Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсуа «Рембо» ҳәа зарҳәоз

Славики Сеуеи Ҳаџьымаа, ҩыџьа аишьцәа, аиҳаби аиҵби.  Уанырбалак рхаҿы рхаччо ада аҧсшәа зымҳәоз ауаа разқәа. Аха рыҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, аӡәы ишьҭахь агылара акәым, зегьы раҧхьаӡа аҕа иҿагылаз ируаӡәкхаз.

Аибашьра иалагеит ҳәа ажәабжь ҳәҳәабжьҵас Ҭхьына ақыҭа ианалыҩ, Славик иҽааибыҭаны ашҭа дынҭыҵт. Уи днаишьҭалеит Сеуагьы. Аха Славик иашьа еиҵбы аибашьра ицара дақәшаҳаҭмызт. «Макьаназ уааҧшы, уаҳҭаххар ара уҟами, ҳаб иҩнашә аҳаркуама?», – иҳәеит Славик. Аха Сеуа иашьа еиҳабы ииҳәоз иирҳарц иҭахымхеит.

Сеуеи Славики аибашьра иаҵанакуаз рдыруан. Раб Кәыҷыр Ҳаџьым Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан деибашьуан.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага Ҭхьына ақыҭан инхоз Ҳаџьым Кәыҷыр арра иҧхьеит. Арра ишиҧхьаз еиҧшҵәҟьа ҽыҧхьакрак ҳәа ҟамҵакәа дцеит еибашьра. Ажәыларақәа руак аҿы Кәыҷыр иқәшәоит ахы. Ихы изымдыруа аибашьра адәаҿы даанхоит. Афашистцәа ари аибашьҩы иҧсы ахәага шҭаз анырба, дытҟәаны дыргоит. Кәҷыр иҭаацәа ирзаауеит ашәҟәы еиқәаҵәа, иҭахара атәы зҳәоз. Нас ишаҧу еиҧш, иҵәуара, иҧс­хәра зҳәаз иеиҧш иахәҭаз зегьы ҟарҵеит. Аха усҟан Кәыҷыр иҧсы ҭан.

Уи дытҟәаны дахьрымаз аҭыҧ аҟнытәи ииулакгьы дыбналаны ҳаруаа ахьгылаз аҭыҧ иҧшаауеит, деибашьуан аҵыхәтәанынӡа. Аибашьра анеилга ашьҭахь дхынҳәуеит иқыҭа гәакьа Ҭхьынаҟа. Дыршьит, дыӡит ҳәа ирҵәуахьаз аибашьҩы, анхара-анҵыра напы аиркуеит, аҭаацәара далалоит. Уи иҧшәмаҧҳәыс Сариа Браскьыл-ҧҳаи иареи ирыхшоит хҩык ахшара: ҩыџьа арҧарцәеи ӡҕабки. Аха Кәыҷыр ихәыҷқәа рааӡаха дахьымӡакәа 35 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵуеит. Ахҩык ахшара иреиҳабыз Славик усҟан 6 шықәса ракәын ихыҵуаз, аиҵыбӡа Сеуа – 9 мзы.

Сариа ахаҵамҧҳәысра аарҧшны, лыхшара абыдара рынмырҧшӡакәа илааӡеит, иаҧсоу ҵеицәаны рыжәлар ирылалыргылеит. Аҭаацәара ианалала, рхы-рыхшара еиҵаҩҩы ианыҟала, ушьҭа исыбаргәузеи ҳәа лыбҕа ааиҵылхит. Аха Сариа усҟан иабалдыруаз лаҧхьаҟа илзыҧшыз, акәтаҕьцәа илкәкәааны илааӡаз лхәыҷқәа реиҵбы аҕа хәымга иқәыџьма хаҧыцқәа дырҿыҵашәараны дшыҟаз.

Аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны Ҷлоуаа, Ҭхьынаа уҳәа рыҷкәынцәа рыла еиҿкаахеит агәыҧ «Каскад». Ари агәыҧ аҟны иҟан аибашьра ианалага аҽны инаркны еицыз аиҩызцәа Славик Ҳаџьым, Ахреи Даури Бигәаа.  Арҭ злахәыз агәыҧ раҧхьа аҕа иҿагылан Цагереи Кәачареи, нас идәықәҵан Кындыҕҟа. Ҩымз инарзынаҧшуа уа иҟан, ашьҭахь агәыҧ «Каскад» баталионхеит. Славик ахҧатәи арота командирс дҟалеит. Абаталион «Каскад» аҟны еиҿыркааит адиверсиа-ҧшыхәратә гәыҧ «Мед­ведь». Уаҟа Ахра акомандир ихаҭыҧуаҩыс дыҟан.

Славик Ҳаџьым инапаҵаҟа иҟаз аибашьцәа дрыхыӡаауан, ак рыхьыр ҳәа дшәон, ажәыларақәа раан раҧхьа дгылан имҩақәҵо, аха еиҳабҵас акәымкәа, аишьцәа реиҧш рыжәҩахыр еибыҭаны еицеибашьуан. Агәыҧ «Медведь» акомандир ихаҭыҧуаҩ Ахра Бигәаа ицеибашьуаз иҩыза Славик дигәаларшәо, иазгәеиҭеит Славик иеиҧш аҩызара, ақәлара ныҟәызгоз даара дышмаҷу. «Славик аибашьра цонаҵы уахык ҧхьара ҳәа иҩны днеины, ихы нықәҵаны ҭынч дмыцәаӡеит. Ҩымз-хымз рыҩнуҵҟа иҭаацәа, иан рбара ҳәа иҩны дныдгыларгьы, даанымгылаӡакәа, аҷкәынцәа ак рыхьыр ҳәа дшәаны аҽныҵәҟьа дхынҳәуан. Ҳаибашьцәа рхы ахьнықәырҵоз аҭабиаҿы, ҵхыбжьон уааҧшыргьы, иара дыҟаӡамызт. Аҷаҧшьара иқәгылаз днарылсаарылсны игәеиҭон, дырхылаҧшуан, ма уаҩы изымдырӡо ҳаҕацәа ахьтәаз ашҟа ҧшыхәра иҿынаихон», – иҳәоит Ахра. Ахра иҩыза дигәаларшәо иаҳзеиҭеиҳәеит аибашьра анцоз амшқәа раан аиҩызцәа зықәшәаз хҭыск.

…Кындыҕҟа идәықәырҵеит ҳәа ҳанаҿыз аамшқәа раан ауп. Усҟан командирс дрыман Гәрам Инаҧшьба. Жьҭаара 18 рзы ҳаруаа Кындҕтәи амҩаду ааныжьны рышьҭахьҟа инаскьар акәхеит. Ашкол аҩадахьы рҭыҧқәа аанкыланы иҧшыхәуа инатәеит. Ахра излеиҳәаз ала, жьҭаара 22 акәу, 23 акәу цқьа игәалашәом, аха ргәы рҽанны иштәаз игәарҭеит, ақырҭқәа рахьынтә аӡәы иҽӡаны дҳәазо, рааигәара игылаз аҩнқәа дрыбжьысны дышнеиуаз. Уи рылаҧш дыҵмыршәо ишишьклаҧшуаз да­ҽӡәгьы иҿааихеит. Аамҭа ҧыҭк анца ашьҭахь, иҧшызар руаӡәк ӡаагара дцоушәа иеирыӡ кны ишьҭахьҟа ихы наирхеит, аха дрышьҭуа иҟазма. Аамҭа цон, иҭадырхаз иҧсыбаҩ агаразы даҽаӡәы дышҧамаари ҳәа иҧшын. Ргәы ишаанагоз иагьыҟалеит. Иршьыз иҧсыбаҩ агаразы иааизгьы уаҟа днаиварҵеит, нас ахҧатәигьы, аҧшьбатәигьы. Убри аҽны ҳаҕа хәымга ируаа иреиуаз 16-ҩык рҟынӡа ҭархан. Ашьҭахь ишеилыркааз ала, иҟалаз уи ауп, аҩнқәа руак аҟны инхоз аҧшәма аҳаҧшьа азна аҩы изыҵазаарын, ҳаҕацәа игәарҭан, амхылдыз еиҧш иаднаҧхьалон...

