Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ан лгәы ҭызшьааз аҧсӡы

«Сара сҭахеит Аҟәа акалҭаҿ

                                              Ушаҳаҭуп сдамра

                                                        Уҧшьа-ҭыҧ ҳаракырҭаҿ,

                                                    Сҷаҧшьаҩуп Аҧсынра»!

                                                                                  М.Лашәриа

Сентиабр 23, 1993 шықәса. Шьыжьуп. Асааҭ хәба инархысхьеит. Амшын ихықәгылаз апансионат «Искра» абжьыуаа рҟынтәи иааз ахҵәацәа рыла иҭәыз, уарлашәарла иҿыхақәаз шьоукгьы анаара улаҧш иҵашәон. Апансионат ырҧшӡо, насгьы шьыжьы инаркны амра нҭашәаанӡа ашәшьырақәа аҳра рызнауа ирыгәҭылак игылаз аҧсаӡҵлақәа ирылатәаз ардәынақәакгьы ашара еигәрҕьаны аҿықә-ҿықәҳәа рыбжьқәа уаҳауан. Харантә ҟәраан еиқәаҵәакгьы абжьы ҿыхьаӡа иааҩуан.

Аухантәарак иаашаанӡа зыцәа ҭынчымыз Наҭелагьы луада даадәылҵын, лхы ҭууа апансионат актәи аихагыла асоф даақәгылт, даанаҧшыааҧшит. Дук мырҵыкәа данынаҧш лылаҧш нарықәшәеит апансионат зҭагылаз ашҭа аҵыхәаны иааиуаз ҩыџьа ахацәа. Лхы дааҩахан, лҽаалыриашан сышҟа даахьаҳәын сыхьыӡ ҳәаны ус ҿаалҭит: «Бара, Роза, изусҭцәада, насгьы ирҭахыузеи арҭ иааиуа ахацәа ҳәа». Урҭ ахацәа апансионат аҟны ишнымхаз лара илдыруан. Апансионат аҿы ахҵәацәа рзы хәҟаҵаҩыс иҟаз, аӡәаӡәала досу дызусҭаз здыруаз лакәын Наҭела.

Апансионат ашҭа иааҭалоз ҩыџьа ашәаџьҳәаҩцәа иаҳа-иаҳа ааскьара иаҿын. Салацәазар ҟалап бара, абарҭ сара сакәзар иззауа ҳәа лыбжьы ныҵакшәагьы иналыргеит. Саргьы исҳәара сзымдыруа сналыхәаҧшит, ан рыцҳа, акала заанаҵы ацәалашәара заухьаз. Ианаалыдгыла, руаӡәык ус ибжьы наиргеит: «Наҭела, абааҧсы бхаҵамҧҳәысми, бҽырҕәҕәа, быҷкәын заҵәы дҭахеит, уи хаҵарала иҧсадгьыл Аҧсны ихы ақәиҵеит. Арҭ ажәақәа есымша, лыҷкәын апозициахь (ажәыларахь) дцацыҧхьаӡа иазыҧшыз Наҭела рыцҳа азныказы дшанхеит, лыбжьы лыхәлашәеит, илызҭымгеит, аха нас лҽаалырҕәҕәан, ан еиҭамҳәа аҳәҳәара далагеит. Уаҩы дизынкыломызт, ҳаҕеимышхара, уаҩытәыҩса ииҳәоз лаҳауамызт, дзықәгылаз асоф амаакырақәа лхы рнылҟьон, саргьы сыҧсыроуп, сыҷкәын заҵә ида аҧсҭазаара сҭахым ҳәа лыҷкәын ихьӡ ҳәаны дыҳәҳәон, дҵәыуон ан рыцҳа. Аб еиҭамҳәагьы ихы икәаҽ дуазыруа насҭхашәа дгылан. На­ҭела Ҧачлиаҧҳаи Шьалуа Бранӡиеи рыҷкәын заҵә Ҭемыр дҭаацәарамызт, убри алагьы уи аҽны ихьӡ зҳәоз ҳәа акгьы аанмыжьӡакәа, иҧсҭазаара ҿахҵәагәышьеит, иабиҧарагьы убрахь иналаҵаны. Апансионат аҿы инхоз зегьы лыдеизалеит, дырҵәуан аҧа, дырҵәыуан ан рыцҳагьы… Ус, дук мырҵыкәа исакаса рыма иааҭалеит иҩызцәа, иаб, иан, иаҳәшьцәа аамҭала изыҩназ апансионат «Искра» ашҭа. Избанзар дара ахьынхоз Ҷлоу, Аҟәа аҕа импыҵакын.

