Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсҭазаара инарҵауланы уазымхәыцкәан аилкаашьа уақәшәом. Иара иаҵаҵәаху амаӡақәа даараӡа ишьахәуп. Иҟоуп аамҭақәагьы ианузеилымкаауа, аха ушықәс шаҟа иацло аҟара, урҭ амаӡақәа реилкаара мариахоит.

Саныхәыҷӡаз аҧсҭазаара аҵакы мариоу џьысшьон, аха иахьа уи саназхәыцуа сҧышәарччо иаасгәаласыршәоит.

Сара сыстатиа «Уарада» захьӡуи ҳәа азҵаара сышәҭозар, аҭак ҟасҵоит абас: «Аҧсуа идоуҳа хара изгауа, сашәақәа руалҧшьа уарада». Архнышьна еиҧш еиҿарҧоу аҧсуа идоуҳа, хәҭа рацәала ишьақәгылоу, аҧсуа игәырҕьареи, игәаҟреи аазырҧшуа ауп «уарада».

Схәыҷра ашықәсқәа инадыркны ашәаҳәара агәбылра сиркит саб. Уи ажәа иаҵанакуа шырацәоу атәы сзеиҭеиҳәахьеит акырынтә. Схәыцрақәа анырацәахо, ажәала иансылымшо аҳәара, саб снаидтәаланы ицысҳәоит ашәа. Сгәалаҟазаара анҽеим, сыҩныҵҟатәи аҧсҭазаара анеилашуа, сгәы иҭаҵәаху амаӡа анысзымҳәо сҽазыскуеит ажәеинраала аҩра.

Гьаргь Чачба дуӡӡа иҩуан абас:

«Уа зны-зынла иаасырҕызлап,

 Сабацәа рашәа Уарада»

Арҭ ажәақәа иргәылаҵәаху ахьаа рацәаӡоуп.

Иахьатәи аамҭазы, ажәлар рашәақәа зҳәо аҿар даара имаҷуп. Урҭ рхыҧхьаӡара иаҳа ирацәазар ақәнагоуп, аха…

Уарада иаҵанакуа, иамоу амч аарҧшра, сара жәаа шықәса зхыҵуа, абжа еиҭабжа сызҳәарым. Аха уи иахылҵуа ацәанырра сыҧсҭазааратә хәыцрақәа ирцәыхарам.


Илана Ҧачлиаҧҳа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҩбатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me