Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Убри амш аҽны…

Еицырдырхьаз ашәаҳәаҩ – абаритон – «Хҭырҧа шкәакәа» ҳәа зыхьӡи збаҩхатәреи рылаҵәахьаз Аҧсны жәлар рартист Бзыҧҭаа рҵеира иаҧсахаз Томас Кәыта-иҧа Кокосқьыр 1992-1993 ш.ш. рзы ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ааҵысызар Бзыҧҭаа рыҷкәынцәа раҧхьа днагылеит напхгара нрыҭо.

Ихигаз аџьамыҕәа аҟны даанымгылеит. Гал араион арыцқьара анцозгьы зымҩа иҽхьамккәа имаҵуратә уалҧшьақәа рынагӡараан, иааирада хьаҵрак ианымшәоз дҭахеит ианвар 1, 1994 шықәсазы. 51 шықәса рыда зызнымҵыз Томас иҧсы ҭазҭгьы иахьа, ииуль 22 рзы ихыҵуан 80 шықәса.

Апоет, ашәҟәыҩҩ, Д.Гәлиа ипремиа алауреат, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Белла Барцыцҧҳа жәлар Рфырхаҵа изкны аҭыжьра иазлырхиеит «Томас Кокосқьыр – Аҧсадгьыл Ахьӡырҳәага» ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәы. Ҳгазеҭ «Аҧсны» иахьатәи аномер аҟны аҧхьаҩ идаагалоит уи ацыҧҵәахак.

Акинофильмқәа знапы рылакыз аҟазацәа дуқәа изҿлымҳахеит Томас Кокосқьыр «Хҭырҧа шкәакәа» аекран аҟны ианырба. Адунеи ахы-аҵыхәа архыџхыџит. Аҧсны анҭыҵтәи акиностудиақәа деимакноуп ааҧхьарақәа ширҭоз. Кьахь Ҳаџьараҭ ихьӡи ихыҧшеи ирыцназгоз аҧшреи асахьеи иаҭәашьаны дфырхаҵаны Аҧсны дшазгылаз еиҧшҵәҟьоуп Томас Кокосқьыргьы ари ароль азын Анцәа дзазишаз. Абри лабҿаба избарҭахаз роуп Џьек Лондон ирҿиамҭа хатәра «Сердца трех» ароль хада дыхәмарырц аҳәара зирҭаз. Кьахь Ҳаџьараҭ дуӡӡа дшымҧсыз ироль анагӡашьала аарҧшра зылшаз «Сердца трех» аҟны мап кышьас имазыз. Уи ақәыргылаҩ – арежиссиор Владимир Панков иқәгылараҿгьы иазгәеиҭеит ари арҿиамҭа ҽаҧарак аизҳара Томас ишибзоурахаз. Уеизгьы, Владимир Панков иблала дахәаҧшхьан «Хҭырҧа шкәакәа». Убри ауп агәра изыргаз Томас ида даҽаӡәы уи ароль анагӡара шилымшоз.

Томас Кокосқьыр ҟаимаҭла аҧсы ахеиҵеит аҧсуа опера «Аламыс». Авокалтәи адраматә ҟазшьалеи иӡыригеит ажәлар рхақәиҭразы зхы-зыҧсы иамеигӡо аҧсуа хаҵа. Абри изныкымкәа, иҩынтәымкәа иахәаҧшыз заҟаҩы агәымшәара рыланааӡазеи. Аҧсны аибашьра ианалага заҟаҩгьы ааҧхьара рна­ҭазеи, аибашьра амҩа ианнаҵеит…

Томас Кокосқьыр меигӡарахда Анцәа ицишеит аҭеиҭыҧш, ажәала еиҭаҳәашьа змам абжьы, артист зыда дыхәшәым аҟазшьа уҳәарыма амца иҽҧынкылоу ацәеиҧш ианаҭаху ибжьы таруа. «Ахаҵа еиҿамс иалкаау ибжьоуп Аиааира амҩахь укылызго», – рҳәалон асаӡқәа…

Аҧсны аибашьра ианалага Томас Кокосқьыр дназлаз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаҧсазтәыз Аҳәынҭқарратә ансамбль Бырзентәыла иҟан. Амҩа излақәлоз ҟәрышьла еиқәшәамызт азы акциатә концертқәа мҩаҧыргеит имыцәа-имтәа. Томас ихьӡ, ифырхаҵара ихаҿсахьала агәра згахьаз уажәы ателехәаҧшрала ааҧхьара анирҭа убас дықәгылеит, ирҵысит жәытәиҿатәи Аҧсны аҭоурых, убри амацара угозаргьы заҟаҩы ааҧхьара рнаҭада Аҧсны аиқәырхаразы. Агәырқьҳәа ихынҳәит неилымхрада ансамбль алахәылацәа. Томас Кокосқьыр дкылҟьа дааит иқыҭа гәакьа Бзыҧҭа, «Шәнеибац!» зҳәоз иблақәа ирхыҧшылаз иқыҭа ҷкәынцәа иаразнак иааикәшеит. Ажәадоуп ишеилибакааз… Еиҿикааз арота еиднакылон ҩынҩажәеи жәабаҩык Бзыҧҭаа. Раҧхьа даагыланы ҿырҳәала иҳәа­заап Ал.Лашәриа ипоема «Аиубилеитә» аҟынтә абарҭ ацәаҳәақәа:

«Убри аамҭаз Бзыҧ ахықәан,

Лакоба еизиган «Кьараз,»

Ирҳәон:

Иахьа нахьхьи Петроград,

Алахьынҵа рчаҧоит

                        ҳа Ҳ-Аҧсны!

