Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Изҩыдоу абызшәа

Аҧсуара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп аҧсуа ибызшәа. Уи аҧсуа ихаҿроуп. Ижәытәӡоуп ҳбызшәа-убри аҟынтә ажәацыҧхьаӡа иаҵаҵәахуп амаӡақәа. Иарбан ажәазаалакгьы, ицәажәоит, ҷыдарак агәылакуп. Изҩыдоуп ҳбызшәа-аҧсуа игәаҭеиҧш, аламыс еиҧш иҧшьоуп.

Ҳарзыӡырыҩп ишцәажәо ҳамшын, ҳашьхақәа, ҳаҧсадгьыл ахаҭа.  Дара цәажәоит аҧсышәала. Ҳныхақәагь цәажәоит азқьышықәсақәа раҧхьа аҧсуа игәеисыбжь иахылҿиааз иблаҷыц еиҧш дзыхӡыӡаауа абызшәала. Аҧсуа иҧсы зхоу, аҧсуацәа зхоу иарбанызаалак аҧсышәала ицәажәалароуп. Амилаҭ зыҟалоум абызшәа аныҟам. Ҳазхәыцып… Инарҵауланы ҳазхәыцып. Аҧсабара ашьҭыбжьқәа зегьы ахьаарҧшу бызшәоуп аҧсшәа. Амцабз иарӡрыжәыз, ашьхақәа ргәеисыбжь зхыукаауа ҳбызшәа.

Иахьа аҿар лассы-лассы ҳацәхьаҵуеит ҳбызшәала ҳагәҭахәыцрақәа рҳәара. Ус ахәҭам. Ҳара иаҳтәу ҳабдуцәеи урҭ рабацәеи еиқәырханы, кьыс амамкәа иаҳзааргаз ҳбызшәа ҳмырӡып!

Ҳбызшәа аныҟамла милаҭк аҳасабала ҳзыҟалом ҳхаҭақәа. Ҳцәажәалап ҳхатәы бызшәала. Уи иаанагом егьырҭ абызшәақәа ҵатәым ҳәа. Уи ҳара ҳазлааӡоу, ҳара ҳҷыдара зныҧшуа ҳхаҳмыршҭып ҳәоуп иаанаго.

Аҧсны ҩнаҭацыҧхьаӡа иҩныҩлааит аҧсуаа ҳбызшәа хаала иго ашәаҳәабжь, ҳашьха ӡыхь-ҳбызшәа!!!


Сандра Бениаҧҳа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша ахԥатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me