Анҭыҵтәи аилацәажәарақәа: иҟаҵоу, иҟаҵам, иҟаҵатәу

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Ахадараҿы араион актив алархәны 2023 шықәса актәи азбжазы аусура аихшьалақәа ирызкны анҭыҵтәи аизара мҩаԥигеит.

Уи иалахәын Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аекономика аҟәша анапхгаҩы Алхас Аӡынба.

Араион ахадара 2023 шықәса актәи азбжазы аусура иазкны ажәахә ҟаиҵеит уи аиҳабы Саид Ҳаразиа. Иааигаз арбагақәа рыла, 2023 шықәса актәи азбжазы Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа нагӡан 104% рыла. Планла иарбаз 116 млн.мааҭ рҟнытә алагалақәа идыртәеит 120 млн.мааҭ. Урҭ рахьтә ахатә хашәалақәа идыртәеит 43 млн. мааҭ, аплан аҟны иарбаз 39 млн. мааҭ рҭыԥан. Араион ахада атәыла анапхгара адырра риҭеит 2022 шықәса иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар, ахашәалахәы 5 млн. 350 нызқь мааҭ рыла ишеиҳахаз.

Аҳәынҭқарра Ахада иаз­гәеиҭеит 2023 шықәса актәи азбжазы ахадарақәа русура аихшьала иазку араионқәа рактивқәа злахәу уажәтәи анҭыҵтәи аизара шраԥхьатәиу. «Ари зыҟаҳҵо аҭыԥан араионқәа рнапхгаҩцәеи активи ҳрацәажәарц, актәи ахаҿқәа рыла иааидкыланы аҭагылазаашьа зеиҧшроу еилаҳкаарц азоуп», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. «Сара иқәгылоз зҿлымҳара рыҭаны сырзыӡыҩруан, аха арахь саанӡа аматериалқәа ҭысҵааит. Иубарҭоуп аусура шцо, аха иҵегьы аусура иацхраатәуп, ирццактәуп, избанзар араион атәылаҿеиҧш, иаартым алшарақәа амоуп, уи аартра ҳамч-ҳалша зегьы адаҳҵароуп», – ҳәа иҧхьаӡоит Аҳәынҭқарра Ахада.

Уи иазгәеиҭеит араион ашәахтәтә инспекциа адыррақәа рыла, 2022 шықәса инадыркны абиуџьет ахь аплан ахыхь ахашәалақәа шааиуа. «Ас еиҧш алҵшәа ахьыҟоу бзиоуп, аха ҳара еиҳау арбагақәа ҳҭахуп», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Иара игәаанагарала, Гәылрыԥшь араион алшара дуқәа амоуп, убри анаҩсгьы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо атәылауаа еиҳа усурҭала иахьеиқәшәоу аҭыԥқәа ируакны иԥхьаӡоуп. Убри аан, Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, асовет аамҭазы иаадрыхуаз ақыҭанхамҩатә аалыҵ ҳазҭагылоу аамҭазтәи арбагақәа ирыҿурҧшуазар, еиҧшым, ҩынтәны еиҳазар алшон. «Иацаҳҵаша ыҟоуп, убри аҟынтә ақыҭанхамҩа аинвестициақәа алагалатәуп. Арҭ аусура хкқәа рзы аҳәынҭбиуџьет аҟынтә шәраион азы мацара ахарџьқәа арбоуп. Ақыҭанхамҩа Аминистрраҟны 8 млн. мааҭ рыхә апроектқәа арбоуп. Ари аҩыза уаанӡа иҟамызт, уи бзиоуп, аха иазхом», – иҧхьаӡоит Ахада.

Уи Гәылрыԥшь араион аҟны асасааирҭақәа рыргыларазы иазгәаҭаз апланқәа ргәалаиршәеит. «Хымԥада, уи абиуџьет иацҵаны амалқәа аанагоит», – иҳәеит Ахада. «Атуристә усхк арҿиара апрограмма ҳтәылауаа рганахьала ацхыраара аҭахуп. Аинвестор изы ашәарҭара ыҟоуп, аха уи ҟамларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп. Џьоукы анклавқәа аҧырҵоит, Аҧсны адемографиатә ҭагылазаашьа аҧсахуеит ҳәа ицәажәоит, аха уи иашам. Апарт-отель иазку азакәан икоммерциатәу, еиҭамҵуа амазара зтәу атәылауаҩра рыҭара алнаршом, уи ус шакәу адокумент иануп, аха аимак-аиҿак аҭыҧ амоуп», – иҳәеит игәы иаланы Аслан Бжьаниа.

