Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Даныршьгьы ахысра иаҟәыҵуамызт…

Ауаҩы иҧсы ҭанаҵы абзиара  дақәгәыҕуеит. Аҧсны ахы иақәиҭханы иҟалоит ҳәа азхәыцраҵәҟьа шымариамызгьы 30 шықәса ниасны ицеит.

Аҭоурых адаҟьақәа анааҳартуа ашықәсқәа рацәоушәа ишаабогьы, унаҳәны уахьаԥшаанӡа зегь мҩасуеит. Иарбанызаалак акы иазаанкылом аамҭа. Иара ухьаа хнаҽуеит, аамҭала иажәагәоит, иашәаҳауеит алаҕырӡ зҭыкәкәо агәы акылҳара. Ауаҩы иага дбеиазаргь, дҕарзаргь агәабзиареи анасыҧи раҧхьагь иргылоит иҧсадгьыли имилаҭи.

Аҧсны аҽаҧсахит. Иҿиаз рацәоуп, аха арыцҳацәа зхьыкәкәа иахьауажәраанӡагь аибашьра зныҧшуа ҭыҧқәак рышьҭа дырӡырц рҭахымшәа иҭҕәыхаа ишалдаз иаанхеит. Аҭынч нхамҩахь уҿынаухаргьы ушьҭахьҟа ухьамҧшыр ауӡом. Усҟан амши аҵхи реиҧш еицәыхарахон зыбжьара аҳәаа еилыргамыз аҧсҭазаара.

Аибашьра абзиара ахылымҿиаац. Алашараҿ уаныҟоугь алашьцара шыҟоу ухашҭӡом. Абзиара ухаршҭны ацәгьара угәы ҭыфаауа ашықәсқәа урышьҭагаланы ургоит. Аибашьра анеилга Аҧсны злаҿаҳәаз азынџьырқәа ҧыҵәҵәаны ахы анышьҭнахуаз аамҭазы зегь гәыҕуан ҳажәлар бҕеиҵыхрак роуп ҳәа. Зегьы ирдыруан иҳауз аҭынчра зхы ақәызҵаз ршьакаҭәара мацара ала аҭынч ҧсҭазаара шырзеиқәмырхоз. Убри азы Аҧсны аҳәаақәа хьчатәын. Зегь раҧхьаӡа уахь рхы дырхеит аибашьра мца иалҵыз амилициа аусзуҩцәа.

Иага ашықәсқәа мҩасыргьы, адгьыл ахәрақәа ҕьаргьы ашәахсҭа анхалоит. Згәызҽанымкәа изҿагылаз ауаҩы аибашьра аӡбахә иабдуцәа рҟынтә иаҳахьаз, ателехәаҧшрала дызхәаҧшуаз афильмқәа рнаҩс лабҿаба саниоит ҳәа данымхәыцуа, раҧхьа ицәыцәгьахоит анышәара. Уас, ҭахыс, гәылас иишьоз иҧсадгьыл ртәыртәырц рҭаххан уи иахылҿиааит ашьакаҭәара. Имариам зхәыҷқәа згәыҵаҳәҳәа ахымҩас иацәызхьчоз анацәа ргәыхь ахгара. Аҧсуа жәлар еснагь рдоуҳамч ҳаракын. Ргәыҭбаа еиҧшын рыламыси рыуаҩреи. Раҧхьа «аиашьеи аиашьеи» реиҿагылара џьаршьозҭгьы дрымшьыр иара дышраҩымсуаз анеилыркаа ргәыразқәа неиҭакны абџьар шьҭырхит. Ҧсыҭбарада аибашьра мҩасуамызт. Усҟан зыдгьыл нықәны аҧсра иаҧылоз аҧсуа бираҟ нарықәыршәны рыдгьыл иамардон.

Аибашьра анцоз аамҭазы Очамчыра араион Бедиа (Патархәыҵа) ақыҭаҟынӡа уназгоз амҩақәа цәгьан. Аҳҭнықалақьи ақырҭцәа инкыланы ирымаз аҭыҧқәеи маҷк инарцәыхаран. Ишар ихәлон, нас еиҭашон, мацара аибашьра иҟаз аҵеицәа рхы иамеигӡа рымч аасҭа алшара змаз ирҿагылон. Ҳашьха ҧагьақәа ӡыҕәӡа рыҳаракыраҟынтәи имҩаҧысуаз ахҭысқәа ирзыҧшуан. Еиқәышьшьы иҟаз Бедиа аҧсабара ҧшӡа ианымҵуа ахәрақәа ақыҭа агәҭа иналҳәаны ицеит. Аҭынч ҧсҭазаараҿ иаҳхамышҭуазароуп инырҵаз аасҭа ҳашьцәа гәлымҵәахқәа ирызнымҵыз шеиҳахаз.

