Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥышәара амшқәа раан аҧсадгьыл агәеисыбжь зныруаз

Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа анаԥҵаха инаркны арра аус инапы ианырҵеит аполковник Сулҭан Сосналиев. Уи зныкымкәа Аԥсны даахьан, В.Г. Арӡынбеи иареи еиқәшәахьан. Гәынхәҵысҭала еиликаауан мышкымзар мышкы Қырҭтәыла Аԥсны иақәымлар шамуаз. Ус егьыҟалеит 1992 ш. август 14 рзы.

С.Сосналиев хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа иаауаз раԥхьатәи агәыԥ иманы август 15 рзы, ахәылԥаз Ԥсоу аҳәааҿы даахьан. Аԥы­нгылақәа дырхысны, ақәылаҩцәа иҽрымпыҵхны игәыԥ драԥхьагыланы Гәдоуҭа дааит. Адырҩаҽны инаркны Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыштаб дахагылеит (август 18 рзы С.Сосналиев атәылахьчара аҳәынҭеилакы анаԥҵаха уи аштаб аиҳабыс дарҭеит. Октиабр 2 нахыс аштаб аиҳабыс, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩс дҟалеит). Абасала, С.Сосналиев хатәгәаԥхарала аибашьцәа раԥхьатәи ргәыԥ иманы Аԥсныҟа иаара – август 15 Аԥсны хатәгәаԥхарала аибашьцәа Рымш акәны иазгәарҭоит 2012 ш. раахыс.

Хатәгәаԥхарала аибашьцәа рахьтә “Аԥсны Афырхаҵа” ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп 51-ҩык, Леон иорден ранашьоуп 247-ҩык, “Агәымшәаразы” амедал – 623-ҩык. Аибашьраан иҭахеит 260-ҩык инареиҳаны.

1992 ш. август 14 рзы ҩ-нызқьҩык еидызкылоз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа – Егры аӡиас ирны Аԥсны ианақәлаз ирыман: атанкқәеи аршьаҟауаа реибашьыга машьынақәеи хынҩажәа, артиллериатә шьақәгылақәа жәаҩеи урҭ жәҩанынтә изыхьчоз авертолиотқәа (МИ-24) ԥшьбеи. Ԥуҭнтәи мшынла Гаграҟа ишьҭыз Қырҭтәыла ар рыхәҭак адырҩаҽны иазгәаҭаны иахьрымаз Цандрыԥшь аҳаблан иӡхыҵит шьыбжьон – асааҭ акы иазааигәаны.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҵысит.  Аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл рымызхырц иақәызкыз аӷа иҿагылеит хеигӡарак ҟамҵакәа.

Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа хьаҵраны ишыҟамыз збаз ақырҭуа қәылаҩцәа рԥызацәа аҭагылазаашьа арԥсыҽразы Аԥсны анапхгареи дареи реиҿцәажәара иазыразхеит. Аиҿцәажәарақәа инарықәыршәаны ақырҭуа архәаҭақәеи ртехникеи Аҟәа ааныжьны Мрагыларатәи аганахь, – Кьалашәыр аӡиас нахыс, Баӷба­ран ақыҭан рҽеидыркылеит, Аԥсадгьыл ахьчара иазгылаз ракәзар, Мраҭашәарахьтәи аганаҿ – Гәымсҭа аӡиас нырцәҟа ииасит.

Абас аиқәшаҳаҭра шыҟазгьы, август 18 рзы уи еилаганы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа ԥынгыла рымаӡамкәа Аҟәа иалалеит, рнапахьгьы иааргеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк иалази егьырҭ Аԥсадгьыл апатриотцәеи Гәымсҭа аӡиас нырцә рхырӷәӷәарҭа аанкыланы итәеит.  Абри амш аҽны Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Гагра ааныжьны Бзыԥҭа аҳаблахь иааскьеит, избанзар уи ақырҭуа қәылаҩцәа рнапахьы иааргеит. Аԥсуаа амацәаз иҭаркит Ԥсоу аӡиас инаркны Гагра араион Колхида ақыҭанӡа (Пицунда аԥсуаа рнапаҿы иҟан). Мрагыларахь Аԥсны иалсуа амашьынамҩа хада нахыс (Очамчыра араион) амшын аҿықә зегьы ақырҭқәа ахылаԥшуан.

Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аԥсны ианалала, Аԥсны асуверенитет ашәарҭара иахьҭагылаз инамаданы аҽныҵәҟьа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала ауааԥсыра рҽеизыркырц рыланаҳәеит 18 ш. инаркны 40 ш. зхыҵуа рҟынӡа, насгьы аҩнуҵҟатәи ар рполк ашҟа рхы дырхарц. Аԥыза идҵан аполк аҩнуҵҟа 500-ҩык еидызкыло абаталионқәа 5 реиҿкаара. Иаарласны – август 18 рзы иаԥҵахеит иара убас атәылахьчара Аҳәынҭқарратә комитет (октиабр 11 рзы еиҿкаахеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра).

Аԥсуа жәлар Аԥсадгьыл аиқәырхаразы, август 14 инаркны аҭыԥанқәа рҟны апартизантә гәыԥқәа еиҿыркаауан. Абас иалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра. (Ашьҭахь, ишнеишнеиуаз Мраҭашәаратәи (Гәымсҭатәи) Мрагыларатәи афронтқәа шьақәгылеит).

