Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зымра шәахәа сыцу

Шьыжьла амрахәага лашаӡа сҧенџьыр ианадыҷҷало, аҵарақәа рыбжьы хааӡа сгәы андыршәаҳәо, сықәыҧшуеит аҧшӡареи ахаареи згым адунеи.

Ашҭа хызҟьо ашьац аӡаӡа аҿықәыҳәҳә, амш ҿыц аҧыларазы аҽархиоит, бҕьы иаҵәала иҭалаҳау аҧсабара анхацәа ргәышьҭыхра аҽазнакуеит. Хараӡаны аҧсҭҳәақәагьы сқыҭа иахысуеит, инагӡаны амра шәахәақәа аҩнаҭақәа зегьы дырлашарц, урҭ аҧсҭҳәақәа амра рҵәахуам. Анаара игоит арбаҕьқәа рҿыҭбжьы «Иахьа шәнапы злашәкуа шәус маншәалаз» рҳәошәа. Сымӡырхаҿы сынтәатәи ааҧынразы, икараха атәылаҧхаррақәа рҟынтәи иааз ажәҵарақәа рыҭра рҳаит, рыбжьы хаа азыӡырҩра бзиа ишызбо рдыруазшәа. Иццакы-ццакуа иҧырны рҧацәа рхәы анырзаарго аимгеимцарақәа еснагь срыхәаҧшландаз аасгәахәуеит. Сыҩны ашьҭахь иҵхәраа ицо, акыршықәса раҧхьа зхы ыҵызхыз, еихсыҕьра зқәым аӡыхь «Шәҿыха, са сеиҧш шәымҩа шәнаныл» аҳәошәа иццакуеит. Амхқәа иаҵәаӡа, анхаҩы ица анҭдырҭәаауа иазыҧшуп.

Ишҧассиру аҧхын сара сқыҭаҿы, егьырҭ ашықәс аамҭақәагьы убасҵәҟьа ишьахәуп. Иџьашьахәуп бырлашҵас Аҧсынтәыла иагәылаку Џьгьарда. Шәҟәык аҩра напы асыркуазар раҧхьатәи ацәаҳәа ззыскуа, раҧхьатәи сшьаҿа ахьеихызгаз сқыҭа гәакьа. Араҟоуп раҧхьатәи ажәа ахьысҳәаз, сашҭа иҭагылоу ашымҳаҵла ашьапа­ҿоуп иахьызҩыз раҧхьатәи сажәеинраала. Сқыҭаҿоуп сымч-сылша ахьеизсырҳауа, адоуҳамч ахьсоуа. Џьгьарда ашьа-ада ирҭысуа аӡыхь ауп раҧхьаӡа сызҿыхәаз, араҟоуп амра аҭашәамҭа сгәы азыбылуа сахьахәаҧшуа. Шәыҧсҭазаарак сызҭо, аҳаракырахь схазгало сқыҭа гәакьа. Асааҭ ахыцқәа ццакыцыҧхьаӡа сқыҭа аҭоурыхгьы ҧхьаҟа ицоит.

«Амаалықьцәа ирҭыҧу,

         аҧааим­барцәа иртәарҭоу,

Сыҧсадгьыл ду Џьгьарда,

                   иҭа­бо сӡыхтарҭа».

 Арҭ ацәаҳәақәа зкалам иҵыҵыз, ажәлар гәыблыла ирылазырҵәаз Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы, акыр шықәса аҧсуа сахьаркыратә литература амаҵ азызухьаз, Џьгьарда ақыҭа иалҵыз Витали Џьота-иҧа Амаршьан иоуп. Ауаҩы иҧсҭазаараҿы, дызлыҵыз иқыҭа акыр иҳараку аҭыҧ ааннакылон. Дарбанызаалак иҧсы изалхуам дахьиз, дахьааӡаз ахәышҭаара. Араҟоуп Витали Амаршьан цәқәырҧашәк дыргәылсны амшын ду ахь ишьаҿа ахьеихигаз. Ари ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа жәпакы азкуп гәыблыла дыззышәаҳәоз, ажәала зсахьа ҭихуаз иқыҭа.

