Ааԥсара зқәым арҿиаҩы

Аҧсны Жәлар рпоет, алитератураҭҵааҩ, акритик, аиҭагаҩ, академик, Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аиҳабы, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, Аҧсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа ҧшьынҩажәи хәба шықәса ихыҵреи ирҿиаратә ҧсҭазаара хынҩажәи жәаба шықәса ахыҵреи ирызкыз аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧысит Аҟәа.

Цәыббрамза хәба рзы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт азал ду аҿы аусура иалагеит аклассик изку жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа. Уи аартуа, аинститут аиҳабы Арда Ашәба иҳәеит: «Мушьни Лашәриа иациҵеит Д.Гәлиеи, Б.Шьынқәбеи, егьырҭ аҧсуа классикцәа аӡәырҩи зныз амҩа». Аиубилиар иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызку ажәахә ҟаиҵеит аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Уасил Аҩӡба. Аҧсны Жәлар рпоет ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәқәа аарышьҭит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи.

Аконференциаҿы иқәгылаз аҵарауаа иазгәарҭон Мушьни Лашәриа икалам иҵыҵыз арҿиамҭақәа еиҕьу-еицәоу ҳәа еилыхшьа шрымам, дара зегьы инеибеиҧшны зыҩаӡара ҳаракӡоу усумҭақәаны ишыҟоу. Аиубилиар ихаҭа иакәзар, изааҧсаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, ианаамҭаз арҵаҩцәа бзиақәа шимаз, урҭ ишырџьишьо иеихьӡарақәа жәпакы, дрылацәажәеит аҧхьаҟатәи игәҭакқәа.

Иара убас ари амш азы Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартын «Арҿиаҩы имҩа» зыхьӡу, Мушьни Таииа-иҧа изкыз афотоекспозициа. Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы иҟаҵоу афотосахьақәа рҿы Жәлар рпоет идгылоуп Баграт Шьынқәба, Фазиль Искандер, Рушьбеи Смыр, Гьаргь Ӡиӡариа, Шьалуа Инал-иҧа, Евгени Евтушенко, Александр Твардовски уҳәа реиҧш иҟоу аклассикцәеи аҵарауааи. Ацәыргақәҵа аартра ҟалаанӡа, Аҧсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа аиубилар аҧсуа лабашьа ҳамҭас ииҭеит. Ацәыргақәҵа иаҭааз рҿаҧхьа иқәгылеит апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа. Дара ирҳәон Мушьни Таииа-иҧа аҧсуа литератураҿы илагала ахә ашьара шаҟа иуадаҩу, иара уи аизырҳареи арҿареи иахьагьы дшазааҧсо атәы. Апоет ихаҭа иакәзар, ацәыргақәҵа иалахәыз иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, арҭ афотосахьақәа ишаадырҧшуа иҧсҭазаара аҕьырак.

Абри аҽны, ахәылбыҽха, Мушьни Лашәриа ипоема «Ахьтәы уасцәа» ала арежиссиор Мадина Аргәынҧҳа иқәлыргылаз амиузикл рдырбан С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарарратә драматә театр аҿы. Апоема тема хадас иамоуп арҿиамҭа афырхаҵа хада аԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы иқәԥара.

«Акырӡа сацклаԥшны, абырҵкал икылхны, акыр шықәса раҧхьа иаҧысҵаз сҩымҭа, арежиссеиор Мадина Аргәынҧҳа аҧсы ахалҵеит» ҳәа азгәеиҭеит ахҭыс иалахәыз автор. Аспектакль ҳкультуратә ҧсҭазаараҿы хәы змам лагалахеит. Уи уныруан кәапеишәа иҭәыз азал аҿы итәаз ахәаҧшцәа рхырҿқәа ирнубаалоз ацәаныррақәа рыла. Иблахкыгаз амиузикл иахәаҧшуаз рыгәқәа хнахит. Ианхыркәшаха анаҩсгьы акраамҭа еихсыҕьуамызт анапеинҟьабжьқәа. Апремиерахь изымнеиз зегьы ирыман алшара анаҩсгьы ахәаҧшразы, уи арбара мҩаԥысуан хымш.

Александр Пушкин имедал, Антон Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи апремиа, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа уҳәа зҵаки заҳаҭыри ҳаракӡоу акыр аҳаҭыртә ҳамҭақәа занашьоу Мушьни Лашәриа ирҿиамҭақәа ажәа рхырҳәаахьеит жәаҩыла еицырдыруа аҵарауааи, ашәҟәыҩҩцәеи, акритикцәеи.  Урҭ дреиуоуп академик Шоҭа Салаҟаиа. Иара дыруаӡәкуп апоети уи ирҿиареи аусумҭа неиҵыхқәа рзызкыз. Аҵарауаҩ-акритик урҭ истатиақәа зегьы еидкылан хаз шәҟәны иҭижьит «Жәлар рпоет» ҳәа хьӡыс иаманы, уи шьаҭоуп, мҩақәҵагоуп Мушьни Лашәриа ирҿиара иазхьаԥшырц иақәызкуа зегьы рзы.

Академик Шоҭа Салаҟаиа иҳәахьан еиԥш, «Мушьни Лашәриа илирика, ипоезиа – ари инарҭбаау метафороуп, – уи ала автор еиҳа дазҟазоуп игәҭакы аҳәара, асахьаркра, арҵаулара». Метафорала адунеитә поезиа атема хадақәа – аԥсадгьыли, ажәлари, ани, ахатәы бызшәеи рхьаа, ахҵәара, аибашьра, аԥсра, аԥсҭазаара, абзиабара ҳаракы – цәыригоит апоет.

