықәымзааит, ргәалашәара еснагь иҳацзааит, ес ииуа аҿар рзы иҿырԥшыгазааит.


Роза Амҷ-ԥҳа,

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иалоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me