Лаҵара 04, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гагра араион: ашықәсбжазтәи аихшьалақәа

Аԥсны Ахада Гаграҟа иныҟәараан агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ Аиҳабы Русҭам Латипов иҳәеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы араҟа акыр ақәҿиарақәа шалыршоу, аҭагылазаашьа бзиақәа шаԥҵоу.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иара убас иазгәеиҭеит агәаҭара аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны иахәҭоу аҭагылазаашьақәа шаԥҵоу, ацхыраара ҟазҵаз абизнесменцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Аҳазалхырҭатә ҭыԥ аиҳабы Алиас Хышба иҳәеит ажәытә хыбра шажәыз, ишышьшьаз, иара зықәгылоу адгьылгьы атәара ишалагаз. «Араҟа ашьҭаҵарҭақәа зауа аҭыԥ ҿыц дыргылоит, убраҟа аидарақәа еиқәдыршәоит», – иҳәеит Хышба.

Ахыбра ҿыц аргылара иазоушьҭхоит 21 миллион мааҭ, иоурышьҭхьеит 7 миллионк мааҭ. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут иазгәеиҭеит амилициа аҟәша аҭагылазаашьа шҽеим, иаарласны ари азҵаара ишахәаԥшауа.

Анаҩсан Аԥсны Ахада Гагра араион актив алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Уаҟа 2023 шықәса 6 мзы рыҩнуҵҟала русура аихшьалақәа ирызкны ажәахә ҟаиҵеит Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь. Иара убас ажәахәқәа ҟарҵеит Гагра араион ашәахтә инспекциа аиҳабы Едгар Бениа, аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи русбарҭа аиҳабы Денис Аиба уҳәа егьырҭгьы.

Аилацәажәара иалахәын Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.

Аилацәажәараҿы Аслан Бжьаниа араион ауааԥсыреи анапхгареи ҭабуп ҳәа реиҳәеит Гагра аусура ахьеиӷьхаз азы, аха ишыҟоу зҭыԥ иқәҵатәу апроблемақәа маҷымкәа.

«Атәыла аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа жәпакы рҭыԥ рықәҵара ауеит. Акыр атәылақәа абарҭ азҵаарақәа рыӡбахьеит, урҭ рԥышәа рымаадароуп. Аԥхьа иргылатәуп Аԥсуареи Аԥсуа ҳәынҭқарреи рыхьчара», – иазгәеиҭеит Бжьаниа.

Уи аизара иалахәыз рыхшыҩ азишьҭит Аҟәа, Гәдоуҭа, Ԥсырцха аихамҩатә вокзалқәа рхыбрақәа реиҭашьақәыргылара ишалагаз.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵишьит Гагра еиԥҟьарада ӡыла аиқәыршәара, иахыкәшо амҩа, ахәыҵсырҭа арҽеира шаҭаху. Убри аан Бжьаниа иҳәеит атәылаҿы амашьынақәа шырацәахаз, шьҭа ишазхәыцтәу амҩақәа рырҭбаара. Абарҭ азҵаарақәа рҭыԥ рықәҵаразы иаҭахуп амалқәа, аҳәынҭқарратә ԥарақәа.

«Имҩаԥгоу аусуразы Гагратәи аҳасабрба уаҩы дамыргәырӷьарц залшом, аха зынӡаск даҽа ҭагылазаашьоуп иҟоу Тҟәарчал араион. Мрагыларатәи Аԥсны аҟны алшарамчқәа рацәоуп, аха аусқәа рҭагылазаашьаҵәҟьа угәы иахәом. Ҳара Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи араионқәа рҟны аҭагылазаашьа еиԥшаҳтәроуп. Макьаназ Мраҭашәаратәи Аԥсны Мрагыларатәи ацхыраара анаҭоит. Аекономика аҿиара иалагар, аҭагылазаашьа зынӡаск даҽакхоит», – иҳәеит Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аинвестициақәа шаҭаху, даҽа мҩак ала арҭ азҵаарақәа ӡбашьа рымаӡам.

«Аинвестициақәа аароуп егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟнытә. Ҳара ҳбанктә система иалшом акредитқәа рыла аиқәыршәара. Абарҭ аинвестициақәа ҳара иҳахәароуп», – иҳәеит Бжьаниа.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит Гагра араион абиуџьет 70% аазышьҭуа атуризм шакәу. Уи иҵегьы иацлоит.

«Ҳара абри аҩыза аекономикатә политика мҩаԥаагоит. Аӡәгьы ишьҭихӡом аԥсуа дгьыл аҭира азҵаара. Уи аҭира ауӡом, қьырала ируҭар ауеит абри адгьыл уаҩы ихы иаирхәаларц, аус иуларц, аҳәынҭқарра ашҟа ашәахтәқәа ишәаларц азы. Ари имариоу усым, уи иаԥшьхар ауеит аилагарақәагьы, аха азинхьчаратә усбарҭақәа арҭ азҵаарақәа рҭыԥ иқәырҵалоит. Ахадареи аиҳабыреи абри азҵаара еицырӡбалароуп, убри амҩала ицалароуп. Ари ҳацәымшәароуп, ҳзыцәшәаша аусурҭадара ауп. Аусура зылшо 140 нызқьҩык рахьтә 60 нызқьҩык раҟара аусурҭа рымаӡам. Ари даара иҽеим», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Иара убас Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит 60% ацәгьоурақәа шыҟарҵауа аусурҭа змам. Уи иахылҿиаауеит егьырҭ асоциалтә проблемақәагьы.

«Ҳара иқәыԥшу ҳәынҭқаррак аҳасабала егьырҭ атәылақәа рҟны иҟоу абзиарақәа ҳашҟа ииаҳгалароуп, ҳҭагылазаашьақәа ирықәшәо иҟаҳҵалароуп ҳхаҿра, ҳкультура реиқәырхаразы, убригьы иҿиауа, иӷьацауа аекономика уасхырс иаҭаны. Даҽа хықәкык ыҟаӡам», – еихишьалеит Ахада.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me