Ас ахысрақәа аныҟала аҽны, ҳаибашьцәа ахьтәаз аҭыҧ ҳаҕа игәеиҭеит, бџьар хкыс имаз зегьы рыла дрылахысуа иҿааихеит, хҩахашьа ҳәа римҭаӡеит. Славики Ахреи аҵеиџь рҽавакны ииан, хшаҭарада аҭакҟаҵара иаҿын, наҟ-ааҟгьы абџьарқәа ҿааихак рымамызт, аха ҳаибашьцәа рҭыҧ иахымҵит. Ус арасаӡыхьаа рыҷкәынцәа рыхьӡеит. Аиҿагылара еиҳагьы иҕәҕәахеит, аҕа дхьамҵыр рымуит.  Адырҩаҽны Кындҕтәи амҩаду аҿы ааигәа инрыжьыз аҭыҧ еиҭааныркылеит ҳаибашьцәа.

Аибашьра раҧхьатәи амш инаркны Славик ицеибашьуаз иҩыза, қыҭак ицалҵыз, аибашьра аан ахәра ҕәҕәа зауыз Даур Бигәаа иҩыза дигәаларшәо, иазгәеиҭоит Славик иеиҧш ахаҵа иахьа иҧшаара шыуадаҩу. «Баша иажәа ҧшӡоуп ҳәа исҳәаӡом. Славик дхаҵан, аибашьраҿы ҧхьаҟа ада ахаан ишьҭахьҟа дхьамҧшыцызт. Иара ихымҩаҧгашьа иаҿыҧшны аибашьра ицазгьы ҟалеит. Иареи сареи зныкымкәа аҧшыхәра ҳаиццахьан. Иҟан убас еиҧш адҵақәа, иареи сареи ҳада уаҳа аӡәызаҵәык изымдыруа ҳанцоз. Ҳус нагӡаны ҳгьежьуан, аха убраҟагьы иаҳа иахьыуадаҩыз иара аҧхьа дгылон. Иеиҵыбцәа дрыхӡыӡаауан, ак рыхьыр ҳәа дшәон, излаилшоз ала ихьчон», – иҳәоит Даур Бигәаа. 

Аибашьра ацәаҳәаҿы зны ҭынчран, зны абџьарқәа ҿааихак рымамызт. Убас, ҧхынгәы 3 рзы, ҳаҕа хәымга иснариадқәа нҵәара рықәымшәа, ҳаҷкәынцәа ахьтәаз ахырҕәҕәарҭақәа шыҟаз рҿаархеит. Аснариадқәа шыҧжәац иҧжәон. Алҩа хчылан, абылфҩы ықәчын. Ахысрақәа хәыҷык ианааихсыҕь, Славик иашьа Сеуа иҟоу збоит ҳәа дызҭатәаз аҭабиа ихы нҭирҳәҳәеит, уи акәхеит иҧжәаз аснариад аҧҽыха ихы иақәшәеит. Славик аштаб аҿы дшыҟаз иаҳаит икаҳауаз аснариадқәа аӡәы дахәит ҳәа.  Иаразнак ицәа ианырит ирхәыз иашьа шиакәыз, дызгашазгьы ахы шиқәшәаз. Абри амш саргьы сгәалашәараҿы науынагӡа иаанхоит. Саби, Сеуеи, Славики аиҳәшьцәа ирхылҵыз роуп. Сеуа дырхәит ҳәа анҳаҳа, саб иаразнак дҵааит, ахы абаиқәшәеи ҳәа. Ихы хәуп анырҳәа, саб иҿаҧшылара ахаан исхашҭуам…

