Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсҭазаара аганқәа

Шаҟа ицәгьоузеи аҧсҭазаара аҵакы аилкаара. Агәырҩа, агәырҕьара, узықәшәо уанақәшәо уздыруам. Улахь иану ақәра рацәа анҵыра акәу, ақәрахьымӡара акәу адырра алшара умаӡам.

Шаҟантә ахәышәтәырҭа иҭоу абырг иблақәа ҭраа, ақәыҧш дихәаҧшуа, иҿара дазхьхьоузеи? Ус иҟоуп ашықәсқәа рымч, ҳҧызшәо ари аҧсҭазаара, ауаҩҧсы иҿҳәара иаџьал ирызку ахәыцрақәа. Иҵабыргны ҳақәрахь ҳнаскьацыҧхьаӡа аӡә «адгьыл афҩы» икуа далагоит, даҽаӡәы ажәҩан хәыцырҭас иоуеит.

Аҧсҭазаара, шаҟа лассы ииасуазеи? Уи заҟа иҵаулоу аҟара, убриаҟара маӡагьы аҵоуп. Аҧсҭазаара қәҧароуп. Еиқәҧоит иааихмырсыҕьӡакәа аҧсреи-абзареи, ахьӡи-ахьмӡҕи, ацәгьеи-абзиеи, амци-аҵабырги.

Аамҭа шаҟа игызмалузеи? Иулахәмарны, иухыччаны, зны ҧшьаала, ҽазных ар ашьҭоушәа амҩа иануп. Уахьҵәыуо ушашьҭоугьы, аҽумпыҵжәаан иухымхәцкәан иҧро­ит. Ашьҭаҵәыуара акагьы шунамҭо дырны, ублақәа ныхҩаны, улахь ааиқәҵаны иаалаурҟәуеит ухы.

Ииашан, аамҭа зегь еилнаргоит: иаҧсоу, иаҧсам, анарха змоу, измам. Ҳара ҳхаҭагьы аамҭалоуп ҳшыҟоу. Ааи, уи аҵгәара цәгьоуп, аха иудукылароуп.

Оумаӡа ачҳауеит ауаҩы игәы. Ихьҭакит, ихаҳәхеит, аха аисра иаҿуп. Нҵәашьа рымам агәҭахәыцрақәа. Аки-аки неишьҭаланы рҿаархоит. Зны-зынла убасҟак иласуеит, хәыцрак иаҕрагыланы, икәаҳаны иара атәы цәырнагоит, ҵаҟа инхазгьы цәқәырҧаҵас аҽышьҭыхны, егьи аҽагәылаҳәан ҩада ианхалалак, рыҩбагьы аҭыҧ рибамҭо еимаркуанаҵы, иаацәырҵоит ахҧатәи ахәыцра.

Ахәыцрақәа, ауаҩы дызфо ихәыцрақәа. Заҟа хырхарҭа рымоузеи дара? Ицәгьа-ибзиа, урҭ ҳхы инаркны ҳшьапаҟынӡа ҳаимырдоит, ҳгәы аисра иахьынӡаҿу ҵыхәаҧҵәарада иҳацзаауеит.

Угәы егьа иҧшқазаргьы, иалаугӡо рацәахоит, агәырҩа ҕәҕәа, агәырҩа бааҧсы, изҵабыргыҵәҟьоу анеилукаалакгьы, иудумкылар ада ҧсыхәа шумам анудырлак.

Ауаҩы дзышьцымло акагьы ыҟам, ахьаагьы ихьухьуа ианицралалакгьы иара ицизшәа, ицәеижь иахәҭакушәа, ус иахәҭоушәа, аҧсҭазаара азакәанқәа ируакушәа ииҧхьаӡоит.

Алабжыш аҭра ҵыхәаҧҵәарадоу џьаҳшьоит. Агәырҩазы ауаҩы дыҧсӡом, аха дарчмазҩыр алшоит, иузымхәшәтәуа чымазарала.

Аҧсҭазаара укыднаҟьоит. Анахь-арахь уаргежьуеит, лада-ҩада унанагоит, аҧсҭазаара уаршанхоит.

Абзиабарагь аҧсҭазаара иаҧсыкуп. Иара амч ду амоуп, зны иансыҧуп угәы иҭымҵо, аҧсҭазаара угәазырҧхо амч лашоуп, даҽазных гәырҩаны, хьааны угәаҿы ашьҭа ҭҕәыхаа иананнаҵо маҷым.


Сандра Бениа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша ахԥатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me