Лыҷкәын ишьоуразы

Аҧсуа жәлар наџьнатә аахыс ирацәаны ирхыргахьеит агәаҟрақәа, изныкымкәа аҧсадгьыл Аҧсны аҵеицәа зқьҩыла рхы ақәырҵахьеит, иҟалахьеит арӡрақәа, иҭагылахьеит ахҵәарақәа…

Арҭ зегьы Аҧсны ҕәҕәала ианыҧшуеит. Ҳаҧсуа жәлар рмаҷра зыхҟьогьы убри ауп.

Наџьнатә аахыс Аҧсны иазгылон аҵеицәа мцаҧшьқәа, аҭоурых иадыруеит имаҷҩымкәа урҭ рыхьӡқәа. Ҳажәлари ҳаҧсадгьыли ашәарҭара иҭазыргылаз, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы иала­газ аибашьра ҳтәыла ахәра ҕәҕәақәа азыннажьит.  Бџьарла еибыҭамыз ҳажәлар рҿагылар акәхеит зхы инаркны зшьапаҟынӡа иазыҟаҵаз ақырҭуа архәҭақәа. 1992-1993-тәи ашықәсқәа раан ажәыларақәа рацәан. Аҧсуа еибашьцәа иара убарҭ ажәыларақәа раан ауп аибашьратә ҧышәа андырҳауаз. Ажәыларақәа рахьтә иҟан алҵшәа змаз, иара убасгьы аҧсҭбарақәа рацәаны изцыз.

 Сара иӡбахә сҳәарц сҭахуп, Лыхны ақыҭа ииз, иааӡаз, 22 шықәса рыда злахьынҵа ианымыз, Валера Иура-иҧа Ҳаразиа. Дҭахеит уи ажьырныҳәамза 5, 1993 шықәсазы, анышә дамадоуп Лыхны. Ианашьоуп «Леон» иорден. Иара дабиҧазаҵәын, иаб идунеи иҧсаххьан, иани ҩыџьа иаҳәшьцәеи ыҟан. Далгеит Гәдоуҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ, анаҩс арратә уалҧшьа наигӡон Москва. Аибашьра ианалага Валера Москва дыҟан, уа аус иуан машьынарныҟәцаҩыс. Аҭаацәара даламлацызт. Иара ателедырраҭара аканалқәа рылоуп ишиаҳаз Аҧсны аибашьра ишалагаз. Иаразнак Аҧсныҟа деихеит. Усҟан, раҧхьатәи амшқәа раан абџьар маҷын, измаз еимырдон. Валера Гәымсҭатәи афронт аҟны бџьарда ауп дышнеиз, анаҩс ирҭеит. Уи далан Амиран Берзениа ҧызас дызмаз аҩбатәи ажәыларатә гәыҧ. Икомандир ибзианы дихцәажәоит еибашьҩык иаҳасабала. Валера ажәылара данцоз аҧсуа бираҟ икәыршаны акәын дышцоз. Иара дызлахәыз аҵыхәтәантәи жәыларан, ажьырныҳәамза 5, 1993 шықәсазы еиҿкааз. Ари ашықәсан аӡын даара ицәгьан, ахьҭа бааҧсын. Иара дызлаз агәыҧ, Гәымсҭа аӡиас ирны аҕа иҭабиақәа ирыжәланы аибашьра иалагеит. Аҕа игәиҽанӡамкәа ауп аибашьцәа шиқәлаз. Имаҷымкәа аҭыҧқәа рҟны ақырҭуа ирхәҭақәа рҭыҧ иахцан. Валера дызлаз агәыҧ Ачадаратәи ашкол аҟынӡагьы инаӡоит. Ари ауаҩ илшоит ашкол абираҟ ахаргылара. Аха, ҳаибашьцәа рус аҵыхәтәанынӡа анагара уадаҩхеит. Рымч амаҷра иахҟьаны аҕа дрыкәшо, амацәаз иҭаикуа далагеит. Абри аидыслара аҟны Валера ҕәҕәала дырхәит. Иара аҕацәа дырҧыхьашәоит. Ауаҩы ихаҿы изаамго гыгшәыграла дҭадырхеит, бжьынтәы аҳәызба илаҵаны дырҟәаҟәеит, аҵыхәтәаны илахь ахы ҭадыртәеит. Аиҭныҧсахлара аныҟаз, иҧсыбаҩ иҭаацәа ианрырҭоз, ицәа-ижьы ҧхан. Уи иаанагоз, иабиҧазаҵәыз, зани заби ида дызмамыз данрырҭоз аамҭа азыҳәаны дыргәаҟны дышҭадырхаз ауп. Урҭ зегьы раҧхьаҟа анацәа рыҷкәынцәа ажәа рырҭахьан, иҭахар абџьар шьҭыхны ишеибашьуа ҳәа. Иара убасҵәҟа иагьыҟалҵеит Валера иан.

Валера иан Лили, милаҭла дшагыруазгьы Аҧсназы лылшарақәа акыр идууп, леибашьратә мҩа даара иҭбаауп. Лыҷкәын ишьа ауразы хацәнамырха дгылеит, аибашьра аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа днаӡеит. Деибашьуан Амиран Берзениа ибаталион аҟны. Иланашьоуп «Леон» иорден.

Абас еиҧш аибашьцәа – иабиҧазаҵәқәаз, Аҧсны зхы ақәызҵаз шәҩыла иҟоуп. Ҳарҭ аҿар иаадыруазароуп арҭ реибашьратә мҩа, рҭахара абиҧазаҵә иганахьала иштрагедиоу ҳажәлар рабиҧара азы. Дара рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит, аха ҳаҧсуа ҭоурых ыҟанаҵы рыхьӡқәа хьтәы нбанла ианызаауеит.


Саида Ҳаразиаҧҳа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша актәи акурс астудент

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me