Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Раҧхьатәи абиҧара еиуаз

Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа раҧхьатәи рабиҧара иаҵанакуаз еицырдыруа ажәа азҟаза Ӡаӡ Харитон (Хәанакьа)-иҧа Дарсалиа дии­жь­­ҭеи 125 ш. ҵит. Ӡ.Дарсалиа диит Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка Гәыҧ ақыҭан 1898 ш. август 16 рзы.

Апрозаик, адраматург, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Ӡ.Дарсалиа СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. 

Ӡ. Дарсалиа аҧхьа аҵара иҵон Гәыҧтәи алагарҭатә школ аҟны. 1914 ш. рзы дҭалеит Очамчыратәи иреиҳау алагарҭатә школ. Аха шықәсык ааҵуаны аҵара иахшәаатәыз ахьимоуз аҟнытә иаанижьыр акәхеит. 1916 ш. рзы аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә курсқәа рҟны, ашьҭахь арҵаҩратә семинариа (нас – арҵаҩратә техникум) даанахәоит, дагьалгоит 1923 ш. рзы. Ҩышықәса рҵаҩыс аус иуан Кәтол ақыҭани Очамчыреи. 1925 ш. рзы Тифлистәи аполитехникатә институт дҭалоит. Адырҩашықәсаны диасуеит Краснодартәи арҵаҩратә институт ахь. Аха ҩышықәса рышьҭахь игәабзиара ауашәшәырахара инамаданы Аҧсныҟа дхынҳәыр акәхоит.

1928 ш. рзы Аҟәа, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») аредакциаҿы аусура далагоит. 30 шықәса рҟынӡа инеиҧынкыланы агазеҭ аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан, 1937 ш. аамҭала Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс аус аниуаз алаҳамҵозар.

Алитература дазҿлымҳахеит Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа данҭаз, Д. Гәлиеи С.Ҷанбеи уа аус аныруаз аамҭазы. Аҧхьа апоезиа ала раҧхьатәи ишьаҿақәа еихигазаргьы, хара имгакәа апрозахь диасуеит. С.Ҷанба ишьҭахь Ӡ.Дарсалиа аҧсуа драматургиа ауасхыр азышьҭазҵаз иакәны дыҟоуп. 1920 ш. рзы иҩит ақҭк змоу апиеса «Ахаҧыц хьаа», А.Чехов иновелла «Хирургиа» амотивқәа рыла. Шықәсқәак рыла иаҧиҵеит даҽа ҩ-пиесак: «Абзиабара – аҧсҭазаара иаҧсҳауп», «Адына». 1925 ш. рзы акәзар, Ӡ. Дарсалиа иҩит акомедиа «Аныхеи агәҭыхеи». Аҧхьаҩцәа деицгәарҭеит, деицырдырит асоциал-бзазаратә драма «Ажәытәра иагаз» ала. Уи зныкымкәа С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылахьеит.

Ӡ.Дарсалиа авторс дрымоуп иара убас аҭоурыхтә, асоциал-бзазаратә ҵакы змоу ажәабжьқәеи аповестқәеи маҷымкәа: иаагозар, «Ауаҩышас», «Абзагә», «Хамыжә уҽдыр», «Аидара иаҵаз аҭаҳмада», «Аӡыблара», «Амҳаџьыр Қәабча», «Досу иразҟы», иара убас агәалашәарақәа рышәҟәы «Аҧсҭазаара аҟнытә». Ашәҟәыҩҩы аҧсшәахь еиҭеигеит А.Пушкин иҩымҭа «Акапитан иҧҳа».

Хымҧада, амилаҭтә литература иналукааша аклассикцәа ируаӡәку Ӡаӡ Дарсалиа иҩымҭақәа даҽаӡәы ирҿиара излаламҩашьо ала аҧхьаҟагьы еиҵагыло абиҧарақәа инарҭбааны ирыҧхьо, ирдыруа иҟалароуп. Излаҩу абызшәа цқьоуп, еилыххоуп, ибеиоуп, иаадырҧшуеит ахатәы бызшәа иамоу алшарақәа. Ҳәарада, аҧсуа литература арҿиараҿы, алитературатә бызшәа аихаҳараҿы злагала шьардоу дреиуоуп ашәҟәыҩҩы.

