«Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа»

Ашәалеи бџьарԥынҵалеи еибашьуаз Аркади Кархалаа игәалашәаразы

Сара аԥсуа-қырҭуатә еибашьра иазку ашәақәа акыр сырзыӡыҩрхьеит, ажәеинраалақәагьы акыр срыԥхьахьеит, урҭ рахьтә Аркади Кархалаа амцаԥшь далагылан ииҩыз ашәақәа иреиӷьӡақәоу рахь исшьоит. Иҟалап, уи зыбзоуроу иара илаз абаҩхатәра аибашьра аан имҿыхар, инамырҳәар, инамырҩыр амузар. Ҳара уи аҷкәын уаанӡа ус иҟоу ажәеинраала бзиақәа иҩхьазҭгьы иҳаҳарын, иаабарын, акьыԥхь аҿы ицәырҵрын, аха мап, ҳара урҭ "анҳалс", ҳхы-ҳгәы ианҭыс, мцаны ианҳацрала, ҳанырблы аибашьра аани уи ашьҭахьи роуп! Ус анакәха, ҳара шьҭа ҿыӷәӷәала иаҳҳәар ҳалшоит ари аҟазара аибашьра иаццәырҵит, аибашьраҿ "излаԥшыз" ицәырнагеит ҳәа.

Апоет иажәеинраала "Аибашьра иалиааз" аниз нахыс иара ихьӡ Аԥсны зегь иахнарҵәеит, аԥсуа ифырхаҵара, игәымшәара, игәаӷь, зегьы еизакны џьарак ианыԥшит... Абраҟа иаазгоит уи ацыԥҵәаха:

Аԥсадгьыл аҿаԥхьа

                         изшәода ауал, –

Агәаҟроуп измам

                          ҵыхәаԥҵәарак.

Ахьӡ аӡә даргәаҟуеит,

                ҽаӡә дашьҭоуп амал,

Анацәа ирцәыӡуеит рыхшара...

Иқәыԥшыз дышқәыԥшу

                        наӡаӡа дынхеит,

Наунагӡа иҟоу акгьы ыҟам...

Хьӡы игарцоуп усгьы

                              ахаҵа дзиуа,

Идыруеит уи дшыҟоу аамҭала...

Аркади Кархалаа иажәеинраалақәа реизга "Аԥра шкәакәа", сара ибзиан исгәалашәоит, сҩыза бзиа Аԥсны жәлар рпоет Витали Амаршьан инапаҿы раԥхьаӡа ианнанагаз шаҟа дгәырӷьаз:

"Аиаша уасҳәап, иԥсы ҭаны ҳредакциа ашәхымс даахыҵызшәа збеит! Абри аҷкәын, акгьы имыхькәа деиқәхазҭгьы, хымԥада, даара иҵегь аҩымҭа бзиақәа ҳзаԥиҵон. Уи акәиц бзиа илан, агәгәаҳәа амца ахылҵаанӡа, ҳаӷа мыжда ихы даҿашәеит..."

Витали Амаршьан ибзоурала, иара иаԥхьажәа бзиа ацҵаны, снапы иакит апоет гәлымҵәах, аибашьраан сзыҿгәыҳәааны зашәақәа сырзыӡыҩруаз Аркади Кархалаа ишәҟәы. Уи аатуеит Витали Амаршьан иԥхаӡа иҟоу, иахьагьы сгәы ихааӡа иҭоу, алабжыши агәырҩеи злыжжуа "Апоет ҿа иԥра шкәакәа" захьӡу иаԥхьажәа ала:

"Аркади Кархалаа ааигәа иаҳхаагаз аибашьра ҟалаанӡагьы атәылахьчара иазкыз аԥсуа гвардиа далалахьан. 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы Аԥсны иақәлаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Охәреи ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥан бџьармцала ирҿагылаз ҳарԥарцәа ӷьеҩқәа дреиуоуп. Аибашьраан уи Заур Зарандиа командирс дызмаз абаталион аҿы "Капелла" захьӡыз авзвод анапхгаҩыс дыҟан. Иара ихаҭагьы амузыкеи ашәаҳәареи мыцхәы дшазҿлымҳаз гәазҭаз иҩызцәа ихыхәмарны хьыӡшьарас "Капелла" ҳәа иарҳәон. Уи ауп аханатә ивзводгьы уи хьӡыс изаиуз.

"Аԥра шкәакәа" зыхьӡны иҭыҵыз Аркади Кархалаа раԥхьаӡатәи ишәҟәоуп. Уи еиднакыло ажәеинраалақәа ирныԥшуеит алирикатә фырхаҵа игәыцқьара, иуаҩра, ипатритизм. Апоет ҿа иҩымҭақәа макьана ирыгу ыҟазаргьы, аԥхьаҩ агәра игоит урҭ ацәанырра цқьа ишахылҵыз, аԥсҭазаара агәеисраҟынтә ишаауа. Ус иҟоуп аиҳаракгьы ааигәа иаҳхаагаз, макьанагьы зҟыба-ӡыба ҳалымҵыц аибашьратә хҭысқәа ирызку иажәеинраалақәа."

Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит Лиолиа Тәанԥҳа "Мамзышьха, Мамзышьха" ҳәа иалаго лажәеинраала "Аиааира" анылҩы шаҟа ирласны ишьҭырԥааз ажәлар, Убасҵәҟьа "аус руит" Аркади Кархалаа аибашьра иазку иашәақәагьы, насгьы, иазгәаҭатәу, урҭ автор жәеинрааланы ианиҩлак ашьҭахь, аҭабиақәа рҿы, ашәахь иара ихаҭа ииаигон, иара ихаҭа иагьынаигӡон! Уи еиҳагьы ажәлар ргәы шьҭнахуан".

Апоет ҿа данҭаха ашьҭахь, ажурналист Нугзар Салаҟаиа даара игәыҿкаагаз игәалашәара аниҵеит агазеҭ "Аԥсны." Абраҟа иааҳгоит уи ацыԥҵәаха:

"Изаамҭаӡамкәа ҳаӷацәа зиеҵәахә кыддыршәаз Аркади Иасон-иԥа Кархалаа диит 1963 шықәсазы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Уаҟатәи абжьаратә школ даналга, хьыӡла-ԥшала Балтика ирратә уалԥшьа ихганы, дхынҳәуеит иқыҭа гәакьахь. Иаб усгьы заа диԥхахьан, иан длывагыланы аҩны дхандеиуан. Ҵараиурҭа дук дҭамлазаргьы, Ар­кади иқыҭаҽы аҽарҭбаауа иалагеит арҿиаратә гәазыҳәара. Ихы алаирхәуан Тҟәарчал еиҿкааз аԥсуа литературатә кружок, иҩуан ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, ашәақәа. Иԥсеиԥш бзиа ибаны, Гәыԥ, Лашькьындар, Џьгьарда, Очамчыра уҳәа еиҿкааз авокалтә гәыԥқәа дрылагылан иашәақәа иҳәон, ҟазарыла иаирҳәон агитара, апианино уҳәа амузыкатә инструментқәа. Аибашьраангьы шәара изымдыруа аӷа диҿагылан. Игәы мыҭрысит 1992 шықәса жьҭаара 27 рзы Очамчыратәи ажәылараан хьыӡла-ԥшала иашьеиҵыб Гена данҭахагьы. Уимоу, игәырҩа ҵәахуа, еиҳагьы иҩызцәа ргәы рыӷәӷәо, Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра дазықәԥон. Игәымшәареи ифырхаҵареи ирҷыданы, иҩызцәа иахьагьы ирхашҭӡом, Аркади гәрыӷәӷәагас дышрымаз. Иагьа уадаҩра, иагьа шәарҭара ӷәӷәа иҭагылазаргьы, иабџьар аӷацәа инарықәкуа, афырхаҵара иазку иажәеинраалақәа рҳәара далагон, ма иаацәыригон изырлахҿыхуаз алафқәа, аԥсеиҭакха анроуаз иаккордеон аашьҭыхны ашәақәа рзиҳәон."

Абра иаҳгәалаҳаршәар сҭахуп Мрагыларатәи афронт аҿы даара ибзиан еицырдыруаз 1992 шықәсазы ииҩыз аибашьра иазку "Ақьаса" захьӡу иашәақәа рахьтә даҽакы ацыԥҵәаха:

Уааи, ҳаидтәалап, сашьа,

Аамҭа ҳамоуп минуҭқәак.

Ажәылара аԥхьа ҳаицахап,

Ицәырга уқьаса, аҭаҭын.

– Аҳы, нас ԥхьаҟа,

Иҵәаа-ҵәаауа

                 ахызаҵәқәа ҳԥылоит,

Сеиқәымхар,

                 сҳаҭгәынаҿ инықәҵа

Сызмыхаз аҭаҭын…

Ауаҩы ахьӡи ахьымӡӷи, ахаҵареи агәымшәареи, ауаҩреи аламыси рзы ауп адәы дзықәу, ила зааԥшуа. Убарҭ зегьы илан Аркади Кархалаа, иԥсадгьыл ашәарҭа иҭагыланаҵы, уахык ихы нықәҵаны ҭынч дызмыцәеит, иабџьари икалами еицын, аҩбагьы "еицыҭҟьон".

Абри ҳадгьыл аҿы ламысла иҟоу ауаа адәы иқәнаҵы, Аркади Кархалаа иеиԥш иҟаз, абаҩхатәреи ахаҵареи еиԥшны анцәа излеиҵаз, егьа аамҭа царгьы, ҳара рыԥсқәа ҭаны ҳааигәа ишгыламгьы, урҭ ирхылҵуа алашара, икаххаа аеҵәеиԥш ҳамҩақәа ирныԥхалалоит, уаҵәы игыло аҿаргьы урҭ рыхьӡ-рыԥша аҿаԥхьа "шәара шәоуп ҳаԥсқәа ирыԥшәмахаз, ҳаԥсадгьыл еиқәзырхаз" ҳәа иреихырхәалоит.


Анатоли Лагәлаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me