Ҳаҟазароуп ҳаилаҵәан,

аӡәк иеиҧш ҳарҭ –

ақәҧараз ҳахианы!..»

«Аҟазареи алитературеи знапы рылаку, ҳҿахәы ажәеи ашәеи рыла аҭоурых аҟны ҳӡырызгараны иҟоу аибашьра ашҟа ус рымаӡам» ҳәа Владислав Арӡынба Аусҧҟа шаҧиҵазгьы аагылашьа рымазма Томас иеиҧш иҟаз аиҿамсқәа.

Томас напхгара ззиуаз арота иалаз аҷкәынцәа ааимҟьарада Ешыратәи ахырҕәҕәарҭаҿы иҟан. Урывагыланы урыцеибашьуазаргьы ирыхәҭоу ажәа узаҧымҵар ауан. Еиҭаҳәашьа змамыз ашьамца иалагылан агәымшәара аарҧшны.

Ажәыларақәа руак аан аҕа иминаршәга иаанашьҭыз ахы Томас ихшыҩ шьақәнаҟьеит. Ицеибашьуаз рыцхыраарала ҳазшаз илымшара рылыршаны ихдырраҿы дааргеит, агоспиталь ахь дыргеит, деиқәдырхеит.

Иџьоушьаша, аџьшьарагьы зуҭаша аибашьра амца иалагылаз Аҧсны жәлар рартист Уасил Царгәыш, Томас дидыруаз џьишьон. Аибашьра аҟны акәзаап ахаҵа ишьапҧынҵа аҿынӡа дахьеилукаауа. Томас иблақәа, иҽыҟажара, аибашьцәа рыхӡыӡаашьа, иара динҧшыланоуп «Иҭахаз игәалашәара» ҳәа ҧсра зқәым ашәа иаҧзырҵаз. Ишыҟаҵәҟьоу Уасил Царгәыш иҟазара ҳаҧшны иаҳҳәозар – Томас ибжьоуп изырҿыхаз. Шәшьырак аҵаҟа, ма ҭынч уадак аҟны иаҧимҵеит. Ашьа зыхьшыз ҳадгьыл гәакьа дшықәгылаз. Ари анагӡара Томас дахьӡагәышьан, дагьахыццакуан ибжьала аҧсҭазаара аҭара. Аха иара Томас иҳәан еиҧш, «анагӡашьа егьакуп, егьыҩбоуп».

Аҧсны иагаз Аиааира иара ишиҭахыз еиҧш, инагӡаны абара дахьӡазҭгьы, ари ашәа ихҧаны еихеиҳауан. Ицәеижь акәын изтәыз, убас аҧсы ахеиҵон Уасил.  Даҽа ҩаӡарақәак аныҧшуа ихатәрахон Томас ансамбль ахь дхынҳәызҭгьы. Игәыџьбара ҭаха инамҭеит. Ивыршьааз рыцҧхьаӡа игәы дшааҭасуаз, Мрагыларатәи аҳәаашҟа имҩа ирхеит. «Макьана Аҧсны ҳамрыцқьаӡацт, аҳаҳаи хьаҵрак ҟамлароуп» – ҳәа абџьар шикыц икны аибашьцәа еихьырҧшны зҽыҵәахны анаара ихәыҵатәаз ҳаҕацәа рышҳам ҭыҧқәа ирҭарблыда. Ирыцқьо иаауан…

«Макьана изаацәоуп агәырҭынчра, Аҧсны рыцқьоу џьышәымшьан! Иагьаџьара рҽыҵәахны ихәыҵатәоуп урҭ аџьнышцәа. Ҳқыҭа Бзыҧҭа иаланхоз ашәанцәа рыла санҵаҩызнатә изакәыз збахьан», – лассы-лассы ихы иаирхәон абарҭ ажәақәа.  Мариала дузырччомызт, дагьузырҵәуомызт. Есымша иблақәа ирнубаалон ахәыцра ҵаулақәа дҭаршәны дышрымоу. Аҧсуа нбан шәҟәеиҧш илахь иаанухуан Аҧсны алахьынҵа.

…Мрагыларатәи аҳәаақәа агәҭынчымра издырҵысуан. Уа зҽаҿаршәны итәаз аҷкәынцәа анрагьы абрагьы рзиуан, илаҧш рхын, дзырҧырҵуамызт.

