Апрокурор хада Адгәыр Агрба ажәахәҟаҵаҩ иахь, иара убас аилатәараҿы иҟаз зегьы рахь имаҷымкәа азҵаарақәа изцәырҵит.
– Сара абраҟа исаҳарц сҭахуп имҩаԥысуа атәы, – иажәа хациркит иара. – Избан аусқәа изырмыхәаԥшуа, издыргәагәауа? Исҭахуп зегьы ираҳарц, ирдыруазарц ҳаҩнуҵҟа имҩаԥысуа: шаҟа ус ирыхәаԥшу, аконституциатә хырхарҭа змоу усқәа шаҟа аӡбарҭахь иҳашьҭхьоу, урҭ ахьыҟоу, ианхыркәшахо, аӡбаҩцәа абарҭ аусқәа рганахьала ҳара иҳарҳәауа. Абарҭқәа зегьы абанӡаҳачҳауеи. Рҭак ҟазҵода абарҭ азҵаарақәа? Абри ауп сара исаҳарц исҭаху, раԥхьатәи амш инаркны абри ауп сгәы иҵхауа.
Иазгәеиҭеит аусқәа зегьы аҵыхәтәанынӡа ишнагалатәу. Апрокурор хада ирабжьигеит ақәгылара ԥшӡақәа рҟнытә апрокуратура аусбарҭақәа рҟны иҟоу хықәкылатәи апроблемақәа рылацәажәарахь ииасырц.
–Ҳара аусқәа реиқәырҽаҽара ҳҽазаҳкуам. Апрокуратура хадаҿы аконвеиер ҳамаӡам, иҳазгылаӡам ҩажәижәаба-ҩынҩажәа том ахьеизаҳгаша астанок. Аӡбарҭахь аусқәа наҳашьҭуеит, арахь аӡәымзар аӡәгьы абахҭа дҭатәаӡам, – игәы иаланы иҳәеит Агрба.
Иара иргәалаиршәеит Аԥсны Ашьауӷатә кодекси Ашьауӷаусеилыргаратә кодекси аиҭакрақәа рылагаларазы ажәалагалақәа разыҟаҵара иазкыз аусура атәы.
–Шаҟа аус аауаз шәарҭ зегьы ибзиаҵәҟьаны ижәдыруеит. Апрокуратура аусбарҭақәа зегьы уи иадыԥхьалан. Атәыла Ахада абри аусура дахагылт. Ҳажәалагалақәа наҳашьҭит Жәлар Реизарахь. Иабаҟоу аӡбамҭа, иабаҟоу аҩны арбаандаҩра? Иҟазшыҟаз иаанхеит. Шәааи, абри ҳалацәажәап, –ирыдигалеит апрокурор хада.
Агрба иаҵишьит аусҭҵааҩцәеи мамзаргьы апрокурорцәеи рахьтә дызусҭазаалак акоррупционерцәа рахьтә аӡәы ихы иақәиҭтәра «дазааԥсазар», убри аганахьала афактқәа шьақәырӷәӷәахар, иара ус еиԥш иҟоу аусзуҩцәа рызҵаара аҭыԥ ишықәиҵауа.
–100 миллионк рӷьычит – рхы иақәиҭуп, 160 миллионгьы рӷьычит – рхы иақәиҭуп. Ҳара даҽа мҩак ҳанылеит, ҳазхәыцуан абри аус аԥхьҳарҟәҟәаарц, Жәлар Реизара ашҟа ҳхы ҳархеит аҩны арбаандаҩра аиԥш иҟоу аԥҟара амч аанаҳкыларц азы, аха уигьы ҟамлеит, – иҳәеит Агрба.
Апрокурор хада Адгәыр Агрба иара убас иазгәеиҭеит, дарбанзаалак инапы зҵеиҩыз азы аҭак шыҟаиҵауа.
– Ашьауӷатә, Ашьауӷа-усеилыргаратә закәанԥҵараҿы акоррупциатә усқәа рганахьала изакәызаалак активрак уаҳа иҟалараны иҟаӡам. Шәара шәахь зҵаара сымам. Абри аамҭала исаҳарц, избарц исҭахыз зегьы збеит. Шәарҭ аӡәырҩы шәҿаԥхьа иқәгылаз ауснагӡатәқәа шәымч рықәхеит. Уаанӡагьы акритика шәзызуан, абригь-абригь ҟаҵатәуп ҳәа шәыхшыҩ азысышьҭуан, аӡәырҩгьы иаадырԥшит рҟазшьа, рпринципра. Дарбанзаалак инапынҵамҭа аҭак ҟаиҵароуп. Акоррупциатә хырхарҭа змоу аусқәа 15-20 инареиҳаны ареспубликаҿы имҩаԥысуеит, аара зду зегьы ршьапы иақәиҭуп. Ауаа ҳхыччо аҟынӡа инеит. Иҳамоуп имаҷымкәа егьырҭ аусқәагьы. Уаҟа аҭагылазаашьа аҽакуп, ауаа ырбаандаҩуп. Акоррупциатә усқәа ирыҵаркуа атәы акәзар, араҟа даҽа принципк шьақәгыланы иҟоуп – шаҟа ирацәаны иуӷьычыз аҟара, убасҟак алшарақәа уоуеит ухы уақәиҭзарц азы, – игәы иаланы иҳәеит апрокурор хада Адгәыр Агрба.