1992 ш. август 18 рзы Кавказ Ашьхарыуа Жәларқәа Рконфедерациа Апарламент изаамҭанымыз, инарҭбааз аилатәараҿы “Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьеи Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар имҩаԥырго ақәымчра аҿагылареи рзы” ақәҵа­ра аднакылеит. Убри ала уи адгылеит Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациеи егьырҭ амилаҭтә хеидкылақәеи раԥшьгамҭа. Убри ашьҭахь хара имгакәа Кавказ Ажәларқәа Рконфедерациа Кавказ жәларқәа рхылҵшьҭрақәа рахь Ааԥхьара аднакылеит ацхырааразы, Аԥсны аиқәырхаразы рашьцәа ирывагыларц.

Аԥсны анапхгара рҽазыршәон аибашьра аанкыларазы амҩақәа рыԥшаара, егьырҭ атәылақәа рахь ааԥхьара ҟарҵон абри аус иахаҵгыларц.

Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа апрезидент Иури Калмыков ашьҭахь игәалашәарақәа рҿы иҩуеит: «... аибашьра ишалагаз шеилыскаазҵәҟьа, иаарласны аҭел ҟасҵеит Нальчикҟа, Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа Анагӡком ахьӡала адыгақәа (ачерқьесқәа) зегьы рахь ааԥхьара ҟасҵеит Аԥсныҟа ацхырааразы ишдәықәлаша ала. Ашьҭахь схаҭа сыԥрит Ҟабарда-Балкартәылаҟа, уа рҽеибаркны хатәгәаԥхарала амҩа иқәлоз ашәҟәы рҽанҵара иаҿын. Нальчик аҟабарда жәлар Рконгресс зыҩноу ахыбраҿы есҽны иааиԥмырҟьаӡакәа агәаран иқәгылан, џьоукы Аԥсныҟа рышьҭра иаҳәон, даҽа џьоукы уи ацхрааразы аԥара аларҵон». (И. Ҳ. Калмыков. Аразҟы ахаҵәирҭақәа. Москва, 1996, ад. 70).

Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа апрезидент И. Калмыков 1992 ш. август 19 рзы Ааԥхьара ҟаиҵеит адыга, абаза жәларқәа, Нхыҵ-Кавказ ажәларқәа, Алада Урыстәыла аказакцәа рхеилакқәа, ажәларқәа рхақәиҭреи, раҳаҭыри, рхьыԥшымреи иахӡыӡаауа зегьы рахь, аешьаратә аԥсуа жәлар рыхьчаразы хатәгәаԥхарала ицо рнаԥхьара рылаҳәаразы. «Ҳара Аԥсны арыцҳара ишҭагылоу иаанҳажьуам» – абас ихыркәшоуп уи иааԥхьара. Хара имгакәа ашьхақәа ирхыҵны Аԥсныҟа иаауан уи ахьчаҩцәа, Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәа.

Ауаажәларратә хеидкылақәа реиԥш, аибашьра анеиқәымтәаӡа, Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа жәпакы, иара убас Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани ареспубликақәа уҳәа рнапхгаҩцәа Аԥсны аибашьра аанкылареи Қырҭтәыла ар ралгареи дҵаны иқәдыргыло иалагеит, абри иадгылеит Алада Урыстәыла арегионқәагьы. Аха аибашьра шцац ицон, Нхыҵ-Кавказ, Алада Урыстәыла уҳәа ԥыхьатәи СССР арегионқәа зегьы рҟнытә ауаҩы имацара иакәымкәа жәларык рзин ахьеиларгоз иаҿагыларц, аиаша иадгыларц, ирыхьчарц рхатәгәаԥхарала Аԥсныҟа иаауан афырхацәа.

Аԥсни аԥсуа жәлари рхақәиҭратә қәԥара иадгыланы иқәгылоз есааира рхыԥхьаӡара иацлон, географиалагьы аҽарҭбаауан.

Аҳәаанырцә зегь раасҭа аԥсуаа рацәаҩны иахьынхо Ҭырқәтәылан даараӡа рылахь еиқәнаҵеит Аԥсны иҟалаз ахҭыс. Дара реиԥш, егьырҭ аешьаратә ашьхарыуа жәларқәа рхылҵшьҭрақәа зегьы рыжәҩа еибыҭаны ампыҵахаларатә еибашьра иаҿагылеит, ӷәӷәала рыбжьы дыргеит. Убри алагьы адунеи зегьы иадырбеит, иадырҳаит Аԥсны аԥсуа жәлар рхала ишыҟам, аҳәаанырцәтәи рашьцәа реиԥш, урҭ ишрывагылазаауа егьырҭ аешьаратә адыга (ачерқьес) жәларқәагьы.


Аԥсны аибашьра ишалагаз анраҳа ауыха инаркны: Сҭампыл, Адаԥазар, Есқьишьеҳир, Бурса, Инегиоль, Диузџье уҳәа ақалақьқәа ркультуратә дернеқьқәа рҟны имҩаԥысуаз ажәлар реизарақәа, насгьы урҭ еиҿыркаауаз амитингқәа рҟны Аԥсны ар алазгалаз, аибашьрагьы зырҵысыз Қырҭтәыла анапхгара ирықәыӡбон, аибашьра аанкыланы ар Аԥсны иалгатәуп ҳәа иқәгылон.

Ақалақьқәа рҟны аҿар хазы аизарақәа мҩаԥыргон аиҳабацәа аламырхәӡакәа. Иаахтны ирҳәон аизарақәеи амитингқәеи шаҭаху, аха уи мацара шазымхоз, рашьцәа аԥсуаа рыцхрааразы абџьар кны ишрывагылатәу, Аԥсадгьыл шрыцхьчатәу. Қалақьцыԥхьаӡа шәҩыла аҿар Аԥсныҟа ҳамцар ҟалом ҳәа иқәгылеит, аха атәым тәыла еиуоу ауааԥсыра Аԥсныҟа раара имариоу усмызт, гәыԥ-гәыԥла амҩа рықәлара ҟазшьас иазыԥшаатәыз иазхәыцуан.

