«Схатәы бызшәа уаҵәы иӡуазар, сара сазыхиоуп иахьа аԥсра»

Цада ҳәа иахьашьҭоу, Даӷьсҭантәи ашьха ҳаракқәа рымҵан ишьҭоу ақыҭақәа руак аҟны, XX ашәышықәса алагамҭазы ашьхаруа жәларқәа рҟны зеиҵагылара иаҿыз арккаҩцәа ирхаҭарнакыз авар поет, аиҭагаҩ, хылҵшьҭрала инхаҩыз, Гамзат Цадаса иҭаацәараҿы 1923 шықәсазы диит, аамҭақәак рнаҩс зыхьӡ адунеи еицадыруа иҟалаз Даӷьсҭан жәлар рпоет, аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуаҩ, жәларбжьаратәи апремиақәа акыр рлауреат Расул Гамзат-иԥа Цадаса-Гамзатов.

Абраҟоуп уи иан агарашәа ахьизылҳәаз, ажәеи ашәеи ргәыбылра ахьышьҭикааз, иԥсабаратәыз ибаҩхатәра иарҿиаз ипоезиа аӡыхь цқьа ахы ахьыҵнахыз.

Иаҳхысыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы адунеитә поезиа ашҭахь лыԥхала зшьаҿа еихызгаз Расул Гамзатов иажәеинраалақәа аушәақә убла хызкуа ажәалатәи сахьаҭыхрам. Уаҟа иубоит цәалашәара ҵаулала ихаҭәаау апоезиатә хәыцрақәа ауаҩытәыҩса илахьынҵа аазырԥшуа, иара убас, аԥсҭазаара азҿыгәҳәаара, ауаҩы ауаажәларра рҿаԥхьа иҭакԥхықәра, уи иабдуцәа рџьынџь – идгьыл гәакьеи иареи реимадара.

Расул Гамзатов иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи акыр ахатә ҷыдарақәа рымоуп, ибаҩхатәра амҽхак ҭбаауп. Хыԥхьаӡара рацәала инапы иҵижьхьоу иаԥҵамҭақәа зегьы уажәы ара еиқәаҳаԥхьаӡоит ҳәа ҳалагарым, урҭ милаҭрацәалатәи аԥхьаҩцәа акыр ирдыруа иҟалахьеит, инарҭбааны азхаҵарагьы роухьеит.

Расул Гамзат-иԥа дреиуоуп ҭоурыхтәла инарҭбааны ихәыцуаз Кавказ ашьхаруа жәларқәа ирхаҭарнаку, зхы­ԥхьаӡара усҟакгьы ирацәаҩым, ажәа сахьарк азҟазацәа хатәрақәа. Ирҿиара, аҭоурыхтә гәалашәара аганахьала иналукаартә аҟнынӡа иҵаруп, акырӡа иҵаулоуп убас иҭоурыхтә лаԥшҳәаагьы. Уаҟа рҽеидыркылоит Кавказ иашьагәыҭу ажәлар маҷқәа ирхыргахьоу, изҭагылоу, ирԥеиԥшу аамҭақәа.

Ҳазну аглобализациа зыхьыӡхаз аамҭазы, зыхдырра аҭыԥ аҿы иҟоу дарбанызаалак, иеилкаара иасаркьоу иуаҩра аҩаӡарала идимкыларц залшом ихԥышәагоу хшыҩҵакла иҳәоу, «сара снаҩсгьы имыӡындаз» ҳәа апоет изгәакьоу идгьыли, ижәлари, ибызшәеи, урҭ еиқәырханы ԥхьаҟагьы иеиха-зҳалаша абиԥарақәа ирзынархоу анаҩстәи ацәаҳәақәа:

Ҳақьымӡам ауаҩы дызхәшәтәуа, жәдыруаз,

Ауаҩы дахәшәтәуеит иан гәакьа лбызшәа.

Мап, са схатәы бызшәа аҵәы иӡуазар,

Сара сыхиоуп иахьа сыԥсрацы.

(еиҭ. Пл. Бебиа)


Раԥхьаӡакәны Расул Гамзатов Аԥсны даҭааит 1954 шықәсазы, аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны имҩаԥысуаз агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа аҽрылархәразы. Усҟан дыҷкәынӡан, 31 шықәса дырҭагылан, аха ԥшь-жәашықәсак рнаҩс ихыбгалаз Асовет еидгыла аҳәынҭқарратә премиа далауреатхахьан, 50 шықәса инареиҳаны (иԥсҭазаара далҵаанӡа) напхгара ззиуаз Даӷьсҭантәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла деиҳабын. Убасҟан Аԥсны жәлар рпоети иареи реиԥылара, игәалашәараҿы хашҭра амоуа изаанхеит. Хара имгакәа иагьихьӡниҩылоит, аамҭақәак рнаҩс Аԥсны жәлар рпоет, академик Мушьни Лашәриа аԥсшәахь иеиҭе­игаз ажәеинраала:

Егьугьым шәышықәса

                             рзыҳәан, абар,

Аха иунызбом уқәра ахабар!

