Леонид Лакербаиа: «Иҳақым иҳавагылаз рхаршҭра»

Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» анапхгаҩы, Жәлар Реизара адепутат Леонид Лакербаиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, Нхыҵ Кавкази  Алтаии рахь ацареи  1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны аԥсуаа ирывагыланы еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа рԥылареи ртәы еиҭеиҳәеит.

«Арҭ аныҟәарақәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш 30 шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра ҟалеижьҭеи 15 шықәса аҵреи ирызку аусмҩаԥгатәқәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Арҭ аҭаарақәа ирыдҳәалоу ахарџь ахәҭак аҳәынҭқарра ахахьы иагеит, егьи – аԥаратә малқәа рныхра хырхарҭас иаиуа здыруа еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рҟынтәи», – иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Акциа ҳазҭоу ашықәс, хәажәкырамзазы Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҭаарала ихацыркын. Араҟа 30 инарзынаԥшуа Аԥсны иҭахаз ахатәгәаԥхарауаа рҭаацәа ыҟоуп.

«Ҳара иҭахаз ахатәгәаԥхарауаа зыԥсы ҭоу рҭаацәа ҳарԥылоит, ҳрыҿцәажәоит. Убас, ҳарҭаахьеит 60 ҭаацәара, урҭ иҳамоу адыррақәа рыла, зынӡа рхыԥхьаӡара 79 рҟынӡа инаӡоит. Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа – Адыгеиа, Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Нхыҵ-Уаԥстәыла, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Чечентәи Ареспублика, Ингушеҭиа ҳарҭааит», – иҳәеит Леонид Лакербаиа. – Ҳара Ингушеҭиа, ақалақь Малгобек ҳаныҟаз, иҭахаз ҩыџьа ахатәгәаԥхарауаа ранацәа ҳарҭааит.

«Аибашьраан ҳара ҳҿы еибашьуан 12-ҩык аингушцәа, урҭ рахьынтә ԥшьҩык ҭахеит, ҩыџьа рани раби рыԥсы ҭоуп, урҭ аабеит. Даара сгәаҵанӡа инеит ари аиԥылара. Иааџьаушьаратәы иҟан шаҟа аԥхара аҵаз ареспубликақәа зегьы рҿы иҳауз адкылара. Ингушеҭиагьы убасҵәҟьа акәын ишыҟаз. Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭразы иҭахаз рҭаацәа шәынтә иҭабуп ҳәа раҳәара ацынхәрас, дара ҳара агәцаракра ахьааҳарԥшыз, иахьа-ҳгәалаҳаршәаз, ҳажәлар рҿы рыҷкәынцәа ахьырхамышҭуазы арахь иҭабуп ҳәа ҳарҳәон. Ҳаушьҭра рҭахӡамызт. Ииашоуп, ҳазҭааз аҭаацәа зегьы уажәаԥхьагьы иаҳбахьан, ҳаиҿцәажәахьан, ԥсшьараҳәа арахь ааԥхьара раҳҭахьан. Ари уажәы акәӡам ианыҟала. Абар шьҭа 15 шықәса раахыс Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа ԥсшьараҳәа ҳашҟа иаауеит. Иҟоуп зныкымкәа Аԥсныҟа иаахьоу, аха иҟоуп уажәада имаацгьы. Аҭаацәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа рааразы, иара убас Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы ааԥхьара раҳҭеит. Абжьааԥны дара цәыббрамза 15-20 рзы иаауеит, Аиааира амш азгәаҭара ашьҭахь ицоит», – иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Афонд «Иаҳгәалашәоит» ахаҭарнакцәа зҭааз аҭаацәа зегьы афатә-ажәтә рызнаргеит.

«Азныказы ари аидеиа сыдсымкылаӡеит. Аԥара зҭоу аконверт рыҭазар еиҳа еиӷьуп ҳәа сгәы иаанагон. Аха нас, урҭ ари аҳамҭа шрыдыркылоз анызба, еилыскааит ҳара иҟаҳҵаз зегьы шиашаз. Урҭ ари «аԥсаҭа» ҳәа иашьҭоуп. Афатә-ажәтә реизга иалоуп– ачашыла, ахәша, азеҭ, ахырӷқәа, ахаа-мыхаақәа, иџьбарам арыжәтәқәа уҳәа убас иҵегьы. Агәра ҳгеит ас еиҳа ишеиӷьу, баша аԥара рыҭара аасҭа. Арҭ реиқәыршәараан маҷк аџьабаа ҳбар акәхеит. Аха уи иара иаԥсан». Аха уеизгьы, Леонид Лакербаиа иажәақәа рыла, зегьы ирыцкын зықәрахь инеихьоу ауаа рыҿцәажәара, ажәа ҟәанда раҳәара, азеиӷьашьарақәа рзыҟаҵара. Ингушеҭиа инхо иҭахаз ахатәгәаԥхарауаа рҭаацәа рҭаарала ихыркәшахеит Нхыҵ Кавказҟа аныҟәара.

