Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахәыҷтәы лагер «Альфа»

Аҵара аамҭа анхыркәшаха ахәыҷқәа рзын ахатәы зеиҧшдырратә школ «Альфа» аҟны еиҿыркааз алагер уажәшьҭа фымшуп аус ауеижьҭеи. Алагер анапхгаҩы Фатима Дауҭиа дазааҭгылеит аиҿкаара шыҟалаз атәы.

Сынтәа, даҽа аамҭанык еиҧшымкәа, аҭаацәа аҭагылазаашьа рымоуп рхәыҷқәа хәыдаҧсада алагер ахь раагара, асеиҧш ацхыраара ҟанаҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра иатәу аҳәынҭқарратә усҳәарҭа асоциалтә ҧгаҧсеи аџьа ахьчареи рфонд.

Ахәыҷқәа рыдыркылоит ашьыжь асааҭ жәба инаркны ахәылбыҽха асааҭ фбанӡа, ари аамҭа иалагӡаны хынтә акрырҿарҵоит. Қәрала иуҳәозар, быжьшықәса зхыҵуа инадыркны жәаха шықәса зхыҵуа рҟынӡа. Дара зегь гәыҧ-гәыҧла ишоуп, гәыҧцыҧхьаӡа ахылаҧшцәа рымоуп. Убарҭ дыруаӡәкуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аушьҭымҭа Милена Ламиаҧҳа. Уи лажәақәа рыла, ахәыҷқәеи лареи русеицура акырӡа иманшәалоуп. Ҩажәаҩык злоу агәыҧ напхгара азылуеит. Иааидкыланы алагер аусзуҩцәа ҩаижәи жәаҩык ыҟоуп, дара зегь рнапы злаку аусқәа хаз-хазуп. Абызшәазын ахьысҳара змоу рзын ҷыдала имҩаҧыргоит аҽазыҟаҵарақәа, иара убас ашәаҳәара, акәашара, асахьаҭыхра, аҿыханҵа уҳәа реиҧш иҟоу асеқциақәа аҧҵоуп. Урҭ зегь аамҭа-аамҭала еихшоуп, уаантәи ианыгьежьлак адәахьы идырхәмаруеит. Аҧхьатәи амшқәа рзы иҟан аангылара зҭахымыз, мшқәак рнаҩс ианашьцыла иддырбоз, ирызнаргоз аҽаршьцыларақәа азҿлымҳара анырзаҵала, аҩныҟагьы ацара рҭахымхо иҟалеит. «Аҵара аганахьала ирацәоуп ахәыҷқәа ирдыруа, ашколаҿ ироуа адыр­рақәа шыҭбаау убарҭоуп, аха абызшәазын ауадаҩрақәа рымоуп, уи аҳәара рацәак ирҭахым», – рҳәоит азыҟаҵаҩцәа.

Иахьазын иҟоу ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара 160-ҩык рҟынӡа инаӡоит, дара арахь иныҟәалоит жәамш, анаҩс ирыдыркылоит иҿыцу агәыҧқәа.

Алагер аҿы ахәыҷқәа ирызнарго еиуеиҧшым ахәмаррақәа ируакуп ижәытәӡатәиу аҧсуа хәмарра – «Хылҧахас» захьӡу, уи зыҟаҵаҩыс дамоуп Адгәыр Гәынба. «Асеиҧш иҟоу ахшыҩҵак ансыдыргала мап ацәысымкӡеит, избанзар ахәыҷқәа ирдыруазароуп ҳмилаҭтә хәмаррақәа рынагӡашьа, уи иалааӡазароуп дара, уажәшьҭа аицлабра иамоу аҧҟарақәа еиламгакәа рхала ахәмарра рылшоит».

Анаҩс, иаҭахуп еиҳа зыҧҟарақәа уадаҩу, аха азҿлымҳара ду зҵоу «аимҵақьача» ҳәа изышьҭоу алагалара.

Милана Ҳагҧҳа ашколаҿ аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс дыҟоуп, убриаҟынтәи алагер аҿы аҧсышәала ацәажәара зцәыуадаҩу ахәыҷқәа рзын хаҭала арахь ааҧхьара лыҭан. «Иҟоуп ахәыҷқәа, аҧсшәа бзиаӡаны аҳәара зылшо, еилызкаауа, аха аҳәара зҭахым, уи аиашаз угәы унархьуеит, азыҟаҵара цонаҵы аҧсышәала мацара ҳанрацәажәалак даргьы уи ашҟа ииасуеит», – лҳәоит лара.

Алагер аҿы ахәыҷқәа рзын еиҿкаау зегьы гәыцә хаданы ирымоу аҧсшәа дырҵара, уи иахьынӡалшо амч аҭара, иарала ахәыҷқәа ишырҭаху рхы иақәиҭны иалацәажәо рыҟаҵароуп. Уи азыҳәан аусзуҩцәа ирылшо зегь ҟарҵоит, аҧхьаҟагьы ирацәоуп рыгәҭакқәа, рпрограмма иаларгаларц рҭахуп иҿыцу азнагашьақәа, ибзианы иубарҭоуп урҭқәа зегьы алҵшәа бзиақәа шырҧеиҧшу.


Алхас Ҧсардиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me