Аибашьра ианалага актәи амш инаркны ианеилгагьы лыссаамҭа забџьар шьҭазымҵаз Бедиатәи арҧыс Изориа Резо Аппалон-иҧа сизааҭгыларц сҭахуп. Аибашьра анеилга уанӡа аус ахьиуаз амилициа рахь диасуеит. Усҟантәи аамҭазы Резо деибашьҩы ҕәҕәан ҳәа иӡбахә аҳәаагь иахысхьан. Даарагь аџьабаа ибеит имҩаҧысуаз аоперациақәа дахьрылахәыз.

Аҧсны аибашьра иалагаанӡа ақырҭцәа рхымҩаҧгашьа ааузымычҳауа иҟалахьан. Рбызшәа ахьузымдыруаз мацараз ирмчны ицәажәо, рхымҩаҧгашьала аҧсуаа ҳадгьыл ҳара ҳада ианбаҟало ҳәа иҧшын. Уи згәамҧхоз аҧсуаа ирылыжжуан ргәынамӡарақәа. Џьоук аҭак ҟарҵаргьы даҽа шьоукы ргәаҵаҿ ирҵәахуан.

Резо иоура, иҭбаара, ихыҧша мацара иацәшәоз, дызҭахымыз рҽеидкыланы даҽа гәыҧк ахь рхы дырхеит. Ҩызцәас иишьоз иргәаҧхомызт рбызшәа здыруаз аҧсуа рҧыс дара рхатәы бызшәала дахьырмацәажәоз.  Зыҧсадгьыл зҭиуази, иныжьны ибналази рахь имаз агәрагареи аиҩызареи еидызҳәалоз арахәыц ҧҵәеит. Дара еимаздоз ацҳа аныҟамла аиҕара ахы аацәырнагеит. Убыс арҧыс қәыҧш инхамҩа днаныҵны абџьар шьҭихит. Зықәлацәа рыгәҭа заҳаҭыр ҳаракыз ауаҩы аамҭа маҷк иоур аҧсшьара аҭыҧан иҧшәмеи ҩышықәса зхыҵуаз ихәыҷи рхала иахьаанижьыз днеины игәаҭаны, дыццакуан иҩызцәа рахь, иара ида цхыраарак рҭаххар ҳәа игәы иҵхон. Аибашьра амцашыра далагыланаҵы Аҧсны аҧеиҧш дартәомызт, дарцәомызт.

Ишыхәыҷыз заб дыҧсхьаз, ианду Бабицо илалааӡеит ауаҩреи, аламыси, аҧсадгьыл абзиабареи. Иҧсҭазаара аасҭа бзиа иибоз иҧсадгьыл азы ихы деигӡомызт. Дзылгаз абжьаратә школ ашьҭахь дҭалоит амилициатә школ. Анаҩс Очамчыратә араионтә ҟәша аҟны аус иуан.  Аҵыхәтәантәи аамҭаз Саберио ақыҭаҿтәи ахырҕәҕәарҭақәа рҳәааҿ иаанкылан актәи авзвод амилициа акапитан Изориа Резо иусура.

Галтәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы, амилициа амаиор Џьонуа С. инапынҵала 30.06.96. ш. Саберио ақыҭа имҩаҧгаз, Қарҭынтәи иаашьҭыз ацәгәоуцәа ргәыҧ аҿагылараан, иҭахеит амилициа акапитан Изориа Р. А.  амилициа асержант Лабжаниа Р.Б.

Аибашьҩы Хь.Ханагәуа «Сқыҭа гәакьа хәыҷы аҧацәа» захьӡу ишәҟәы аҟны иҩуеит: «Аибашьра ашьҭахь излауа ала аҭынч ҧсҭазаара напаҳаркит… Саберио дҭадырхеит Изориа Р.А. Уи убриаҟара ахҭыҧ инын, иузыҧхьаӡомызт, ишырҳәо еиҧш, ахраӡага еиҧш дрыҕ­ҕаны дкажьын, абас ҧсышьацәгьа ирҭеит…»

