Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны аӡыргаҩцәа иреиуаз

Урыстәылеи Аҧсни иналукааша руаажәларра-политикатә усзуҩы, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаҧсазтәыз аиурист, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә премиеи «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡареи занашьаз, Жәларбжьаратәи Адыгатә академиа налаҵаны ауаажәларратә академиақәа ааба рлахәыла  Тарас Мирон-иҧа Шамба диижьҭеи 85 шықәса ҵит.

Тарас Шамба диит 1938 шықәса ииуль 29 рзы Аҟәа ақалақь аҟны. Абжьаратә школ даналга, дҭалоит М. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет аиурист-азиндырҩы изанааҭ ала. Иҵара далганы Аҧсныҟа даныхынҳә (1963), аҧхьа аусура далагоит Аҟәа ақалақь апрокуратураҿы усҭҵааҩыс, шықәсык анҵы апартиа Аҧснытәи аобком административтә усбарҭақәа рыҟәша ашҟа диаргоит. Азыҟаҵара бзиа змаз аиурист-азиндырҩы иҽазҵәылхны аус шиуазгьы, игәы ихон еиҳа изааигәаны иибоз ахь. Иҭахын иҵара иациҵар, аҭҵаарадырра иҽазикыр. Игәҭакы анагӡарагьы дазыҳаҵҳаҵон. Рацәак мырҵыкәа КПСС Ацентр Комитет аҟны иҟаз Иреиҳау апартиатә школ ашҟа дрышьҭуеит Аҧснытәи аобком аҟнытә иоуз ашәҟәы инақәыршәаны. Аҵараиурҭа далгоит 1970 шықәса рзы, даҽа ҩышықәсагьы аус иуит апартиа Аҧснытәи аобком аҟны. 1973 шықәса рзы ҩаҧхьа Москваҟа диасуеит, ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҟны аспирантура дҭалоит. Иҵара анхиркәшоз қәҿиарала ихьчеит акандидаттә диссертациа. Академиа аҟны арҵаҩы еиҳабыс аусура иалагаз, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Тарас Шамба аспирантцәа напхгара риҭон, доцентын, азанааҭеидгылатә хеилак дахантәаҩын. Аҭҵаарадырра есааира иҽагәылеихалон, лассы-лассы Москватәи ажурналқәа ирнылон азинҭҵаара иазкыз истатиақәа. 1985 шықәса рзы адоктортә диссертациа ихьчоит «Асоциалисттә уаажәларраҿы адемократиеи азинпориадоки» атемала. Аҳәынҭқарратә ргылареи азини ркафедра дапрофессорхоит.

Тарас Шамба иҭҵааратә усураҿы дзызҿлымҳаз мҽхакы ҭбаала еиларсын. Еиҳарак рызкуп аҳәынҭқарреи азини ртеориа, афедерализм, ауаҩытәыҩса изинқәа уҳәа жәпакы. Инапы иҵихит 300 рҟынӡа астатиақәа, амонографиақәа убрахь иналаҵаны. Хазы иҭижьит 25 инарыцны ашәҟәқәа.

Иааиҧмырҟьаӡакәа Тарас Шамба истатиақәеи, ирецензиақәеи, ихҳәааҟаҵарақәеи рнылон еиуеиҧшым аҭҵаарадырратә усумҭақәеи апрактикатә конференциақәа рматериалқәеи реизгақәеи рҟны. Урҭ Москва еиҧш, иҭыҵуан, Ростов, Черқесск, Минск уҳәа аҭыжьырҭақәа рҟны. Еиҳараӡакгьы Москва иҭыҵуа ажурналқәа: «Государство и право», «Журнал Российского права», «Российская юстиция», «Национальные интересы», «Право и политика», иара убасгьы «Северокавказский юридический вестник» рдаҟьақәа рҟны лассы-лассы иусумҭақәа ркьыҧхьуан. Апрофессор Тарас Шамба 40-ҩык инареиҳаны аспирантцәа еиҵаиааӡеит, Урыстәылаа реиҧш, аҳәаанырцәтәи атәылақәа рхаҭарнакцәагьы. Урҭ иахьа аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ рхуп, ҳаҧхьаҟагьы узықәгәыҕуа зыҭҵааратә усура амҽхак зырҭбаауа ракәны дрыхәаҧшуан.