Алахь еиқәымыз ахаан уҩны,

Асасцәа агмыз ирацәаҩны.

Алаҳәа аҟырбжь, аҵх агәазы,

Уцәа иаԥырхагымхааит, бзанҵы!

Ухәшҭаара лашозааит

                            иахьеи-уахеи –

Аԥхара рыԥхараз

                        угәи уцәаҳәақәеи.

Уӡамҩа алаӷырӡ амбааит ицоу,

Улаԥш ҵарызааит адунеи

                                 зегь иахьӡо!..

Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩи Расул Гамзатови аиҩызара рыбжьан, зегь раԥхьаӡагьы Москва, Алитературатә институт аҟны аҵара зциҵоз апоет-атрибун Алықьса Лашәриа. Иара убас, раԥхьа иидырыз аԥсуаа дреиуан аҵыхәтәанынӡа аиҭанеиааирақәа зыбжьаз Гьаргь Гәлиеи иареи, уи атәы ипоезиагьы шьахәла ианыԥшуеит. Ҳаԥсуа поетцәа маҷҩымкәа – Н. Кәыҵниа, В. Амаршьан, Пл. Бебиа, Гь. Гәыблиа уҳәа иҩымҭақәа акыр иеиҭаргахьеит. Ипоема «Ашьха ԥҳәызба» иалху аспектакль С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы изныкымкәаны иқәдыргылахьеит. Изызҳауа абиԥарақәа Расул Гамзатов ихьӡи ирҿиамҭеи ианиоит Аԥснытәи абжьаратәи иреиҳауи аҵараиурҭақәа рырҵаратә программақәеи ашәҟәқәеи рҟны.

Расул Гамзатов дреиуан ҩажәи­жәаба шықәса раԥхьа ҳажәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианрыбжьагылаз, ирықәымчуаз шмаҷмызгьы, ҳаиқәырхаразы зыбжьы зыргоз адунеи зыхьӡ адыруаз ашәҟәыҩҩцәа С. Михалков, Ч. Аитматов … уҳәа еснагь рыгәҭа иҟаз, рыӡбамҭақәа рыцназыгӡоз.

Аԥсны жәлар рпоет, академик Мушьни Лашәриа ишиҳәаз еиԥш: «Иҟоуп змилаҭ аҳәаақәа ирхысуа, зыхьӡ-зыԥша ахара инаҩуа, абиԥарақәа иртәу, жәлар рдоуҳа иузалымхуа апоетцәа. Урҭ ианакәызаалакгьы ирацәаҩым, илыԥшаахқәоуп. Расул Гамзатов убарҭ дреиуаны даанхоит наӡаӡа».

А.Амзацба


Расул Гамзатов

Ахатәы бызшәа

Ҳақьымӡам ауаҩы дызхәышәтәуа, ижәдыруаз,

Ауаҩы дахәшәтәуеит иан гәакьа лбызшәа.

Даҽаӡәых, аҽа бызшәак дахәшәтәуазаргь,

Са исылшом уи ала сшәаҳәарцы.

Мап, са схатәы бызшәа уаҵәы иӡуазар,

Сара сыхиоуп иахьа сыԥсрацы.

Сара еснагь уи ҳбызшәа сахӡыӡоит,

Ассамблеи атрибунахьтә ауаа рӡыӡо,

Имгозаргь, уи дуӡӡоуп сара сзы.

                                    (еиҭ. Пл. Бебиа)


 

Сара аԥсҭазаара сгәы аҳәоит зегь рыла,

Ҳапланета дуӡӡагь саҿҳәароуп.

Саҿҳәароуп стәыла аԥхаррагь, аҵаагь,

Ага инаркны ҩаданӡа-хара.

Сара уиазы иахьаҭаху сыԥсааит,

Аха анышә самардароуп абра.

Дыргәаладыршәарц абыргцәа, ԥшьала

Анышәынҭра иавс ианналало аул,

Ашәа рзызҳәауаз авар бызшәала,

Рыдгьыл гәакьа иахылҵыз Расул.

                                    (еиҭ. Пл. Бебиа)

 


                 Ашьха уарбақәа рҵас

Лассы иааит ҭагалан, иҵысит аԥшақәа,

Икаҩҩы икаԥсоит хыхьынтә абыӷьқәа.

Аԥса-ҵла заҵәыкоуп изымԥсах зхы-зҿы,

Ажәҩақәа еиҵых игылоуп ахәаҿы.