«Уажәы ҳара даҽа хықәкык ҳамоуп. Уи – Смоленск инаркны Братски Томски рҟынӡа Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы инхо 13 ахатәгәаԥхарауаа рҭаацәа рҭаара ауп. Нхыҵ-Кавказтәи ахатәгәаԥхарауаа лассы-лассы иаҳгәалаҳаршәоит, ус иагьахәҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Еиҳа имаҷны иаҳгәалаҳаршәоит ааибашьраан Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи цхыраараҳәа иаҳзааз аибашьцәа», – иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Уи ҿырԥштәыс иааигеит Томск ақалақь аҟынтәи иааз арԥыс Андреи Иунчис иҭоурых. Иара усҟан 18 шықәса ракәын ихыҵуаз, Томсктәи ауниверситет актәи акурс далгеит. Аԥсны аибашьра ианалага, Андреи аӡәгьы ажәак иамҳәаӡакәа, иусқәа зегьы нкажьны Аԥсныҟа хатәгәаԥхарала еибашьра дааит. Даара фырхаҵарыла деибашьуан, дҭахеит хәажәкырамза 16, 1993 шықәсазы. «Иара марттәи ажәылараан дҭахеит. Уи лымкаала сгәалашәараҿы даанхеит. Абҵарамза, 1993 шықәсазы, ҳара Ареспубликатә хәышәтәырҭа азааигәара анышә иамадаз аибашьцәа рыԥсыбаҩ аныҵаҳхуаз ари арԥыс ицеибашьуаз дырдырит. Сара Аԥсни Андреи дахьынтәиҳзааз Томск ақалақьи рыбжьара ателецҳа аиҿкаара, уи ихцәажәарц азы ицеибашьуаз ааԥхьара рыҭара сгәы иҭоуп. Сгәаанагарала, уи зыҟаҵатәу урҭ арԥарцәа ҳара ҳҿы ирхамышҭларц азы мацара адагьы, урҭ ахьиз-иахьааӡаз ақалақьқәа рҿгьы дара рыӡбахә раҳарц, рфырхаҵара атәы рдыруазарц азы ауп. Андреи ицеибашьуаз аҷкәынцәа сыԥшааит. Ателецҳа аиҿкаареи амҩаԥгареи залыршахар, ганкахьала астудиа ахь инеиуеит Андреи ицеибашьуаз, Томск ақалақь аҿы – иара иан. Сара исҭахуп Андреи иқалақь аҿы иӡбахә раҳарц. Рыцҳарас иҟалаз, Андреи иан уажәы лгәы рахәым. Аха ателецҳа хәыҷык инаханы имҩаԥгазар ҟалоит», – иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Ааигәаӡа афонд «Иаҳгәалашәоит» ахантәаҩы, анапхгараҭара алахәыла Индира Аҩардан Ашьха Алтаинтәи дхынҳәит. «Ари алыршан Урыстәылатәи Афедерациала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15 шықәса аҵра аламҭалазы. Ҳара Урыстәылеи Аԥсни Рфырхаҵа Витали Вольф иҭаацәа ҳарҭааит», – иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Витали Алеқсандр-иԥа Вольф (ԥхынгәымза 17, 1972ш. — хәажәкырамза 27, 1993 ш.) —аруаҩ, Урыстәыла Аҳаир-десанттә архәҭақәа хазы игоу 345-тәи апарашиут-десанттә полк 3-тәи апарашиут-десанттә баталион аимадара аҟәша акомандир. Ахәылбыҽха, хәажәкырамза 27, 1993 шықәсазы асержант еиҳабы Витали Вольф Алада Ешыра иҟаз асеисмологиатә лабораториа зыхьчоз 7-тәи апарашиут-десанттә рота аимадарала еиқәиршәон. 22 сааҭи 30 минуҭи рзы алабораториа артиллериала, минаршәгала аихсра иалагеит. Убри иахҟьаны аимадара ацәаҳәа аусура еиԥҟьеит. Уа иҟаз адесантникцәа рыԥсҭазаара ашәарҭараҵәҟьа иҭагылеит. Витали иоуз ахәра хьаас имкыкәа, Гәдоуҭа ақалақь аҿы аҳаир-десанттә архәҭақәа аҽрымадара илиршеит.  Еиҭашьақәыргылахаз аимадарала адырра зауз рвертолиотқәа алабораториа аихсра иаҿыз ақырҭуа екстремистцәа ртәарҭақәа абомбақәа рылажьра иалагеит. Витали иоуз ахәра хьанҭа иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамадоуп Алтаитәи атәылаҿацә Иаровое ақыҭан. Урыстәыла Апрезидент 1993 шықәсазы иҭижьыз Иусԥҟала, арратә уалԥшьа анагӡараан иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы асержант еиҳабы Витали Вольф данҭаха ашьҭахь ианашьахеит Урыстәылатәи Афедерациа Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Абҵарамза 10, 1993 шықәсазы Иаровое ақалақь ахада иқәҵарала Баикальскаиа амҩа Витали Вольф ихьӡ ахҵан. Витали Вольф аҵара ахьиҵоз Иаровоетәи абжьаратәи ашкол №14 ахыбраҿы ишьақәыргылоуп амемориалтә ӷәы. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи 7-тәи арратә база иахьаҵанакуа Витали Вольф ибаҟа-абиуст ықәыргылоуп.

