Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыжәлар рыгәҭа игылоу

Ашҭа ҧшӡа шәҭышла иқәҵоуп. Анаара ахәыҷқәа рыччабжь гоит. Иаҧсуа маҭәа дагәылыҷҷаауа, зыжәлар рыгәҭа игылоу, аибашьҩы Аҧсны Афырхаҵа Саманба Заур Кондрат-иҧа иашҭоуп.

Ицәажәашьа, ихәыцшьа, ихымҩаҧгашьа зегь рыла иаҧсоу, инагоу хаҭароуп. Зхы пату ақәҵаны аибашьра иалацәажәоз, Заур Кондрат-иҧа, ус иҳәеит: –Ҳаҧсадгьыл зхы ақәызҵаз зегьы хашҭра рықәымзааит! Зыҧсы ацәынхазгьы аҧеиҧш рыцзааит!

Саманба Кондрат Никәа-иҧа иҧшәма Ҳалуашь-Саманба Вереи ф-ҩык ахшара рааӡеит: Леонид, Емма, Лиуда, Заур, Иура, Фира.

– Ҳҭаацәара аҟынтә х-ҩык ҳаибашьуан. Сара, нанҳәа 14, 1992 шықәсазы аусураҿы сыҟан. Акрыфарҭаҿы сахьнеиз, ерманык аибашьра ишалагаз салҳәеит. Иаразнак Гәдоуҭатәи араионтә милициа амашьынамҩақәа рыҟәша ргәыҧ сҽалархәны сҩызцәа рыгәҭа снагылеит.

Аҧсны аибашьра ианалагоз аишьцәа реиҵбы Иура иҩыза Ҷанба Валереи иареи акреиҭарсразы Воронеж иҟан. Убраҟа ираҳаит Аҧсны аибашьра ишалагаз. Русқәа зегьы ааныжьны ихынҳәуеит.  Ҧсоу аҳәаа ақырҭцәа иааныркылахьан. Шьхала, шьапыла иааз аибашьцәа ирылан. –Иура – иҳәеит Заур, – аҩны данааи еимаақәа еихырҩыз, шашәала иҿаҳәаны ишьан, ишьапқәа аӡаҕь рықәын… Сара атапанча сыман, Иура ашәарыцага шәақь иман, аха имгаӡеит. – Уаҟа акы сыҧшаауеит, – иҳәан аҩны ҳаицдәылҵит.

Саманба Иура Кондрат-иҧа, Гәымба Оҭар Заабеҭ-иҧа икомандаҿы даанхеит. Аламала аҩныҟа дааӡомызт. Аишьцәа еибабаӡомызт.

  – Сара, – иҳәеит Саманба Заур, – аҩны сааин, фатәык-жәтәык сыманы сцоит ҳәа сшаҿыз, Гагра иақәлеит ҳәа сарҳәеит…Пицунда абжьаларҭа аҟны саныҩхала, Дгьебиа Аслан дгылан. – Шәцар ҟалаӡом! – иҳәеит. Аха еицыз аӡәгьы ҳаизаанымкылеит. Ҳцеит. Ҳаибашьцәа КБРЦ рымгаӡацызт. Ҳрыхьӡеит. Асасааирҭа «Абхазия» аҟны аказакцәа тәан. Урҭ бзарбзанла аҕацәа ҩынтә ирылахысит. Ақырҭцәа рыҽҳарҭеит. Иаҳҭҟәаз жәахаҩык Гәдоуҭа иааганы иҭаҳкит. Еицыз рҟынтә аӡәы зынӡа дқәыҧшӡан. Деицралон, дыцҟьон:

– Ҳанбашәшьуеи! ҳәа дыҳәҳәон… Ақалақь Гәдоуҭа аҟны иҟаз асасааирҭа «Волга» аҟны инаагеит. Аштаб аҟны аҧсуааи дареи шеиҭнырҧсахло ҳарҳәеит…

– Сашьа Иура, аҟабардақәа дрыцны Гагра ахы инаркны аҵыхәанӡа аибашьра далсит. Усҟан иара ихазы, аҕацәа агранатаршәгеи автомати рцәигеит. Иура ус иҳәеит: – Иуҭаху алх, уара узоуп аҩбатәи заазгаз! – ҳәа рыҩбагьы аасыдигалеит. Сара агранатыршәга алсхит.

