Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҿар рымҩа ҭбаауп

Ашәышықәсақәа раҧхьатәи ауаҩы иҧсҭазаара ахаҿра ублаҿ иааугарц уҭахызар, иузцәырҵуеит азҵаарақәа жәпакы. Анкьа ауаҩы иҧсҭазаашьа иаҳа ицәгьазма? Иуадаҩызма?

Уи азҵаара аҭак аҟаҵаразы урызхьаҧшыр ауеит еиуеиҧшым аамҭақәа зныҧшуа аҩымҭақәагьы. Усҟантәи аамҭақәа иахьатәи излеиҧшмыз даараӡа ирацәан. Аха ирҳәалоит, ауаҩы дуаҩны дҟазҵаз аџьа ауп ҳәа. Ҽышәала егьа аџьабаа ибаргьы, иара еснагь иҽазикуан иҧсҭазаара арманшәалара, аиҕьтәра. Азқьышықәсақәа раҧхьа ахаҳә иалхыз амыругақәа зыбзазараҿы зхы иазырхәоз ауаҩы, иахьа технологиала иҧсҭазаара еиқәыршәоуп. Шаҟа алнаршахьоузеи ауаҩы ихшыҩ, иара адунеи данықәлаз инаркны иахьа уажәраанӡа? Есааира иара иус арманшәалара азы иаҧиҵон аҭагылазаашьа ҿыцқәа.

Хаҭала аҧсуа ҳәынҭқаррагьы шьақәгылеижьҭеи акрааҵуеит. Ҳаҧсадгьыл аҭоурых акырӡа иҵаулоуп, иахнагахьоу амыҟәма-барақәагьы рацәоуп. Иара аҧшӡара ихнаххьан итҟәаны изгарц зҭахыз аӡәырҩы, аха урҭ рыгәҭакы нагӡара ақәмызт, избанзар ҳтәыла еснагь иагәылиаауан афырхацәа. Урҭ рыбзоурала Аҧсны иахьа ишә­ҭуеит, иара ашәа азырҳәоит изызҳауа аҿар.

XXI ашәышықәса ҳҭагылоуп. Аамҭа цқьа агьама ҳбахьеит. Ауаҩы иҧсҭазаара иахьа акырӡа иманшәалоуп, еиқәыршәоуп ҳаамҭа иақәшәо атехнологиа ҿыцқәа рыла. Урҭ зегьы ауаҩы инапы иҵыҵит. Адунеиаҿ атехнологиақәа хырҳага дуны иҟаларц азы есааира аҿыцрақәа алаигалоит ауаҩы. Убри аҟнытә иара аамҭа акырӡа деиҷаҳауеит, минуҭкгьы ирӡӡом, аартрақәа ҟаиҵоит. Иаҳҳәап иахьа иҳамоуп еиуеиҧшым афункциақәа назыгӡо акомпиутерқәа, аҭелқәа уҳәа. Аинтернет абзоурала ҳдыррақәа рҳәаақәа ҳарҭбаауеит, иаҳҭахәу аинформациа ирласӡаны иҳаҧшаауеит. Иара убас аҵараиурҭақәа рҿы ҳнапахьы иааҳгар алшоит еиуеиҧшым азанааҭқәа, уи алагьы ҳзанааҭдырыҩцәаны ҳҟалоит.

Иахәҭоуп иахьатәи аамҭазы аҿар ииашоу амҩа иқәныҟәарц. Ганрацәала еиуеиҧшым аҷыдарақәа змоу аҧсҭазаара ҭырҵааларц. Ҳанылап зегьы ҳеицҿакны амҩа иаша, аҧышәа ҳазҭо, аҳаракырахь ҳхазгало амҩа лаша!


Дауҭ Ашәба,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҩбатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me