Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳфырхацәа рыхьӡ анаӡаӡатәраз

Аҧсны ахақәиҭра азаагараз иҭахаз ҳашьцәа, зхатәгәаҧхарала иааны иҳавагылаз Афырхацәа ргәалашәара еснагь иҳацуп.

Арҭ амшқәа рзы Аҧсны анацәа Реидгыла Аҟәатәи арегионтә ҟәшаҿы иаадыртит иҭахаз Афырхацәа ирызку аҭӡы. Уи иалахәын аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

Аиҧылара аартуа, анацәа Реидгыла аҟәша аиҳабы Фируза Чамагәуа-Қапба илҳәеит: «Ҳара акрааҵуан зхатәгәаҧхарала иааны иҳацеибашьуаз, иҭахаз аҵеицәа ирызкны аҭӡы аҟаҵара напы аҳаркижьҭеи, араҟа зегьы рфотоҭыхымҭақәа ҳзеизымкит, аҭахцәа иҳарҭаз, ҳаиҭанеиааира иабзоураны икыдаҳҵеит, зфото ыҟам ртәы рыхьӡқәа, рыжәлақәа анҵаны асиа ҟаҵаны икыдаҳҵеит. Еилкаауп, аӡәы ихала акгьы шилымшо, араҟа рџьабаа рацәоуп зыҷкәынцәа ҭахаз анацәа: Аза Агәмаа-Гәымба, Нанули Шьынқәба, Ниура Габуниа, Џьулетта Қьецба-Касланӡиа. Зегьы ирылшо ҟарҵоит ҳаилак аҿы. Ҳара ҳаидызкыло ҳаҷкәынцәа роуп. Хаҭала, зхатәгәаҧхарала иааны иҳацеибашьуаз, иҭахаз аҷкәынцәа рҭаацәа рышҟа ҩынтә Ҭырқәтәыла ҳцахьеит, анацәа зегьы ҳрықәшәахьеит, ҳаидтәалан ҳаицәажәахьеит. Акызаҵәык ҳгәы иҵхо Чечентәыла ҳзымцаӡац. Аха убригьы ҳахьӡап ҳәа агәыҕра ҳамоуп».

Иахьатәи аҭӡы аҟаҵараҿы ацхыраара ҳазҭаз: ауарашзауад аиҳабы Амра Ануа, амшынбаҕәаза аиҳабы Даур Арӡынба, Адгәыр Ҭаркьыл, Инга Кәпалба, Аҟәа ақалақь ахадара ҭабуп ҳәа расҳәоит ҳәа азгәалҭеит Фируза Капба-Чамагәуа.

Аҳаҭыртә ҭӡы аадыртит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Аҧсны Афырхаҵа Аслан Абаеви Леон иорден занашьоу Вехид Керимови.

Зыҧсҭазаара ҳхақәиҭра иахҭнызҵаз Афырхацәа ргәалашәараз ажәа рҳәеит Леонид Лакербаиа, Гари Кәпалба, Дмитри Ҭарба, Вехид Керимов, Олег Гоциев.

Гари Купалба аибашьраантәи игәалашәара рыцеиҩишеит еизаз. «Аибашьра ианалагаз зегь раҧхьа иаҳзааит 20-ҩык аибашьцәа. Ажәылараҿ иҭахаз Маска Барцыц иаб данысзааз ахааназ исхашҭран сыҟам, уи дсыҳәеит иҷкәын ивагылан ицеибашьуаз, ицҭахаз Рома Родковски, аҷкәын қәыҧш дара рзеиҧш нышәынҭраҿ анышә дамаидарц. Ус иагьыҟаиҵеит, иахьа уажәраанӡагьы ҳфырхацәа анышә иахьамадоу еснагь ауаа аҭаауеит», – иҳәеит иара.

Ҩыџьа зыҷкәынцәа ҭахаз ан Аза Агәмаа-Гәымба илгәалалыршәеит: «Рома Родковски иан абра лыҷкәын инышәынҭраҿ дааит 12 шықәса рышьҭахь, Маска Барцыц иан анышәынҭраҿ илҳәаз ажәақәа ҧсраҽнынӡа сгәы иҭыҵәом: «Рома, уан, сара 12 шықәса усҵәуон, иахьа уанҵәҟа дузааит», лҳәеит.

Фируза Капба-Чамагәуа дазааҭгылеит аибашьра анцоз, Лиалиа Чамагәуа, Цира Габниа, Нана Лакашьиа инарыгӡоз аус хьанҭа, урҭ иҭахаз ҳашьцәа мҩаҧыргар акәын. Даара игәаҕьыуацәан ари аҩыза ахлымӡаах ажәабжь аҩ­наҭақәа рызнагара, иҭабуп ҳәа ралҳәеит рычҳареи, рџьабааи рзы.

Ҳара ҳаҷкәынцәа, рыҩны, рыҧсадгьылаз еибашьуан, рыхгьы ақәырҵеит, аха зхатәгәаҧхарала иааны иҳавагылаз, аиааира ҳзаазгаз ҳашьцәа ҩынтәны ифырхацәоуп, урҭ ргәалашәара еснагь иҳацзаауеит.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me