Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Амца исыцрасыз сабылуеит»

С.Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи «Агәалашәаратә» уадаҿы, нанҳәа 14, 1992 ш. инаркны, цәыббра 30, 1993 шықәсанӡа, Аҧсны зхы ақәызҵаз 1970-ҩык кыдуп.

Ари амузеи, аҧҵареи аартреи зџьабаа адыз, усҟан Аҧсны Ахадас иҟаз Владислав Григории-иҧа Арӡынба, абас иҳәеит: – Амузеи аҽарҭбаароуп. Аибашьраан ақалақь Гәдоуҭа Аҧсны аамҭала иаҳҭнықалақьын. Убри аҟынтә иҭахаз аибашьцәа рсахьақәа, рҭоурыхқәа зегьы еизгалатәуп. Ара­ҟа: Гагратәи, Гәымсҭатәи, Мрагыларатәи афронтқәа рҟны иҭахаз еидкылатәуп. Уи аус аҟны зегьы ҳаицхыраауеит…

Амузеи аҩнуҵҟа ҭынчран, зқьҩыла зпатреҭқәа кыду Афырхацәа, аӡәаӡәала, лылаҕырӡ лҿыкьасауа дрыхәаҧшуан. Нас ҧшьшьала лнапы ҩышьҭылхын, 20 шықәса заҵәык лахьынҵас изауз, Барганџьиа Даур Нури-иҧа лнапы наихьылшьит. Илызнымкылоз лылаҕырӡқәа, дырхәаҽуан. «Зегьы шәыҧсы сакәхшоуп! Шәыҧсқәа ҭынчзааит! – ҳәа аӡәаӡәала «драцәажәон».

Барганџьиа Даур Нури-иҧа 1973 шықәса, жьҭаарамза 23 рзы Пицунда диит. Уаҟатәи абжьаратә школ доушьҭымҭан. Ашкол ашҭахь ақалақь Киев анџьныртә-ргыларатә институт дҭалоит.

– Даур, – лҳәеит иан Виолета Ҳаразиа-Барганџьиа, – Аҧсны ааныжьны, хара џьара ацара ицәыуадаҩын. Убри аҟынтә, актәи акурс аҟны аҵара ахьнӡаиҵоз, сара иара иҿы сыҟан. Ус маҷ-маҷ дашьцыло даналага, Аҧсныҟа схынҳәит.

Даур хҭацәыхак шааиоулак, иаразнак Пицундаҟа даауан. Убас аҩбатәи акурс хҩаны, аҧхынтәи аҧсшьара мшқәа рзы аҩныҟа дааит. Иара даныхәыҷыз инаркны, иарбан спорттә хкызаалак дазҿлымҳан. Аха зегь реиҳа бзиа иибоз, ицааиуаз, спорттә хкқәаны иҟоуп: аҽықәтәара, ашьапылампыл асра, акарате… Иара ахәбатәи акласс аҟны дантәаз инаркны аныҳәа «Лыхнашҭа» аҟны аҽырҩрақәа дрылахәын. Изныкымкәан аҧхьахәқәагьы игахьан. 

– Даур, – лҳәеит иан Виолета, – 1989 ш. аҧсуа милаҭтә қәҧараан, аҟәа ҧхынгәымзазы аидыслара аныҟала, иара ажәабатәи акласс аҟны дтәан. Иаб уа дрылагылан, далахәын, иаргьы дцоит ҳәа далагеит. Изулакгьы дааныскылеит. Ихәыҷтәы хәыцрақәа ҵаулан… Дызлагозаалакгьы аҵыхәтәанынӡа инаигӡон. Дрыцҳашьаҩын, дгәыблҩын, дунаӡак еиҧш дхәыцуан. Аҧсуаа ражәаҧҟа лассы-лассы схы иҭашәоит: «Инамӡаша агара дакуам» ҳәа ирҳәоз….

Аишьцәа Беслани Даури рыҧсқәа еихәлан. Урҭ рхәыҷра шықәсқәа шәҭыла иқәҵан, ргәахәтәы иахьӡарцы ани аби уахгьы-ҽынгьы аус руан. Даргьы рџьабаа еилыркаауан.

Аҭаацәара зегьы напеикәшарала еицынхон, еицын. Ани аби рхәыҷқәа реихьӡарақәа еигәырҕьон. Ааӡара бзиа рани раби ирырҭаз иацырҵон, ихадырҭәаауан.