«Даныршьгьы ахысра иаҟәыҵуамызт шәҧсык иханы руак еиқәхазар ҳәа ишәозшәа» – иҳәеит Резо иҧсыбаҩ анааргоз ирыцыз еибашьҩык. Амш каххаа еилган, амра каҷҷон, аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицон… ҩ-ҭаацәарк еиҭанеиааиуа рфырхацәа аҵыхәтәантәи рымҩахь инаскьаргон…

Иҿиоит, ишәҭуеит аибашьра ашьҭахь еиқәхаз ақыҭақәа. Амра лашоит, ажәҩан цқьоуп иахьа уажәраанӡагь ҳшьа каршны арантәи иқәҵны ицаз рыбла ҭраа ишааҧшуагьы. Урҭ гәыҕуеит мышкызны ҳхынҳәып ҳәа, ҳажәларгьы ҧеиҧш лашак ҳтәылаз иҟаландаз ҳәа игәаҟуеит. Абиҧарала еимырдо агәаҕ, инымҵәаӡо ахьаа, зхьышьҭрахь изыхнымҳәуа аӡиас еиҧшуп. Ахаангьы иҟан амал змаз, ибжьаратәыз, акагь змамыз. Ҳадгьыл аҧеиҧш уаназхәыцуа ииасхьоу зегь еиҭаҿыцхоит, ихьухьууа угәаҵа ҭыфаауа иныҵалоит анышә аӡа иамаҳдаз ҳашьцәа ақәрахьымӡақәа.

«Сашьа дмеибашьуаз, Аҧсны хәыдаҧсада ииҭаху рзин имазароуп» – ҳәа исаҳаз, иагьқәыҧшым ҧҳәыск лажәақәа акыр шықәса раахыс сгәы иҭахәхәха иҭоуп. Лашьа хык иқәшәан мызк ала иҩныҟа дхынҳәит, иахьатәи аҧсҭазаара далачоит, иабаҟоу изжәыша аӡыхь ахы ыҵнамхыз, уаҩ дзыҭнымхаз, зыҵәҩаншьап ыӡыз, зышәқәа ыҵарабаҟаца иакыз арҧарцәа қәыҧшцәа?! Урҭ рзы иҟои, изқәиҭуи, иалыргеи ҳәа азҵаара уаҩы иқәиргылаӡом. Инҭырҳәыцааны ҳаибашьцәа рнысымҩа ҭҵааӡам, игәыгәҭажьу рацәаҩхеит. Иахьауажәраанӡагь зыӡбахә ҳәам шырацәоугьы сара сгәы иҵхоит ҳаҧсадгьыл аҧеиҧш. Абџьар аныҭҟьанахыс ахы узаанкылом. Уи иархәашоит нас шьақәыргылашьа змоуа аҧсҭазаарақәа. Ашьеи алаҕырӡи анеилаҭәа иага ҟауҵаргьы иузеилыхӡом.

Аиааира ашықәс ҳаҧсуа жәлар ирыдныҳәало дара рахь схы рханы исҳәарц сҭахуп аҕыҕеибагареи аилибамкаареи еиҕацәоу рыбжьара иҟалозаргь ҳаҧсадгьыл хәыҷ аҩныҵҟа иқәы­нхо ҳмилаҭ, ҳабацәа ишыҟарҵоз еиҧш, ҳажәҩақәа еибаҳҭароуп. Ауаҩы знык диуазар даныҧсуагьы зныкоуп. Ҽҧныҳәа змам зыуаажәлар рҿаҧхьа зыламыс цқьоу ауаҩы имилаҭ изгәдууп, ирҽхәаҧхьыӡгьы зҳәаша ажәлар роуп. Ҳара ҳаҩныҵҟа ҳзеилибамыргозар ишәгәалашәыршәала «Аруаҩ хьӡырҳәага» имедаль занашьоу Резо Изориа еиҧш иҟаз ҳаҧсуа ҷкәынцәа рфырхаҵара иацәшәаны, ргәы аусура ианаҟәыҵуазгьы ишреихсуази, зыҷкәынцәа рызқәатыҧ иахьа уажәраанӡагь иззымдыруа анацәа рылабжыши. Амра лаша ҳхаҧхозар анышә аӡа иафаз ҳфырхацәа рыбаҩқәа згәыҵакны ишьҭоу адгьыл ҳалал мырӡкәа ҳабдуцәа ишыҟарҵоз еиҧш ҳаидгыланы, еиҵагало аҿар – уаҵәтәи ҳҧеиҧш рзеиқәҳархап.


Нонна Џынџьалҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me