Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ишдыру еиҧш, сынтәа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира 30 шықәса ахыҵуеит. Лассы-лассы ҳҩымҭақәа акьыҧхь ианаҳҵоит Аҧсны ахақәиҭра азаазгаз афырхацәа ирызкны. Урҭ наунагӡа хашҭра рықәым Аҧсни аҧсуа жәлари ыҟанаҵ.

Аибашьра атема уаналацәажәо, еснагь ухаҿы имааирц залшом, уи ишацу аҧсыҭбара, агәаҟра, алаҕырӡ. Убас, сзыхцәажәараны иҟоу, Аҧсны зхы ақәызҵаз афыр­хацәа Ерики уи иҧа Бесики Осиаа рҭахара, егьырҭ аҭаацәарақәа рҟны еиҧш, дара рыҩнаҭаҿгьы трагедиа духеит.

 Кәтол ақыҭан Чаарқыҭ аҳаблан дынхон Ерик Осиа. Унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз аҧсуа нхаҩы иҭаацәараҿы, иҧшәмаҧҳәыс Инга Аҧшьлаа-Осиеи иареи ирааӡон ҧшьҩык ахшара, ҩыџьа аӡҕабцәеи ҩыџьа арҧарцәеи. Рыхшара ирыларааӡеит рыҧсадгьыл абзиабара, арыцҳаибашьара, аҧсуа ҵасқәа, иара убас аҵара аганахь алагьы аӡәгьы ишьҭахь имгылеит. Ус ишыҟаз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага аб Ерик Осиа хеигӡара ҟамҵакәа абџьар шьҭыхны иҩызцәа-иқәлацәа днарывагылоит. Ари ажәабжь заҳаз иҷкәынцәа Романи Бесики ишқәыҧшызгьы рышәарыца бџьарқәа шьҭыхны раб дызлаз Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа инарывагылеит.

Аишьцәа раҳәшьа еиҵбы Хьыб­ла Осиа исалҳәеит, лашьа агәыбжьанытә – Бесик зыхьӡыз, абџьар анышьҭихыз 19 шықәса шихыҵуаз. Уи Кәтолтәи абжьаратә школ даналга, дҭалоит Бақәа аполитехникатә институт. Аҧсшьара мшқәа ихганы, иҵара ацҵара Бақәаҟа амҩа иқәлара мышқәак шагыз аибашьра иалагоит…

Аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы Чаарқыҭ аҳаблаҿ апартизанцәа ргәыҧ еиҿызкааз дыруаӡәкхеит аб Ерик Осиа. Уи агәыҧ иалаз аҷкәынцәеи иареи ҧшыхәуан Тамшь, ақыҭа иалсуа амҩаду иазкылсуан абџьар аҧшааразы. Аамҭа цацыҧхьаӡа ахырҕәҕәарҭақәа рыхьчара даара иуадаҩхон, аха гәкажьра ҟамҵакәа, аҧсуа еибашьцәа рҽеибыҭаны аҕа иҿагылан. Анаҩс еиҿкаахоит агәыҧ «Дельфин». Убраҟагьы аб иҷкәынцәеи иареи хьаҵрак ҟамҵакәа афырхаҵара аадырҧшуан.

Хьыбла илгәалалыршәон, аибашьра аамҭазы дара ахьынхоз аҕа ихырҕәҕәарҭа ахьыҟаз рацәак ишацәыхарамыз, аҩнаҭаҿы аангылара даара ишгәаҕьыуацәазгьы, рыҩны ааныжьны шьаҿак шыҟарымҵаз. Рангьы сааҭк иадамхаргьы лгәы иҭалкуамызт агәараҭа ааныжьны ацара.

Дара ахьынхоз иазааигәан Чаарқыҭааи Кәтолааи рыҷкәынцәа рахьҽеиҭнырыҧсахлоз аҳәаа. Убри инамаданы, ан Инга лҭаацәа рхәы шыҟалҵоз еиҧш, ес-ҽны аҷкәынцәа аибашьцәа рхәы ҟалҵон. Урҭ рааҧсара, рымлакра, рыхьҭакра рыманы лара лахь имҩахыҵуан. Иҟалалон убасгьы, ршьаҵақәа аӡы рҭажжы ианымҩахыҵлакь, лыҧҳаи лареи аҧацха аҟны амца еиқәҵаны реимаақәа андырбоз. Иҟан зеимаақәа рыҵа хоз. Убарҭ аимаақәа рыҵа амхны бырфын цахала ирзырӡахуан акрырҿаҵа-акрыржә ирышьҭуан. Ииашаҵәҟьаны лыҷкәынцәа реиҧш, ааҧсарак ҟамҵакәа аибашьцәа рымаҵ луан ан Инга.

Ерик даара ибзиан аҭыҧқәа ахьидыруаз аҟнытә, шамахамзар аибашьра ацәаҳәаҿы аҧшыхәра ицозгьы иара иакәын. Убас, март мзазы Лабра ахақәиҭтәраан Ерик ифырхаҵара иабзоураны быжьҩык аҕацәа тҟәаны рабџьарқәа рымиххьан.

1993 шықәса иуль 2 рзы Тамшь иӡхыҵран иҟан Гәдоуҭантәи иаашьҭыз амшын десант. Абри амш азы Тамшь амҩаду ҭазырцәуаз, адесант ӡхыҵыртә аҭагылазаашьа рызҭоз ирылан аб Ерики иҧацәа ҩыџьеи. Есымша еиҧш, Ерик иҩызцәа рыхьчара дазгәаҟуан, уи инеицәыхарамкәа деибашьуан иҧа Бесикгьы. Бесик дахьеибашьуаз азааигәара ирхәуеит Андреи Киркинаӡеи Нодар Џьалаҕониеи. Убарҭ рыҧсы еиқәдырхарц ицоит гәыҧҩык аибашьцәа.  Бесик амца ихахьы иганы ахәцәа алызгоз шихьчоз, ахы иқәшәоит, иҧсҭазаарагьы далҵуеит…

Бесик 19 шықәса ракәын ихыҵуаз… Макьана иижәышазгьы аӡыхь ахы ыҵнамхыцызт, аха аҕа иқәра дахьимыгӡеит. Уи иҧсҭазаара ҿахҵәеит дышқәыҧшыз, аха игәымшәара, ифырхаҵара наунагӡа иаанхоит, аибашьра аҭоурых аҿы ианызаауеит. Бесик иааирҧшыз агәымшәаразы данҭаха ашьҭахь ианашьоуп Леон иорден.

Бесик данҭаха ашьҭахьгьы аби аҧеи Ерики Романи реибашьратә мҩа иацырҵон гәкажьрак ҟамҵакәа. Урҭ Бесик ишьа руан. Убас ишеибашьуаз, Цагера ахақәиҭтәраан хаҵарыла дҭахоит аб Ерик Осиа. Уи аҽны ахәра иоуеит иҧа Романгьы, аха Анцәа иџьшьаны иҧсы еиқәхеит.

Иахьа аб игәараҭаҿы аҧшәмара ныҟәигоит, аџьынџь имырӡит, Осиаа рхәышҭаара еиқәирхеит аҧа Рома.

Ерик Осиа аибашьраҿы иааирҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Абас иҟаз Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирыбзоуроуп Аҧсны иагаз Аиааира. Аҧсадгьыл абзиабарала, аҭынчра зыҧсы ахҭнызҵаз афырхацәа рҿырҧшала иааӡалатәуп еиҵагыло абиҧарақәа.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me