Мушьни Лашәриа аԥсуа литература, иара адунеитә литература ахаҭагьы иалеигалеит ԥсра-ӡра зқәым аҩымҭақәа – «Ахьтәы уасцәа», «Аџьынџь», «Ашаеҵәа». Арҭ арҿиамҭа дуқәа еилыхха иаҳдырбеит апоет ажәлар рҭоурыхи рразҟымҩеи рҿы аепохатә хҭыс дуқәа поезиатә ажәала рсахьа аҭыхра дшазҟазоу, наунагӡа абиԥарақәа ргәалашәара ишазынижьыз.

«Ахьтәы уасцәа» иазкны апоет иҳәоит: антикатәи алитература данахысуаз, данаҧхьоз инаркны лассы-лассы дшазхәыцлоз Медеиа ллахьынӡа. Изныкымкәа азҵаарагьы ықәиргылахьан, избан лара абас дзымӡышәахаз.  Лаб, лашьа, лыҧсадгьыл, зегьы зылыҧсахи ҳәа. Ажәытәан ҵҩа змамыз аҳәса бзиақәа, аҷкәынцәа бзиақәа аалхны ирҭииуан. Медеиагьы убас аҧсадгьыл иахгоу аӡәы лоуп. «Сара исыӡбеит, адунеи аклассикцәа ирҳәахьо абри амиф даҽакала аҧсахра, ахҭыс аҧсуа дгьыл ахь аиагара, ақәыргылара, Медеиа лырхынҳәра. Ллахьынҵеи лҧеиҧши рзааҭгыларала Аҧсны амифологиеи, Аҧсны иамаз абеиареи, изҭагылаз аамҭа иацыз арыцҳареи, ажәлар рықәҧареи аарҧшра сҭахын Ахьтәы уасцәаҿы.  Схықәкы ицәгьамкәангьы инасыгӡеит ҳәа сы­ҟо­уп».

Иажәеинраалоу ароман «Аџьынџь» атәы дазааҭгыло жәлар рҿахәҳәаҩы иҳәоит уи шрылҵшәахаз хаҭала иареи иҭаацәеи ақырҭуа-аҧсуа еибашьра аан ирхыргази ирбази ахҭысқәа.

Мушьни Лашәриа Анцәа иажәа ԥсышәала, поезиатә цәаҳәеиқәшәала аҳәара, аԥҵара илиршеит. Анцәа ибызшәа, Анцәа иуасиаҭ аԥсышәала ацәыргаразы апоет аԥсшәа алексикаҿы, апоетикаҿы, апластикаҿы ииҭа­хыз зегь иԥшааит. Уи алагьы аԥсшәа алшара ҿыцқәа хитит. Апоет ихаҭа инапаҿы Анцәа иашәеи аԥсшәеи цәгьашәа еинаалеит Аԥшьаҩыра атерминологиа акәзар, инапаҿы иааганы, аханатә иаԥсышәазшәа, аԥсышәала иҩыз­шәа иҧсабаратәны иҟаиҵеит. Араҟа, хымԥада, апоет адунеитә классикатә рҿиамҭақәа реиҭагаразын имоу аԥышәа ду иныԥшит.

 «Сара, Кәтол ииз, аҧсуажәа иалиааз иаҳасаб ала исҭахын Абиблиа аҧсышәала иаҧхьо изы иара итәны-иманы иҟаларц, имарианы идикыларц. Схықәкы нагӡоуп ҳәа сгәы иаанагоит», – иҳәоит Мушьни Таииа-иҧа. Лассы иҭыҵраны иҟоуп Мушьни Лашәриа иеиҭага ҿыцқәа. Урҭ рыбжьара – Аԥсалтыргьы.

Мушьни Лашәриа илирикаҿы иҟоуп зегьы – ҳҭоурых, ҳфилософиа, ҳаԥсабара аблахкыгара, ауаҩы илахьынҵа азхәыцра, абзиабара иазку ацәаҳәа ссирқәа.

Апоет имаҷымкәа аҧсҭазаара дкыднаҟьахьеит. Изаацәаны диҧхоит ихатә ҩыза. Аха, иара ихы аҵаимырхаӡеит. Ҩыџьа иҧҳацәа иааӡеит, ршьапы иқәиргылеит, ран лыҟамзаара рныҧшыртә иҟаимҵеит. Ихазгьы уаҳа насыҧ дашьҭамлеит. Дзықәшәаз агәаҟра дыҧнамҽӡеит, даӡрыжәит. Имч-илша зегьы аҧсуа литература ашьҭыхра аизырҳара иазикит.

Мушьни Таииа-иҧа ахаан ихи-иҧси рзы аамҭа имамызт. Инапы злакыз аусрацәа иаамҭа зегьы агон.

«Ҳәара аҭахума, снапы злакыз зегьы акы агымкәа исзыҟаҵомызт, аха рҭакҧхықәра шсыдыз еилыскаауан, сымч-сылша рыгсмыжьырц исылшоз зегьы ҟасҵон», – иҳәоит апоет. Мушьни Таииа-иҧа уажәы инапы рылакуп акьыҧхь зымбац иҩымҭақәа реизга аиқәыршәара. Урҭ зегьы еиҳаракгьы аҵыхәтәантәи хәышықәса рзы иаҧҵаз роуп. «Уажәы урҭ сеиҭарзыгьежьын шәҟәны рҭыжьразы реилыхра, реиқәыршәара саҿуп», – иҳәоит ааҧсара зқәым апоет-академик. 

Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра хҭыс дууп аҧсуа поезиа абзиабаҩцәа зегьы ҳзы, инеизакны ҳдоуҳатә культуразы.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me