Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зҭоурых беиоу ахан

Ԥсабарала акырӡа ибеиоу, убла хызкша аҭыҧқәа рыла иҩычоу тәылоуп Аҧсынтәыла. Ашьхеи амшыни мрашәахәаны иргәылаку, Анцәа мышкызны аҧсуа ииҭаз ҳамҭоуп.

Ҳтәыла ҧсабара мацарала акәым ишьахуп уи иагәылагылоу ахан ҧшӡақәа рылагьы. Урҭ зегьы ирымоуп здацқәа ажәытәра иаларсу аҭоурых. Убас иҟоу ируакуп, иааџьаушьаша идуу Гәылрыҧшь игылоу, ҭоурыхтә баҟак аҳасабала ҳазхәыҧшуа аҳ Смецкои ихан.

Иара ргылан 1913 шықәсазы, архитектор Иван Кузнецов иаҧиҵаз апроект ала.

Аҳ Смецкои ихан иахҳәааны иҟоуп алегенда. Уи излаҳәо ала аҳ Смецкои иҧҳәыс даара пату лықәиҵон, рҳәатәы еиқәшәаны еицынхон. Аха лара гәабзиарала дуашәшәыран, аимҳәа чымазара лыман. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы ари ачымазара хәышәтәышьа амоуп ҳәа иҧхьаӡамызт. Аха аҳ иҭахымызт иҧҳәыс ллахьынҵа идикыларц, лчымазара даиааирц илша деигӡомызт. Аҳақьымцәа рабжьгарақәа рҟны ус иарҳәеит «Шәыҧҳәыс лгәабзиара шьақәгыларц шәҭахызар, лара ессуаха аҳауа ахьыцқьоу ауада ҿыц аҿы дышьҭалалартә аҭагылазаашьа лзаҧышәҵа» – ҳәа. Аҳ аҳақьым иажәақәа дрызхәыцны иеиҳәаз наигӡеит. Иргылеит ахан 365 уада аҭаны. Акәша-мыкәша алашара ахьынӡанаӡо ашәҭқәеи аҵлақәеи еиҭеиҳаит, иҧҳәыс аҧенџьыр аҟынтәи абаҳча ссир лбаларц.

Есҽны ҳауацқьала згәабзиара шьақәзыргылоз аҳ Смецкои иҧҳәыс ари ахан иабзоураны аҧсра даиааит, лгәы бзиахеит. Ирҳәоит лара 90 шықәса нылҵит ҳәа.

Ҧыҭраамҭак анбжьыс ари ахан санаториак аҳасабала иҟалеит. Усҟантәи аамҭазы иара Аҧсны зегьы иреиҳаз ргылараны иҧхьаӡан. Уа зҽызхәышәтәуаз бзиа ирбоз ашәҟәқәа алхны рыҧхьара аҭагылазаашьа рыман, насгьы ирзаҧҵан акрыфарҭаҭыҧ. Ахан иаман алифт, аҭел иара убас аҧошьҭа. Иакәыршаны иҟаз апарк аҿы еиҭаҳан Американтәи иаагаз акакосқәа, аевкалипт, алакациа, акактусқәа, ацикадақәа уҳәа убас иҵегьы. Уи апарк иаарласны Европа еицырдыруа иҟалеит.

Николаи Николаи-иҧа Смецкои Аҧсны аекономика аҿиаразы инарылукааша еиҿкааҩын, Кавказ Амшын Еиқәа аҿықәаҿы ахәаахәҭырҭақәа аҧиҵон. Аҵараиурҭақәа реиҭашьақәыргылараҿы афинанстә цхыраара ҟаиҵон.

1921 шықәсазы Аҟәа Асовет мчра анышьақәгыла ихан милаҭыртәит. Смецкои ацхыраара ду изҭоз дыруаӡәкын иҩыза бзиа, ашәҟәыҩҩы Максим Горки. Смецкои шьҭа аусура инапы алакымызт, 1925 шықәсазы мызкахьы знык 50 мааҭ иоуан, уигьы Максим Горки ибзоурала.

Николаи Смецкои иҧсҭазаара далҵит 1931 шықәсазы. Лыҧшәма ивагыларада данаанха амамзаара дақәшәеит. Лхы зланыҟәалгоз ҟәрышьк лырҳарц азы амшын аҧшаҳәа дықәлан ачаӡқәа лҭиуан. Лара иагьа ауадаҩра дақәшәазаргьы лаҳкәажәра лныҧшуан лыҧсы ҭанаҵы. Лыдунеи лыҧсахит 1940 шықәсазы.

Иахьазы асанаториа аҟынтәи иаанхаз ибжеилаҳахьоу аҭӡамцқәа роуп. Акыршықәса раҧхьа иблахкыгаха иааӡаз абаҳча уажәазы аҳәыра ахыланы иҟоуп. Аамҭа дук мҵыкәа аҳҭынра иамоу артифактқәа ыӡар алшоит, уи угәы унамырхьыр ауам.

Ҩыџьа ргәыбылра, рыбзиабара иабзоураны иргылаз ахан ҳаамҭазгьы хыҧхьаӡара рацәала ауаа аднаҧхьалоит. Дара аҭаауеит лабҿаба ирбарц ҳәамҭала ибеиоу, еилабгахьоу, аха иҧшьоу аҧсҭазаара аҵакы уаззырхәыцуа, абзиабара зкәыршоу аҭыҧ.


Аида Габуниа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҩбатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me