Ӡаӡ Харитон-иҧа Дарсалиа иҧсҭазаара далҵит 1977 ш. рзы, анышә дамадоуп Аҟәатәи апантеон аҟны.


 

Ӡаӡ Дарсалиа

Аҧсҭазаара  аҟнытә

(Агәалашәарақәа)

Сара Гәыԥ ашкол сҭанаҵы, иааиԥмырҟьаӡакәа рҵаҩыс дҳаман Маршьан Кәаҵиа. Уи есқьынгьы еиҳабыс даман ари ашкол. Егьырҭ ҳарҵаҩцәа, шамахамзар, есышықәса ирыԥсахуан.

Сашьа абарҵаҿы дықәгылан. Закәу сыздыруам, аҽны игәы бзиамызт. Абарҵа сналбаан, амӡырха саннықәгыла, уи игәынамӡараха иҟаз ибжьы аасаҳаит:

– Уара, ауашьтел иахь аныҟәа­ра уаҟәыҵӡама, абар арҭ ахымш­ԥшьымш уцо сымбаӡацеи?

Сара исҭахызгьы убри акәын. Аҵара сшаҟәыҵыз шԥаиасҳәари ҳәа сшазхәыцуаз, иара ихаҭа уи атәы анцәырига, сеигәырӷьеит.

– Исҭахым сара аҵара, Аҟәа ацарааара ус имариоума! Арахь есымза х-мааҭкгьы шәауа, – сҳәеит сара сааҭгылан, ҵаҟа ашьац сылаԥшуа.

– Аҵара уҭахымзар, усымбан ара! Иахьуҭаху уца, аҩныҟа уаасышьҭуам! – инақәирӷәӷәеит иара, аха ииҳәаз азы иҵегьы игәрахарҵагаз ажәақәак ахьиԥыхьамшәаз игәы ишамыхәоз ибжьы ианыҩуа.

Уамашәа избеит сара ари иажәақәа. Дагьаарыцҳасшьеит, еиҳагьы бзиа даазбеит.

Ицеит ҩбаҟа мза. Ҽнак, сырҵаҩ иахь сышцоз, Петра Ҷараиа дысԥылеит. Сгәы иҭақәаз аниасҳәа, унеи аҩны, арзаҳал узызҩып, шьҭа иаамҭоуп арзаҳал адәықәҵара ҳәа сеиҳәеит. Арзаҳал сзиҩын, Аҟәаҟа идәықәысҵеит, нас аекзаменқәа аныҟалоз сзеиликаан, сцеит уахь.

Жәамш раҟара ааҵуаны, аказарма сыҵатәаны аҭаҭын шысрыԥхуаз, сызҿырҭит, уааи, Аҟәантәи шәҟәык узааит ҳәа. Уи иаҵаҩын Андреи Мақсим-иԥа инапы. Акурсқәа рҿы уаднакылт, уааи абри аҽны, аҳәон иара. Схылԥа аҵыс ҭалт, аха ацага-аага ҳалацәажәо ҳаналага, сусқәа уадаҩхеит. Акурсқәа рҿы аҵара иалагахьан ашәҟәы ансоуз, уи рҩижьҭеи акырҵуан, аха иахькыдхалаз сеидру. Ԥшрак ҟамҵакәа сдәықәлар акәын.

Сара Аҟәатәи арҵаҩратә институт (асеминариа убас ахьӡырҵахьан усҟан) салгеит 1923 шықәсазы.


1925 шықәсазы сара Қарҭтәи аполитехникатә институт сҭалт. Адырҩашықәсан – Ҟәбантәи арҵаҩратә институт ахь сиасит. Аха уи салымгакәа, 1928 шықәсазы агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы амаҵура сналаган, ҩажәижәаба шықәса инареиҳаны убраҟа аус зуан, аԥхьа литературатә усзуҩыс, нас 1932 шықәса инаркны ҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс ҩажәи ҩба шықәса. Аредакциаҿы сусура аамҭа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиҭагаҩыс аус зуан. 