"Ҳара иахьа 2 млрд. мааҭ рыхә ақыҭанхамҩа аалыҵ ҭҳажьуеит. Апартамент иазку азакәан уи аалыҵ хәынтә иацнаҵар алшоит. Убри анаҩс, аинфраструктура аиҳарак аиҭашьақәыргылара ҳалшоит. Автомашьынамҩа, аихамҩа, амшын баӷәаза – ари зегьы асовет аамҭазы ӷәӷәала ахарџь рықәырӡын. Ҳара уи аҩыза алшара ҳамам. Убри аҟынтә, аинвестициеиԥш иҟоу ҳаамҭа иақәшәо амеханизмқәа ҳхы иаҳархәароуп, иара убас уи ахылаҧшра. Ари аекономикеи абизнеси рырҿиараҟны ацхыраара ҳнаҭоит. Арҭ зегьы еимадоуп, урҭ рыӡбара ҳалшароуп. Ҳарҭ иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп ҳтәылауаа еиӷьны инхаларц азы, рыҧсҭазаара ахаҭабзиара еиӷьзарц азы, ҳауаажәлар атәыла иалҵны имцаларц азы», – абас иқәгылара еихишьалеит Аслан Бжьаниа.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дықәгылеит 2023 шықәса актәи ашықәсбжазы имҩаԥгоу аусура иазкны Аҟәа араион ахада иаҳасабрба ашьҭахь. Уи иазгәеиҭеит аҳасабрба ишаныԥшуа араион аҟны аусқәа рҭагылазаашьаҵәҟьа.

«Еиқәыԥхьаӡоу апроблемақәа рҭыԥ иқәҵалатәуп. Иаҳҭахуп Аҟәа араион аҟны ирацәахарц ахәыҷбаҳчақәа. Ахадара аиҳабы иаликааит аресурсқәа шазымхауа, избанзар аекономика аҩаӡара шылаҟәу. Ари аҩыза аҭагылазаашьа анышьақәгылаз аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа акәӡам, ари аибашьра хьанҭа ахҟьа-ԥҟьақәа роуп», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Иара убас уи иҳәеит абиԥара аиҳабыра ишыргәалашәауа Аҟәа араион аҟны аекономикатә усура асубиектқәа акырӡа ианырацәаз. Аус руан асанаториақәа, аԥсшьарҭа ҩнқәа, уаҟа шәҩыла аус руан», – иргәалаиршәеит Бжьаниа.

Ахада иазгәеиҭеит шықәсқәак раахыс ақыҭанхамҩатә проектқәа рыдгыларазы аҳәынҭпрограмма анагӡара ишаҿу. Аҟәа араион аҟны ибзиоуп ҳәа рыхҳәаауп 8 миллионк мааҭ зыртәо ақы­ҭанхамҩатә проектқәа 13. Иҳәеит ари шмаҷу, аха зегьы зхьыԥшу афинансқәа шракәу.

«Абанктә системагьы атәыла аекономика зегьы аиԥш ауп ишыҟоу, иахьа абанктә кредит рырҭоит ианеиӷьха шықәсык ахьтә 18 процент ҳәа. Абас аиԥш ала абизнес аиҿкаара даара иуадаҩуп, зынӡаскгьы иауӡом», – иҳәеит Бжьаниа.

Атәыла Ахада иаҵишьит ауснагӡатә аҭыԥ ақәҵаразы егьырҭ атәылақәа рԥышәа ахархәара шазутәу.

«Иҟоуп аҳәынҭқарратә хатәы наплакы аиԥш иҟоу аформа. Аҳәынҭқарра алшарақәа амамзар, усҟан аҳәынҭқарра аҩнуҵҟеи аҳәаанырцәи рҟнытә ахатәы инвестициақәа аладырхәуеит. Ари иахьабалак аус ауеит, ииашоу економикатә хархәаганы иҟоуп», – иҳәеит Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аҟәа араион аҟны ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа раарыхра аҟаҵарбақәа шылаҟәу, аибашьра ҟалаанӡа араион аҟны иҟаз аҟаҵарбақәа раасҭа.

Ауааԥсыра усурҭала реиқәыршәара атәы далацәажәауа, иаҵишьит усурҭала ишеиқәыршәоу зқьи-бжаки ҩ-нызқьҩыки рҟынӡа, ԥшьнызқьҩык ракәзар – аусурҭа рымаӡам.

Ахада иазгәеиҭеит статистикала 78 процент ацәгьоурақәа шыҟарҵо иааиԥмырҟьаӡакәа аусурҭа змам.

