Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Сгәы зыздуу сҩыза…

Аибашьра хлымӡаах еилгеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит сынтәа. Аҧсны иахьа зхы иақәиҭу ҳәынҭқарроуп. Уи амш еиқәаҵәақәа ҳхысижьҭеи еиҵагылеит аҿар, иҟоуп аибашьра ашьҭахь ииз, зызхара забацәа рхаҿсахьа агәынкылаха иахьымӡаз, забацәа зыҧхаз.

Иҟоуп, анцәа иҟынтә, ҳадгьыл, ҳбызшәа, убас акыр ҳазхыҽхәаша…

Ааи, 30 шықәса – ауаҩ иқәра бжа… Иагьмаҷӡам. Аха еснагь иҳацуп усҟантәи ахлымӡаах мшқәа, агәалашәарақәа, ахьаақәа – ҵыхәаҧҵәара зықәӡам. Иахьа, аҭынч аамҭазы, ҳгәы ҳзырхьуа ыҟазаргьы, иагьа еиҵахарак ҳамазаргьы, егьа хьысҳарак ҳныҧшуазаргьы, иҳамоуп ҳгәы еиқәызҳәало, ҳазхыҽхәаша, еснагь згәалашәара ҳацу, згәымшәарала, зыуаҩрала, зфырхаҵарала ҳгәы шьҭызхуа ауаа.

Урҭ ыҟан, иҟоуп, аринахысгьы иҟалоит.

Исгәалашәоит, Раиса Ҕәынџьиаҧҳаи сареи ҳанеибадырыз, ҳахьеибадырыз, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳанҭалоз ашықәс – 1986 шықәсатәи. Уи ашықәс азы, ауниверситет иаанахәаз зегьы ҭаацәарак реиҧш ҳаизыҟан. Аӡәи-аӡәи ҳабжьара иҟан апатуеиқәҵара, аихӡыӡаара, аиҩызара уҳәа жәпакы. Аханатә, афилологиатә факультет еиднакылоз ҳкурс зегьы аҵара бзианы иҳацааиуан, ҳлекторцәагьы даара ҳаҭырла иаҳзыҟан. Џьара, рыцхәк – ныҳәак аназгәаҳҭоз, урҭ рахьтә, аӡәык-ҩыџьак ҳадтәаламкәа ҟамлацызт…

Ииашаҵәҟьаны, абас зегьы ҳаилаҵәаны ҳшыҟазгьы, сара Раиса зегьы дрылыскаауан, избанзар, уи даара еиҿамск, зхатә принцип ҕәҕәа змаз аӡә лакәын. Илҳәаз – ҳәан, илуз – уын. Џьара акала уналываларгьы – иуаналыжьуамызт. Амц лыцәтәымын.

Аҧсуа иҩнаҭа иааӡаз, лани лаби чеиџьыкауаан. Қьафшақә иагарааны Кындыҕ ақыҭахь ҳалгахьан. Рыҩны ҳанаангылозгьы ҟалалон…

Ишҧагәхьаазгои иахьа урҭ амшқәа, ҳхы-ҳгәы азҭаны, хьаа-баа ҳамамкәа адәы ҳанықәыз!..

Ииашаҵәҟьаны, сара аҩызцәа бзиақәа сықәын ҳәа схы сыҧхьаӡоит…

Исгәалашәоит, ҳастудентра ашықәсқәа рзы, Аҧсны аполитикатә еибарххарақәа цон, иҵарны иқәгылан аҧсуа милаҭ рызҵаара. Уаҳа чҳашьак амамызт Аҧсны ақырҭуа иныҟәигоз иполитика. Иааҟәымҵӡакәа амитингқәа ирҿын… Иаҳбон урҭ еиҵарҟәаҟәоз аусқәа, ара, ҳадгьыл аҿы, ҽеи шахылымҿиаауаз. Уи еиҳагьы агәҭынчымра ҳазнарҵысхьан 1989-тәи ашықәс. Усҟан, иубартә иҟан, ҳара ҳҿаҵа зыцеиҩаҳшоз атәым милаҭ, дара гәыкала ишаҳзыҟамыз, уимоу, дара ракәушәа ара Аҧсны иаҧшәымоу, ҳара наҟ, ашьхарантә арахь ҳақәнагалазшәа иаартны ацәажәарақәагьы ирылагахьан, Ҳҭоурых инарҳәы-аарҳәны изыҩуаз урҭ рҵарауаагьы абҕа рырҭон. Урҭ «рыхшыҩҭрақәа» рмилаҭ иреиуаз ишыхәыҷӡаз Аҧсны – Қырҭтәылоуп, аҧсуагьы дақырҭуоушәа ддырҵон... Згәы иагоз ҳҵарауаагьы, милаҭ еилыхыҩцәоушәа, рцәа аарҳәны ирхарҵон.

