Ҳазну аамҭазы ессаирагьы иҵархо ҳмилаҭтә хаҭара аиқәырхара, уи мырӡкәа абиԥарақәа рымадара азҵаатәы иазкуп ишәыдаагало Шьурбеи Царгәыш ианҵамҭа.
Ҳмилаҭтә ҳәынҭқарра ҳҭахызар, ҳәарас иаҭахузеи, уи шьаҭас иаиуша ҳхатәы бызшәа – аԥсшәа ауп. Аха, ҳарҭ зегьы ибзианы иаадыруеит иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы, ҳмилаҭ рҿахәы еиҭаҳәага – аԥсшәа ҳабзазараҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, ҭыԥс иааннакыло. Абызшәа амилаҭ рҿы иахәҭоу аҩаӡара аманы изыҟалаӡом уи изтәыҵәҟьоу ауааԥсыра рыҩнуҵҟа практикала ахархәара амамкәан.
Абызшәа практикатәла ахархәара апропаганда азыҟаҵаразы ирылшо рацәаӡоуп аԥсышәала иҭыҵуа акьыԥхьтә (агазеҭқәа, ажурналқәа, ашәҟәқәа уҳәа) ҭыжьымҭақәа. Урҭ шаҟа ауааԥсыра ирылаҵәо аҟара ҳбызшәа амчхареи, аҿиареи, аизҳареи аиуеит.
Абызшәа аԥхьаҟа иҿиарц азыҳәан, ирҵароуп изызҳауа абиара – аҿар.
Аха рыцҳарас иҟалаз, аҿар рыхдырра иахьазҳауа, аҩреи аԥхьареи ахьырҵо ашколқәа рахь аԥсышәала ицәажәо аҭыжьымҭақәа неиӡом.
Асовет ҳәынҭқарра ахаан иуҳәар ауазар, асааҭ еиԥш еиқәышәшәа аус ауан аԥошьҭа, ауааԥсыра рышҟа хкыс иуҭахыу аҭыжьымҭақәа рызназгоз, аха уи ажәларқәа «раҳҭынра ду» анеилаҳа, иамаз абзиарақәа зегьы неихәлаҳаны ицеит. Иахьа уарлашәарла акәымзар Аҟәа ақ. анҭыҵ аԥошьҭа, шамахамзар, аус ауӡом. Ари аҩыза аҭагылазаашьа даараӡа аԥырхага ҟанаҵоит ауааԥсыра рыҩнуҵҟа.
Аԥсны аԥсышәала иҭыҵуа; газеҭума, журналума, шәҟәума – рыла еиқәыршәатәуп ашколтә библиотекақәа, аиҳараӡакгьы ҳқыҭақәа (ашколқәа) рҟны. Ари аусмҩаԥгатә, хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, даараӡа ицхыраагӡа бзиахоит ҳбызшәа аларҵәаразы, ҳбызшәа арҿиаразы.
Аԥсны, ҳамҩашьозар, 170 школ рҟынӡа ҳамоуп. Урҭ рахь аԥсуа ҭыжьымҭақәа рызнагаразы, џьабаа адбаланы аусгьы утәхоит, ахарџьқәагьы аҭаххоит ҳәара аҭахыума, аха ҳбызшәала ҳҿар анаҳааӡа уи иақәҳхарџьуа ҳцәыӡӡом, мал дуны иаҳԥылоит ҳаԥхьаҟа.
Аԥсуа милаҭ кьыԥхь «анапы иҵыҵуа» иарбанызаалакгьы школ-цыԥхьаӡа (ҩнаҭа-цыԥхьаӡагьы изыҟамлрызеи?) инеиуа аҟаҵаразы еиҷаҳатәым акгьы ҳәа ҳгәы иаанагоит, избанзар, уи иабзоурахоу рацәахоит ҳхатәы бызшәа – аԥсшәа аԥыжәара аманы, ҳәынҭқарратә бызшәаҵәҟьаны иҟаларазы. Аԥсны анапхгара рахь аҳәара ҟаҳҵоит абри аус иаарласӡаны ахаҵгылара арҭаразы.
Шьурбеи Царгәыш,
Аԥсны аҳәынҭқарратә университет апедагогикеи аԥсихологиеи ркафедра аиҳабы, адоцент.
Агазеҭ «Аԥсны», хәажәкыра 23, 2006 ш., № 21-22