Славик иашьа дыкҿанаҵы ихы нықәымҵаӡакәа диҷаҧшьон. Аҧсыжраҽны аҧсы анышә иамадара ҩбаҟа сааҭ шагыз, Славик иҩызцәа ишьҭаланы иааит, ахырҕәҕәарҭақәа рҟны аиҿахысра ҕәҕәа цон, иҭахазгьы ҟалеит. Уи ибзиаӡаны еиликаауан аибашьра адәаҿы еиҳа дшаҭахыз. Славик иашьа иҭахара изаанагаз агәырҩа цәгьа ҩнуҵҟала дшабылуазгьы, иашьа анышә дамардаанӡа, ишьа шиуала ҭоуба уны, иҩызцәеи иареи еиманы ашҭа инҭыҵит. Севериан (Сеуа) Ҳаџьым аибашьраҿы иааирҧшыз агәымшәаразы данҭаха ашьҭахь ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.

Цәыббра 16 аҽны Очамчыра араион ақыҭақәа рхақәиҭтәразы ицон ажәылара. Араду ақыҭа ахақәиҭтәразы ицоз ажәылара иалахәын Славик командирс дызмаз 3-тәи аротагьы. Ацәылашамҭаз акәын, Славик иҩызцәа иманы дыҟан Шьаданиаа рхәы ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧаҟны. Аҧшыхәра мҩаҧыргахьан. Раҧхьаҟа ишыҟаз рдыруан ақырҭқәа рҭабиа. Абри аҽны ажәылара ицоз Славик игәыҧ аҟны дыҟан Џьумбер Габуниа. Уи иажәақәа рыла, дара дрыцын Тамшьтәи ҷкәынак, агранатаршәга зкыз. Џьумбер уи дицын. «Аацырак аснариадқәа сыманы снеиуан, урҭ рахьынтә ҧшьба снапаҟны искын, исгәыдҳәҳәаланы. Аҭабиа ҳаназааигәаха, агранатаршәга зкыз аҷкәын агәаҭаратә хысра ҟаҳҵап иҳәеит, Славикгьы дақәшаҳаҭхеит. Агранатаршәгала аҭабиа иақәкны данхыс ашьҭахь, убри аиҧш ҟалеит, хҩахашьа ҳамамкәа, убраантәи иааҭдырҟьаз ахқәа роуп Славик ишьапы ҟәыбаса иқәызҵаз», – иҳәоит Џьумбер Габуниа.

Славик ишьапы ахы анақәшәа, дкаҳауеит ақырҭқәа рганахь. Уи 10-15 метра ракәын ибжьаз ақырҭқәа рҭабиеи иареи. Славик ахәра ҕәҕәа аниоу уи аибашьра адәы иқәгара зылшаз Мурман Гамгиа ҳаниҿцәажәоз иазгәеиҭеит, Славик дыхәны дахьышьҭаз анеира даара ишыуадаҩыз. «Ҿааихак амамкәа ахқәа ҳхыҟьҟьаны ицон. Аха саргьы сааҟәымҵӡакәа аҭак рыҭо, изулакгьы иара дахькажьыз аҟынӡа снеит. Ақырҭқәа зынӡаск адгьыл иқәкны акәын ишхысуаз, хҩахашьа ҳамамызт. Арахь уи аҭыҧ аҿы зегьынџьара аминақәа ыҵан. Километрак аҟара сҳәазаны мацара, Славик ҳара ҳтәқәа дрыҭаны шьҭахьҟа сгьежьит», – иҳәоит Мурман. Убри аан уи иазгәеиҭеит иара абџьарс амцаршәга (огнемиот) шикыз. Убри ала аҭабиа деихсраны дыҟан, аха иабџьар аус амуит. Ари аҽны, Мурман иажәақәа рыла, ҳара ҳаруаа рахьынтә иҭахаз ҟалеит, ҧхьаҟагьы изымцеит.