Иазыӡбан аԥхьа гәыԥк амҩа иқәларц, нас излауала аӡәаӡәала, ҩыџьа-ҩыџьала иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥснытәи рашьцәа рыцхраара ицаларц аибашьра ааилгаанӡа. Убас егьыҟалеит.

1992 ш. август 25 рзы хатәгәаԥхарала Гәдоуҭа иааит 33-ҩык Аԥсны ахьачаҩцәа, урҭ ирылан Ҭырқәтәыла еиуаны Аԥсны иреиҳау аҵараиурҭа иҭазгьы. Адаԥазар, Инегиоль, Есқьишьеҳир, Диузџье, Сҭампыл уҳәа рҟнытә иааз аԥсуаа рнаҩсангьы иҟан адыгақәа, аубых.

Ҳаԥсадгьыл ҳацзыхьчоз аҳәаанырцәтәи ҳашьцәеи адыга хылҵшьҭрақәеи рхыԥхьаӡара есааира иацлон – Сҭампыл, Адаԥазар, Диузџье, Инегиоль, Есқьишьеҳир еиԥш, иаауан Бурса, Адана, Измир, Сивас, Каисери, Марашь, Балықьесир, Ҭурҳал, Билеџьиқь уҳәа рҟнытә.

1992 ш. август 24 рзы акәзар, Сҭампыл имҩаԥысыз аизара ду ахь инеит Ҭырқәтәыла иҟоу акультуратә дернеқьқәа 42 рхаҭарнакцәа. Зҵаара хаданы иқәгылан Аԥсны ацхрааразы Кавказтәи акомитет аԥҵара. Анапхгаратә гәыԥ 14-ҩык еиднакылеит. Урҭ рыҩнуҵҟа еиҳабыс далырхит Аҭаи Ацәышба, ихаҭыԥуаҩыс – Ирфан Аргәын.


Ҭырқәтәылантә еиԥш, Аԥсны ахьчара иаауан Шьамтәылантәгьы. Хатәгәаԥхарала иааны ҳаԥсадгьыл ҳацрыхьчон жәаҩыла ҳашьцәа.  Ахәцәа ацхыраара рыҭараҿы, рыхәшәтәраҿы ирылшаз маҷым аԥсуа ҳақьымцәа Аҳмаҭ Кәыџбеи Ҳаисам Маршьани.

Ҭырқәтәылан еиԥш, Шьамтәылан инхо аԥсуаагьы Аԥсны ацхрааразы акомитет еиҿыркааит. Уи аилазаараҿы иҟан 10-ҩык. Еиҳабыс даман Шьериф Чычба.


Ҭырқәтәылантә Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы еибашьуаз рахьтә иҭахеит хәҩык: Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ зыхҵоу Баҳадыр Абаӷба, Леон иорден занашьоу Ведаҭ Кәаӡба, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Ефқан Цыба, Зафер Аргәын, Ҳанефеи Еӷожь (аҟабарда), Шьамтәылантә хҩык: Леон иорден занашьоу Фарид Арҩҭаа, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Зиуар Чычба, Гасан Џьаркас (Цеи – адыга).

Иахьа есааира Аԥсны ашьапы ианықәгыло, аҳәаанырцәтәи аԥсуаа лабҿаба агәра днаргоит аԥхьаҟагьы аидгылара шырӷәӷәатәу, аԥсадгьыл ахьчараҿы иҭахаз аҵеицәа баша ишҭа­мхаз, Аԥсны шмыӡыз. Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбахә хара иахьнаҩуа дара рзгьы гәадуроуп.


Раҧхьаӡа агәаҕьра аазырҧшыз


Баҳадыр Абаҕба иаб Ниҳаҭ иабду Мсоусҭ иоуп Аҧснынтә ианахыргоз Ҭырқәтәылаҟа инанагаз. Абаҕбақәа – аҧсуа еимышьҭрақәа цәыџьаа иреиуоуп.

Ҭырқәтәылан, Қиунчаз ақыҭан Абаҕбақәа ҩ-ҭӡык ракәын иҟаз. Дара урҭгьы нхара ақалақьқәа рахь ииасит, Ниҳаҭ – Есқишьеҳирҟа. Ара дынхон, аусгьы иуан. Ниҳаҭ иҩнаҭаҿы изҳауан Баҳадыр.

Иқәра аҵанакуа даныҟала, аррамаҵура ихигеит.  Даныхынҳә Есқьишьеҳир, иаб иҩнаҭаҿы дынхон, аусурагьы далагеит.

1992 ш. август 14 рзы Инегиоль апарк ҧшӡақәа руак аҟны иқәгылон Аҧснынтәи инеиз аестрадатә ашәаҳәаҩцәа ргәыҧ. Аҧсуаа рацәаҩны еизеит. Аҧсуа ашәа еихсыҕьуамызт. Аха абри аҽны ажәлар ргәырҕьара еиҧҟьеит, Аҧсны аибашьра ҵысит ҳәа анрыларҳәа нахыс.

«Аҧсныҟа ҳцароуп, ҳашьцәа ҳаҧсадгьыл рыцҳахьчароуп, сара сцоит!» ҳәа раҧхьа зыбжьы зыргаз Баҳадыр Абаҕба иоуп. Убасҟан даҽа ҧыҭҩыкгьы Баҳадыр инаишьҭарххны рыбжьы дыргеит.

