Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Очамчыра иахыҵит 2523 шықәса

Ақалақь Очамчыра иахыҵит 2523 шықәса. Ари арыцхә мҽхакыҭбаала иазгәарҭеит ра­шәарамза 15 рзы. Аусмҩаҧгатә иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аиҳабыра, араион анапхгара, абыргацәа рхеилак ахаҭарнакцәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.

Аҧсны ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы азеиҕьшьарақәа рнаҩсгьы иазгәаҭоуп атәыла анапхгара ирылшо зегьы шыҟарҵо араион аекономикатә лшарақәа раарҧшра, урҭ реизырҳара, асоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа ашьҭыхразы.

Аҭоурых аханатә аиҭаҳәара уалагозар иазгәаҭатәуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақалақь Очамчыра амш мҽхакыҭбаала ишазгәарҭо. Сынтәагьы аныҳәа аҽазыҟаҵара иалагахьан заа. Очамчыра араион Ахада Беслан Бигәаа идҵала амҩадуқәа рҿы аныҳәатә гәалаҟара зныҧшуаз акыдҩылақәа зныз абаннерқәа кнаҳан, амҩа аҿықәқәеи амшын аҧшаҳәеи рыцқьан.

Ақалақь Очамчыра амшныҳәазы араион ауааҧсыреи ҧсшьараҳәа иааны иҟоу асасцәеи изқәымгәыҕуаз аҳамҭақәа рзыҧшын. Аныҳәа азгәаҭара хацыркын иахьатәи амш ҳзаазгаз, иҳамоу аҭынчреи ахьыҧшымреи зхы ақәызҵаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рҳаҭгәын аҿаҧхьа минуҭктәи аҿымҭрала ихырхәаны ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.

Иара абраҟа-ақалақь аҧшаҳәаҿы еиҿкаан аныҳәатә џьырмыкьа. Уи рҽаладырхәит агәаҳәара змаз, араион зегьы аҟынтәи анхацәа. Ақалмышь, аџьынџьыхәа, ашәхкқәа, амҿлых, напыла иӡаху амаҭәа, напыла иҟаҵоу аҽҩычагатә маҭәахәқәа уҳәа араҟа иумбоз иарбану. Иара убас, аҧсуа милаҭтә шәҵатәы, аҧсуа ҽыуаҩ хархәара зиҭоз амаҭәахәқәа, аҧсуа ҟамақәа, ажәытә ҳәызбақәа уҳәа улыҧш зыдхало рацәаӡан. Аџьармыкьа иаҭааз лымкаала иазҿлымҳан ажәытәтәи амузыка рҳәагақәа. Иахьа шамахамзар иуҧымло аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр хкқәа аҭыҧантәи ауааҧсыра реиҧш, аҧсшьаҩцәагьы ирзеинтересын.

Аныҳәатә программа иҭагӡаны ауснагӡатәқәа азҧхьагәаҭан ахәыҷқәа рзгьы. Араион ахадара аҧхьа иҟоу апарк аҿы дара рзы еиҿкаан арлахҿыхратә программа. Иара абраҟа, амшын аҧшаҳәаҿы аҭыҧантәи ахәыҷтәы коллективқәа рықәгыларақәа мҩаҧысит. Шьыжьнаҵы излагаз аныҳәатә усмҩаҧгатә цон ҵхыбжьонынӡа. Аҧсны аестрада аиаҵәахәқәеи Кавказтәи ашәаҳәаҩцәеи, амилаҭтә акәашарахкқәа назыгӡо аколлективқәеи злахәыз аконцерт иахәаҧшуаз зегьы гәахәара дула ирыдыркылеит.

Очамычра амшныҳәа азы еиҿкааз апрограмма ианқәыршәаны аҧшаҳәаҿы иаартын Генерген Гамгиа авторс дызмоу «Амшынҳәа ҧсҿыхҩы» аскульптура. Генерген Гамгиа иажәақәа рыла акомпозициа аус адиулон бжьымзы. Аскульптура автор иҳәеит, азқьышықәсқәа раҧхьа ашумер-аккадтәи аҳраҿы, амшынҳәа-анцәахәқәа ралагамҭа аазырҧшуа ҧстәык аҳасаб ала ишахәаҧшуаз. Ашумераа рынцәахә дуқәа хҧа рахьтә руак – ЕА, аҧсыӡ ҵыхәа аманы иаарҧшын. Уи аҟәыҕара анцәахәы акәын, адгьыл аҵатәи аӡқәа ирхылаҧшуаз, анаҩс ауаҩы дызшаз Нцәахәны ирыԥхьаӡон.