Барганџьиа Даур аҧхын адәахьыҟа дахьындәылҵыз, аибашьра ишалагаз иаҳаит.

– Аҩны иҧштәы ихҟьаны, дааҩнаххит.

– Сан! – Ииашоума?! Аиба­шьра иалагама?! – ҳәа дсазҵааит, – лҳәеит иан. – Аҧсуа телехәаҧшрала Владислав Арӡынба аибашьра ишалагаз, шрылеиҳәаз иасҳәеит. – Усҟан, – лҳәеит Виолета, – инапқәа ааиҵихын, иҕәҕәаны сааигәыдикылеит. Иаргьы саргьы ҳаицҵәон…

– Беслан иҩызцәа дрыцны Аҟәаҟа дышцоз иасҳәеит.

Барганџьиа Даур Нури-иҧа иаби иани иацәажәеит. Иара аҭаацәара дышреиҵбу, иабгьы иашьагьы еибашьра ишцо, иара иҵара иациҵарц шахәҭоу. Ирҳәаз иазыӡырҩыз даур, ирымаимкит. Аҵарахьы дышцоз агәра диргеит. Иани иаби ихымҩаҧгашьа аилкаара рцәыуадаҩын… Киевҟа дцеит. Дышнеиз ала ателеграмма ааишьҭит. Иҭаацәа маҷк ргәы дырҭынчит. Мышқәак ааҵхьан, аинститут аҟны арзаҳал ҩны, абламбаратә ҟәшахьы ииаганы, Аҧсныҟа амҩа дшықәлаз, Киевынтә иҩызцәа ашәҟәы аарышьҭит.

Барганџьиа Даур аҩны данааи иабгьы иашьагьы аибашьрахь иҟан. Иан аибашьра дымцарц диҳәо даналага, ус иҳәеит: – Сан, бара аибашьра умцан ҳәа шҧасабҳәо?! Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа иҩнаҭаҿы биит?! Зегьы рыхшара рҭахуп, аха аҧсадгьыл ахьчара ҳамцар, ҳаангылар, изхьчода?! Еиқәзырхода?! – ҳәа наҳәаны, аибашьцәа дынрылагылеит. Еибашьратә мҩа Гаграла иалагеит. Гагра аҭарцәраан, ахәра иоуит. Усҟан, иҩызцәа ус реиҳәеит: – Сшырхәыз, сан илашәымҳәан ҳәа.

Барганџьиа Даур Иури-иҧа ихәыҷра ашықәсқәа инаркны, дахьыҟазаалакгьы зегьы дрылукаауан. Ицәажәашьа, ихәыцшьа, ихымҩаҧгашьа, уаҩы наӡа дук еиҧш ихы мҩаҧигон. Ихәыцрақәеи идунеи хәаҧшышьеи иқәра иаанумшьартә иҟан. Виолета лхәыҷқәа лыманы лассы-лассы Џьырхәаҟа дцалон. Даур ианшьцәа дуқәа Ҳаразиаа рҭоурыхқәа дрызҿлымҳан.

Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ҳаразиа Владимир Камсагә-иҧа, Даур иабду иашьа иакәын. Иара дызҳацыҧхьаӡа рашҭа ахьаа иацыз иныруан, ибон.

Барганџьиа Даур Гагра ахәра иоуз шәарҭамызт, убри аҟынтә аибашьра ацәаҳәахьы ирласны днеит. Аишьцәа Беслани Даури Долбаиа Витали напхгара зиҭоз акоманда иалан. Аибашьра анцоз Беслан аҭаацәара далалеит. Зыҧсҭазаара еилазҵаз Киевҟа идәықәырҵон. Усҟан Даур, иҭынхацәа ус иарҳәеит, иаргьы дрыцны дцарц. Даур деиҵамхаӡакәан, ус аҭак риҭеит: – Саб, уи аҩны иргылт ҳәа шәаҳама? – ҳәа нараҳәаны, амҩа бзиа рзеиҕьашьаны, аибашьра ицоз иҽырхьигӡеит.