Август 25 рзы Ҭырқәтәылантәи Гәдоуҭа иааз 33-ҩык Аҧсны ахьчаҩцәа дрылан Баҳадыр Абаҕба. Октиабр азы Гагра ахақәиҭра далахәын. Ашьҭахь агәыҧ алахәхеит Гәыматәи (Шрома) ажәылара.

Ноиабр 19 ауыха Баҳадыр дызлаз агәыҧ аиҳабы излареиҳәаз ала, иззыҧшыз адҵа роуит, вертолиотла Мрагыларатәи афронт ахь егьыҧрит.

Ажәылара аиҿкаара аплан инақәыршәаны ицеит Кәачараҟа. Ноиабр 28 рзы Лашькьындари Кәачареи ақыҭақәа рхы иақәиҭыртәит аратәи афронт аибашьцәеи дареи еицхырааны.

 Аҵых акыр инеихьан, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа, ахырҕәҕәарҭаҿы шаҟаҩы азхоз ааныжьны, егьырҭ рышьҭахьҟа ихынҳәуан. Амҩан – аҕацәеи дареи реиҿахысраан Баҳадыр дырхәит.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ҧшьымз дышьҭан. Ҩынтә дҧырҟеит. Ихәра ҕьаанӡа даанымгылеит. Ҧыҭраамҭак Пицунда дыҟан. Нас Ҭырқәтәылаҟа дрышьҭит иҽихәшәтәырц. Дахьцаз ҩымз даанхеит. Гәабзиарала рацәак дыҕәҕәамызт. Аха, 1993 ш. ииун 27 рзы аҩынтәраан Аҧсныҟа дмаар имуит.

Аҟәа ахы иақәиҭыртәырц зымҽхак ҭбааз ажәыларақәа ирылагеит ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа. Ииуль 9 ауыха Гәыма ақыҭа иалалеит. Ақәылацәа ахьаҵра рҽа­зыркхьан…

Баҳадыр дызлаз агәыҧ аҟәшақәа руак инапы ианын. Сентиабр 20 рзы Аҟәа иахагылоу ахәы ҳаракқәа руак ала илбаауан.

Баҳадыр абраҟа ахәра ҕәҕәа иоуит, ашьа рацәаны ицәцеит. Абасала иразҟы кьаҿхеит. Ажәыларахь дымцар аӡәгьы гәыбҕан ииҭарымызт, аха уи, ишиҟазшьаз еиҧш, иҩызцәа рыгәҭа дгылазар акәын.

 Баҳадыр Абаҕба иуасиаҭ ажәа ҩбамтәкәа анышә дамардеит Гәдоуҭа, аешьаратә нышәынҭраҿы. Иара иҩызцәа афырхацәа ирыбзоуроуп иахьа Аҧсны иамоу ахақәиҭра.


Аҧсуа дгьыл иҧсы аҿҳәаран

Аҧсуаа гәҭылсақәа ҵабалаа дреиуаны Бурса авиалет иаҵанакуа Инегиоль ақалақь аҿы зҭыҧ ылызхыз Лиуҭфи Кәаӡба ихшара рыҧшьҩыкгьы Гиунеиқесҭане ақыҭан иит, аха урҭ шхәыҷқәаз иҭаацәа иманы Инегиольҟа диасит.

1967 ш. ииуль 19 рзы ииз Ведаҭ 8-шықәса данаҧхьа ашь­ҭахь, иашьеиҳаб Седаҭ аус ахьиуаз амашьына зланыҟәо акәырқәа анхалак иахьдырҿыцуа аҟазарҭахь днеит. Аишьцәа еивагыланы акрыруан. Ведаҭ ирратә уалҧшьа ихганы даныхынҳәгьы, уаанӡатәи икырурҭаҿы иашьа дивагыланы аусура далагеит. Рашьеиҵбы Нежьаҭгьы дрылахәны ахҩыкгьы уск еицаҿын.

Инегиоль аҧсуаа еизаны Аҧснынтә инеиз ашәаҳәаҩцәа рықәгылара иахьахәаҧшуаз рыҩнуҵҟа дыҟан Ведаҭгьы. Иқәлацәа реиҧш иаргьы уа иаҳаит Аҧсны аибашьра шҵысыз. Ауыха зегь раҧхьаӡа ҳаҧсадгьыл ахьчара ҳцоит зҳәаз аҿар дрылан иаргьы.

                                             ***

Ведаҭ иҩызцәеи иареи Аҧсны иааит. Ҭырқәтәылатәи арҧарцәа рахьтә раҧхьаӡа Шамиль игәыҧ иалалаз быжьҩык рыгәҭа дгылан Ведаҭ Кәаӡба. 

Гагра ахы иақәиҭтәуа, Аҧсни Урыстәылеи рҳәаа - Ҧсоу аӡиас аҟынӡа инаӡаз Шамиль игәыҧ далан Ведаҭ.

1992 ш. ноиабр 3-4 рзы Аҟәа араион Гәыма (Шрома) ақыҭа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рхырҕәҕәарҭа ааха аҭаразы еиҿкааз аҧшыхәратә жәылараан аибашьра даӡрыжәит.

Ноиабр 19 рзы акәзар, Шамиль игәыҧ даланы, Ведаҭ Мрагыларатәи афронт ахь дцоит. Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи Шамиль игәыҧи еицхырааны ноиабр 28 рзы ахы иақәиҭыртәит Қьеҭуан аҳабла. Адырҩаҽны, даҽазныкгьы рымчқәа еибыҭаны Кәачара ақыҭа рнапахьы иааганы Лашькьындарынӡа инаӡеит. Ақыҭа ахы ианақәиҭыртә аҭыҧантәи аибашьцәа уа иаангылеит, рҭыҧқәа ылхны ахырҕәҕәарҭа архиара иалагеит. Ҵхыбжьонын, асааҭ 2 иахысхьан. Дара ргәыҧ аҧыза адҵа злаҟаиҵаз ала рышьҭахьҟа игьежьит.

