Аслан Бжьаниа: «Аполитика рылхтәӡам аекономикатә зҵаарақәа»

Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа иныҟәарақәа раан дрыхәаԥшит ԥасатәи арратә санаториақәа МВО-и ПВО-и рҟны зеиҭашьақәыргылара иаҿу аобиектқәа.

Асасааирҭақәа рнапхгаҩы Иулиа Кулиева далацәажәеит ԥасатәи асанаториа МВО аҟны иҟоу асасааирҭатә комплекс.

«Абраҟа аобиект хадақәа ируакуп аӡҭарчы. Ашықәс анҵәамҭазы ҳгәы иҭоуп уи ахархәарахь рыҭара. Ақалақьуаа хәыда-ԥсада аӡы иҭалалар алшоит», – лҳәеит Кулиева.

Рырҽеира иаҿуп егьырҭ аобиектқәагьы. Акы феихагылак амоуп, иҟоуп ҩбаны еихагылоу ахыбрақәагьы. Абри инаваргыланы арыцқьарақәа ирҿуп, агәам-сам ықәыргоит.

Аслан Бжьаниа идырбеит ахыбрақәа, зырҽеира иаарласны ихдыркәшауа.

Ԥасатәи арратә санаториақәа рҟны иҟоуп еиуеиԥшым аихагылақәа змоу ахыбрақәа 10.

Атәыла Ахада дрыхәаԥшит ахархәарахь ирыҭоу акрыфарҭеи аресторани. Иара убас арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит аби­б­лиотекаҿы. Ашәҟәқәа зегьы еиқәы­рхахоит.

Абри инаваргыланы, Сентиабр 30 азынӡа Амҳаџьырцәа Рыԥшаҳәеи ԥасатәи асанаториа ПВО-и еимаздо ацҳа хырҵоит.

Иара убас Аслан Бжьаниа ибеит Аҟәатәи ашьхаҿы анаԥшырҭа ҭыԥи Ацҳа ҟаԥшьи рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа. Аҟәа ахадара аиҳабы Беслан Ешба атәыла Ахада иеиҳәеит аусурақәа шхыркәшахауа сентиабр 30 азынӡа. Ақалақь Ахада иазгәеиҭеит Ацҳа ҟаԥшь аҭыԥ ҷыда шааннакылауа.

«Ари ҳаибашьцәа раԥхьатәи ажәылара ахьрыдыркылаз ҭыԥуп. Уи ҭоурых-культуратә ҭынхоуп. Иҳаӡбеит Аиааира 30 шықәса ахыҵра азынӡа Ацҳа ҟаԥшь еиҭашьақәҳаргыларц, иахьынӡауа уи ахаҿԥшра еиқәҳархарц», – иҳәеит Ешба.

Аслан Бжьаниа Аҟәа, Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҟны арҽеиратә усурақәа рцашьа гәеиҭеит.

«Араҟа иҟаҵахоит аӡыршә, иргылахоит Индоевропатәи ателеграф аҭоурыхтә гәашьақәа жәаха, урҭ аамҭаказы иҵхын, уажәы реиҭашьақәыргылара иалагоит», – иҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара аиҳабы. Иаарласны апарк аҟны акаҳуажәырҭа иагу-иабзоу ҟаҵахоит.

Атәыла Ахада ахәшьара бзиа аиҭеит имҩаԥгоу аусура.

Аҟәа ахадара амуниципалтә наплакы «Ақалақьргылара проект» аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, аусурақәа рсметатә хәыԥса иартәоит 17 миллиони 936 нызқь мааҭ. Арҽеиратә усурақәа хыркәшахароуп сентиабр 30 азынӡа.

Анаҩсан Аҟәа ақалақь ахадара аиҳабы Беслан Ешба 2023 шықәса актәи ашықәсбжазы русура аихшьалақәа ирызкны ажәахә ҟаиҵеит. Аилацәажәара далахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа. Уи ажәахә даназыӡырҩ ашьҭахь, иаҳаз ахҳәаа азыҟаиҵеит.

Атәыла Ахада ақалақь анапх­гара ҭабуп ҳәа реиҳәеит инҭкааны аҳасабрбазы. Иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩнуҵҟала аҳҭнықалақь арҿиара аганахьала ԥхьаҟацарақәа уаҩы ишибо.

«Абарҭ алҵшәақәа иуарҳәоит Аҟәа ахадара ламысцқьала ишазнеиуа руалԥшьақәа рынагӡара», –иҳәеит иара.

Убас ишыҟоугьы, атәыла Ахада иазгәеиҭеит ақалақь апроблемақәа зегьыҵәҟьа Бес­лан Ешба «цифрала» ишеибеимыркыз. Ҿырԥштәыс иаагозар, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи разымхара, абзазаратә црыҵ кьакьақәа ррыцқьара, аенергетика ирыԥшьу ауадаҩрақәа, Аҳабла ҿыц аҟны аҩнеихагыла ҳаракқәа рхыбқәа рырҽеира, рхаҿра аиӷьтәра, абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа руалафахәы, апенсиақәа, аинвалидцәеи аветеранцәеи ироуа ацхыраагӡақәа рышьҭыхра.