Ҩбаҟа ажәа аиҭагара азы. 1924 шықәсазы Очамчыра рҵаҩыс саныҟаз, акомҿареидгыла араиком снапы изланиҵаз ала, аурыс-шәахьтә еиҭазгеит апиеса «Ахаха иааиҿагылт», напылаҩыратә екземплиарнгьы сыстол амгәа иҭоу. Нас 1927 шықәсазынӡа маҷ-саҷк ракәымзар акгьы еиҭасымгацызт. Ари ашықәсазы аԥхын аполитикатә ҵаралашаратә усҳәарҭа снапы ианнаҵеит инструкциоума сгәалашәом, брошиурак аиҭагара. Шаҟа ииашаны еиҭазгаз сыздыруам, аха ари аусҳәарҭа уи аброшиура сара ишеиҭазгаз иҭнажьт. Абри инаркны аиҭагара сналагеит. «Аԥсны ҟаԥшь» аҟны 1928 шықәсазы аусура санналага инаркны аредакциаҿы еиҭагаҩыс иҟаз сара сакәын.

Еиҭазымгац издыруам ари шаҟа иус хьамҭоу, еиҳаракгьы есымша аиҭагатә уқәшәо ианалага. Ари ауаҩы ихы аршаҟәоит, ихшыҩ арцагәуеит. Аха усҵәҟьа иуадаҩым аиҭагатәқәа зегьы. Иуадаҩуп адипломатиатәи аофициалтәи материалқәа реиҭагара. Иаҳа имариоуп аизара дуқәа раантәи ажәахәқәеи ажәақәеи реиҭагара. Иуадаҩуп, аха еиҳа уаҩы игәы ақәикыртә иҟоуп асахьаркыратә литература аиҭагара. Араҟа сара еиҭазгеит имаҷны – Пушкин иҩымҭа «Акапитан иԥҳаи» даҽа ажәабжьқәаки.

Ишакәхалакгьы, аредакциаҿы аусура бзиа избон сара, иара убриоуп сгәанала изыхҟьазгьы Ҟәбантәи арҵаҩратә институт салымгакәа иахьаансыжьыз.

Раԥхьаӡа «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы сара аусура салагеит литературатә усзуҩыс. Аха ари ус баша ақьаад ианын. Аиашазыҵәҟьа, Платон Ҷкадуеи сареи ҳаҿын акорректорра инаркны, агазеҭ анҭыҵлакь екземплиарцыԥхьаӡа хазы-хазы ирҽны, нас ачашыла иалхны иҟаҳҵоз аҷабгала адресқәа нарықәырҷабны аԥошьҭа раҭара аҟынӡа.


Агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы аус еицаауан Қьаазым Агәмааи сареи, убас ԥыҭраамҭак Алықьса Лашәриеи сареи. Қьаазым есқьынгьы дҭынчӡа дыҟан. Деицрашәон иҩымҭак акритика азыҟауҵо уалагар. «Уара убас еиӷьоушьеит, аха сара сгәанала абас еиӷьасшьеит», – иҳәон апоет. Иара мыцхәы дцәажәомызт, мыцхәы ибжьы рдуны дыччомызт. Аха зны-зынла данааԥышәырччалак, иаразнак ила ҭикәаҵәаақәагьы ччон, еиҳагьы иԥшӡахон, игәыкхон. Аҩнгьы ҳаигәылацәан ари апоет-апартизани сареи, есымша акырынтә ҳаибабон, аха сара исыздыруамызт уи ачымазара бааԥс (амшәааӡа) шихьуаз. Зны, аҩныҟа ҳанеицдәықәла, џьаранӡа снеиуеит ҳәа иаҿыҵганы, машьынала аҩныҟа дцазаап. Ачымазара аҽанарӷәӷәа, данышьҭанаҵагьы ақьрааӷзра издыруамызт, дышьҭан дҭынчӡа, Шалуа Инал-иԥа ишиҳәаз еиԥш, дахьышьҭаз ааигәа-сигәа игылаз аҟәардәқәа, атумбақәа рҿы иахьабалакь иқәын ашәҟәқәа, агазеҭқәа, ажурналқәа, еиҳаракгьы иҩызи иҩымзи ақьаадқәа.