«Кәачара ақыҭа агәы ҳаҩсхьан, Ҕәада ақыҭа иатәу ачаирҭақәа рҟынӡа унаӡаанӡа амҩа аҿықәан ҩнык гылан. Аҿаҧхьа еихагылаз ахьаца-ҵлақәа хҧа-ҧшьба ирыватәазаарын ақырҭуа еибашьцәа. Дареи ҳареи 10 метрак еиҳамызт иҳабжьаз.  Аиҿахысраан хҩык ҳшьит, егьырҭ бналеит. Ведаҭ ахы аниқәшәа иара уаҵәҟьа дышьҭанакит. Сара соуп аҧхьа дышьҭызхыз, аха иҧсы ҭамызт.  Зегьы даара хьаас иҳауит ҳҩыза гәакьа иҭахара. Ведаҭ иеиҧш иҟаз арҧарцәа роуп аиааира ҳзаазгаз урҭ рыҧсы ҭаны иҳавагылоуп ҳәа иаҳшьоит». Абас игәалаиршәоит Рыдуан Агрба.

Мрагыларатәи афронт аҟнытә Ведаҭ Кәаӡба иҧсыбаҩ Гәдоуҭаҟа ииаргеит. Гәдоуҭа аешьаратә нышәынҭраҿы иҧсы зыҿҳәараз аҧсуа дгьыл дамардеит…


Аҧсадгьыл азықәҧаҩ

Ҭырқәтәылан, Џьгьарда-Ҕәада ақыҭан Ефқан хәышықәса данаҧхьа иҭаацәа Адаҧазар ақалақь ахь диаргоит. Аррамаҵура анихига, рацәак мҵыцкәа ауп Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) ишалагаз. Ефқан данхәыҷыз инаркны деилҟьан, баҩ ҷыдак илоуп уҳәартә дыҟан. Оумашәа бзиа ибон аҧсуаа, адыгақәа, Кавказаа рыкәашарақәа, ибзиангьы дкәашон.

 Аҧсны аибашьра анҵысы – 1992 ш. август 14 ауыха Адаҧазартәи акультуратә дернеқь аҟны ажәлар еизеит. Гәыҧҩык аҿар ауыхаҵәҟьа ирыӡбеит Аҧсныҟа ацара шахәҭоу. Урҭ дыруаӡәкын Ефқан.

 Август 25 рзы Ҭырқәтәылантәи Аҧсны, Гәдоуҭа ақалақь аҟны инеиз раҧхьатәи агәыҧ аилазаараҿы иҟан Ефқан дназлаз Адаҧазартәи аҷкәынцәагьы.

 Аҧсны арбџьар мчқәа Гәыматәи (Шрома) ажәылара аиҿкааразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргон. Аиҩызцәа злаз агәыҧгьы ажәылара иалахәхараны иҟан.

Ефқан ишиҟазшьаз еиҧш, гәымшәарала ажәыларахь дцеит. Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа наскьон раҧхьаҟа. Ақыҭа акраҵанакуан аҧсуаа рзы еиҧш, ақәылаҩцәа рзгьы. Аидыслараан Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа рахьтә имаҷҩымкәа ирхәит, иҭахазгьы ҟалеит.

 Шьыбжьышьҭахьын. Ахысрақәа еихсыҕьуамызт. Еимгеимцарак азы ахысрақәа ааиқәтәеит. Убри иалагӡаны Ефқан дахьтәаз иҭыҧ ҧсахны еиҳа иахьыҧхьакырҭаз днаскьарц иҭаххеит. Иҩызцәа ишырҳәо ала, ҩаҧхьа ахқәа еишьҭаланы рҿаархеит, аҵлақәа рымахәқәа хыжәжәо. Ефқан аҽыҧхьакра дахьымӡакәа иааигәа ҵлак иаахаз аҧҽыха ишьҭахьала ибҕа иақәшәеит. Рацәак мырҵыкәа Ефқан Цыба иоуз ахәра ҕәҕәа иахҟьаны ноиабр 3 рзы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы иҧсҭазаара далҵит.

Аҧсны анапхгара Ефқан иан (милаҭла – адыга) лажәа ҩбарымтәит – Аҧснынтә арҧыс гәымшәа иҭаацәа ахьынхоз Адаҧазар инаргеит дызҭаз аҭоубыҭ. Егьырҭ ақалақьқәа рҟынтәгьы ауаа рацәаҩны инеит Аҧсадгьыл ахьчаҩ аҵыхәтәантәи имҩа данықәырҵоз аҽны. Анышә дамардеит иабацәа рқыҭан – Џьгьарда-Ҕәада.


Ҵабалаа иреиуаз

Ҭырқәтәылан Аҧснытәи ҵабалаа рхылҵшьҭрақәа ахьынхо Инегиоль иаҵанакуа ақыҭақәа ируакуп Мезиҭ. Ҵабалаа иреиуоу Аргәынаа рқыҭа ҳәа иҧхьаӡоуп.

Аргәын Фазлы Есқьишьеҳир ақалақь аҟны анхара-анҵыра напы аиркит. Аҭаацәара далаларц аниӡбы, Ҟардан-ҧҳа Руҳиа дааигеит. 1968 ш. рҭаацәараҿы ииз раҧхьатәи аҵеи Зафер ихьӡырҵеит. Ашьҭахь даҽа ҩыџьа ахацәарҧар иит.