Иҭахара мчыбжьык акәзаарын иагыз… Џьара дакуамызт, анашана змоу иалкаау иоуми.  Дкылыххы иаб иҩны Аҭыӡҭа (Бзыҧҭа) дааит. Рыҩны-ргәара еимидеит. Хәыҷи-дуи дрылабжьеит. Рашҭа агәаҿы иааиларгыланы ишырымуаз хынтә дрыкәшеит. Игәыдикылеит.

– Ишәыхьша сара исыманы сцоит ҳәа данҵаҩызнатә ишыҟаиҵалоз еиҧш, Арасаӡыхь абахә ҳаракқәа лаҧшыла иныҳәаҧхьыӡ нархьыршаны ҩаҧхьа ихы ирхеит Галҟа…

…Ианвар 20, 1994 шықәсазы напхгара ззиуаз аҷкәынцәеи иареи зҭатәаз рмашьына амина аҵаҧжәан дҭахеит… Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь Аҟәантә ихҵәаны арахь иааз Ражден Гәымбеи Шамиль Ҧлиеи ҳгәара иааҭалеит. Ажәак рҿыҵшәаанӡа рхы-рҿқәа ирнызбаалеит хаирк ишазҳәамыз. Рыгәқәа ирҭасуан, лассаамҭа рҿқәа рзеихыхуамызт.

…Томас Кокосқьыр анырҳәо – иахьанӡагьы сҿаҧхьа иаагылоит урҭ рсахьа. Али-ҧси рыбжьара Басныкиҧа имашьынала рыҩны ҳлеит. Аҧсуа культура, ҳаҧсныжәлар, зегьы рзын дцәыӡ ҕәҕәан. «Иниҵыз 51 шықәса рыла ашәышықәсақәа ирҭамӡо аҿахәы зҳәахьаз Томас ихьӡ аӡәгьы изадкыломызт аҧсра. Бзыҧтәи ажәҩан, аҧсабараҵәҟьа ианыҧшуан ари атрагедиа. Гагра ахақәиҭтәра хымз ракәын иахыҵуаз. Арасаӡыхьҟа (Ахәҵаҟа) амҩа сықәын. Саб иашҭа ааимыздарц, сҭаацәа сынрылаҧшырц. Ҧшьҩык ҳаиҳабы ҳаҳәшьадуи ҳани ражәақәеи рыла иуҳәозар – ааӡара зларҵаз Лиутик, иашоуп, иҧсы еиқәхеит, аха уамала дхәахәажьахәан. Мрагыларатәи афронт аҿы ҳаҕа имацәаз иҭамшәарц игәыҧ иманы абахә ианаҿалоз, дкамҳарц махәык, ма ҵиаак адац аниҧыхьамшәа ацаҟьа кышра инаҧхыцқәа аналаирҧа икшеит, ихыҵит. Аеҵәа кыднахуа дыҳәҳәазаап, иҩызцәа Бзыҧҭатәи ҳаҷкәынцәа ианысзеиҭарҳәоз рцәа иҭабылуан убас ахҭыҧ аҵкыс ахьаа ҕәҕәазаарын…

Арасаӡыхьҟа ҳабжьаларҭаҿы сахьлылбааз дсықәшәеит Томас Кокосқьыр.

– Унан! – ҳәа инапқәа еиҵыхноуп амҩа ааихҵәаны сышҟа иҿшааихаз. Аҧсшәақәа анааибаҳҳәа инарҭбаау иҿцәажәара аамҭа ишаҳнамҭозгьы бжьацәк иадамхаргьы ҳгазеҭ «Гагра» азын ҩбаҟа зҵаара исҭеит…

Иззымдыруа дыҟазма агәаҟра ҳшаҿыз… Уи азоуп Мрагыларатәи афронтахь ихы шхазгьы дыззыҧшыз амашьына шизаангылазгьы иоуишьҭит. Џьоук реиҧш, «ара иаҭыҧым, аамҭа абасымоу» – ҳәа дымцеит.

…Раҧхьатәи иҭак ицәажәара ахы хациркит абас: – Ашьамҩа сшанылоз сҭаацәа ишырдыруазгьы ус сынрылаҧшны сцарц рылаҕырӡқәа срымшьаҳарц сҽыдмырбакәа агәашә сынҭыҵлон… Сыҧсы ахьынӡаҭоу акәым, анарцәгьы сгәы исзадымхуа аибашьра ианалага раҧхьатәи амш азо­уп. Сеиҳабы Лиова иҧҳәыс Инна Занҭариаҧҳа сылмышьҭырц сымҩақәа рыкра иаҧшьылгеит.

Томас иажәа анагӡаха иамраӡакәа игаразыноуп ҳаҧхьа ишаагылаз амашьына ласқәа ҩба.

– Томас, ирласны унапаҵаҟа иҟоу Бзыҧҭатәи ҳаҷкәынцәа урымбар ауам, Мрагыларатәи аҳәааҿы иаҳзыҧшуп ҳәа даасыдганы дыргеит. Хашҭра сзақәымкәа уи Амш сыццышәқәа канаҧсеит сҳәартәы саблит…

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me