Саманба Иура Кондрат-иҧа Гагра, Цандрыҧшь, Гьечрыҧшь аҭарцәра далахәын. Уи ашьҭахь Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы, хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара иалагеит. Саманба Заур 37-ҩык аибашьцәа ргәыҧ драҧхьагылан.

 Саманба Заур иашьа Иура ихабар издырӡомызт. Ус, рациала, абҕархықәаа ахәцәа рацәаҩуп, иалгатәуп, рҳәеит. Заур икоманда ахәцәа ралгара иалагеит.

 – Ахаан сыбла дхыҵуам, Оҭырба Зураб Шьаликәа-иҧа, ихы-иҿы ахы ақәшәеит. Ашьаӡа даганы, ишьапы дзықәымгыло, дрыманы иаауан. Сашьа, Иура сгәы дыҵхо далагеит. Аӡы сырит. Иара раҧхьа ицоз дрыцны дцахьан. Оҭырба Хәыма дысҧылеит: – Иура, иҧсы ҭоу?  – ҳәа сиазҵааит.

– Иҧсы ҭоуп, уицәымшәан. Дааргоит – ҳәа, дысҿамҧшӡакәан исеиҳәеит. Аамҭа цон, ҽеи шыҟамыз еилыскаауа салагеит… Возба Мартини, Аҧсны Афырхаҵа Шьоуа Гурами сашьа иҧсыбаҩ алыргеит… Шьоуа Гурам, Заур абас иеиҳәеит: – Ҳара ацхырааразы ҳаннеи, иҧсҭазаара далҵхьан… Ихәра ҕәҕәан.

Саманаба Иура Кондрат-иҧа дҭаацәаран. Иҧшәма Тарасова Лиудмилеи иареи х-ҩык аӡҕабцәа рааӡон. Ҳәоуеиқәшәала инхон. Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылараан дҭахеит. «Агәымшәаразы» амедал ианашьоуп. Лыхны ақыҭан анышә дамадоуп. Саманба Заур Кондрат-иҧа иашьа анышә данамарда ашьҭахь, иҩызцәа аибашьцәа рахь дхынҳәит. Гәымсҭа лбаатәи ацҳала ажәылара ду ааигәахон. Аҟәа аҭарцәразы аштаб хада ауснагӡатәқәа рыдыркылеит. Урҭ ауснагӡатәқәа ируакын Гәымсҭа лбаатәи ацҳала ажәылара. Гәыматәи ахырхарҭаҿ мҽхакы ҭбаала ажәылара аларшахарц азы, ара аҕа ихымца дара рхахьы иргарц. – Аибашьцәа зхатәгәаҧхарала ицо шәыҟоума? – ҳәа ианҵаа, зегьы шыхиаз рҳәеит! – игәалаиршәон Саманба Заур.

Ҳаибашьцәа Гәымсҭа лбаатәи ацҳа ҧхынгәы аҧхьатәи амшқәа рзы иқәсыз, аҧсадгьыл аиқәырхаразы аҭахара иазыхиаз, хьыӡрацара ицоушәа, ҧхьаҟа еихон.

Ажәыларақәа зегьы, – иҳәеит Заур Саманба, – аҧсҭбарақәа рыцын. Аха, ҧхынгәытәи ажәылара, ажәлар рҟны «смертники» ҳәа изышьҭаз, ишҭахоз шырдыруазгьы актәи абригада, ахҧатәи абаталион ажәылара ицеит. Аҧсра хаҵаҵас иаҧылоз арҧарцәа адауаҧшьқәа ирҩызан. Комиссарс дыҟан Оҭырба Руслан, аштаб деиҳабын Олег Чалмаз. Акомандаҟаҵаҩ ихаҭыҧуаҩцәас ҳаҟан: Дгьебиа Аслан, Оҭырба Оҭар, сара – Саманба Заур.

Архәҭақәа хҧа ыҟан, урҭ ираҧхьагылаз акомандирцәа: Мархолиа Ҷыҷка, Цыгәба Сандро, Лазба Алик.

