Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аибашьра ашьҭахь-аразҟы мҩахь

Ааигәа лирамш азгәалҭон Аԥсны Афырхаҵа, ишқәыԥшӡаз ҳхақәиҭратә еибашьра иалагылаз Ирина Завиалова.

Иԥшьоу ахьыӡ ҳаракы иаԥсахаз афырԥҳәызба Ирина Завиалова-Аҩӡба лбиографиа хҭысла ибеиоуп. Лара Аԥсны дынхоит 1987 шықәса раахыс, шьҭрала, Нхыҵ-Кавказынтәи иааз дреиуоуп. 1992 шықәсазы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аурыс бызшәеи алитературеи азанааҭ ала. Ҳаибашьра ианалагаз Ирина иаразнак лыҽрымалдеит Аԥсадгьыл ахьчараз игылаз ҳҵеицәа. Аҟәа зҽеидызкылаз Мушьни Хәарцкиа напхгара зиҭоз абаталион далалеит медиаҳәшьас. Уаҟа иҟан Аԥсны Афырхаҵа, раԥхьатәи амшқәа рза аӷа атанк иаҿалан иаанызкылаз агәымшәа Бесик Џьелиа игәыԥ.

Абар Ирина Завиалова иаҳзеиҭалҳәаз: – «Гәымсҭа ацҳа ахаҿы ҳтәан, нас ҳаиаргеит амимозаҭра ҳәа иахьашьҭоу, усҟан Бесик Џьелиа игәыԥ ирыӡбеит Камани, Шромеи ирласны Агәыӡера аурыс архәҭа ахьыҟаз ицәырҵырц. Ҳара ҳаанхеит Мушьни Хәарцкиа игәыԥаҿы, араҟа иалан ирацәаҩны Очамчыраа рыҷкәынцәа. Сентиабр 30 азы Ешыра атанкқәа анажәлаз уа ҳаҟан. Усҟан убарҭ убасҟан иаҳмырдырӡакәа ихалеит, иахьӡеит артҟәацгақәа хыԥхьаӡара рацәала иҵаҵаны ахынҳәра. Зегь ҳаԥхьа игылан ицон Стиопа Гагәылиа, Руслан Инаԥшьба, Ахра Ладариа, Аслан Џьопуа, зегьы рыжәлқәа сгәалашәаӡом. Миша ҳәа иҳацыз аӡәы амина деимнажәеит, Руслан Инаԥшьба изшьапык амнахит, урҭ ҳрышьҭагылан Ахра, Аслан, нас-сара. Ахра илиршеит аминақәа ахьыҟам ала маҷк анаскьара, ҳашьҭахьҟа иааиуаз, уаҳа имеиҭаҵырц рыдаҳҵет, ҳара ҳакәзар ԥхьаҟагьы, шьҭахьҟагьы ҳзымцо ҳаақәхеит. Аҷкәынцәа ирулак иҿарҳәеит Руслан ихәра, иара ииҳәоз акакәын «сааншәыжь, шәца!» – ҳәа. аха ҳара иҳаԥшааит мҩахәасҭа хәыҷык, убри ҳагьеиқәнархеит, иҳалшеит ихәыз дырҳәазаны Аҩада Ешыранӡа, ашколаҿ инагара, уаҟа амашьына (уазик) ала Алешка Папасқьыр даҳԥылеит, ахәышәтәырҭахь дигеит. Убраҵәҟьа дҭахеит, занааҭла иԥырҩыз, Бганба ҷкәынак. Аҩбатәи аҵхазы дҭахеит Стиопа Гагәылиа, Лыхнытәи аҷкәын.

Аинышәара анрыларҳәаз ашьҭахь, ҳара аҽеидкылара ҳалагеит, Очамчыраҟа ҳцаразы агәыԥ еиҿаҳкааит. Иҳаӡбеит ахәшәқәеи ааҵәақәеи ирылаҵан абџьаргьы аагарц, аха Бамбора иангәарҭа, абџьарқәа ачашыла иалаҳҵәахыз зегьы ҳамырхит, агәыԥ зегьы гьежьыр акәхеит. Срышьҭит сара аӡәзаҵәык, Тҟәарчалҟа амедикаментқәа ргаразы Аџьар ҟаԥшь ахаҭарнак дсыцҵаны. Ҳара Аҟәа аерапортаҿы ҳдыртәеит, хәыцҿхәыц зегьы еимданы ҳаурыжьит.

– Бызлаз агәыԥ Гәдоуҭаҟа иаанхеит, уа бахьнеиз бхы здыбкылада?

– Сара Тҟәарчал сахьнеиз Нодар Какәбаа игәыԥ «Скарпион» салалеит. Уи аԥхьа еиднакылон 80-ҩык рҿынӡа аибашьцәа, нас 200-ҩык рҿынӡа инаӡеит.

– Уаҳа рыӡбахә бмаҳаӡеи инбыжьыз агәыԥ?

– Инсыжьаз агәыԥ, рызегь алахәын Гагра ахақәиҭтәра, уи ашьҭахь ихынҳәит Тҟәарчалҟа, аха сара агәыԥ «Скарпион» аҿы саанхеит.