«Иааиԥмырҟьаӡакәа аусурҭа амамзаара – зҭыԥ иқәҵатәу проблема ӷәӷәаны иҟоуп. Атәыла аекономикаҿы аԥыжәара зҭатәу хырхарҭақәоуп атуризм, уи иаԥшьу ақыҭанхамҩа, атранспорт, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара уҳәа реиԥш иҟоу аусхкқәа, даҽакала иуҳәозар, асовет аамҭазы ишыҟаз аиԥш. Иҳаман ачаи фабрикақәа, аконсервтә фабрикақәа, иҭрыжьуан аӡыхаақәа. Убрахь ихынҳәтәуп, ҳаамҭазтәи азнеишьақәеи амҩақәеи ахархәара рзуны», – иҳәеит Бжьаниа.

Атәыла Ахада игәаанагарала, атәыла аекономика аартызароуп аҳәынҭқарраҿы апроектқәа рынагӡара зҭаху рзы, «ҳаӷацәеи иаҳҩызцәам аҳәынҭқаррақәеи аалхны», ари азҵаарагьы аполитика алхтәым.

Аслан Бжьаниа Аҟәа араион ауааԥсыра ақәиргәыӷит дара ражәа ишазыӡырҩуа, ауааԥсыра рзы феида злоу аекономикатә ӡбамҭақәа шрыдыркыло.

«Џьара акы ҟоуҵарц азы алшарамчқәа аҭахуп, урҭ ҳара иҳамоуп. Ҳара иаҳтәуп ҳаԥсуа дгьыл, уи аҭира ауам, мацара уаҩы ихы иаирхәозароуп. Аинвестициақәа алархәны идыргылауа аобиектқәа араҟа иаанхоит. Шьоукы апроблема азганк мацара ауп ирбо, абри аҟнытә иҟаӡам системала азнеишьа. Абрахь иаҵанакуеит ԥасатәи асанаториақәа МВО-и ПВО-и рҵакырақәагьы. Уаҟа игылоуп аҭоурых-культуратә ҭынха асиа иану ахыбрақәа ҩба, урҭ шықәсыла аԥхасҭахара иаҿын. Аԥхасҭахара иаҿуп ахыбра ԥшӡақәа, ҿырԥшыс иаагозар, авокзалқәа. Иҽеиума, 30 шықәса раахыс аҳҭны-қалақь аҟны ԥасатәи Аминистрцәа Рсовет ахыбра ахьышьақәыргылам», – азҵаара шьҭихит Ахада.

Уи иаҵишьит атранспорттә усхк аиҭашьақәыргылара шалшауа атуристцәа рхыԥхьаӡара иазырҳахар.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ииуль 17 азы ҳазну актәи ашықәсбжа аҩнуҵҟала имҩаԥгоу аусура аихшьалақәа ирызкны Гал араион актив алархәны анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҳасабрбатә ажәахә ҟаиҵеит Гал араион ахадара аиҳабы Константин Ԥилиа. Уи иажәақәа рыла, араион аҟны аинфраструктура аганахьала аҭагылазаашьа мариам. Иара убас ауааԥсыра ӡыржәтәла реиқәыршәаразы, ақыҭамҩақәа, иара убас ақалақь иахьаҵанакуа амҩақәа рыҟаҵаразы апроблемақәа ыҟоуп. Араион аҟны иԥсахтәуп афымцацәаҳәақәа, иқәыргылатәуп атрансформаторқәа.

«Сара абрахь сааит ҳкоманда аусура хышықәса рыҩнуҵҟала араион аҟны апроблемақәа рацәахоу мамзаргьы имаҷхоу еилыскаарц», – абас иажәа далагеит Аԥсны Ахада актив рԥылараан.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит араион аҟны иҟоу ԥхьаҟацарақәа. «Арҭ зегьы даара ибзиоуп, аха иазхом», – иҳәеит иара, иагьациҵеит Гал араион аекономика шьаҭас иамоу ақыҭанхамҩа шакәу.

«Асовет аамҭазы араҟа иҟан ацитрусқәа аазрыхуаз ақыҭанхамҩатә наплакқәа. Излеилыскаауа ала, иахьа арҭ анаплакқәа қьырала инкыланы ирымоуп», – иҳәеит Ахада, иагьрыдигалеит урҭ иахьа шаҟа лҵшәала аус руа ҭырҵаарц, асовет аамҭазы шаҟа цитрус шьаҭа рымаз, шаҟа ҽаҩра аарышьҭуаз, шаҟаҩ аус руаз, иара убас абарҭ адгьылқәа шьҭызхыз аилахәырақәа хырҳарала аус ахьынӡаруа.