Ашьхақәа рдоуҳамч иахьчо, иблахкыгоу Аҧсынтәыла акәакьқәа ируаку, зҭоурых ашәышықәсақәа иргәылаку Џьгьарда иахуҳәааша рацәоуп.

Џьгьарда – ижәытәӡатәиу, Очамчыра араион ақыҭақәа ируакуп. Ишьҭоуп ашьхақәа Ерцахә, Ламкьац, Бақьҟан ршьапаҿы. Џьгьарда ахьӡ ашьашәалоуп 1654 шықәсазы ахсаала аҿы иарбаз анхарҭаҭыҧ «Giorirde». XIX ашәышықәса алагамҭаз ишьақәгылоит ахьӡ Дчгерда ҳәа, ашьҭахь Жигерда анаҩс Джгерда. Џьгьарда еиҩнашоит ҩ-хәҭакны ашьха ӡиас Дҕамшь. Аҩада Џьгьарда ҳәааны иаҧнуп Кәыдрытәи ашьхеибаркыра; мраҭашәара – ҩада Гәылрыҧшьтәи араион; мрагыларахь иавоуп ақыҭа Ҕәада; алада–Кәтол; мраҭашәарахь иаҧнуп ақыҭа Аҭара. Ашьхақәеи ақыҭа Џьгьардеи рыбжьара ибжьанакит ахырҕәҕәарҭақәа рцәаҳәа. Уи абаарыҧхра ҳәа иашьҭоуп. Археологцәа ишьақәдырҕәҕәоит, ари абаарыҧхра, Кьалашәыртәи аҭӡы захьӡу ахырҕәҕәарҭатә комплекс ишахәҭакыз.

Ақыҭанхацәа рыҩныҵҟа иҟоуп еиуеиҧшым агәаанагарақәа атопоним Џьгьарда ахьынтәиаауа иазкны. Абыргцәа рҳәамҭақәа рыла Џьгьарда ахьӡ шьақәгылеит, ажәеидҳәала «жьгарҭа» – ажь гарҭа аҭыҧ аҟнытә. Аҩбатәи агәаанагара излаҳәо ала аџьҵла амаҭәахәқәа ралхра азы Џьгьарда илырхуан аџьгьы. Убри инамаданы ишьақәгылазар ауеит, ажәа «аџьгарҭа» аҟнытә. Иахьатәи аамҭазы ҧыжәара ауеит ажьгарҭа иадҳәалоу авариант. Џьгьарда ақыҭа шоуп ҳабалала: Гәырчхь, Џьгьарда агәы, Аблаҩа, Ахәҵа, Бақьҟан, Чагьам, Ашәбаарха.

Ақыҭаҿы инханы иҟоуп ақьырсиантә ныхабаақәа хҧа рхыжәжәарақәа: Қьач-ныха аныхабаа, Ҧскал аныхабаа, Гәырчхь. Ҧскал ргылан ҳәа иҧхьаӡоуп абжьарашәышықәсазы, Қьач-ныха акәзар Аҧсны аҳра анышьақәгылаз ашықәсқәа рзы.

Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, егьырҭ абжьыуаа қыҭақәа раҵкьыс Џьгьарда еиҳа ааха аиуит ҳәа азгәарҭоит аҵарауаа.

Даныхәыҷыз инаркны абызшәақәа рыҭҵаара агәбылра змаз, аҵарауаҩ, алингвист Николаи Марр 1912 шықәсазы Аҧсныҟа данаа, даҭааит Џьгьарда ақыҭа. Ара дыҟанаҵ иара диҭан Хабыџь Ашәба, аҧсуа бызшәа дахьабадырызгьы аброуп.

Иара убас, иазгәаҭатәуп, аҧсуа литератруа ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа раҧхьаӡатәи аҧсуа шәҟәы аныҭижь Џьгьардаҟа дааҧхьаны аишәа – чара шизыҟарҵаз.