1992 ш. август 14 рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анҵысы Зафер Инегиоль дыҟан. Аррамаҵура дахысхьан. Иеиҵбы Еран арра дыҟан, реиҵыбӡа Ерсын ашкол дҭан.

Зафер «Аҧсныҟа, Аҧсныҟа!» ҳәа еснагь ихҭакны ишимаз, Аҧсадгьыл ахь ихы ирхарц шиҭахыз аибашьра ҟалеит.

1992 ш. август 25 рзы Аҧсадгьыл ахьчаразы Аҧсны, Гәдоуҭа инеиз раҧхьатәи агәыҧ дрылан Зафергьы.

Иахьааиз Шамиль игәыҧ ахь ирыдыркыларц ирыҳәеит Зафе­ри иҩызцәа гәыҧҩыки. Ишдыру еиҧш, аҧхьатәи амзақәа раан абџьар азымхаразы даара ауадаҩрақәа ыҟан.

Сентиабр аҽеиҩшамҭазы Ҭырқәтәылантәи иааз рахьтә Шамиль игәыҧ ахь раҧхьа быжьҩык рыдыркылеит. Усҟан Зафер иеиҧш изҭахыз аӡәырҩы уахь иаламшәеит. Аха рацәак мырҵыкәа Зафергьы дрыдыркылеит. Ноиабр азы Гәыматәи (Шрома) аҧшыхәратә жәылараан иалахәын Зафер дызлаз агәыҧгьы. Усҟантәи ажәылара рықәымҿиазаргьы аҧышәа рна­ҭеит.  1993 ш. март 15 – 16 рзы акәзар, марттәи ажәылара далахәын.

Зафер Аргәын иҩызцәа реиҧш, Аҧсны ахы иақәиҭны абара дазхьуан, аха уи иразҟы иаламзаарын, - 1993 ш. маи 5 рзы дҭахеит.

Аҧсадгьыл ахьчаҩ анышә дамардеит Гәдоуҭа.


Зхылҵшьҭра иазгәдууз

XIX ашә. Нхыҵ-Кавказынтә Ҭырқәтәылаҟа иахгаз аҟабардақәа Каисери инанагаз рахьтә иахьа Ҧнарбашьы ақалақь иаҵанакуа Иуқарықарагьиоз ақыҭан зҭыҧ ылызхыз иреиуоуп Еҕожьаа. Ақы­ҭаҿ инанагаз дрылан Ҳанефи Еҕожь иаб Џьеваҭ иабдугьы.

1992 ш. август 14 рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анҵысы, Ҭырқәтәыла аҧсуа-адыга жәларқәа рхылҵшьҭрақәа ахьынхо – зехьынџьара еиҧш, Каисери еиуоугьы рыбжьы дыргеит Аҧсны аибашьра аанкыларазы, Қырҭтәыла ар ралгаразы.  Абарҭқәа роуп Ҳанефигьы дзыргәаҭеиз. Аҧсныҟа амҩа дықәлеит даҽа ҩыџьа аҟабардақәа ицны. Аҧсны иааит маи алагамҭазы.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Ҭырқәтәылантә иааз аҟабардақәа рыхәҭак ахьынхоз Пицунда ааигәара Лӡаа ақыҭахь ицеит Ҳанефи иҩызцәеи иареи. Уа иахьнеиз, ирдыруаз аҷкәынцәа рықәшәеит. Ҳанефи Аҧсныҟа данаа нахыс игәыҧ злахәыз ажәыларақәа зегьы рҟны дыҟан.

Аҟәа анапаҿы аагаразы аҵыхә­тәантәи ажәыларақәа руак аан, Иашҭхәа ақыҭан аҕа иҳаирплан иҭнарҟьаз аҧҽыхақәа руак иқәшәеит. Убра дагьҭахеит. Ари ахҭыс гәыҭшьаага ҟалеит 1993ш. сентиабр 22 рзы.


Аешьара ныҟәызгоз

1952 ш. ииз Фарид Арҩҭаа Дамасктәи аҳәынҭқарратә университет агеологиатә факультет дҭалоит, аха рацәак мырҵыкәа иҵара аанижьуеит. Иоуз аҭагылазаашьа ихы иархәаны Румыниаҟа­ дцоит. Ари атәылан, Бухаресттәи ауниверситет аҿы уанӡа иалиххьаз азанааҭ ала аҵара дҭалоит.

Қәҿиарала иҵара хыркәшаны дхынҳәуеит Шьамтәылаҟа. Аҧшыхәҩы изанааҭ иманы хышықәса аррамаҵураҿы даныҟаз аамҭазы Ливан ицоз аибашьра далахәын, дыҟан Иорданиагьы.

Аҩныҟа даныхынҳә, хара имгакәагьы аусура далагеит Шьамтәылан зегь раасҭа зымҽхак ҭбааз аргыларатә фирма аҟны. Уа аус руан иашьцәа ҩыџьа: Емади Риади.

1989 ш. Фарид аус ахьиуаз аргыларатә фирма аргылаҩцәа ргәыҧ Аҧсныҟа иааит, Очамчыра ақалақь иахьаҵанакуа аҧсшьарҭа аргыларазы. Урҭ ирылан Фариди уи иашьцәа Имади Риади Арҩҭаа.

1990 ш.  аҧсшьарҭа ҩны ааныжьны ицеит русура хдыркәшаанӡа. Арҩҭаа аишьцәа ахҩык рҩызцәа ирыцымцакәа Аҧсны иаангылеит.

Дук мырҵыкәа Фарид Очамчыра ааныжьны Аҟәаҟа диасит. Иашьцәа ракәзар, аамҭала Шьамтәылаҟа ицеит. Иара Аҟәатәи анаплакқәа руак аҟны аусура далагеит.

