Зегьы ишаҳдыруа еиҧш, аибашьраҿы аӡәы дҭахоит, аӡәы деиқәхоит, даҽаӡәы дуаҩыбжаны дааннажьуеит. Убас Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аан, Аҧсны шамахамзар, иҟам ҩнаҭак агәаҟра ахьнанамгаз, алаҕырӡ ахькамҭәаз. Анацәа рҵеицәа рыҧхеит, ахәыҷқәа рабацәа рыҧхеит. Убас ирацәаны хыҧхьаӡара рацәала аҿырҧштәқәа ааугалар ауеит.
Ааигәа сызҭааз афырхаҵа иҩнаҭаҿгьы агәаҟра ҟалеит. Иан, зыдунеи зыҧсаххьоу Аниа Габниа – Ҕәынџьиа илааӡеит ҧшьҩык арҧарцәеи х-ҩык аӡҕабцәеи. Руслан зегьы дреиҵбын, хәыҷы хьыӡны Тика ҳәа иарҳәон. Иара иашьцәа аиҳабацәа аибашьра ацәаҳәаҿы абџьар кны аҕа иҿагылан. Руслан дшеиҵбызгьы, дышқәыҧшызгьы, ихы мшаҭакәа Аҧсадгьыл ахьчаразы иашьцәа, иҩызцәа днарывагылеит.
Руслан Хачық-иҧа Ҕәынџьиа диит 1956 ш. рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан Ҭоумышь аҳаблаҿы. Абжьаратә школ даналга дҭалоит аветеринартә техникум. Ашьҭахь аус иуан Кындыҕтәи аҧсаатәааӡарҭатә фабрикаҿы. Аибашьра ианалага инаркны иҩызцәа дрывагыланы деибашьуан, далан Ҭоумышьаа ргәыҧ. Жәыларацҧхьаӡа ихы алаирхәуан. Деибашьхьан еиуеиҧшым аибашьра ацәаҳәақәа рҿы: Кәачара, Қьаҭуан, Тамшь, Кындыҕ, Аҭара, Ахалдаба. Иахьа иҩызцәа уанрыҿцәажәо инарҭбааны иалацәажәоит уи иааирҧшуаз ахаҵара, агәымшәара, лахьеиқәракгьы рхы-рҿы инанубаалоит – аибашьҩы заа дахьрыҧхаз ргәаларшәауа.
– «Аҳаҳаи, акы шәацәымшәан!» – ҳәа Руслан ибжьы ҵарыхәҵәаӡа, ирласырласны ираҳалоз, иахьагьы слымҳа иҭаҩуеит, – игәалаиршәоит командирс имаз Ҭ. Гергиа. – Уи жәыларацҧхьаӡа ҳаҧхьа дгылазар акәын. Зны-зынла акырӡа дҳаҧыҟьаны заа дыҧшыхәны дхынҳәуан. Ҳгәаҳҽаниҵон, дҳалабжьон. Ахырҕәҕәарҭақәа рҿы ҳантәаз иара ибзоурала аамҭа шцоз ҳбомызт. Алаф иҳәон, дыччон, дыхәмаруан. Уи ала аибашьра ицоз ҳхаиршҭуан…
Руслан ицеибашьуаз еицҿакны ирҳәоз акы акәын: «Иара иеиҧш згәы цқьаз, иразыз, зҩызцәа ҳаҭыр-пату рықәызҵоз, ламысла ирызныҟәоз, хаҵарыла зыҧсадгьыл зыхьчоз иҧшаара уадаҩын».
Аҧсадгьыл ахьчаҩ Руслан Ҕәынџьиа дҭахоит аибашьраҿы Аҧсны аиааира агара хәымш шагыз, цәыббрамза 25 рзы. Руслан иҭахара дыздыруаз зегьы даара гәалсра дула ирыдыркылеит, иахьагьы ихьӡ ҳәаны уаацәажәаргьы, «Уи даӡәыкын, уи иеиҧш аҵеи шамахамзар диуам», – рҳәоит.
Руслан дҭаацәарамызт, уи ҩбангьы угәы унархьыртә иҟоуп. Ирҳәоит ани аби рзы еиҳа дгәыжьжьагахоит ахылҵ, ргәыҕрақәа зегьы иара идырҳәалалоит ҳәа. Ҵабыргны, аҩнаҭаҿы ахаҵарҧыс иира агәырҕьара ду ацуп, аҵеи – ҵәҩаншьапмырӡгоуп, абиҧара аҿиара иацызҵо иоуп. Убри аҟнытә, ани аби реиҧш, иҩызцәа-иқәлацәа ргәыҕра бзиақәа идырҳәалон, иеизҳашьа убас иҟан. Аха аибашьра гәымбылџьбара иахҟьаны, Аҧсадгьыл аҵеи хьӡырҳәага ишихәҭоу еиҧш, фырхаҵарала дҭахоит. Абасала иразҟы кьаҿхоит. Руслан дахьиз-дахьааӡаз аҩнаҭа аҧшәмара иаҭәашьоуп иашьа Роман Ҕәынџьиа. Араҟа Руслан ихьӡ, аибашьраан илшамҭақәа ирызгәдууп.
Руслан иеиҧш иҟаз аҵеицәа хьӡырҳәагақәа ирыбзоуроуп иахьа ҳадгьыл гәакьа аҧшәмара ахьҳаҭәашьоу. Урҭ ахаангьы хашҭра рықәым, избанзар зегьы иреиҳаз рыҧсҭазаарақәа ахҭнырҵеит аҭынчра. Убри алагьы Аҧсны ахақәиҭра азааргеит. Еиҵагыло абиҧарақәа ируалҧшьоуп Аҧсадгьыл афырхацәа рыхьӡ-рыҧша аиқәырхара, ргәалашәара амырӡра, урҭ рҿырҧшала Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рааӡара.
Руслан Ҕәынџьиа аибашьраҿы иааирҧшыз агәымшәареи агәаҕьреи рзы данҭаха ашьҭахь ианашьоуп Леон иорден.
Стелла Сақаниа