Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Акокаин абзиабара»

Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр асценаҿы иқәыргылан аспектакль ҿыц. Уи аҧҵоуп 1936 шықәса рзы иҩыз Марк Агеев ирҿиамҭа иалхны. 80-тәи ашықәсқәа рзын ауп иара адунеи абызшәақәа рахь еиҭаганы ианҭрыжьыз. Абри аҟара аамҭа шцохьоугьы ари аҩымҭа иахьа актуалра ду аҵо

Аспектакль арбара иалагаанӡа ажурналистцәа дрыҿцәажәеит адрамтеатр анапхгаҩы Иракли Хынҭәба, уи иҳәеит: «Ари аспектакль ықәиргылеит Урыстәыла еицырдыруа арежиссиор, «Золотая маска» зҽаҧсазтәхьоу, аҟаза ду Роман Кочержевски, ҳара иҳақәҿиеит абри еиҧш абаҩхатәра аус ҳацура дахьақәшаҳаҭхаз.

«Акокаин абзиабара» азкуп аҷкәын қәыҧш иҭоурых, иаҳнарбоит иҧсҭазаара, ихәыцра, идунеи қәыҧшылара. Иаҳбоит иани иареи реизыҟазаашьа, бзиа иибо аҭыҧҳацәа дшырзыҟоу.

Ари атематика аҧсуа хәаҧшҩы изааигәоуп, иҟоуп иузымҳәо, узыцәшәо атемақәа, уи атеатр, аҟазара амчала иҳәатәуп, ианырҧштәуп. Ақәыҧш усдаҳәысда, хықәкыда даныҟала ҧхьаҟа дызцом, аҿиара, азҳара ахаҭыҧан арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылара ала зхы зыжьжьаларц иашьҭалаз дҭанархоит. Ҳара заманалаҵәҟьа иаадыруеит, иаабоит ҳакәша-мыкәша иҟоу, имҩаҧысуа. Ахәаҧшҩы ибоит, иныруеит, еилныркаауеит», – ҳәа азгәеиҭеит Иракли Хынҭәба.

Арежиссиор иазгәеиҭеит: «Ари аспектакль ақәыргылара аџьабаа ду, аусура мҽхакы ҭбаала ишаҭахызгьы арольқәа назыгӡоз актиорцәа рхықәкы заманала ишынарыгӡоз. Урҭ ирылшеит инарыгӡоз ароль рҽагәылахалара».

Аспектакль аҿы ихадоу арольқәа нарыгӡоит: Вадим – Емиль Петров, ан – Екатерина Барышева, ахәыҷбаҩы Китти – Ирина Делба, Сониа – Мадлена Барцыц, Зина – Лоида Ҭырқьба, Милана Ломиа, Осман Абыхәба, Руслан Ажьиба убас егьырҭгьы.

Аспектакль хьанҭоуп, ушахәа­ҧшлакь амҵәыжәҩақәа узҭо, угәалаҟазаара шьҭызхуа темаӡам, аха аҿар рзы ирхәыцгоуп, иааӡагоуп, аус злоу инанагарымашь ари ахыбрахь, акультуратә хәышҭаара ашҭахь иара зызку, иззаҧҵо!

Агәахәара ду узҭо актиорцәа ҿарацәа ирзеиҕьаҳшьоит ақәҿиарақәа.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me