Аибашьҩы, Аҧсны Афырхаҵа Заур Саманба, иажәа иациҵон: – Аҕацәа агәра дыргатәын, аҧсуаа Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара ишалагаз. Амца ҳхахьы иганы, 97-ҩык сраҧхьагыланы Гәымсҭа лбаатәи ацҳа арымарахь ала ҳцон. Сандро Цыгәба аибашьцәеи иареи ақырҭцәа рҭабиақәа арыҕьарахь ала ирзааигәахеит. Ари ажәылараҿы иҟаз аиҭаҳәара уадаҩуп. Иқәыҧш-қәыҧшӡа иҟаз арҧарцәа ишҭахоз шырбозгьы ишәаӡомызт, ахы иаҿалон. Аладатәи ацҳа ҳақәсит.

– Убри аамҭазы, арҧыс гәымшәа Ашәба Алиас Пиотр-иҧа, ҕәҕәала дхәын: – Сышәшьы! Сышәшьы, апатронқәа шәырмеигӡан! – ҳәа ибжьы гон! Ақырҭцәа рааигәара снеины артҟәацгақәа ҩба ргәыдысҵеит, ахҧатәи скын. Уи аамҭазы ҳаҕацәа х-ҩык ахьтәаз збарҭан, искыз артҟәацга сыршәит.  Аибашьҩы Бакьелиа Заур агранатаршәгала дрылахысит. Ақырҭцәа «5-45» автомат ала исеихсит. Схы здыруан… Кьетиа Беслани Оҭырба Романи сыцхрааит. Сыхәра ҿарҳәеит. – Ацҳа аҟынӡа снажәга, нас схала сцоит, – ҳәа расҳәеит. Сшьапы ақәыргылара даара исцәыуадаҩын, ахьаа ҕәҕәа сыман. Ацҳа аҵаҟа сышьҭаҵаны, рҩызцәа ирыцхраарц ицеит. Сахьышьҭаз сыхдырра сцәыӡит. Аибашьра иалҵыз Ҳагбак инапы хәын, ихәымыз изнапык ала сырҳәазаны акыр сигеит. Нас зыхәрақәа уадаҩмыз, Кьиркьинаӡе зыжәлази еицхырааны, ацҳа сықәыргеит. Уаҟа Гәлиа Мухеи Тамасиан Виолеттеи ҳҧылеит.

Саманба Заур аҭыҧҳацәа-амедиаҳәшьцәа ажәа ҧхала игәалаиршәон.

– Амедиеҳәшьцәа Гәымсҭа лбаатәи ацҳала ажәылара ицоз рҽаладмырхәырц адҵа рыман. Аха, урҭ шаҟаҩы рыҧсы еиқәдырхаз аҳәара уадаҩуп. Ахыкәлаа иаҩызаз медиеҳәшьцәан: Дасаниаҧҳа Мадина, Барцыцҧҳа Инга, Дбар­ҧҳа Манана, Матосиан Виолетта, Дочиаҧҳа Ирма, аӡәы дсыцәбжьахазар саҭамзааит.

Саманба Заур Кондрат-иҧа аибашьра ахсаалаҿы ишьҭа анымҵуа ианиҵеит. Иара Гагра ахақәиҭтәра далахәын, уи ашьҭахь Гәымсҭатәи ахырхарҭахь диасуеит. Уахи-ҽни ҳаҧсадгьыл аиқәырхаразы илшаз зегьы ҟаиҵеит. Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы ажәыларақәа: ажьырныҳәа 5-6, хәажәкыра 15-16-тәи, ҧхынгәытәи дрылахәын.

Саманба Заур Кондрат-иҧа Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳара­кы ихҵоуп.

–Сахьыҟазаалакгьы, сызҿызаалакгьы ҳаҧсадгьыл аиқәырхаразы иҭахаз санырзымхәыцуа ыҟаӡам. Урҭ зегьы рыхьӡқәа амырӡразы, ҳарбанзаалакгьы иҳалшароуп, абиҧарақәа аҭоурыхқәа рзааныжьра, рзеиҭаҳәара… Аҧсны лаша аҧеиҧш ду ацзааит. Ҳаҧсадгьыл еиқәзырхаз зегьы хашҭра рықәымзааит!

Аҧсны афырхаҵа Саманба Заур Кондрат-иҧа иашҭа ҧшӡаҿы ихәышҭаара еиқәуп. Имоҭацәа дрыгәҭылакны аҭоурыхқәа реиҳәоит. Иҭаацәара бзиа, аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәалартә иҟоуп.


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me