Ҳаибашьцәа Гәымсҭа аҩадатәи ахырхарҭахь идәықәҵаз, Долбаиа Витали икомандагьы рылан. Гәыма, Цугуровка агаразы шаҟаҩы рыҧсҭазаара ақәырҵаз уаназхәыцуа, ухәы-ужьы еилагылоит…

Даур иан лылаҕырӡқәа мчыла иаанкыло, лыҷкәын ицәажәара еиҭалҳәон:

– Класск аҟны аҵара ицызҵоз, зыҧсы еихәлаз Ҳагәышь Аслан Рудик-иҧеи, Папцаа Едуард Мирод-иҧеи анҭаха ашьҭахь иҽеиҭеикит. Аибашьрантә данааилак, урҭ рнышәынҭрақәа рахь дцон. Лассы-лассы «Игәхьаазгоит…» иҳәон. Сҩызцәа ҭахеит, сара саанхеит! – ҳәа игәы ҧыжәжәо дрыхцәажәон… Ҽнак аибашьра аҟынтә даныхынҳә, ус сеиҳәеит: – Сара, баб иашьа Ҳаразиа Владимир сиеиҧшхарц сҭахуп! – иҳәан, ихы-иҿы ааихаччан, сааигәыдикылеит.

– 1993 ш. цәыббрамза 18 рзы, Аҟәаҟа ахысбжьы игоз адгьыл арҵысуан. Сцәа сҭахьҭшьуан. Уи аҽны схала аҩны сыҟан. Анаара иҭахоз аибашьцәа ааргон. Анцәа сиҳәон, ҳаҷкәынцәа зегьы еиқәхарц… Ус, Даур дыхәны Афон агоспиталь аҟны дышьҭоуп ҳәа ҭелла исарҳәеит… Снеит. Ишьапы ахҧҽыха аахеит. Ашьа рацәаны ицәцахьан, ихырҵәеит… Ихагьежьуаз иаб ибла ҭырхаха днаихәаҧшын: – Аӡы сҭахуп! – иҳәеит.

Аб аӡы иҧа инеиҿеикит. Уи аамҭазы иҩналаз аҳақьым, ачымазаҩ аӡы ижәыр шыҟамлоз иеиҳәеит. Даур ирҳәоз заҳауаз, аӡы имжәӡеит, икеиҭәеит… Ус ҧшьаала иҿыцәаауаз имцахә нкабеит. 20 шықәса заҵәык аҧсҭазаара заҭәашьаз, аха уи ашықәсқәа ирҭеигӡаз, иаанижьыз афырхаҵареи агәымшәареи хашҭра ақәымкәан аҭоурых иазынхоит.

Ан – афырҧҳәыс, агәымшәа дзааӡаз, Ҳаразиа-Барганџьиа Вио­лета лыҧсы аҵа иаҵаҵәаху ахьаа лықәыҕәҕәоит, илныруеит:

– Сахьыҟазаалак дсыцуп. Ииҳәаз, иҟаиҵаз зегьы сыбла ихгылоуп. Ибжьы цқьа сгәы иқәыҩҩуеит, иччаҧшь сыбла ихгылоуп… исҭахуп, иҭахаз зегьы агәалашәара цқьа рыцзарц, иаҳхамышҭларц… Рхы зқәырҵаз ҳаҧсадгьыл наӡаӡа иаҳхаҿызаауеит, иагәыцәзааит…

Анацәа зыхшара ҭахаз зегьы гәцараклатәуп, ирҭаалатәуп, ажәа ҟәанда рыгымзароуп. Аиааира 30 ш. ахыҵра инамаданы анацәа-агәырҩа иаршлаз, иаражәыз, иаӡрыжәыз, аҭоурых наӡаӡа иагәыцәхаз, ахааназ ҳаҧсуа ҭоурых шәазынхеит. Аҧсны шәыбжьы ахазаауеит! Шәара ишәааӡаз шәыхшара рыҧсы алазаауеит ҳадгьыл ҧшӡа шьала икәабоу! Шәҿаҧхьа ҳхырхәоит!

– Анацәа зегьы ҳагагақәа роуп иаанхаз… Ҳхы-ҳаҧсы зегьы иҭахаз ҳаҷкәынцәа ирыцаҳжит Усҟан амца исыцрасыз иахьагьы сцәа-сжьы абылуеит… Рхы зқәырҵаз Аҧсны аизҳара, аиҵыҵра ацзааит… Иҭахаз хашҭра рықәымзааит. Даур дызҭыҵыз ашҭа аҽеиҵнахуеит. Иашьа Беслан иҭаацәара лгәы рызгәдууп, ус лҳәеит Виолета: – Анцәа ишиҳәара иҟоуп, иҧшӡоуп. Даури иҩызцәеи рхы зқәырҵаз Аҧсны шәҭышхааит!


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me