Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Илашаз, Аҧсуа умӡырха

Аҧсны ахы-аҵыхәа еимаздо амҩадула Урыстәылаҟа ухы рханы Гәдоуҭа уналсны ушҩеиуа, улаҧш надымхалар ауам иҭбааҭыцәӡа асас изы иаарту гәашә дуӡӡак.

Уахьынтә иаатуа асахьаҿ, ашьхақәа ирҩыҵраку аҧсабара ҧшӡа иагәыларшәуп быцашшыла ихкаау, иблахкыгоу аҧсуа нхамҩа дук. Ари аҧсуа милаҭтә гәарҧ «Аҧсны» ауп.

Аҧсуа иашҭа!.. Ухәы ықәҵаны иуфартә ицқьоу аҧсуа имӡырха! Иҭырҷҷа ихыбу амҿтәы гәашәқәа аартны, анаӡара игылоу ханк иаҩсуа ахьатә кәасқьа ахь уахьнеиуа, хымҧада, иуныруеит ҳабдуцәа рдунеи адоуҳа! Шаҟа цәанырра цқьақәоузеи уеимыздауа акәасқьа амардуан уаҿаланы уанҩеиуа! Шаҟа маӡа узаатуазеи зышәхамс унхыҵуа асасааирҭаҿы!

Али-ҧси рыбжьара улаҧш назхьысуа зегьы унаргоит аҧсуа ижәытә культура аамҭахь. Абраҟа зегьы цәажәоит аҧсышәала.

Асасааирҭа агәҭаны игылоуп аҧсуа ичеиџьыка ҭбаа иадыргоу, напыла иқәҵаны иҟоу ақәыршә змоу аишәа аҟәардәқәа адыргыланы. Ауарҳалқәа, аҧардақәа ашьамхқәыршәқәа напыла иқәҵоуп иҧшӡоуп. Ауаџьаҟ, ахьа иалху адулаҧ ҧшӡа, улаҧш зыдхало ауарҳали уи иақәкнаҳау аҧсуа шәақьқәа, аҧхьарца, аҧсуа ицәамаҭәа хкқәа… Шаҟа иҧшӡоузеи, шаҟа игәакьоузеи!

Егьырҭ ауадақәа рҿгьы иуҧыло аҧсуа гарақәа, аҧшәма ҧҳәыс дызлаӡахуа, дызлақәҵо, лхы иалырхәо амыруга хкқәа… шаҟа гәыблра узцәырҵуазеи! Еилызкаауа изы абраҟа аҧсы рхоуп зегьы. Зегьы злыху ицқьоу ҧсабаратә маҭәарқәоуп. Ухаҿы имааир ауам зҵаарак, ҳазнымхои уажәы абас ҳәа. Абаар иахьыҟоу ҳабдуцәа злааӡаз, изеиҷаҳауаз, еиқәырханы иааргоз аҧсабара амчқәа зегьы!

Акәасқьа аганаҿ игылоуп зегьы реиҳа ихадоу, архнышьна ахьыкнаҳау аҧсуа ихәышҭаарамца жжаӡа иахьеиқәу аҧацха. Иарбан хку абараҟа иуҧымло! Ауаҩытәҩса анхараз ииҭаху зегьы абраҟа иҟоуп. Уажәааны афымца аныцәалак аҩнҧҳәыс лусқәа зегьы аангылозар, усҟан-ажәытәан лара илымаз амыругақәа зегьы аус руан ауаҩы инапала: аҳаҟьа, аласкәыгә, адарды, акәасҭҕала ишуаз ауанҭа уҳәа иҵегь ирацәаны.

Иҟоуп абраҟа аҧсуа хаҵа еснагь зыда ҧсыхәа имамыз аҧсуа ҳәызбақәа рцәыргақәҵа. Аҧсуа ихшыҩ, иҟәышра шаҳаҭра азыруеит урҭ хкы рацәала иҟоу иагьыбџьарыз, иагьырҧшӡагаз амаҭәарқәа.

Аҧсуа хаҵа! Алым агәы зызҭоу ашьабсҭа ашьамхы зҵоу, еилҟьоу, аҧсабара иахәҭакны, зтәыла алахьынҵа еиқәырханы иаҳзаазгаз, уҟәышра наӡаӡазтәуа аршаҳаҭгақәа еиқәырхоуп абра!

Аҧацха анаҩс игылоуп ҿыц еиднагало рзы амҳарақәацә. Насҭха быцла ишшу аца ҧшӡа, акәтыҵра. Ашҭаҟынтә хаҳәла инагоу амҩахәасҭа хоуп аҧсуаа ҳҭоурых зныҧшуа, хкырацәала анапҟазарақәа шҳамаз азы шаҳаҭра зуа ажьира, анышәаҧшьлыхқәа ахьыҟарҵо, ахыци ахәмпали рыла иахьхысуа, аҽқәа рыла иахьынаиааиуа аҭыҧқәа. Ааскьа иргылан абраҟа ахаҳәтә дамра (Уаҭҳаратәи адамра иаҿырҧшны). Иара убас, ара иргылоуп Лыхнытәи ауахәама аиҿкаашьала, еиҳа ҳаамҭа ацәа зыҟәну ауахәама.

Ауаҩы аҧсабара дшахәҭаку шаҳаҭра ауеит аҭоурых. Уи аҧҟарақәа урхыҧаны цашьа умам. Иахьа хшыҩла уҕәҕәазаргьы аҧсабара амчқәа узыриааиуам. Али-ҧси рыбжьара иҟалоит шәышықәсала ауаҩы иргылоз, еидикылоз зегьы ицәыӡыр аҧсабара амчқәа ианыргәамҧха. Ааигәатәи ақәыршҩы иахҟьаны шаҟа ҧхасҭа ҳақалақьқәа ироузгьы иаҳнарбоит уи ус шакәу. Шаҟа аҧсабара дазааигәаз аҧсуа, шаҟа икәша-мыкәша иҟаз агеи ашьхеи рҳәоу инақәыршәаны дынхоз, шаҟа дреиҷаҳауаз аҟара иаргьы дбарақьаҭха дынхон.

Ҳазыӡырҩып аҧсабара!

Еиқәырха, аҧсуа, умӡырха,

Ухәшҭаара жжаӡа ирҧха!

Удгьыл иухьчоз хацәнымырха,

Духыччо дықәумҵан аҕа!


Лана Коф-оглы,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҩбатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me