Аҵарауаҩ жәларбжьаратәи аконференциақәеи, афорумқәеи акыр дрылахәхахьан, алекциақәа дрыҧхьон: Германиа, Польша, Чехиа, Словакиа, Болгариа, Румыниа, Бырзентәыла, Куба, Шьамтәыла, Иорданиа, Мсыр, Голландиа, Испаниа, ҧыхьатәи Асовет Еидгыла ареспубликақәа зегьы рҟны.

Тарас Шамба данхәыҷыз нахыс инырхьан Аҧсадгьыл агәыбылра. Ижәлар рмилаҭтә зинқәа реилахәара, залымдарала рызныҟәара аамҭақәагьы дырхаанын. Даныҩеидасгьы, уаҩытәыҩсак иаҳасабала данышьақәгылагьы, дахьыҟазаалакгьы иҧсадгьыли ижәлари аҧхьа иргылон, гәҭыҕьҕьала дырзыҟан, акыр дхәарҭахозар иааҧсарақәагьы рзикыр иҭахын. Аҵарауаҩ еснагь лабҿаба ибон ижәлар рҭагылазаашьа, ажәытәӡатәи аҭоурых змоу, Кавказ иашьагәыҭу амилаҭ рыҧсадгьыл шрымаркуаз, рмилаҭтә хдырра рцәырӡра ишашьҭаз, убри алагьы рзинқәа шырҿаҟәоз. Амалахазгьы хьаҵрак ҟамҵакәа илихыз амҩа данын, ибарҭан ижәлар иааиҧмырҟьаӡакәа рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара алҵшәа аанамышьҭыр шамуаз.

Тарас Шамба иҧсҭазаараҿы еиҳа акрызҵазкуа ҳәа ииҧхьаӡоз, иаликаауаз ахҭысқәа иреиуоуп: Москватәи аҳәынҭқарратә уни­верситет аиуристтә факультет иалгара, иреиҳау апартиатә школи ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи рҟны иҵара ахыркәшара, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа адиссертациа ахьчара, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааиреи Аҧсны ахьыҧшымра аиуреи.

1958-1963 шықәсқәа раан Тарас Шамба Москватәи ауниверситет дҭанаҵы, иҩызцәа ицырхырааны еиҿыркааз аҧсуаа рхеидкыла анапхгаҩыс дыҟан.  Аҧсны аус аниуаз ашықәсқәа (1964-1968, 1970-1972) алаҳамҵозар, 1992 шықәса рзынӡа есқьынагьы Москватәи аҧсуаа рхеидкыла деиҳабын. Аҧсуа студентцәа раҧшьгарала 1959 шықәса рзы иазгәаҭан март 4 амшныҳәа. Мышьҭабзиала убри инаркны Москва инхо аҧсуаа иааиҧмырҟьаӡакәа есышықәса иазгәарҭоит.

Тарас Шамба ауаажәларратә усураҿы илаз аиҿкааратә баҩхатәра ааҧшит дзылгаз академиа апартиатә комитет амаӡаныҟәгаҩс ихьӡ анырҳәа. Аҧсуа ҵарауаҩ гәрагарала инапы ианырҵаз амаҵура идырреи иҧышәеи агирхомызт, ишилшоз ала дазааҧсон. Аратәи иусурала уи дрымадан, КПСС Ацентр Комитет Амаӡаныҟәгаҩ Хада Михаил Горбачов аҧхьа днаргыланы, аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа аӡәырҩы.

Ишдыру еиҧш, усҟан СССР жәлар рдепутатцәас Аҧснынтә иалхын аҧсуа жәлар иреиҕьу рҵеицәа рхаҭарнакцәа, урҭ дыруаӡәкын Тарас Шамба.