Ҽнак зны сныҩнаххит иара иҿы. – Ҟоҳ! – иҳәан, даақәтәарц баша иҽыназикит иара, фатәык зныз асаан шыскыз аниба. – Изаҭахызеи ари? – гәалас иман асаан ахьыскыз.

– Снапала иуҿасҵарц сҭахын, – сиҳәеит сара, ақьаадқәа снарыха-аарыхан, иаԥхьа игылаз аҟәардә аҿы снатәауа.

– Уи зынӡа ирацәоуп, мап, – ихчныза иавагылаз атумба инықәиҵеит иикыз акарандашь.

– Абни амацасҩы сишәиит ҳәа сыҟоуп, – иҳәеит ашьҭахь деишәара-еиҵараха.

Уи идыруан знаԥхыц хәымгақәа иларԥсны дызкыз ачымазара дышзацәымцоз, аха ари ажәоуп ҳәа амалахазгьы иҿаиршәуамызт. Иара иҽыззишәоз, инапы изышьҭыхуанаҵы, заҟа изҩышаз акәын. Аибашьраҿы зыԥсадгьыл зхы ақәызҵоз апоет-патриот, араҟагьы иԥсахәага ҭанаҵы, икалам шьҭеиҵарц иҭахымызт.

Абаҩхатәра илан Алықьса Лашәриа, аха еиҳа ахатә ҟазшьа аманы. Иара ихаҭагьы урҭ дреиԥшымкәа, даҽа ҟазшьак иман. Дара зегьы ззықәԥоз гәҭакык акәын, аха уеизгьы рыхцәыргашьақәа злеиԥшымыз ыҟан. Алықьса Лашәриа «адунеи дакуамызт», дшаҟьо Аҟәа ақалақь далан, убас акәхарын дшыҟаз Москва даныҟазгьы.

Зынӡа ииашаны Ш. Инал-иԥа А. Лашәриа ихьӡиҵеит апоет-атрибун ҳәа. Уи макра ақәым. Иара иажәеинраалақәа данрыԥхьоз, атрибуна дықәгыланы дцәажәозшәа акәын дшубоз. А. Лашәриа агәазҳара ду, агәырӷьара ду змаз поетын.

Ари зуаажәлари зыԥсадгьыли гәыҭкаала бзиа избоз, урҭ раӷацәа лааԥшыра рызымҭоз, аӷьараҳәаҵәҟьа амц абла ҭызҟьоз апоет еиҿамс ҳара дҳацәнагеит ипара абазбари ҳәа икылатәаны изыԥшуаз ачымазара гәымха, аха ҳара иаҳзынхеит, иара иԥсы анҭаз ибжьы ҭганы дышҳацәажәоз еиԥш, быжьҭгала иҳацәажәо ракә­ны ҳнапаҿы иаҳку ишәҟәқәа.

Абас иҟан, ҩ-ажәак рыла иуҳәозар, абарҭ ажәлар рус азы хеигӡарак ҟамҵакәа иқәԥоз, ҳазну аамҭа апоетцәа ҿарацәа.

Уажәы аакьыскьа (1969 ш. ииун 27 рзы) агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» адаҟьақәа руак аҿы ианын Москватәи аҭоурыхтә-литературатә аԥсуа кружок иалоу гәыԥҩык рпатреҭ, Гьаргь Гәлиа рыгәҭа дтәаны. Асахьа ҭырхит Гьаргь Гәлиа иԥылараан. Ееҳ! Зыԥсынҵры наӡаша ахьыбҿар!.. Шәара шәсахьа санахәаԥш, иаразнак шәыԥхьаӡара салагеит.  Аха исзымгәаӷьит, амцхаҵара сԥышькласит. «Иуԥхьаӡо зегьы марадахоит» – рҳәоит аԥсацәа. Сара даҽакуп исҭаху! Сара исҭахуп шәара ишәызҳаларц!

Сара аҭаҳмада, абра, адәылҵра сақәиҭымкәа аҩны сахьтәоу, сшәықәныҳәоит шәара. Ауаҩра иаша шәыланы шәҟаларц, анагӡара шәоурц.