Урҭ маӡааргама рхықәкы хада иашьҭан…

Абарҭ зегьы аргама избоз-изаҳауаз ҳгәы каршәны ҳауҟахыз. Ҳаргьы ҳахьааидтәалоз ҳмилаҭ алахьынҵакәын ҳазлацәажәоз. Ҳахьыҟазаалакгьы, ҳаҕацәа рцасҳәан, аҷҷаҳәа ҳбызшәала ҳцәажәон, дара уи рхы рыхнахуан…

Зны, абас ихьанҭаз мшык азы, Раиса, гәыҧҩык аӡҕабцәа ҳаштәаз ҿаалҭит: – «Аҧсны аибашьра иалагар, саргьы сцоит еибашьра, сашьцәа ахьцо… Урҭ ирыхьуа саргьы исыхьааит», – ҳәа. Сара усҟан уи илҳәаз џьасымшьаӡеит, издыруан уи агәаҕьра шлымаз, соуп зҳәо ахаҵа ишьҭахь дшымгылоз. Аиашазы, иагьа ҟаларгьы, аибашьраҵәҟьа иалагоит ҳәа сақәгәыҕуамызт. Схаҿы исзаагомызт, иахьеи-уахеи иҳалагылаз амилаҭ, иҳалаҵәахьаз – абасҵәҟьа ргәаҕьып ҳәа.

Сара сахьынхоз Аӡҩыбжьа, иааҳакәыршаны, ладагьы-ҩадагьы (Уарча-Ахалдаба уҳәа) дара ракәын иҳаванхоз. Исгәалашәоит, бжала адгьыл ианашьҭаз, мхык, карпыжәк аадрыхырц иҳәо-ичо ҳгәашә ианылагылаз. Сан иагьарааны урҭ бжала адгьыл рылҭахьан. Урҭ ҳаҩны ифоижәуа иагьарааны итәахьан. Убри азы, урҭ абасҵәҟьа, аҧсуаа рахь ацәымҕра рымоуп ҳәа схаҿы исзаагомызт…

1992 шықәсазы аҧышәарақәа ҳаман. Анцәа иҟнытә, ҳазегьы иманшәаланы аҧышәарақәа ҳҭиит, ҳдипломтә усумҭақәа қәҿиарала ихьчаны, оф гәышьа ҳәа ҳаатәоны, иҟалеит ҳазқәымгәыҕуаз…

1992 август 14 рзы Мрагыларантә иҵысны, бџьарла, техникала рҽеибыҭа Аҧсны аҳәаа иахыҵны, агәгәаҳәа ихысуа, «Аҧсны апориадок ҟаҳҵоит» ҳәа иҳақәлеит згәы ашьа ҭакәкәоз ҳаҕацәа. Хәыҷла-дула, ҿык-бзык иузамырҳәо, ахлымӡаах шыҟалаз ҳацәымҩашьо иаҳбеит.

Згәызҽанымыз аҧсуа жәлар, бџьарла рҽеибырҭаанӡа, ҳаҕа џьабаа дук мбаӡакәа ҳаҳҭнықалақь Аҟәа даалагылт…

Али-ҧси рыбжьара аҧсуа хацәа ршьапы иқәгылт, рҽеибырҭеит, еигәныҩт. Абџьар аанкы­лара зылшоз зегьы рҽеидыркылеит. Урҭ иарҕьа­жәҩаны иаарыдгылеит аӡҕабцәагьы, агәымшәа зызҭаз – «Камаҷыҷраа» – ҳахьӡырҳәагақәа!

Абарҭ амш еиқәаҵәақәа раан, Раиса Ҕәынџьиаҧҳа лакҩакрак ҟамҵакәа абџьар аанызкылаз лашьа Вадим «саргьы уахьцо сцоит» ҳәа дааивагылт. Азнык азы Вадим иаҳәшьа илҳәаз дааиҵанарҕәҕәазаргьы, дазааит. Раҧхьатәи аибашьра амш инаркны рҩыџьагьы «Чаика» ҳәа изышьҭаз агәыҧ аҿы иҟан, командирсгьы дрыман Џьон Гогиа. Ашьҭахьы, ари агәыҧ баталионхеит, ахьӡгьы «Дамаск» ҳәа ирыҧсахит. Иазгәаҭатәуп, абаталион «Дамаск» Вадим Ҕәынџьиа (Раиса лашьа) командирс дшамаз, маи 1993 шықәсанӡа, нас диаган аштаб аиҳабыс. Уи инаҩс – Зорик Ҷҟониа командирс даман.