Ус, Дамаскынтәи дааит Фарид иашьа Риад.

Риад еиҭах Аҧс­ныҟа иаарала еилкаан игәҭакы.  Риад даныхынҳә иашьа Фарид дахьыҟаз аус иуан.

1992 ш. аҧхынразы Фариди Риади Дәрыҧшь ақыҭан аҩны дыргылон. Август 14 рзы Аҧсны аибашьра анҵысы, аҧсуа жәлар рыхьчаразы хатәгәаҧхарала Нхыҵ-Кавказнтәи ҳашьцәа ашьхарыуа жәларқәа рҵеицәа гәымшәақәа ашьхақәа ирхыҵны иаауан. Убас, Ҟабардантәи иааз ҧызас ироуз Ибрагим Иаган игәыҧ ахь диасуеит Фарид, избан акәзар ихатәы бызшәа рацәак издыруамызт, аҟабарда бызшәа еиҳа ицәгьамкәа идыруан, еиҳа еилибакаауан. Иара убри агәыҧ даланы Гагра ахақәиҭтәра далахәын. Ажәыларақәа раан аҧышәа змоу аруаҩны ихы ааирҧшит.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы иаанхеит ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирықәмҿиаз раҧхьатәи Гәыматәи (Шрома) ажәылара. Аҕацәа амца анрыжәырҵоз амоментқәа руак аан аилаҩеиласраҿы Фарид ҳаҕацәа дрымпыҵашәеит, дагьыртҟәоит. Еиҳарак уи зыхҟьазгьы абызшәа ахьизымдыруаз ауп.

Фарид дааганы Аҟәа дҭаркит, нас Қарҭҟа дыргеит. Аха уаанӡа хынтә дыршьырц иақәыркхьан.

15 мшы Қарҭ дҭакын, рыцҳашьрада ддырҳәацәон, ҕәҕәала дрыпҟон, уи иахҟьаны иваҵарақәа ҧшьба ҧҵәан, афымцамчы змаз агәыр инацәхыб иаларҵон.

Хара имгакәа ақырҭуа тҟәацәа дрыҭнырыҧсахлеит. Гәдоуҭа данаарга ашьҭахьгьы, акраамҭа ишьара дзықәломызт. Иаарласны Ҟабарда-Балкартәыла аҳҭнықалақь Нальчикҟа дыргеит. Аха рацәак днымхакәа Фарид Аҧсныҟа ддәықәлеит. Гәдоуҭа данаа, аамҭак азы акомендатура аҟны дыҟан. Ус, Зиуар Чычба иашьа Заури (Аҟәа дҭахеит 1996 ш.) иареи еицны абџьарла еиқәных вертолиотла ирулакгьы Гәдоуҭантә Тҟәарчалҟа ицеит ҟабардаа ргәыҧ иаланы.

Март 16 рзы Аҭара иаду Наа ақыҭа иалахысуан ақәылацәа. Наа ақыҭахь инагоу аҩбатәи ашьапыламҩа ҳәа изышьҭоу ала Аҭарантә уахь уанцо, ахәы аҟнытә ҵаҟа албаарҭаҿы итәан Фарид дызлаз агәыҧ. Аха абра арыцҳара ҟалеит, – аиҿахысраан Фарид дахьыҟаз аҭыҧ ааигәара игылаз аҵла амахәқәа руак иақәшәаз ахы аҧҽыха иаахеит, ҕәҕәалагьы ахәра инаҭеит. Ари гәазҭаз иааигәара иҟаз иҩызцәа рахьтә ацхыраара ирҭеит – Аҭарантә машьынала Тҟәарчал ахәшәтәырҭахь дыргеит.

Тҟәарчал ианнеи хәылбыҽхахьан. Даннаргаҵәҟьа аҳақьымцәа напы идыркылеит. Ирылшоз игмырхакәа хаха-хымш иҧсҭазаара иазықәҧон. Март 19 ауыха (22 сааҭи 40 минуҭи рзы) ахәшәтәырҭаҿ аибашьҩы гәымшәа Фарид Арҩҭаа иоухьаз ахәра ҕәҕәа изхымгакәа иҧсҭазаара далҵуеит.

Фарид Арҩҭаа анышә дамардеит Тҟәарчал ақалақь аешьаратә нышәынҭраҿы. Ааи, Аҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, зыжәлар рыхьчара иазгылаз аҵеи ахаангьы ҧсра иқәӡам.


Зиуар агәымшәа

 Раҧхьаӡа акәны Шьамтәылантә рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа дреиуан Зиуар Чычба.

Шьамтәылантә ҳашьцәа Аҧсныҟа рыхынҳәра амш еиҳа ианҭынчрамыз иақәшәеит. 1989 ш. Аҧсуа университет аиҟәшара хықәкыс ишьҭызхыз ақырҭқәа рахь аҧсуаа агәынамӡара аадырҧшуан.

Зиуар Аҧсныҟа дшыхынҳәыз заҳаз Аҷандаратәи Константин Чычба иҩныҟа днарыҧхьеит, ихшара дырхыҧхьаӡаланы дшибо, аҧа дышимам, ҧас дшишьо иеиҳәеит.

1990 ш. апрель мзазы Зиуар дҭаацәарахеит. Ииун 2 рзы Аҷандара ақыҭан, Константин Чычба иашҭаҿы гәырҕьаран, ачара изыруит. Ачарахь иааит Зиуар игәакьацәагьы.

1992 ш. Аҟәа, Гәымсҭатәи аиланхараҭаҿы иаархәахьаз ауада иагыз-иабзаз ҟарҵон. Аҟәаҟа имиасыцызт, аха рынхарҭа иашьеиҵбы Заур дахын.

