Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Даҽа милаҭк уалазмырҩашьо

«Шьоук Аҧсуара ныҟәыргоит, шьоук Аҧсуара иныҟәнагоит…»

Аҧсуара иаҵанакуеит: аҟазшьа ҷыда, аламыс, аамсҭашәара, агәреибагара, ауаҩы ибзиабара, асасдкылара, аиҳабацәа пату рықәҵара, рхаҵгылара, ахӡырымгара, ачҳара уҳәа убас иҵегьы.

 «Аҧсуара» – ауаҩра ауп иаанаго. Аҧсуа, дызусҭазаалак аҳаҭыр иқәиҵоит, иара ихы ишақәиҵо еиҧш. Уи аҧсуа аетикет ашҟа иаҵанакуеит.

Аҧсуаа, егьырҭ ажәларқәа реиҧш ирымоуп аҵас ахаҵгылара. Иаҳҳәап: хыбрак аҟны ауаҩы даныҩналалак, уаҟа итәоу зегьы ихаҵгылоит. Изхаҵгылаз, рхы ауадаҩра иаларымҵарц азы дрыҳәоит, анаҩс иара аиҳабацәа тәаанӡа дгылазаауеит. Иара убасгьы, ҩыџьа ауааҧсыра раҧсшәа еибыҳәаралоуп ишалаго аҧсуа ихаҭара.

Аҧсуаа рҿы аҧсшәа еибыҳәа­шьа хкы рацәала иҟоуп, аҭагы­лазаашьа зеиҧшроу еиҧш. Аус зуа «Бзиа ууит» – ҳәа иарҳәоит, ажь зҭаауа «Бзиала улбааит», ашәарыцара ицо «Ажәеиԥшьаа илыԥха Анцәа иуиҭааит» уҳәа убас иҵегьы.

Аиҿцәажәараан ахшыҩрҵаратә ажәақәа рхы иадырхәом. Аӡәы данцәажәо, даҽаӡәы акы иҳәар аниҭаху «Уажәа хьыла иҧысҟоит» ҳәаны ауп иажәа ишациҵо. Избанзар «ажәа» жәытәнатә аахыс акрызҵазкуа акы акәны иҟоуп. Ишырҳәо еиҧш, ажәала ауаҩы ихәрақәа урҕьоит, даҽа ганкахьала, дҭаурхоит.

Аҧсуара ашҟа иаҵанакуеит иара убасгьы агәылацәа реизыҟазаашьа. Ажәа «агәыла» ахаҭа «агәы» аҟынтәи ауп ишаауа. Ишырҳәо еиҧш «Агәыла думамзар, гәылас аӡәы уизыҟала».

Уи адагьы, акрызҵазкуа акы акәны иҟоуп асасдкыларагьы. Раҧхьаӡа аҧсшәа зҳәо асас иоуп «Мшыбзиақәа» анаҩс аҧшәма «Бзиара убааит! Бзиала уаабеит!» – ҳәа наиаҳәаны аҩныҟа дааиҧхьоит. Асас аҧҳәыс аҧсшәа лаҳәараан лхы днагәӡуеит. Асас асасааирҭахь ааҧхьара ирҭоит. Аха раҧхьа иҩналода? Изықәнагада? Ари азҵаара макьана иӡбам. Уаҟа унеи-снеи ҳәа иалагоит, «Унеи уххь згеит» – иҳәоит аҧшәма, «Ус ишҧа? Уара уаҧшәымами» – ҳәа наиаҭикуеит асас. Аха асас ианимуӡо аҧшәма дыҩналоит, анаҩс иара. Асас иахьиқәнаго днаганы ддыртәоит. Лассы-лассы иуҧылалоит аҧшәма агәыла ааҧхьара анииҭо, асас дидтәаларц азы. Уи пату иқәҵара ауп иаҵанакуа. Аҳәсацәа ракәзар ихәы ҟарҵоит. Ишақәнагоу еиҧш, ачеиџьыка ирымоу ала аишәа дырхҩоит, изыршьуеит акәытқәа мамзар аџьма. Аха уи асас иимбартә еиҧш иҟарҵоит, избан акәзар «Ауадаҩра шәхы алашәымҵан» ҳәа мап ацәикуа далагоит азы. Арахә аҧшәмацәа дара рзы шамаха иршьӡом, еиҳарак аӡәы данырзааилак ауп. Насгьы араҟа ихадоу, асас дахьдыртәо аҭыҧ. Аишәа аханы аиҳабацәа тәоит. Уаҟа, иаҳҳәап, аҧшәма иҷкәын, ма имаҭа рааигәара дтәар ҟалаӡом. Уи маҷк днаскьаны дтәар ауп. Аҳәсацәа ракәзар, ахацәа ирыдтәалом, урҭ анаҩс иангылалак, мамзаргьы иахьырымбо џьара итәар рылшоит. Зықәрахь инеихьоу аҧҳәыс амаҵурҭа аҟынтәи данааҩныҵлак, лныҳәаҿа шьҭырхуеит. Анаҩс раҳаҭыр баны ларгьы дрықәныҳәоит. Аҵыхәтәан ианеидыҵуа аламҭалазы аҧшәмацәа асас днаскьаргоит. Агәар данынҭыҵуа аламҭалазы «Абзиараз. Ҧшӡала иааиуа ҳаиқәшәара аҟынӡа» мҳәакәан дцаӡом, аҧшәмагьы «Абзиараз» – ҳәа наиаҳәаны иааидыҵуеит.

Иахьатәи аамҭазы Аҧсуара ҳалацәажәозар, маҷк иацәыхҟьазгьы ыҟоуп. Уи убарҭоуп: ҭеиҭыҧшла, ҟазшьала, цәажәашьала, аиҳаби аиҵби рхымҩаҧгашьала. Аҭеиҭыҧш атәы хаҭала ҿырҧштәыс иаҳгозар, сгәанала, дхәыҷума, дыҧҳәысума, дхаҵоума, дахьнеиуа аҭыҧ иақәнагоу ала деилаҳәазароуп. Ҳәарада, амилаҭтә ныҳәарақәа раан иуҧылоит ҧсуаҵасла аҿар анеилаҳәоу, уи гәазырҳагоуп. Аҧсуа «саҧсуоуп» ҳәа ихы аниҧхьаӡа, ишақәнагоу еиҧш дацныҟәароуп.

Ажәакала, Аҧсуара иаҵанакуа рацәоуп. Аҧсуара – уаҩроуп, ламысуп. Ари атема зымҽхак ҭбаау, ҵыхәаҧҵәарада узлацәажәаша, насгьы уи иаҵанакуа акәамаҵамақәа рацәоуп. Уи аҧсуа иҧсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәа­лоуп. Аҧсуара ныҟәызго ауаҩы, еснагь ауаа ҳаҭыр рықәиҵоит.

Хаҭала, сара сзы Аҧсуара алагоит ажәақәа «Бзиара убааит! Бзиала уаабеит!» ала.


Саида Ҳаразиаҧҳа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҩбатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me