Раиса Ҕәынџьиаҧҳа аибашьра адәаҿы зны медиаҳәшьас дыҟан, даҽазных, абџьар аанкыланы, хаҵаҵас ҳаҕацәа дрыжәлон. Шықәсынаҟьак инахыҳәҳәо ицоз аибашьра ахьынӡацоз, Раиса Мрагыларатәи афронт ацәаҳәаҿы, еиҳа амца ахьакуаз, еиҳа иахьшәарҭаз, ҳаҷкәынцәа рыҧсы ҭины хаха иахьжәылоз ларгьы дрыцын. Уҳәансҳәанла акәымкәа, лыблала илбеит аҧсра закәыз, заҟаҩгьы лнапала еиқәылкда, заҟаҩгьы рыҧсы даҧшәмахада…

Раиса иҧсуаз дрыцыҧсуан, ибзахоз дрыцбзахон, иҵәыуоз дрыцҵәыуон… Заҟагьы иҵаулозеи уи аибашьра мыжда лгәы ианнаҵаз ахәрақәа. Дызцеиба­шьуаз аҷкәынцәа зегьы лара илашьцәан, лашьазаҵә Вадим иеиҧшҵәҟьа зегьы дрыхӡы­ӡаауан…

– Раиса, аибашьраантәи иаҳа ибгәалашәо, ибхамышҭуа, бхы-бгәы ибзалымхуа хҭыск сзеиҭаҳәа –  ҳәа слыҳәеит.

 – Заира, сара сызлахәыз, аибашьраантәи ахҭысқәа исгәаламшәо хҭыс ыҟаӡам, исгәаласыршәацыҧхьаӡа гәыхьны исхызгоит, убри азы агәаларшәара сҭахӡам. Аибашьра – еибашьроуп, ахы уаҩы деилнахӡом. Иувагылоу дзыцәнымхара ахы иқәшәан дшьабаны даныҧсуа, уара иааигәа уҟаны, уихәарц уҭахны, акгьы уанзимыхәо атәы, аиҭаҳәара уадаҩуп. Уи иацу ахьаа еиҭаҳәашьа амаӡам. Изнырҵәҟьо: цәалажьыла, угәы-уҧсы ауп… Насгьы, еиҭаҳәашьас иамоузеи аибашьраантәи ахҭысқәа зегьы – уи зегьы ацын: ахьаагьы, агәаҟрагьы, ахаҵарагьы… Избаз-исаҳаз, сызлахәыз, еилыскааз – еиҭаҳәашьа амаӡам. Урҭ зегьы сгәы иҭасшьуеит ауп…

Раиса лгәалашәараҿы еиҳа иҕәҕәаны аҭыҧ аанызкылаз аҵыхәтәантәи аибашьра амшқәа роуп. Уи дызлаз абаталион, 1993 шықәса сентиабр 19 рзы Адача ахырҕәҕәарҭаҿы иҟаз ҳаибашьцәа рыҧсахит. Усҟан имҩаҧысуаз аибашьра уанӡатәиқәа уханаршҭуан: Мрагыларатәи афронт еиднакылоз аибашьцәа зегьы рыҽшаны ршьапы иқәгылан. Адҵа рыман, шьҭахьҟа хьаҵшьа рымамызт. Аҕа иакәзар, алаапк зыцҳаз диҩызан, урҭ аҵыхәтәантәи рымчқәа реизыркәкәара иаҿын. Қырҭтәыла анапхгара рҟынтәи иақәгәыҕуан ацхыраара…

 Абарҭ, ашьаарҵәыратә амш хьанҭақәа рзы ирацәаҩны иҭахеит ҳаҧсуа ҷкәынцәа…

 Сентиабр 27 рзы Раиса ахәцәа дрыцҵаны Тҟәарчалтәи агоспиталь ашҟа дышьҭын. Вадим иҩызцәеи иареи Гал, Егры аӡиас аҳәааҿы Аиааира амш еицаҧылеит.

Анцәа иҟынтә, Раиса лашьагьы ларгьы аибашьра еибганы иалҵит, аха уи дызлаҧшыз агәаҟҵәаҟрақәа, ахлымӡаах, иахьа уажәраанӡагьы лабҿабоушәа лыбла ихгылоуп. Илывыршьааз лҩызцәа ракәзар, лгәаҿы урҭ рҭыҧ шҭацәыц инхоит.

Сара избон сызҵаарақәа рҭак аҟаҵара шылҭахымыз, аха саргьы сылҟәаҵуамызт:

– Иахьа, аҭынч аамҭазы, Аҧсны ббарц шҧабҭаху? Иҟоума бгәы шьҭызхуа, мамзаргьы бгәы еихьызшьуа?