Егьи, сара аринахысгьы сыԥсҭазаара мҩақәҵашьас иасҭо атәы акәзар, ҳәарас иаҭахузеи, хәыҷ сылша, ду сылша, саҿызаашт аҩра. Аха аџьажәлар ирызкым, аџьажәлар ирзеиӷьым ажәак анцәа исҿоумыршәан. Ахыдҵа згом атәыла сырбгоит ҳәа, аха исылшо азы схы сеигӡом, уажәраанӡа сшамеигӡаз еиԥш. Сара зеиԥшыҟам ала исгәалашәоит хыхь зыӡбахә сҳәаз, сзыҩнарааӡаз, уаҳа налымшо алҩақ иашәхьаз аԥацха. Иага мҩаду сақәшәаргьы, уи аԥацха абарҵа инаркны, зны ихало, зны илбаауа, илыкьылакьуа ауаа рахь игаз амҩахәасҭа сха­шҭырц залшом. Сара схәыҷы аахыс сашьцылан аусура, ламысла аусура, уи сагьаҿызаашт, сҩыга сымпыҵшәаны акараҳәа инкашәаанӡа.

(Икьыԥхьуп иаазыркьаҿны)


 

«Апрозаик Ӡаӡ Дарсалиа данқәыҧшыз инаркны сиргәырҕьон иажәабжьқәеи истатиақәеи рыҩраан ибызшәа аилыххарала. Уи хаҭабзиарала иалукаауа апиесақәа аҧиҵеит. Аха, убас шакәугьы, ирҿиараҿы еиҳаны илиршар ауан. Ҵабыргны, уи макьана дызхьымӡац хаирҭәаар илшоит, гәыкалагьы иабжьазгоит уи аҽазкра».

Дырмит ГӘЛИА

(1958)


«Ӡ. Дарсалиа иҩымҭақәа иреиҳауп бжьсахьак змоу адрама «Ажәытәра иагаз» (иҩуп 1928 шықәсазы). Адрама иаҳнарбоит ареволиуциа ҟалаанӡатәи аҧсуа қыҭаҿ иҟаз акласстә қәҧара… Уи имҭаны аҧсуа литература иалалеит иҵегьы аҩымҭа шьахәқәа, ажәабжьқәа»: Ауаҩышас», «Абзагә», «Хамыжә уҽдыр», «Аидара иаҵаз аҭаҳмада».

Ӡ. Дарсалиа ирҿиамҭақәа ҩуп иҵабыргыҵәҟьаны иҿырҧшыгоу бызшәала. Аҧсуа прозаҿы имаҷҩуп уи иааимазкыша аҧсуа бызшәа абеиараҿы, ацқьараҿы, асахьаркыраҿы. Ажәлар рбызшәа ду уи ҟазаҵас инапы иакуп. Ииҩуа аилкаара бзиоуп, аҧхьара мариоуп, акы иамкуа-иамышьҭуа, аӡы еиҧш ииасны ицоит. Ирхашҭхьаз ажәақәагьы заҟа аҧсҭазаара рызирхынҳәызеи. Ажәакала, хымҧада, Ӡ. Дарсалиа иҩымҭақәа рыбзоурала аҧсуа литературатә бызшәа акыр ҧхьаҟа ицеит, иара убри алагьы ашәҟәыҩҩы иаҳагьы иҭыҧ ирҕәҕәоит аҧсуа литература аҭоурых аҿы».

 Шалуа Инал-иҧа

(1961)


«Ӡаӡ Дарсалиа ирҿиаратә усураҿы еиҳаӡоу қәҿиароуп ҳәа иҧхьаӡоуп уи идрама «Ажәытәра иагаз»... Алитература зегьы аҿы даараӡак ирацәам ақыҭа ҧсҭазаара абас аҧсы ахаҵаны, амилаҭ цәа аҟәнҵаны иҭызхуа аҩымҭақәа. «Ажәытәра иагаз» аҧсуа литератураҿы иахьа уажәраанӡагьы жәра зқәым, еицамкуа аҩымҭа лыҧшаахқәа ируакуп».

Шоҭа САЛАҞАИА

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me