Аныҳәатә хәылҧазаҿы иқәгылоз алацәажәон еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ақалақь иахнагахьоу аҭоурыхи, ҳаамҭазтәи аҭа­гылазаашьеи ртәы. Иазгәарҭеит аибашьрашьҭахьтәи ауадаҩрақәа зегьы риааира алзыршо акәны ишыҟоу ажәлар еснагь еидызкылоз адоуҳамч ҕәҕәа.  Ахәылҧаз иалахәыз ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит Очамчыра араион ахада Беслан Бигуаа. Зҵарашықәсқәа рыҩныҵҟа зҽалызкааз аушьымҭацәа аҳаҭыртә бҕьыцқәа ранашьан, урҭ рнапаҿы идыркын амедалқәагьы. Аныҳәатә усмҩаҧгатә хыркәшан аҵх аҽеиҩшамҭаз, ажәҩан ҵдырлашааит иоушьҭыз афеирверкқәа.

Ҳашықәсҧхьаӡара ҟалаанӡа IV ашәышықәсазы, ҳаамҭазтәи Очамчыра аҭыҧан еиҿкаан Гиуенос. Уи хәаахәҭратә қалақьын. Аҭыҧантәи ауааҧсыра иҟарҵон аихалых, ирҭииуан аҕбаргыларазы еиқәдыршәоз аҕәы, ацха, ацәа. Ҳера актәи ашәышықәсазы Гиуенос инхон аҧсилаа. Аҧсилаа, абазгаа, асанигцәа роуп анаҩс Аҧсуа аҳра шьақәыргыланы уи шьаҭас иаиузгьы. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ақалақь ахьӡ рыҧсаххьан. Иӡхыҵуаз ампыҵахалаҩцәа доусы ишырҭахыз уи еиҭаркуан.

Ажәаатәи ашәышықәса аҩынҩажәатәи ашықәсқәа рзы Очамчыра иҟан Аҧсны аҵыхәтәантәи аҳ Михаил Ширвашидзе-Чачба аӡынтәи иаҳҭынра. Иара убасгьы, зқьи аашәи ҩынҩажәи ҧшьба шықәса рзы араҟа иаартын Урыстәылаҟеи, Ҭырқәтәылаҟеи, Франциаҟеи Аҧснынтәи ашыц ахьынтәиргоз амшын баҕәаза. Очамчырантәи иргаз ашыц ала ауп ишыҟаҵоу Анцәа иан лыхьӡ зхәу Парижтәи ауахәамаҿы игылоу аҳаҭәарақәа (статуя). 

Асовет аамҭазы Очамчыра ақа­лақь ақыҭанхамҩатә раион иагәыцә хаданы иҟан, аҿиара бзиа аман, хыҧхьаӡара рацәала еиднакылон амилаҭ еилаҧса.

Аҧсуа-қырҭуатә еибашьра иаҧсахит зегьы. Ақәылаҩцәа гәыш­ҧыла ирҿагылаз зықьҩыла аҧсадгьыл ахьчаҩцәа аибашьра адәаҿы рыҧсаҭазаарақәа ҿахҵәеит. Аибашьра ашьҭахьгьы аҭагылазаашьа уадаҩын, уаанӡа ауааҧсыра усурҭа ҭыҧла еиқәзыршәоз, ааха зауз азауадқәа, анаплакқәа аус руӡомызт. Аибашьра амца иалҵыз анхацәа рыхныҟәгара уаҩадын. Аха, иуадаҩхаз аҭынч бзазараҿгьы аӡәгьы ихы дамеигӡаӡеит. Ҩ-напыкла ихацыркын ақалақь аиҭашьақәыргылара, ихьысҳахаз ақыҭанхамҩа ашьҭыхра. Шьаҿа-шьаҿала, ауадаҩрақәеи аҧынгылақәеи ириааины Очамчыра ақалақь ашьапы иқәгылеит.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иара ианыҧшуеит аиҭакра ҕәҕәақәа. Уи аус аҿы рыжәҩа еибыҭоуп араион ахадреи анхацәеи. Ҳаамҭазы ақалақь асоциал-економикатә ҿиара амҩа иануп. Аҧсны анапхгареи Очамчыра араион ахадареи ирылшо зегьы ҟарҵоит араион уаанӡа иамаз ахьӡи-аҧшеи, алшарақәеи азырхынҳәразы.


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me