Август 14 рзы Зиуар Аҧсны дыҟамызт, Нальчикҟа дахьцаз дмаацызт. Аҧсны ақырҭқәа ақәлеит ҳәа аниаҳа аҽныҵәҟьа аҧсуаа рыҷкәынцәа гәыҧҩык дрыланы шьапыла шьхала мацара амҩа иқәлеит. Даара аџьабаа ду баны Аҧсны иааит.

Август 16 рзы Гәдоуҭа зҽааидызкылаз 14-ҩык аҷкәынцәа рҧызас иӡбахә рҳәеит Аҟәатәи аҷкәын Ҭемыр Жанаа. Урҭ дрылан Зиуар Чычба. Ари аҽны аҷкәынцәа Шамиль ибаталион иалалеит. Иаарласны Ҭемыр абаталион аштаб аиҳабыс дҟалеит.

Зиуар акырнтә ҧшыхәра дцахьан, маӡалатәи аҧшыхәратә жәыларақәа иҽрылаирхәхьан.

«Зиуар ашәара захьӡыз издырӡомызт. Еснагь аҧхьа дгылазар акәын. Зны Мамзышьха азааигәара, ақырҭқәа рхырҕәҕәарҭаҟынӡа ҳнаӡеит. Аҧшыхәратә жәылара ҳалахәын 17-ҩык. Наҟ-ааҟ аиҿахысра ҕәҕәа ҟалеит. Абра ақырҭқәа рхыҧсаҟьага иҭнарҟьаз ахқәа руак Зиуар иаҩымсит – ихы ахәра аиуит. Араҟа даҽа ҩыџьагьы рхәит. Даара хьаас иҟаҳҵеит Зиуар дахьырхәыз, избанзар уи аамҭа кьаҿк иалагӡаны зегьы дҳалаҵәеит, аҩызцәа зегьы ҷыдала пату иқәаҳҵон», - абас дигәалаиршәон уи ицеибашьуаз Мераб Ҳашба.

1992 ш. октиабр 1 азы, ашарҧаз, 5-сааҭки 20 минуҭи рзы Аҧсадгьыл ахьчаҩ, апатриот Зиуар Чычба иҧсҭазаара ҿахҵәеит.

Зиуар иашьцәа-ижәлантәқәа ахьынхо Аҷандара ақыҭан Чычаа рнышәынҭрақәа рҟны идгьыл гәакьа дамардеит.


Ишәарҭоуп ҳәа даанымгылеит

Шьамтәыла аҳҭнықалақь Дамаск иҟоу Кавказтәи акультуратә центр «Адыге-Хасе» лассы-лассы иаҭаауаз аҿар дреиуан адыга ҷкәын Гасан Џьаркас (Цеи). Уи аҭоурых змоу адыга жәлақәа иреиуоу Цеиаа драшьан.  «Адыге-Хасе» аҟны еизоз аҿар реиҧш, Гасангьы ибарҭан Аҧсны аибашьра шеилымгоз.

«Адыге-Хасе» аҟны Гасан зныкымкәа дрыҳәахьан Аҧсныҟа ицаразы ашәҟәқәа реиқәыршәараҿы ицхраарц, аха аҧсшәа ахьизымдыруаз ишицәыуадаҩхоз рдыруан аҟнытә, дмыццакырц иабжьаргон.

1993 ш. февраль азы Гасан иҩызцәа иреиҳәеит ииулакгьы Аҧсныҟа дышцо. Ишәҟәқәа еиқәиршәеит. Гани Агрба Аҧсныҟа дшаауаз аниаҳа диҧшааит, еицаарцгьы еибырҳәеит.

Гасан иҭахымхеит маӡалаҵәҟьа, аҩны имҳәаӡакәа амҩа ақәлара. Иҳәеит, аха Нхыҵ-Кавказҟа сцоит ҳәа ауп иреиҳәаз.

Гасан Џьаркаси Гани Агрбеи еицны Аҧсны иааит март 3 рзы. Иаразнак ирдыруаз рҩызцәа злақәаз агәыҧ ахь ицеит.

Гасан Аҧсны аҧшӡара игәаҧхеит. Ари аҩыза атәыла зыхдырҟьо еилкаауп, ҳәа игәы инҭиҳәааит.

Аибашьра амҽхак есааира аҽарҭбаауан.

Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ақәылаҩцәа даара ааха рырҭо иалагахьан. Аҟәа ахақәиҭтәразы анаҩстәи ажәылара аиҿкаара рҽаздырхион. Март 15 – 16 рзы ажәыларахь идәықәлеит, аха ақырҭқәа аҿагылара ҕәҕәа еиҿыркааит, ажәылара рықәымҿиеит.

Март 16 рзы, ажәылараан Гәымсҭатәи ацҳаҿы Гасан дырхәуеит. Аҭыҧ ахыхьчараҿы иманшәаламызт. Ихәра хьаас имкыкәа, дымхьаҵкәа, иҩызцәа дрылагыланы ҧхьаҟа деихон. Аха, дук мырҵыкәа ҩаҧхьа аҕа ихқәа иаахеит. Раҧхьатәи ацхыраара иҭара иахьӡеит, нас Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь дыргеит. Аҳақьымцәа дҧырымҟар ауамызт, ихәра ҕәҕәан. Дҧырҟазаргьы, дзалымҵыкәа иҧсҭазаара далҵуеит.

Гасан Џьаркас (Цеи) анышә дамадоуп Гәдоуҭа аешьаратә нышәынҭраҿы.


В. Аԥҳазоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me