– Ҳәарада! Сгәы шьҭнахуеит Аҧсны ахы иахьақәиҭу, ҳадгьыл аҿы аџьынџьуаа ҳахьаҧшәымоу, иаҳзеиқәырхар… Аха, иахьа, аидгылара ҳацәмаҷхеит. Ҳазегьы ҳҳәоу акны, хҭак еицҭаҳаршәуа изыҟамлеит. Ҳзеидымгылара ҳара аҧсацәа ҳауп изҧырхагоу, атәым милаҭ иреиуоу – дара рзы зегьакоуп. Ҳара ҳазламаҷу ала, иҵегьы хара ҳаҧшуазар акәын… Ҳбызшәа акәзар, изҳәо-изырҿио, иалацәажәо даныҟамла, аублаа жәлар реиҧш, атәым милаҭ ҳнарылаӡ ҳцоит.

– Раиса, сара иахьынӡаздыруа ала, 20–25 шықәса инеиҧынкыланы, рҵаҩыс аус бухьеит, арҵаҩратә ҧышәа ибымоу бхы ишҧабырхәо? Рҵаҩык иаҳасаб ала быхә шҧаршьои? Насгьы аус абабуеи?

– Ажәа ахы мҳәакәа аҵыхәа узҳәом, сара, сырҵаҩратә ҧышәа ашьапы ахьакыз сқыҭа гәакьа Кындыҕ ауп, уа аус зуан шықәсқәак... Иахьа аус зуеит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи аҧсуа школ №1 аиҵбыратәи аклассқәа рҟны. «Арҵаҩы 1-тәи акатегориа» ҳәа сыҧхьаӡоуп. Иҵабыргны, ахәыҷқәа раҟара бзиа избо, схы-сгәы схазыршҭуа ҽа ҧсҭазаарак сымаӡам. Зегьы сара сзы аӡә роуп, аӡәгьы днаскьазгом, аӡәгьы дааскьазгом, еиҧшны сырзыҟоуп. Исылшо азы схы сеигӡаны иҟамлац. Ҳабжьара иҟоуп инагӡаны аилибакаара.  Амала, ахәыҷқәа зегьы хаҿсахьала ишеиҧшым еиҧш, ҟазшьалагьы еиҧшым… Егьа иуадаҩзаргьы, зегьы рҟазшьа сҽақәсыршәоит. Аҧсшәа иҧсыҽны издыруа иахьынӡасылшо срыцхраауеит, аха аҭаацәагьы ирылшо ҟарҵозароуп... Иахьа рхәыҷқәа ирыгдырхо, уаҵәы ипроблема дуны ирзыҟалоит…

– Иббарц шҧабҭаху уаҵәы еиҵагыло аҿар?

– Уаҵәы ҳәа имхәыцуа ауаҩы – дшәарҭоуп, узиқәгәыҕӡом. Амал иагьа умазаргьы – уарҧшӡаӡом, уҧсадгьыли убызшәеи рлахьынҵа уаназымхәыц… Ииашо­уп, малдагьы ауаҩы дхьысҳахоит, уи иамчу рацәоуп, аха ауаҩра, аламыс, иааидкыланы Аҧсуара ҳаназымхәыц, ҳанахамҵгыла, уи анаҳцәыӡ – ҳаҧсадгьылгьы ҳцәыӡуеит. Иахьа аҭынч ҧсҭазаара ҳамоуп ҳәа ҳгәы каршәны ҳаҟамзароуп, шәблакы ҳҭахуп. Ҳаҕацәагьы рылаҧш ҳахдыршәом, ргәы-рыҧсы зегьы ара ишыҟац иҟоуп… Иааҟәымҵӡакәа ҳақәмақарра иаҿуп… Еиҵагыло аҿар ирылааӡатәуп агәбылра, агәымшәара, ауаҩра, аҧсадгьыл абзиабара. Ҳашьцәа ршьала иаҳзааргаз Аиааира, Ахақәиҭра нагӡара аиурц азы, иаҭахуп ахамеигӡара, агәцаракра… Даара ирацәоуп угәы узырхьуа иахьа, аха рҽеишьа змам ус ыҟаӡам. Уаҵәы еиҵагыло ҳҿар ҧеиҧш бзиа роурц азы, иаҭахуп зегьы аӡәык иеиҧш аидгылара. Аидгылараҿы ауп амчгьы ахьыҟоу. Аибашьраан, аиааира ҳзыргазгьы ҳаидгылара ауп!..

Сара избон Раиса санлацәажәоз, заҟа ацәажәара лцәыуадаҩыз, заҟа ирацәаз инагӡаны илзымҳәоз. «Аиаша уҳәап уеилызкаауа дыҟазар, аха иамчузеи уи иахьа?!» – ирхызбаалон уи лыблақәа, лҿы илзамырҳәоз.

Абас, аҧсуа ҭыҧҳа, Аҧсны Афырхаҵа Раиса Иван-иҧҳа Ҕәынџьиа леиҧш ихәыцуа ауаа ҳаманаҵы, ҳара – Аҧсуа жәлар – ҳаҟоуп, аринахысгьы ҳҟалоит. Сара уи агәра згоит.


Заира Ҭхаиҵыкә

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me