«Аиҳабыра, аекономика Аминистрра, ақыҭанхамҩа Аминистрра, шәара, араион ахадак иаҳасабала, анапынҵа шәысҭоит иахьа қьырала инкыланы ирымоу анаплакқәа хырҳарала аус руртә иҟашәҵарц. Убасҟан, араион аҟны аԥарақәа рацәахоит, дара анаплакқәагьы рыҽдырҭбаауеит. Адҵаҟаҵара ҳмырӷәӷәар, зегьы шыҟац иаанхоит, акагьы аҽаԥсахӡом», – иҳәеит Ахада.

Гал араион ахадара аиҳабы Константин Ԥилиа ихы наиқәкны Бжьаниа иазгәеиҭеит: «Уажәшьҭан абрахь ҳанаауа шәара шәҿала исаҳарц сҭахуп қьырала ирымоу анаплакқәа рҟны ҿырԥшыс иаагозар, ацитрус шәырқәа сынтәа 10-15 нызқь еиҭарҳаит ҳәа, 2024 шықәса ииун азы 20 нызқь шьаҭа ҟалеит ҳәа».

«Аҳәынҭқаррахь аинвестициақәа раагара ҳҽазаҳшәоит, абри амҩагьы иацҵахоит. Адгьыл қьырала ишьҭызхыз ҩ-махәҿакла аусура иаламгар, аиқәышаҳаҭратә еизыҟазаашьақәа ирыцҵахом, лҵшәа бзиала аус зуша рыԥшаара ҳашьҭалоит», – иақәиргәыӷит Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада раԥхьаӡа иргылатәу усны иԥхьаӡоит Гал араион аҟны мацара акәымкәа, иааидкыланы ареспубликаҿы усурҭала ауаа реиқәыршәара.

«Иҵааршәу аекономика ҟалашьа амаӡам. Уи иаԥшьхоит зҭыԥ иқәҵам апроблемақәа», – иа­гәеиҭеит Бжьаниа.

Ахада ишьҭихит аенергетика апроблемақәа.

«Ауааԥсыра еилыркаароуп афымцамч ахә шьҭаҳамхыр ада ԥсыхәа заҳмоуз. Иҵабыргыҵәҟьаны асистема аинвестициа дуқәа аҭахуп. Афымца нхамҩа ажәит, уи ԥсахтәуп. Ҳара ҳус – ауаа лашарала реиқәыршәара ауп. Иаҳа еиӷьуп, уи анаҳҭахым арцәара, аиҷаҳара, аха еснагь иҳамазар еиҳа еиӷьуп. Ҳара ҳаҩнуҵҟа абри азҵаарагьы аполитика алырхыр рҭахуп. Сгәыӷуеит, абри аганахьала анапхгара ирыдыркыло ашьаҿақәа ииашаны еилышәкаауеит ҳәа», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Иара убас Аԥсны Ахада Тҟәарчал ақалақь аҟны анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит. Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит аекономика еиуеиԥшым аусхкқәа рганахьала аҭагылазаашьа.

Тҟәарчал араион ахадара аиҳабы Исидор Дочиа Аԥсны Ахада иеиҳәеит Тҟәарчал имҩаԥгоу аусурақәа ртәы, иара убас ҳаԥхьаҟатәи апланқәа. Уи иазгәеиҭеит 2023 шықәса актәи ашықәсбжазы араион аҟны имаҷымкәа еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа шынарыгӡаз.

«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟала Тҟәарчал араион иаҭаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара уаҩы ибаратәы иазҳаит. Аҭыԥантәи анападкылаҩцәа ирыбзоураны атуристцәа рмаҵзура аҩаӡара иацхраауа ахыбра ҿыцқәа аартуп. Аҟармара аҳаблахь инеиуа автомашьынамҩа арҽеирагьы атуристцәа рхыԥхьаӡара иацнаҵоит», – иҳәеит уи.

Араион ахадара аиҳабы иазгәеиҭеит проблема хаданы ишыҟоу аусурҭа ҭыԥқәа разымхара.

Тҟәарчал араион аҟны аилацәажәара еихшьалауа, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аусура азнеишьа ҳамԥсахыр, аҭагылазаашьа шеиӷьымхауа.

Бжьаниа иажәақәа рыла, аибашьра анеилгаз аахыс 30 шықәса ҵуеит, аха аекономикаҿы аҭагылазаашьа шыҟац иаанхоит.

«Ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш хахаҵәҟьа изхьыԥшу шәареи ҳареи аус шаауа ауп. Афымцамч ахә ахьтә 10 процент алгара – ари даараӡа иҽеим усуп. Тҟәарчал ҳадгылалароуп, аибашьраангьы ааха ӷәӷәа аиуит. Аекономика шьҭаҳамхыр, ҳтәылаҿы акагьы аҽаԥсахӡом», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. 


Акьыԥхь иазирхиеит Б.ҚАЏЬИА

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me