«Ҩажәа шықәса рышьҭахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Анқәаб «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳарак ианеишьеит. Ари арԥыс иҭоурых ҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны ибзианы ирдыруа аинрал Алеқсандр Чиндаров. Усҟан, ақырҭцәа ари алабораториа рнапаҿы аагареи маҷк ԥхьаҟа аиҭаҵреи рылшазҭгьы, усҟан Гәдоуҭаҟа амҩа рзаатуан…» - иҳәеит Леонид Лакербаиа. 

Мшаԥымза 2013 шықәсазы Аҟәа араион Ешыра ақыҭантәи абжьаратә школ аҿы иаадыртит Урыстәыла Афырхаҵа Витали Вольф имемориалтә ӷәы. 2017 шықәсазы Аԥсны адесантникцәа Реидгыла аҩадатәи Гәымсҭатәи ацҳа азааигәара амемориалтә ӷәы кыдырҵеит. «Ҳиааира 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара алам­ҭалазы Ашьха-Алтаиск ҳамцар ҟаломызт. Уаантәи ҳара Витали иҭаацәа ахьынхо аҳабла Соузга ҳаҭааит. Даара аԥхарра зҵаз аиԥылара бзиа мҩаԥысит. Витали иани иаби ираҳҭеит Аԥсны Амилаҭтә Банк анапхгаҩы иҳаиҭаз, Фазиль Искандер изкны иҭыжьу агәалашәаратә араӡнытә ԥараҿырпы. Дара гәахәарыла ирыдыркылеит ари аҳамҭа, урҭ рԥа ифырхаҵара ахьаҳгәалашәо азы иҭабуп рҳәеит», – иҳәеит Леонид Лакербаиа. Афонд «Иаҳгәалашәоит» ахантәаҩы ателерадиоеилахәыра Ашьха Алтаи аиԥылара иазкны асиужет ахьҭнахыз азы иҭабуп ҳәа иҳәеит. «Уи ҳара ҳзы адагьы, иҭахаз рҭаацәаразгьы акыр­ӡа аҵанакуеит. Ари арԥыс гәымшәа дахьынхоз ақалақь аҟ­ны ифырхаҵара атәы рдыруазар ахәҭоуп, ирдыруазароуп уи Урыстәылеи Аԥсни рыхьчара ихы шақәиҵаз. Витали иаб Аԥсныҟа дшаауала ҳақәиргәыӷит», – иаҵишьит Леонид Лакербаиа.

Афонд «Иаҳгәалашәоит» арҭ аныҟәарақәа рзы ацхыраара ҟарҵарц азы еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рахь аҳәара ҟанаҵоит. Афонд аҿы иара убас ирҭахуп Аиааира амш аламҭалазы иҭахаз рҭаацәа аԥаратә ҳамҭақәа рыҭара аиҿкаара, иазԥхьагәаҭоуп иара убас Донецк инхо рбара, рыҿцәажәара. «Аиԥылара Москва, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны еиҿкаазар ауеит. Уаҟа хаҭала урҭ иҭабуп ҳәа раҳәаразы алшара аԥҵахоит. Анаҩс урҭ рҭаацәа рыҭаразы, иҭахаз ахатәгәаԥхарауаа ирыцеибашьуаз ргәалашәарақәа рҭаҩра ҳгәы иҭоуп. Еиуеиԥшым ақалақьқәа рыла ателецҳақәа реиҿкаара залмыршахаргьы, ҳветеранцәа ргәалашәарақәа ҭаҩны ахатәгәԥхарауаа рҭаацәа ираҳҭоит», – ҳәа игәҭакқәа ртәы еиҭеиҳәеит Леонид Лакербаиа. Иара иазгәеиҭеит Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рхыԥхьаӡараҿы иахьа Урыстәыла Украина инанагӡо иҷыдоу арратә операциа иалахәугьы шыҟоу. Леонид Лакербаиа Очамчыра араион ахадара ахатәгәаԥхарауаа ргәалашәара иазкны ахәылԥаз ду ахьеиҿнакааз азы иҭабуп ҳәа ахиҳәааит. «Ҳара иуадаҩӡаз аибашьра аамҭазы хатәгәаԥхарала иааны иҳавагылаз рхашҭра азин ҳамаӡам!» – иажәа хыркәшо, инаҵшьны иазгәеиҭеит Леонид Лакербаиа.


Акьыԥхь иазирхиеит Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me