«Апоетҵәҟьа уи ахәышҭаарамца иҽҳәоу акәиц аашьҭҧааны, зегьы еилыркааратәы иҩуа иоуп» – ҳәа азгәеиҭон «Сандро из Чегема» аҧызҵаз, адунеи зыхьӡ еицадыруа Фазиль Абдула – иҧа Искандер. Иара дахьааӡаз Чагьам аҳабла Џьгьарда иахәҭакуп. Ашәҟәыҩҩы дзааӡаз иқыҭа ирҿиара ианымыҧшыр ауамызт. Игәбылра еснагь иқыҭа гәакьа иад­ҳәалан.

Џьгьарда ақыҭоуп дызлыҵыз Аҧсны аҩбатәи ахада, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара зыхьӡ адҳәалоу, аполитикатә ҧыза ду Сергеи Уасил – иҧа Багаҧшь. Сқыҭа иалиааит иара убас ашәҟәыҩҩцәа Сандроуи Шьалуеи Сангәлиаа. Аҧсуа радио раҧхьаӡа зыбжьы ҭыҩыз иоуп Сандро Сангәлиа. Ажурналист, апублицист Гьаргь Жанаагьы дыџьгьардатәын.

Аӡәырҩы аҵеицәа лашақәа ааӡахьеит сқыҭа. Ҳтәыла ахьӡ ҧхьаҟа агаразы урҭ рқыҭа гәакьа ирнаҭаз маҷӡам. Иара иахьагьы аҵеицәа лашақәа рааӡара иаҿуп. Уи зыбзоуроу аџьџьаҳәа ицәажәо ҳқыҭа агәҭаны игылоу М.Г. Амҷба ихьӡ зху, Џьгьардатәи абжьаратә школ ауп. Шьапымшла иҩнало аҵаҩцәа аҵарадырра ауасхыр шьҭкааны шьапымшла идәылҵуеит. Ашкол 129 шықәса ахыҵуеит. 1894 шықәазы Џьгьарда иаартын класск змаз ауахәаматә школ. Асовет Еидгыла анышьақәгыла ашьҭахь ҧшь-класск змаз ашкол ахь ииаган, аамҭак азы ара аус иуан Дырмит Гәлиа иашьа Иван Гәлиа, аҵара иҵон Баграт Шьынқәба. Ароуп иахьеибадырыз Қьаазым Агәмааи иареи. Зуси зажәеи еиқәшәо арҵаҩцәеи ашкол ахадареи иры­бзоураны сышкол гәакьа аихьӡарақәа иамоу маҷым.

Аҧсны ашәарҭара ианҭагыла, 1992-1993 шықәсқәа раан ҳтәыла аиқәырхаразы хацәнамырха игылеит џьгьардаа рҵеицәагьы. Ҳтәыла ҳбираҟ ахалашарц аӡәырҩгьы рхы ақәырҵеит. Џьгьарда ақыҭантәи хәҩык Аҧсны афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп: Аркади Чачхалиа, Мушьни Ашәба, Ҭемыр Аӡынба (иҭахаз), Гашик Аӡынба, Шамиль Аӡынба (зыҧсы ҭоу). Аибашьра анцоз, ахәцәа ааргон Џьгьарда иҟаз ахәышәтәырҭахь. Уи шәҩыла ргәыҕрақәа зыдҳәалаз, аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылоз аҧсҭазаара ахьеиқәхоз ҩын хәыҷын.

Сқыҭа аҧеиҧш лаша амоуп. Ушәҭыкакаҷла сгәаҵаҿ аҧсҭазаара абзиабара кәицҵас еибазыркуа, зыхьӡ аҭгара еснагь сҽазыскуа, зҭоурых акырӡа иҵаулоу, ҧхьаҟа амҩа лаша ззаарту сқыҭа лаша! 

Амра шәахәақәа рыҧхарра ҳадгьыл иқәыҧхонаҵы, ашарҧы лаша ҳдунеи арҿыхонаҵы, иҟазааит ҳаҧсуа қыҭақәа, еиқәызааит Аҧсуа ихәышҭаарамца!


Мадина Амҷҧҳа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҩбатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me