Тарас Шамба СССР жәлар рдепутатс даныҟаз ашықәсқәа раан еиҳагьы аҩызцәа ирҳаит, Москва аиҳабыра рҟны еиҧш, Асовет Еидгыла арегионқәа рҟнытә, ҷыдала дырзааигәахеит Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рхаҭарнакцәа. СССР жәлар рдепутат, аиустициа аминистрс иҟаз, Жәларбжьаратәи Ачерқестә Ассоциациа акыр шықәса иахагылаз адыга жәлар рҵеи хьӡырҳәага, Кавказ аҧа иаша, иаамҭамкәа зыҧсҭазаара иалҵыз Иури Калмыкови Тарас Шамбеи реиҩызара хацыркхеит депутатцәас ианыҟала нахыс.

Тарас Шамба ирҳауан аҩызцәа, иаамысҭашәара, ихәыцшьа, ихымҩаҧгашьа, идунеихәаҧшышьа уҳәа рыла икәша-мыкәша иҟаз ишҟа ихьаирҧшуан. Иҭҵаамҭақәеи иусумҭақәеи ракәзар, ирныҧшуан Аҧсны аҳәынҭқарра иамоу азинтә шьаҭақәагьы.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 ш.ш.) иалагаанӡагьы Тарас Шамба дазхьаҧшхьан Қырҭтәылеи Аҧсни реизыҟазаашьа ашьаҭақәа. Ари иаҳнарбоит аҧсуа ҵарауаҩ идырреи иҧышәеи иҧсадгьыли ижәлари ишыдирхәоз. 1992 шықәса (ииуль) рзы агазеҭ «Абхазия» №23 ианылеит Тарас Шамба аус здиулаз Ареспублика Аҧсни Ареспублика Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа ашьаҭақәа ирызку Аиқәшаҳаҭра (апроект азы ажәалагалақәа) зыхьӡу. Тарас Шамба ипроект шьаҭас иаман 1992 шықәса август 14 рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет зхәаҧшраны иҟаз апроект. Аҧсны анапхгара аимак-аиҿакқәа ҭынч мҩала рыӡбаразы иҟарҵоз аҽазышәарақәа лҵшәадахеит, уи аҽны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны рымпыҵархаларц иақәлеит, аибашьра иалагеит.

Аҧсуааи абазақәеи еидызкыло уаажәларратә хеидкылак аҧҵара Тарас Шамба гәҭакыс имеижьҭеи акрааҵуан. Иажәалагала иманы днеит усҟан Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс иҟаз В.Г. Арӡынба иҟны, дагьазыразхеит. Аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи Рассоциациа аҧҵаразы Аконгресс амҩаҧгара азгәаҭан Аҟәа, 1992 шықәса сентиабр 28 рзы. Аҧсны анапхгара ақәҵара рыдыркылахьан ииун 23 рзы. Август 14 рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны рымпыҵархаларц ианақәла, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анҵысы агәҭакқәагьы зынамӡеит. Аха, Аҧсны аибашьра шцозгьы, Аконгресс мҩаҧган 1992 шықәса октиабр 7-8 рзы Гәдоуҭа араион аҭоурыхтә ҭыҧ – Лыхнашҭа. Аҧсуа-абаза жәлар Адунеизегьтәи Рконгресс ахантәаҩыс далхын аханатә уи аҧшьгаҩыс иамаз Тарас Шамба.

Аҧсны аҟазаареи аҟамзаареи ианрыбжьагылаз аамҭазы еиҿкаахаз Аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи Рассоциациа аҧҵара иарҵабыргит зегьрыла иахәҭаны ишыӡбыз. Ассоциациа иалнаршаз рацәоуп аҳәаанырцә инхо аҧсуааи абазақәеи реидкылараҿы, рыҧсадгьыл ахь рхьарҧшраҿы, ирылшо ала ацхыраара ҟарҵартә аҭагылазаашьа роурц азы.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага инаркны, Аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи Рассоциациа анеиҿкааха нахыс, Тарас Шамба имчилша азкхеит Аҧсадгьыл ахақәиҭтәра. Уи Аҧсны анапхгара, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, арратә командаҟаҵара дрымадан. Урыстәыла амчратә усбарҭақәа акыр рнапхгарақәа рҟны имаз аимадарақәа ихы иархәаны Аҧсадгьыл иахәашаз, макьанагьы аргама иузымҳәо, аусқәа маҷымкәа еиҿикаауан.

Аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи Рассоциациа аҧҵарала еидкылахеит аҳәаанырцәтәи атәылақәа ирыланхо аҧсуааи абазақәеи, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иааҧшит урҭ реидгылара, ракзаара, Аиааираҿы рлагалагьы ҟәнушьо иҟаӡам.

Тарас Шамба ихатә ҭаацәара бзиа аҧҵаны иман. Мшаҽнеиҧш, диарҕьажәҩаны дивагылан иҧшәмаҧҳәыс Нелиа Рамазанова. Рыҧҳацәа Гаианеи Назиреи ирылагәырҕьартә иҟан.

Урыстәылан еицырдыруа аиуристцәа ируаӡәкыз, аҧсуаа рахьтә раҧхьатәи аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Шамба 1997 шықәса инаркны акыр шықәса инеиҧынкыланы аус иухьан Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ахәҳахәҭра-економикатә университет аҟны, аҧхьа аиуристтә факультет адеканс (аинститут адиректорс) дыҟан, 2003 шықәса инаркны – ауниверситет раҧхьатәи апроректорс. Ауниверситет аректор Сергеи Бабурин Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатс даналырх, насгьы Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩс даныҟала ашьҭахь, 2004 шықәса нахыс Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ахәҳахәҭра-економикатә университет аректор инапынҵақәа наигӡон. Аамҭакала алекциақәа дрыҧхьон Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент иҟны иҟоу аҳәынҭқарратә маҵзура академиеи, Урыстәыла аиҳабыра иртәу жәлар рынхамҩа академиеи, азинӡбара Урыстәылатәи академиеи рҟны. Мшаҽнеиҧш, еилеигӡон аҵараааӡаратәи, аҭҵааратәи, ауаажәларратәи усура.

Аҧсни Урыстәылеи реиҧш, аҧсуаабаза диаспорақәа ахьынхо аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпакы рҟны иахьагьы Тарас Шамба ихьӡи ижәлеи еидкыланы дыргәаладыршәоит. Ауаажәларра-политикатәи усзуҩы, Аҧсуа-абаза жәлар Рконгресс раҧхьатәи анапхгаҩыс иҟаз Тарас Шамба 2022 шықәса декабр мзазы игәалашәара аҳаҭыр азы Аҟәа, ихьӡ зху апарк аҟны иқәыргылан ибаҟа, Аҧсны анапхгареи ауаажәларреи алархәны егьаартын.

Ҵабыргны, Тарас Мирон-иҧа Шамба иҧсҭазаара зегьы ижәлар рымаҵ аура иазкын. Аҧсуа-абаза жәлар Рконгресс анеиҿкааха нахыс акыр шықәса анапхгараҿы иҟазаара аан шьардагьы илиршеит аҳәаанырцәтәи аҧсуа-абаза диаспорақәа реидкылараҿы, аимадареи аусеицуреи рышьақәыргылараҿы, азеиҧшмилаҭтә ҵакы змоу азҵаатәқәа рхаҵгылареи рыӡбреи рҟны. Иара иеиҧш иҟаз аҵеицәа хьӡырҳәагақәа ирыбзоуроуп аҧсуа жәлар рмилаҭхақәиҭратә қәҧара еихсыҕьра ақәымзаара, амилаҭ хдырра ашьҭыхра, абџьарла Аҧсадгьыл ахьчара анаҭаххагьы Аиааира алыршара, ҳтәыла ахьыҧшымра азхаҵара амҩа иахьану.

Зыҧсадгьыли зыуаажәлари еснагь ламысла рымаҵ аура иазхиаз, шьардагьы зылзыршаз аҵеи хьӡырҳәага 83 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит. Анышә дамардеит иабшьҭра рџьынџь аҟны – Гәдоуҭа араион Абҕархықә ақыҭан.  Аҧсны еиҧш, аҧсуа-абаза диаспорақәа зегьы цәыӡ дуны ирыдыркылеит жәлар рҵеи дахьрыԥхаз, аха Аҧсны аҭоурых аҟны ихьӡ лаша хашҭра ақәымкәа иаанхоит.


В. АҦҲАЗОУ

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me