Славик иоуз ахәра ҕәҕәа иахҟьаны, уаҳа аибашьра далахәхартә еиҧш дзыҟамлеит. Уи аиааира амш даҧылеит ахәышәтәырҭаҿы. Аибашьра анеилга ашьҭахь ишьамхы иаиуз ахәрақәа даараӡа ддыргәаҟит. Аха знык-ҩынтә иҟарҵаз аҧҟарақәа ирыбзоураны ишьапы ахҵәара ақәымшәакәа еиқәдырхеит.

Славик хәыҷык ишьапы дықәгылартә дшааҟалаз еиҧш, иабџьар аашьҭыхны, Лаҭа ақыҭан аҳәаахьчара игылаз ҳаруаа днарывагылеит. Аха ихәрақәа даара ддыргәаҟуан. Ихигаз зегьы игәабзиара анырра анаҭеит, иуашәшәырахеит. Убри иахҟьаны аибашьра ашьҭахь иаамҭанымкәа идунеи иҧсахит.

Славик Ҳаџьым иҧҳа – Манана лаб дылгәаларшәо иазгәалҭеит аибашьра анцоз лара жәохә шықәа шылхыҵуаз. Ибзиаӡаны илгәалашәоит аибашьра цонаҵы лаб уахык, ҩахак рыда рыҩны дшымҧхьаз. «Ҽнак ҳаб ҷкәына қәыҧшк дицны аҩны даадгылеит. Амла иакуан, рхәы ҳархиан акрыфара инатәеит. Иара ахаангьы аибашьра аӡбахә аҳәара иҭахӡамызт, иҳәозаргьы џьара узырччашаз хҭыск акәын еиҭеиҳәоз. Ҳаб дҳамбеижьҭеи дыгәхьааганы ҳаҟан, акры ахьырфоз ҳрыдтәалан ҳаччо-ҳахәмаруа. Убасҟан ҳаб ицыз аҷкәын иҳаиҳәаз ахаан исхашҭуам. «Шәара шәаб иҩыза ахаҵа иахьа иҧшаара уадаҩуп, ҳарҭ ицеибашьуа иҩызцәа аҧсуа «Рембо» ҳәа ауп ишиаҳҳәо. Абри шәхашәмыршҭын», – лҳәоит Славик иҧҳа.

Виачеслав (Славик) Ҳаџьым аибашьраҿы иааирҧшыз агәымшәаразы ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.

Аибашьра аҧсуа жәлар ирзаанагаз агәырҩеи агәаҟреи ртәы аҳәара цәгьоуп. Иуадаҩуп ҳаибашьцәа ирхыргаз. Дара рхаҭақәагьы уанрыҿцәажәо алацәажәара рцәхьанҭоуп. Славик иҧсы анҭаз акырынтә сҽазысшәахьан иҿцәажәара, аха мап сцәикуан. Исгәалашәоит ҽнак исеиҳәаз. «Баб иашьа дбыкәыхшоуп, сара ахьӡ-аҧша азы акәӡам сзеибашьуаз, сара сыҧсадгьыли сыуаажәлари еиқәсырхон, шәара шәеиқәсырхон. Иахьа Аҧсны ахы иахьақәиҭу, шәарҭ ахәыҷқәа, аҿар шәыҧсы ахьҭоу, шәаҧхьаҟа аҧеиҧш бзиа ахьшәымоу еиҳау ҳамҭа сара сзы иҟаӡам», – иҳәеит уи.

Шәыҧсы ҭынчзааит Аҧсны Аха­қәиҭреи Ахьҧшымреи зхы рықәызҵаз аҵеицәа!


Шарида Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me