«Зыӡбахә ҳамоу жәамиллиардла амааҭқәа роуп. Ҳара иҳалшоит урҭ рыӡбахә ҳамҳәар, иҵааҳаршәыр, иара убас шьаҿа ссала ԥхьаҟа ҳашцо. Аха абри азы аамҭа ҳамоума. Ҳтәылауаа ирҭаххарушь абарҭ апроблемақәа шрымоу абри адунеи аԥсахра. Сгәы иаанагоит, ҳхьыԥшымра зхы ақәызҵаз, урҭ ргәакьацәа ақәгәыӷуан Аԥсны аԥсҭазаара иҵегьы еиӷьхап ҳәа», – иаҵишьит Аԥсны Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп, Аԥсны алшарамчқәа шамоу, аха ари ишаанамго уи аус ауеит ҳәа. Иара игәаанагарала, алшарамчқәа ахархәара рымҭаӡакәа иаанхар ауеит ҳәа ашәарҭарақәа ыҟоуп. Аԥсны аекономикатә суверенитет ашьҭыхра шаҭаху Аслан Бжьаниа акырӡа зҵазкуа уснагӡатәны иԥхьаӡоит.

«Ҳарҭ зегьы иаадыруеит амчратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа, абиуџьет иныҟәнагауа руалафахәы ахәҭак Урыстәыла ишашәауа. Уи аибашьра хьанҭа амҩаԥгара иаҿуп, мышкы 500 миллион доллар ирызтәоит, шәҩыла, зықьҩыла иҭахо ртәы ҳамҳәозаргьы. Иаҳҳәап, аамҭаказы Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара ҳаҭара алымшо иҟалар, усҟан иҳаԥсыхәоузеи!» – дҵааит Ахада.

Уи иажәақәа рыла, убас еиԥш аҭагылазаашьа ҟалар ауеит, амчратә усбарҭақәа иҭышәынтәалан аус рзымуа, избанзар ҩнызқь мааҭ ҳәа аусура иақәшаҳаҭхо маҷыҩӡахоит.

«Сара аӡәгьы дсыршәом, ихьыԥшым ҳәынҭқарразар, уи економикатә ҵакыла ихарҭәаатәуп. Аҿиара ахырхарҭа хада – ари атуризм ауп, абри аҟнытә асасааирҭақәа рыргылара ус бзиоуп, аха урҭ 30-40-нтә рыла еиҳахароуп», – иҳәеит иара.

Бжьаниа агәра ганы дыҟоуп апарт-сасааирҭақәеи апартаментқәеи рыргылара, изыхәҭоу азакәан анрыдыркылалак ашьҭахь, акырӡа зҵазкуа хархәаганы иҟалоит Аԥсны аекономикатә суверенитет арӷәӷәараҿы, насгьы аҭыԥ бзиа ааннакылоит аҳаиртә баӷәаза арҽеиреи атәыла газла аиқәыршәареи реиԥш иҟоу апроект дуқәа рынагӡараҿы.

Убри аан, атәыла Ахада ҳасаб азиуеит иҟаларц зылшо ашәарҭарақәа рырмаҷӡаразы азакәанпроект инҭкааны аус адулара шаҭаху, иагьрыдигалоит егьырҭ атәылақәа рԥышәа бзиа рхы иадырхәарц.

«Ҳара иҳамоуп ихьыԥшым аҳәынҭқарра. Аҳәынҭқарратә институтқәа русура ахаҭабзиара шьҭыҵроуп, иара убасгьы даара акырӡа аҵанакуеит ахәынҭмаҵзуҩцәа ауалафахәы ҳаракы роуазар, аҭааҩцәа рџьыба иҭамԥшуазар. Абарҭқәа зегьы здыӷәӷәало ҳбиуџьет алшарақәа роуп», – иҳәеит Бжьаниа. Иара убас Ахада дазааҭгылеит аҳәынҭқарратә мазара ахархәара алҵшәа шылаҟәу. Иара иазгәеиҭеит, ахашәалақәа риуразы уаҩы ихы иаирхәаша амазара ахазхатәуаа рнапахьы ишрыҭалатәу.

«Апрактика иаҳнарбеит аҳәынҭқарра – ари иреиӷьу коммерсантны ишыҟам. Аԥсны абиуџьет 90% шьақәгылоит абизнес ала. Агәра ганы сыҟоуп, аҳәынҭқарра мҩақәҵаҩны ишыҟалаша, аекономика акәзар, аполитика мҩақәнаҵалароуп», – иаҵишьит иара.

Аилацәажәара анҵәамҭазы Аслан Бжьаниа иҟаз рыхшыҩ азишьҭит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа.

«Ҳҩыза дуи ҳареи ҳусеицура инамаданы ҳхатәы зҵаарақәагьы ҳаӡбалароуп».

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me