– Бызлахәыз раԥхьатәи ажәылара иарбаныз?

– Очамчыра абаржа ӡхыҵуеит ҳәа ҳаԥылеит, ҳара дҵас иҳаман аԥшаҳәахьы ацәырҵра, Очамчыра 6-тәи араион ҳәа иахьашьҭаз. Сасааирҭак аҟны, усҟан Иоселиани абанкет иман, агәырӷьара еилашыҩкуан. Ҳара ҳакәзар, ҳазԥылоз абаржа ӡхымҵит, аԥшаҳәа ҳаақәхеит, ҳаӷацәа ҳгәарҭеит. Нас гәыԥ-гәыԥла ҳҽаҳшеит, Очамчыра ҳалҵырц азы. Ҳара ҳгәыԥ алҵит, егьырҭ агәыԥқәагьы алҵит, аха ирацәаҩны ҳаҷкәынцәа итҟәаны иргеит: Аишьцәа Матуаа, Џьопуа Амеран… иреихсны иршьит. Абрантәи ишалҵуаз, Аҽгәара ақыҭан Бедиатәи абжьаларҭаҟны ауп «Дед» игәыԥгьы ахьҭадырхаз. Нас ҳара ҳдәықәырҵеит Мыркәылаҟа, Қобалиаа рҳабла аныргаз дсыцын Саида Делба, командирс дҳаман Лакәыт Зарандиа, усҟан иҳацхраауан гена Қарданов игәыԥ. убраҟа ахәра лоуит Саида Делба, ҳара Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭахь ддәықәаҳҵеит, дԥырҟеит, аха адырҩаҽны лысҭазаара далҵгәышьеит.

Декабр алагамҭаз Гәдоуҭаҟа сиаргеит. Ианвартәи ажәылара инаркны Аладатәи Ешыра сыҟан аҵыхәтәанӡа.

– Ирина бара балахәызма Марттәи ажәылара?

– Салахәын марттәи ажәылара. Ҳнеит аевкалиптқәа ҳәа иахьашьҭоу Кемпинг аԥхьа, ҳара аӡы ҳмырӡеит, хаха-хымш ахәцәа рҭыгара ҳаҿын, агәыԥ деиҳабын Ака Арӡынба, ҳааигәа игылан акәылӡтәы техника Фазылбеи Аҩыӡба напхгара зиҭоз. Салахәын 2-тәи Шроматәи ажәылара. Ахалшени Камани рҭарцәра. Ирацәаҩуп угәы иҭнымҵәо, иҭахаз ҳарԥарцәа гәымшәақәа, акәылӡтәы техника иақәтәаз Џьаба (Џьамбул) Џьопуа иҩызцәагьы иаргьы атанк иҭаблит. Шрома агараҿы дҭахеит ҳҩыза Марина Амқәаб-ԥҳа.

– Ирина балахәызма Аҟәа ахақәиҭтәра?

– Ҳалахәын Аҟәа аҭарцәра, Ашьха Бырцха анаҳга, иҭаҳарцәит афуникулиор, дҳаԥхьагылан Ака Арӡынба, ҳара ҳхырхарҭаҿ иҟан агәыԥқәа хԥа: «Шьараҭын», «Дәрыԥшь», «Ҟәланырхәа».

Ҳара дҳацын Ҭхьынатәи аԥҳәызба Елисо Џьелиа иара убас Марина Амҷба. Бараҭашвили авокзал анаҳгоз дҭахеит ҳҩыза Марина Ҭаниа. Абраҟа уи лалгаразы дҳацхраауан, аибашьра зегьы иҳацалсыз апрофессионалтә медиаҳәшьа Ирина Ҭаркьыл, (Дәрыԥшьтәуп). Лара Шьрома анаҳга лшьапы ахәра аиуит, иахьа дынхоит Урыстәыла.

– Аиааира амш шәабаԥылеи?

– Ҳара Аҟәа анаҳга ашьҭахь, Мрагыларатәи афронти ҳареи Кәыдры ҳаиԥылеит.

Абри аҟара амца қьоуқьад иалсыз, ахаҵамԥҳәысра аазырԥшыз аԥҳәызба Ирина Завиалова лџьабаа ду иахәҭоу ахәшьарагьы амоуп, илыхҵоуп Аԥсны афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы, иланашьоуп «Аинрал Сосналиев иорден», «Аинрал Ҳаразиа иорден», «Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рорден».

Аха зегьы иреиҳаӡоу ҳамҭоуп Ирина иахьатәи лразҟымҩа, аус луеит Аҟәатәи 1-тәи абжьаратә школ аҿы рҵаҩыс. Аибашьра зегьы илывагылаз лхатә ҩыза Дима Аҩӡбеи лареи ирааӡоит хҩык рыхшара-ахацәарԥар.

Игәыҭгагоу аҵеира рааӡара иацнаҵоит ҳфырԥҳәызба, ҳаԥсадгьыл аиқәырхаҩ лыԥшӡара, лқәыԥшра.

Агәра ҳгоит уи илааӡо лҵеира апатриотцәа иашақәа шракәхо.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me