Алԥхынрак аҵарақәа аҷҷаҳәа ишәаҳәон,

Хьшәашәарак шыҟалаз аԥхарахь еихон.

Ашьха уарбақәа нхагьежьуеит ишәаӡом,

Ртәыла хәыҷ ааныжьны џьаргьы ицаӡом.

                                 (еиҭ. Гь. Гәыблиа)

 


Зегь раԥхьаӡа адунеи ианылаз,

Маҭуп ҳәа иахәаԥшуеит Индиатәыла,

Уи аԥхьагьы ицәырҵхьан, сышьхауаа ртәыла,

Ашьауардын, ашьха еимыздо жәҩангәыла.

Са сазхәыцуеит, аҩызцәа, ари даҽакала,

Уаатәыҩсоуп раԥхьаӡа адунеи ианылаз,

Нас шьоук шьауардынхан, иԥыруеит рхала,

Шьоукгьы маҭаԥшьхеит, – амҩаду ианхалаз.

                                       (еиҭ. Гь. Гәыблиа)

 


Ахырхырҳәа ақәа леиуеит ихкәаӡом,

Адәныҟа ундәылԥшны ажәҩан убаӡом.

Хьааи гәырӷьеи сгәаҿы еилаӡҩоит еиҭах,

Абзиабара наҵарӡ иаацәырҵуеит агәаӷ.

 

Сгәырӷьара сҩызцәа ирысҭап схы-сгәы иҭганы,

Схьаа сажәа иаласҵап иԥсаҟьаны,

Сыбзиабара рзысшап уа суа, сҭахы,

Агәаӷ са исымаз, даӷоуп рҳәаргьы ихы.

                                      (еиҭ. Гь. Гәыблиа)

 


Ҩаԥхьа саҭааит стәыла, агәкра сныруа,

Аха сышьхаҿацә сзымдырит сара,

Абацәа рбызшәа аԥацәа ирыздыруам,

Са сбызшәа аҩнахуеит, иаҿуп аԥсра.

 

Ҳмеицәажәарцу нас авар бызшәала,

Ҳамхәыцырц, ҳмеиҿыхарцу хаха…

Иҳалшои: аӡқәа амшын иазцоит еишьҭала,

Даргьы ирдыруеит уи ишахәлабго, аха…

                                           (еиҭ. Пл. Бебиа)

 


Аԥшаах

Ачерқьес, аҟабарда, адаӷьсҭан,

Ҳхыԥхьаӡара маҷуп ҳәа шәмышшлан.

Ахышә хәыҷгьы ишьахәу наԥшырҭоуп,

Дгьыли мшыни уантәи иубарҭоуп.

 

Дасу шәахьиз, шәахьааӡаз, шәахьану,

Ихәыҷызааит аҭахызаргь ахсаала иахьану,

Ахрақәа урҭ зыхьчо, изырԥшӡо,

Аԥшаах ргәылаҵәахуп улаԥш зхьымӡо.

                                        (еиҭ. Гь. Гәыблиа)

 


Ахаҵара – ҽынкылароуп, уи жәдыруаз!

Иццакцәаз, зхы иҭоу еснагь аԥша,

Иҽы иҵыршьаап, дықәхап уи дуазыруа,

Ма ихыдара дақәӡуеит есымша.

 

Шәыҽшәырҭынч ҳәа шәасҳәом, ацәа салам,

Адыд-мацәыс бзиа избоит схаҭа,

Аха аԥсҭазаара ԥсҭазаароуп, ццакрала

Аԥхьахә аӡәгьы изымгац сҳәоит еиҭа.

                                           (еиҭ. Н. Кәыҵниа)

 


 

Адҩыла нҵамҭақәа рахьтә:

* * *

Ашәарыцаҩ гәымшәеи,

Ашьауардын хьыӡ камшәеи,

Ахра ааныжь ицаӡом,

Ишәарҭоумашь ҳәа иҵааӡом.

 

* * *

Уаԥхьа иқәу, ари ашәҟәы – ихәыҷы-иду,

Уабацәа рбызшәала иҩуп, иақәҵа пату.

Абӷьыцқәа ахышә еиԥш иаауртит, -

Адунеи ҟьаҟьагьы уназыԥшит.

 

* * *

Зыхьӡ дырым фырхаҵак абраҟа джуп,

Ифырхаҵара жәлар ргәаҵа иҭашуп.

Шәыргәындакгьы дыцәоуп инаҩсшәа џьара,

Ишәыргәындара ада акгьы иҭнымхеит иара.

 

 * * *

Аҩы анцәа изишаз ауаҩы ижәырцоуп,

Аха ианакәызаалак уи дазхәыцроуп:

Иахьыжәтәу, ианыжәтәу, изцужәуа,

Шаҟагьы ыжәтәу, насгьы иззужәуа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me