Аҳаракыра зырҭрысыз ахысыбжь

Ахәышҭаара… Игәазырҳагоуп амца хааӡа изхылҵуа, аҭаацәа зҿыкәшан итәоу ахәышҭаара. Уи аҧсуаа рҿы жәытә-натә аахыс аҭыҧ ҕәҕәа ааннакылоит. Убри азоуп атәым дадкьыслар зырымуа.

Аҕацәгьа иҽыҭҳәа ҳмилаҭ рхәышҭаарамца ҿирцәаарц данқәылоз, баагәараҵас иакәшан ирыхьчон агәымшәақәа. Аҧсуа мца ҿырцәааны, ақырҭуа мца ахы еихәлазҵарц зҭахыз ақәылаҩ данжәыла, рҽеибыҭа иаҵагылт ҳҵеицәа. Урҭ ранацәа рылаҕырӡ ашьац абылуан, рматанеибжьы ажәҩан инамардон, рыҷкәынцәа аҭоурых аиқәырхара уалны ирыдын. Рышьҭахьҟа инрыжьуан «бзиала» ҳәа раҳәо имҩақәызҵоз рҭаацәа, шьыжьла бырлашҵас аӡаӡа зҿықәыҳәҳә иҟаз рашҭақәа. Рыҩнашә ныдҵа, қәаршыҩны ирыжәлаз рҿагылара ицон, рымцақәа мкьаҭарц азы…

Аибашьра актәи амшқәа инадыркны, аҕа дыцҟьа-шәҟьа Аҧсны аҳәаақәа дрылырцарц игылаз аҵеицәа дыруаӡәкын Раули Лавренти-иҧа Аргәын. Диит Раули Аргәын, мшаҧымза 27, 1957 шықәсазы Тҟәарчал. Иҭаацәараҿы ирызҳауан ҩыџьа иашьцәеи иаҳәшьеи. Далгеит Тҟәарчалтәи 4-тәи абжьаратә школ. Аҵара иҵон Новочеркасск ақалақь аҿы, автомобилтә нхамҩа ахырхарҭала. Иҵара аныхиркәша ашьҭахь дхынҳәит Аҧсныҟа. Аусура далагоит иқалақь гәакьа иаҵанакуаз ПТУ (апрофессионалтә – техникатә училишьче) аҿы рҵаҩыс. Зусуреи зыҩнусқәеи еилазыгӡоз, иқәлацәа-иҩызцәа рҿы акырӡа пату зқәыз Раули, иҧсҭазаара лыцеиҩишеит иарҕьажәҩаны идгылаз, иҧшәмаҧҳәыс Марина Ченгелиа. Рыҧсы иахылҵит ҩыџьа ахшара, Мадинеи Алиаси. Зыҩнаҭа гәырҕьа-ччарыла иҭәыз, аҳәатәеиқәшәареи апатуеиқәҵареи аҳра ахьыруаз аҭа­ацәараҿы изазхәыцуамызт, рҭынчҧсҭазаара аҕа инапхыцқәа алаиҵап ҳәа. Ирыздыруамызт Раули ихәыҷқәа, раб ибла гәыразқәа рхыҧшылара уаҳа ишрылымшоз. Ҳтәыла аблақәа хырҩеит Қырҭтәылантәи зҿаазхаз аҧсҭҳәа еиқәаҵәақәа. Ҳажәлар зегьы ргәы иқәҩит ажәа – аибашьра. Аибашьра ишалагаз заҳаз Раули иҩызцәеи иареи еигәныҩит. Иара иашҭаҿ рҽааидыркылан, досу ирымаз абҕьар аашьҭыхны, ахымҩасқәа ахьеиҿасуаз аиба­шьра иналагылт. Ихәыҷқәа изхара рбаха имаӡакәа, рыҧхарра игәаҵаҿ иҵәахны, рыблала ахақәиҭра рбарц, афронт дазцеит Раули, гәаларшәагас иччаҧшьи ифотосахьақәеи рызныжьны. Издыруада, шаҟантә иара ихәыҷқәа «Ҳаб данбаауеи» – ҳәа ран азҵаара лырҭахьаз?!  Раб иаара дазыҧшын ларгьы, уи иҟамзаара рынмырҧшкәа рааӡара лҽазылкуан. Аха, ирнымҧшыр ауазма раб иажәа ҧхақәа руада ишыҩнымыҩуаз? Аныда изызҳаз Раули, ихәыҷқәа ан лыҧхаррагьы аб иҳалалрагьы риҭон. Аибашьра ианалагаз Мадина илхыҵуан 12 шықәса, Алиас 7 шықәса. Издыруада, усҟан шаҟантә раб ҧхыӡла дырбахьаз, шаҟантә дыргәыдрыҳәҳәаларц рҭахыз, шаҟантә ашара рыҧхыӡ ҿахнаҵәахьаз?!

Раҧхьаӡа Тҟәарчал ахьчаразы апозициақәа рҟны снаиперс дыҟан Раули. Иара иикыз, аоптикатә кылҧшырҭа змаз аснаипер иабхәында Омар Ченгелиеи иареи ашәарыцара азы еицаархәахьан, усҟан иазхәыцуамызт ари абџьар гыгшәыгҵас зхы мҩаҧызгоз ақырҭцәа рықәгара ишазкхоз. Ҧыҭрак ашьҭахь, Тҟәарчалтәи аполк аҩнуҵҟа еиҿкаахаз аминаршәратә – артиллериатә баталион далалеит. Ара иааирҧшыз агәымшәареи аиҿкаара бзиеи рзы, аилазаара командаҟаҵаҩыс дҟарҵеит. Иара ишьақәиргылон астратегиатә ҵакы змаз ажәыларатәи ахыхьчаратәи планқәа. Тҟәарчалтәи азауад «Заря» аҿы иҭрыжьуаз аибашьыгатә снариадқәа рысхемақәа равторцәа дыруаӡәкын.