Ҭемыр аибашьра ианналага инаркны амцашыра далагылан. Хаҭала дтанкистын. Арра дахысхьан, уи бзианы идыруан. Х-ҩыкны еицын, рҭанк «Мустан» ахьӡын.

Абар уи уажәшьҭа аҩныҟа дмааижьҭеи 10-мшы инареиҳан. Мышкы-ҩымш уҧсы ааиҭаукып ҳәа аҩныҟа дрышьҭит, аха ахәылбыҽха иҩызцәақәак рыла еили­кааит ауха ажәыларахь идәы­қәлараны ишыҟаз. Ҭемыр уи шааиаҳаз уахь ддәықәлеит, ихы ахибааит аҩны аҟазаара. Сҩызцәа рыҧсҭазаара аминуҭқәа ианырку, уаҳа арахь сышзыхнымҳәуа здыруазаргьы аҩны сызтәом иҳәан, иан дгәыдкыла-хыдкыла абзиараз, ирласны схынҳәуеит ҳәа нараҳәаны ауп иҵыхәтәантәихаз имҩа дшықәлаз.

Ҭемыр ари ажәылараҿы дызгашаз ахы иқәшәеит, иҧсы шҭаз ирулакгьы ахәшәтәырҭа аҟынӡа днаргеит, аха ашьа рацәаны излаицәцахьаз ала ацхыраарагьы имыхәакәа иҧсы ихыҵуеит.

Аамҭала Гагра азеиҧш ҧсыжырҭақәа рҿы анышә дамардоит. Нас Аҧсны анҭадырцәы ашьҭахь, ажьырныҳәамзазы ҿыц аҵәыуара ҟаҵаны иқыҭа Ҷлоу шәаҧыџьаҧла иҭалаҳау иаб игәараҭаҿы анышә дамардоит. Абас аибашьҩы гәымшәа, иаҳа иахьшәарҭоу аҿагылара ҟазшьас измаз, хьаҳәхьачарак ҟазымҵоз, еиҵагыло абиҧара рзы дҿырҧшыганы даанхоит.

Ҭемыр Бранӡиа – Леон иорден занашьоу згәы разыз, ауаҩы изааигәаз аӡәы иакәын. Даныхәыҷыз инаркны ашкол аҿы зегьы дрылҷҷаауа дыҟан. Аҵара бзианы иҵон, ирҵаҩцәа еснагь иани иаби рҿаҧхьа илаҽхәон, агәрҵҟәыл бзиа змоу, заҧхьаҟа акы зылҵуа аӡәы иакәхоит рҳәон. Ани аби ргәы иладуун. Еиҳаракгьы уи иан иалкааны бзиа дибон, дылзааигәан, насгьы лассы-лассы ус леиҳәалон: «сан, бара быҧсит ҳәа зегьы анышә ишамардо еиҧш бшызымжуа бдыруазааит». Лыҷкәын данҭаха нахыс агәрҩа иаркараз Наҭела, акыр шықәсқәа лыҧсы ҭан, аха маҷк лхы еилаҧсама уҳәартә лхымҩаҧгашьа аҽаҧсахит. Аб рыцҳа ҩныҵҟала иҧа иҭахара гәнызгоз изхымгакәа идунеи иҧсахуеит дук мырҵыкәа. Наҭела лакәзар, лзанааҭ ала ахәаахәҭраҿы аус луашәа даҿын, аха даауҧылацыҧхьаӡа лыҷкәын ихьӡ акәын илҿакыз, илҳәоз. Ақырҭуа ицәаара зхыз аӡә дылбар ҟаломызт, дизыҵҟьон, омашәа лхы мҩаҧылгон. Убас мацара дшыҟаз, уаҳа лгәы аказы, егьырҭ лыӡҕабцәа, лмаҭацәа уҳәа рызгьы иаалзымҧсахӡакәа дычмазаҩхоит, дышьҭахоит. Ус, ҧыҭрак ашьҭахь лыҧсҭазаара далҵуеит.

Ҭемыр иеиҧш иҟоу Афырхацәа, урҭ ииуа абиҧарақәа рзы ҧсра зқәым фырхацәаны иаанхоит.

Ҳара иахьа аҭынчра ажәҩан аҵаҟа ҳанхозар, аҧеиҧш бзиа ҳамазар, уи зыбзоуроу Леон иорден занашьоу Ҭемыр Бранӡиа иеиҧш иҟаз ҳаҧсадгьыл аҵеицәа гәымшәақәа роуп.


Р. Амҷ-ҧҳа,

Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла иалоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me