Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абиҧарала еимырдо

2023 шықәса нанҳәамза 3 инаркны 7-нӡа жәлар рхортә кол­лективқәа рфестиваль «Моё сердце в горах» ҳәа хьӡыс измаз мҩаҧысит Нхыҵ Уаҧстәыла аҳҭнықалақь Владикавказ аҟны. Афестиваль иалахәын Урыстәыла Афедерациеи аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рҟынтә, ҩажәа инарзынаҧшуа ахротә коллективқәа.

Афестиваль аиҿкааҩцәас иамоуп – иавтаномтәу-икоммерцатәым аиҿкаара «Содействие и развитие культуры и массовых коммуникации», «Культурный район», аҳәынҭқарратә абиуџьет усбарҭа «Республиканский Дом народного творчества».

Афестиваль хықәкы хадас иазықәгылан еиуеиҧшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара, аус еицуразы аформат ҿыцқәа раҧҵара, арҿиара аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиҧшым акультурақәа реимадара.

Уи Аҧснынтәи рхы аладырхәит И.Е. Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиаратә центр адиректор – Кәарҷиа Нур Еремеи-иҧеи, Р.В. Дасаниа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи акультура ахан аҟны еиҿкаау, аҿартә фольклортә ансамбль «Ахьышьҭреи». Афестиваль мҩаҧысуан Владикавказ ақалақьтә баҳчақәа руак аҟны.

Жәлар рныҳәа «Задалески Нана» амш аҽны, имҩаҧган аконцерт ашьхаҳаракыратә қыҭа Задалеск аҟны, иара убас уаҟа имҩаҧган аишәа гьежь «Песнь о героях» ҳәа хьӡыс измаз, «ашәаҳәаразы аҟазара акласс».

Афольклортә ансамбль «Ахьышьҭра» афестивальтә усмҩаҧгатәқәа қәҿиарала рхы рыладырхәит. Рықәгыларақәа хыркәшахон лыссаамҭа еихымсыҕьуаз ахәаҧшцәа рнапеинҟьарала.

Иахьабалак ҳара ҳделегациа гәыкала ирыдыркылон. Ансамбль анапхгаҩцәа Гәынба Есмеи Џьениа Саидеи аишәа гьежь аҟны рықәгыларақәа рыла уи алахәцәа дыршанхеит.

Саида Родик-иҧҳа Џьениа лажәахә «Типографические особенности ладо-методических форм погребальных песен-плачей абхазов» ахьӡын, Есма Закан-иҧҳа Гәынба – «Свадебный обряд абхазов: функционирование традиции в современном социуме».

Аколлектив «Ахьышьҭра» ианаршьеит афестиваль аҧхьахә. Нур Кәарҷиа – «Ажәларқәа рыбжьара акультура арҕәҕәареи арҿиаратә еимадара рыбжьаҵареи» ирзынархоу илагалазы ианашьан ақалақь Владикавказ администрациа аҳаҭыртә шәҟәы.

Есышықәса имҩаҧырго аныҳәа «Задалески Нана» алегенда ахылҿиаан иҟоуп. Нана аҧҳәыс лакәын изахьӡыз. XIV ашәышықәсазы аланқәа аамҭа цәгьа иҭагылеит. Ампыҵахалаҩ Ахсак Темур иҧсҭыр иманы аланқәа реилынхарҭа ҭыҧ хирбгало, рыҩнқәа амца рыцреиҵо, инирҵәо далагеит. Араҟа иццышәыртәоз ақыҭақәа рыҟны Нана зхала иаанхаз ахәыҷқәа рыҧсы еиқәлырхарц азы еидылкыло далагеит. Анаҩс лыҽӡаны, илыманы лҿаалхеит ашьхарахь. Нана дхьаҧшуан, ампыҵахалаҩцәа лыхьӡар ҳәа дшәон. Иахысит Цагат, ашьха ашьапахьы иахьынылбааз Дигориатәи аҳаҧы рылаҧш иҵашәеит, уаҟа рҽырҵәахит. Лара уахи-ҽни ахәыҷқәа дырхылаҧшуан. Уи ашьҭахь Нанеи ахәыҷқәеи Задалеск аҟны Текоеваа рҭаацәара иақәшәеит. Уаҟа илыдыргалеит ҭаацәарацыҧхьаӡа ахәыҷқәа шаны ирылҭарц азы, аха лара мап ацәылкит. Анаҩс ақыҭанхаҩцәа еицхырааны аҩны рыздыргылеит, уаҟа анхара иалагеит. Ицон аамҭа. Абасала ахәыҷқәа ирызҳауа, иҿио иалагеит.

Ари аҧҳәыс лыхьӡ аӡәгьы ирыздыруамызт, ахәыҷқәа Нана ҳәа ларҳәон, ус иагьаанхеит. Иахьатәи аамҭазы Нхыҵ Уаҧстәылан «Задалески Нана» илызкны есышықәса имҩаҧыргоит аныҳәа, нанҳәамза актәи амчыбжь иалагӡаны.

«Задалески Нана» ауаҧсаа ргәаҵаҿ дыҟазаауеит дуаҩы лашаны. Лыхьӡ еиҭаганы иуҳәозар «иҧшьоу» «ауҧшәыл» ауп иаанаго. Иахьазы Дигориа аҟны аиҳабацәа аишәа ианахатәоу лгәа­лашәара иазкны аныҳәаҿа шьҭырхуеит. Иара убасгьы, лара илызкны имаҷымкәа ашәақәа аҧырҵахьеит, ирыҩхьеит ажәе­ин­раалақәа.


Cаида Ҳаразиаҧҳа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша 1-тәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me