 Иаҳа-иаҳа иццышәыртәуаз ақыҭа хәышҭаарақәа ргәыҕра еиқәдырхон ҳаибашьцәа, ҳхәышҭаара ду Аҧсны гашьа шрымамыз рыздыруамызт афашистцәа, иара доуҳамчык иахьчон, уи – ҳҵеицәа ракәын. Ажьырныҳәамзазы ақырҭцәа мрагыларахьтә ажәылара мҩаҧыргеит. Усҟан Раули аҕа диҿагылан Баслахә ақыҭан. Аҕа итехника аҭархаразы иааирҧшыз агәымшәара иабзоураны, аибашьҩы, алеитенанат еиҳабы Раули Аргәын абатареиа акомандир иҟынтә артиллериатә полк аиҳабы иҟынӡа дҩаӡеит. Раули ивагыланы еибашьуан: Алеқсандр Ченгелиа, Лавренти Амқәаб, Денуар Асланӡиа, Резо Аҧшьлаа уҳәа.

Хәажәкырамза 8 рзы Раули иҩызцәеи иареи ирыбзоурахеит Чхәарҭал имҩаҧысуаз аоперациаҿы аҕа абџьар хьанҭа ицәыӡра, ирацәаҩын иршьыз, ирхәыз уҳәа.

Лаҵарамза 17, 1993 шықәса.  Аҕа дықәмацәысуан Ҧақәашь ақыҭа. Дҭартәатәын аҕа иҭыҧ, уи азы ҽышәала аҿагылара аарҧшра иаҿын Раули иҩызцәеи иареи. Аибашьҩы издырам иарбан мшу иара изы ҵыхәтәантәихоу. Уи амш аҽны аҧсцәаҳа агәырҕьара иман, ҳаибашьцәа аҕьараҳәа иры­вагылаз Раули Аргәын игәы ҵиблааит аҕа.

Иалымшоз, ҳаибашьцәа уахи-ҽни изызхәыцуаз аиааира амш Раули ибар? Ихәыҷқәа наидыртәаланы аиааира амш шааргаз атәы рзеиҭеиҳәартә изыҟамлеит, уи еиҭаҳәатәыс ироуит ивагыланы ицеибашьуаз иҩызцәа. Издыруада иара илацәа наӡаӡа еиқәиҧсаанӡа «Ухақәиҭтәра амш сзахьымӡеит, аха уҽырҕәҕәа, аҧсуа кәицқәа рыҧсы ҭоуп» – иҳәазар гәаныла? Аӡәгьы ибжьы имаҳаит…

Иҧҳа Мадина илгәалалыршәоит, лаб дызлаз аҧшьбатәи арота командаҟаҵаҩыс иҟаз Беслан Аҳашба, Раули изы иҵыхәтәантәихаз амш атәы шеиҭеиҳәоз. СПГ, ДШК ҧыххааса иргарц адҵа рзықәгылан. Зегьы ишақәнагаз аҭабиақәа рахь апозициақәа кны ирыман. Аҕацәа рыснариадқәа иахьаарҭахыз аҭыҧ иҭадыртәон. Уаҟа ҳара ҳаибашьцәа ршьаҿақәа шәаны-изаны иҟарҵар акәын. Раулигьы ҽышәала аҕа ибџьар ақәгара даҿын. Аҕа снариадк дәықәиҵеит ҳаибашьцәа рышҟа, уи акомандаҟаҵаҩ Беслан Аҳашбеи аибашьҩы Роберт Ҧачлиеи ахәрақәа рнаҭеит, аха еиҳа алша рыман. Фбаҟа метра дара рнаҩс иҭыҧ нкыланы дтәан Раули. Аҕацәа ахьтәо акәаҧ иақәыршәаҵәҟьаны дхысырц иҽҩышьҭихын днаҧшит, азныказы рылаҧш дыҵашәеит, иара инаимариашаны снариадк дәықәырҵеит, уи аҧҽыха ахәра ҕәҕәа инаҭеит, ихәра изхымгеит, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аминуҭқәа нхеит Ҧақәашь аҳаракыраҿ. Уи аҳаракыра зырҭрысыз ахысыбжь жәҩан аҿынтәи еҵәак кыднаршәеит. Аха афырхацәа рыеҵәақәа жәҩан аҿы аҭыҧ ҷыда рымоуп, урҭ рыхьыӡқәагьы есааира еиҵагыло абиҧарақәа еимырдалоит.

Зфырхаҵаразы Леон иорден занашьаз Раули Аргәын иҵы­хәтәамҩахь данынаскьаргоз, аныда дзааӡаз иаб «Уара ула аибашьра еилгааит, уара уҵыхәтәантәихааит» – иҳәеит. Шаҟа ҭаацәара уи иеиҧш агәырҩа иалагылазеи, шаҟаҩы рызбжа рымнахызеи?!

Иахьа, аҭынч ҧсҭазаара ҳзаазгаз рыбзоурала ажәҩан цқьа ҳаҵанхоит.  Раули Аргәын имоҭа хәыҷы, ианду инапы кны ашкол ахь дылгоит, уа дҧааимбарны ихәыҷқәеи имоҭацәеи рымҩа дахылаҧшуеит.  


Мадина Амҷҧҳа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша актәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me